АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Иаанарԥшуама уара уҳамҭа Иегова изы акгьы ушамеигӡо?
Аравна ачарыц ахьеилихуаз аҭыԥ аҿы Давид амҭанагарҭа иргыларц адҵа иоуит (2 Сам. 24:18).
Аравна Давид амала ииҭарц идигалеит адгьыли амҭас инеигар акәыз аԥстәқәеи (2 Сам. 24:21—23).
Давид амала иоуаз Анцәа изнагара иҭахымхаӡеит (2 Сам. 24:24, 25; it-U «Орна», абз. 2).
Иегова изы ҳаамҭеи, ҳамчи, ҳмазареи ҳармеигӡозар, даара дҳаргәырӷьоит (w12-U 15/1 18, абз. 8). Иарбан хықәкқәоу иқәургылар улшо Анцәа еиҳаны «аҿаԥыц амҭа» изноугаларц азы? (Аур. 13:15, АдҾ).