АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Аицәажәарақәа рыхкқәа
ИИСУС ХРИСТОС ИԤСРА АГӘАЛАРШӘАРАХЬ ААԤХЬАРА ИАЗКУ АКАМПАНИА (март 11 — апрель 4)
«Ааԥхьара шәысҭар сҭахуп адунеи ахьынӡанаӡааӡо миллионҩыла ауаа зҭаауа иҷыдоу аиԥыларахь. Уи Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазкуп. (Ауаҩы ааԥхьаратә бӷьыц иҭ, ма иҭел ахь изышьҭ.) Ааԥхьараҿы иануп уи аиԥылара аныҟало, насгьы иахьыҟало. Иара убас шәааҳаԥхьоит Абиблиа шьаҭас измоу ажәахә ахь. Уи ажәахә ҟалоит Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш мчыбжьык шагу».
Ауаҩы аинтерес имазар. Ирба авидеонҵамҭа «Иисус Христос иԥсра агәаларшәара» (ма иҭел ахь изышьҭ).
Анаҩстәи аан. Избан Иисус дыԥсыр закәыз?
РАԤХЬАТӘИ АИЦӘАЖӘАРА (март 1—10, апрель 5—30)
Азҵаара. Дызусҭадаз Иисус Христос?
Ажәеинраала. Мф 16:16
Анаҩстәи аан. Избан Иисус дыԥсыр закәыз?
АҨБАТӘИ АИЦӘАЖӘАРА
Азҵаара. Избан Иисус дыԥсыр закәыз?
Ажәеинраала. Мф 20:28
Анаҩстәи аан. Ишԥааҳарԥшуеи аџьшьара Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵаразы?