АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Гәыкала аџьабаа убозар, азылԥхарақәа уоуеит
Елисеи аҳ Иоас иеиҳәеит Израиль сириатәи ар ишыриааиуа узырбо ак ҟаиҵарц (2Аҳ 13:15—18).
Иоас агәацԥыҳәара изымхаӡеит, насгьы ахәымпалқәа рыла гәыкала адгьыл дасӡомызт, убри аҟынтә аҵыхәтәанынӡа аиааира изымгаӡеит (2Аҳ 13:19; w10-U 15/4 26, абз. 11).
Иегова гәыкала дзыԥшаауа имаҵзуҩцәа дырзылԥхоит (Аур 11:6; w13-U 1/11 11, абз. 5, 6).
УХЫ УАЗҴАА: «Иаасырԥшыр шԥасылшо гәыкала Абиблиа сшаԥхьо, аизарақәа сшырҭаауа, насгьы ажәабжь шысҳәо, уи иаҭахуп ҳәа акәымкәа?»