АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Аныҳәарҭаҿы инарыгӡоз амаҵзура ибзианы еиҿкаан
Аҳ Давид аныҳәарҭаҿы алевитцәеи аԥшьаҩцәеи рмаҵзура еиҿикааит (1Аш 23:6, 27, 28; 24:1, 3; it-U «Левиты», ахеиҵа «Обязанности», абз. 3; it-U «Священник», ахеиҵа «Постановления и обязанности», абз. 10).
Аԥышәа змаз амузыкантцәеи аҵаҩцәеи амузыка адырҳәаларц, насгьы ашәа рҳәаларц азы иалхын (1Аш 25:1, 8; it-U «Музыка», ахеиҵа «История», абз. 5).
Алевитцәа дҵас ирыдын хьчаҩцәас амаҵ руларц, ахазынаҭрақәа ирхылаԥшларц, насгьы егьырҭ адҵақәа нарыгӡаларц (1Аш 26:16—20; it-U «Привратник», ахеиҵа «В храме», абз. 1).
Ҳара ҳҽеиҿкааны Иегова имаҵ ҳуеит, избанзар иара аиҿкаара бзиа ибоит (1Кр 14:33).
АЗХӘЫЦРАЗЫ: избан иаҳҳәар зҳалшо иахьа ақьырсиантә еизараҿы зегь бзианы еиҿкаауп ҳәа?