АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Сылақәеи сгәи есымша уа иҟазаауеит»
Иегова иҳәеит Соломон иргыло аныҳәарҭаҿы иара иахьимҵахырхәало игәы ишақәшәало (2Аш 7:11, 12).
Иегова иҳәеит игәы уи аныҳәарҭаҿы ишыҟало, даҽакала иуҳәозар, ихьӡ зху уи аҩнаҿы имҩаԥысло зегь ахь аинтерес шимазаауа (2Аш 7:16; w02-U 15/11 5, абз. 1).
Ауаа гәыкала Иегова имаҵ аура иаҟәыҵызҭгьы, аныҳәарҭа хдырбгалартә алиршар ауан (2Аш 6:14; 7:19—21; it-U «Храм», ахеиҵа «История», абз. 1).
Аныҳәарҭа аартра иазкыз аныҳәаҿы израильаа ргәы иаанагозҭгьы ҟаларын, дара рыгәқәа есымша Анцәа иҩнаҿы иҟазаауеит ҳәа. Аха аамҭа анца, дара Иегова имаҵ аураҿы агәацԥыҳәара рцәыӡит.
УХЫ УАЗҴАА: «Иаадырԥшуама сусқәа Иегова гәыкала имаҵ шызуа?»