АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА | ИҾЫЦУ АМАҴЗУРАТӘ АШЫҚӘС АЗЫ АХЫҚӘКҚӘА ЫҚӘЫРГЫЛ
Апионертә маҵзура
Ҳамчқәа баша инаҳамхларц азы адоуҳатә хықәкқәа ықәҳаргылалароуп (1 Кор. 9:26). Ари адунеи иаарласны иқәгахоит, убри аҟынтә, шәааи, ҳаамҭа ииашаны ҳхы иаҳархәалап (Еф. 5:15, 16). Ишәылшома аҭаацәаратә мҵахырхәара аан иааиуа амаҵзуратә ашықәс азы иқәшәыргылаша ахықәкқәа шәрылацәажәар? Уи аҿы ари аусуратә тетрад шәыцхраауеит. Уа иану статиақәак рҿы иқәшәыргылар шәылшо хықәкқәак ирылацәажәоит. Шәеидтәаланы урҭ шәрызхәыц, насгьы шәхықәкқәа рыӡбахә Иегова изеиҭашәҳәа (Иак. 1:5).
Иаҳҳәап, ишәылшома шәҭаацәараҿы убас шәусқәа еиҿышәкаар, шәуаӡәк пионерс амаҵ иулартә еиԥш? Асааҭқәа рнорма шәзынамыгӡар ҳәа шәшәозар, шәҭагылазаашьа аҩыза змоу апионерцәа шәрацәажәа (Ажәам. 15:22). Шәара ишәылшоит ус еиԥш иҟоу апионер шәҭаацәаратә мҵахырхәарахь ааԥхьара иҭаны шәиацәажәар. Анаҩс еиуеиԥшым аграфикқәа шьақәшәыргыл. Уаанӡа пионерс амаҵ ууазҭгьы, уи дырҩегь ушалагаша уазхәыц.
Илшома шәҭаацәара рҟынтә аӡәы мызкы, ма инеиҳаны ицхырааҩу пионерс амаҵ иур? Рацәак амч умамзар, уара иулшоит есыҽны хәыҷык-хәыҷык ажәабжь уҳәалар, усааҭқәа рнорма наугӡарц азы. Аха уара шьыжьы инаркны хәлаанӡа аус ууазар, ма ашкол уҭазар, убри аҟынтә ажәабжьҳәара уцәыцәгьазар, иалх аԥсшьарамшқәа анумазаауа амза, ма аотпуск угар ануҭаху, мамзаргьы хәынтә аԥсшьарамшқәа змоу амза. Амзар аҿы иазгәаҭ ицхырааҩу пионерс амаҵ уурц ануҭаху амза, нас аграфик шьақәыргыл (Ажәам. 21:5).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АГӘЫМШӘАРА ААШӘЫРԤШЛА! АПИОНЕРЦӘА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРА АҬАК ҞАҴА:
Ишԥаҳаилнаркаауеи аиаҳәшьа Емма Оманн лҿырԥшы, апионертә маҵзуразы ак мап ацәызкуа Иегова дышреиҷаҳауа?