Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 ииун ад. 18—23
  • «Сара суасақәа схаҭа исыԥшаалоит»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Сара суасақәа схаҭа исыԥшаалоит»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • ИЗБАН ШЬОУКЫ ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ИЗАҞӘЫҴУА?
  • ИЕГОВА ИУАСАҚӘА БЗИА ИБОИТ
  • ИЕГОВА ИУСАҚӘА РЫԤШААРА ДАҾУП
  • ҲАРЗЫҞАЗАР ШԤАҲАХӘҬОУ ИҞЬАЛАЗ АУАСАҚӘА?
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 ииун ад. 18—23

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 25

«Сара суасақәа схаҭа исыԥшаалоит»

«Сара суасақәа схаҭа исыԥшаалоит, сагьреиҷаҳауеит урҭ» (ИЕЗ. 34:11).

АШӘА 105 «Анцәа — дыбзиабароуп»

АХҲӘААa

1. Избан Иегова ахәыҷы ԥшқа дызмоу ан ихы зылҿирԥшыз?

«ИЛЫЛШОМА аԥҳәыс агәыԥҳәы иаҵоу лхәыҷы дылхашҭыр?.. Дылхашҭыргьы ҟалоит, аха сара усхашҭӡом»,— арҭ ажәақәа Иегова аԥааимбар Исаиа ихаан ижәлар иреиҳәеит (Ис. 49:15). Анцәа шамахамзар ихы ан илыҿирԥшӡом. Аха ари аҭагылазаашьаҿы иара уи ҟаиҵеит. Иегова имаҵзуҩцәа шаҟа бзиа ибо ааирԥшырц азы ани ахшареи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа дрыхцәажәеит. Анацәа аӡәырҩы аиаҳәшьа Хасминb лажәақәа ирықәшаҳаҭуп. Лара илҳәоит: «Ан ахәыҷыԥшқа данылааӡо, иареи лареи зеиԥшыҟам аизыҟазаашьақәа рыбжьалоит».

2. Иарбан цәаныррақәоу Иегова изцәырҵуа ихәыҷқәа рҟынтә аӡәы даницәыхарахо?

2 Иегова ихәыҷқәа руаӡә заҵәыкгьы аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәара аҽалархәреи даҟәыҵуазар, иара уи ибоит. Шәазхәыц Анцәа шаҟа игәы ихьуа есышықәса зықьҩыла имаҵзуҩцәа имаҵ аура ишаҟәыҵуа анибо. Ус шакәугьы, дара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи роуп, убри аҟынтә бзиа иаҳбоит.

3. Ииҭахузеи Иегова?

3 Анцәа имаҵ аура иаҟәыҵыз аӡәырҩы аизарахь ихынҳәуеит, ҳара даараӡа урҭ ҳреигәырӷьоит! Иегова урҭ хынҳәырц иҭахуп, ҳаргьы иаҳҭахуп (1 Пиотр 2:25). Аха ҳрыцхраар шԥаҳалшо урҭ? Ари азҵаара аҭак ҟаҳҵаанӡа шәааи раԥхьа ҳазхәыцып аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ажәабжьҳәара аҽалархәреи аизарақәа рҭаареи изаҟәыҵуа.

ИЗБАН ШЬОУКЫ ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ИЗАҞӘЫҴУА?

4. Ирыхьуазеи ақьырсианцәа шьоукы русура иахҟьаны?

4 Ақьырсианцәа шьоукы рыԥсҭазаараҿы аусура зегь раасҭа ихадахартә алдыршеит. Азиа инхо аиашьа Хань иҳәоит: «Сара ирацәаны аус зуан. Сгәы иаанагон ирацәаны аԥара сырҳар, Иегова имаҵ аура сзымариахоит ҳәа, убри аҟынтә аусура ирацәаны аамҭа азыскуан. Лассы-лассы аизарақәа бжьасыжьуа салагеит, аҵыхәтәаны аныҟәара зынӡа саҟәыҵит. Излазбаз ала, Аҩсҭаа адунеи ихы иархәаны ауаа Анцәа ицәыхареитәуеит, хәыҷы-хәыҷла имаҵ аура иаҟәыҵырц азы».

5. Ишԥалныри аиаҳәшьа илымаз ауадаҩрақәа?

5 Егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы казыжьуа ауадаҩрақәа рымоуп. Великобританиа инхо Енн зыхьӡу аиаҳәшьа хәҩык ахәыҷқәа лымоуп. Лара илҳәоит: «Сыҷкәынцәа руаӡәк ачымазара бааԥсқәа шимаз диит. Ԥыҭрак ашьҭахь сыԥҳацәа руаӡәк аизара далырцеит. Сԥеиҳаб аԥсихикатә чымазара изцәырҵит. Сара убри аҟара сгәы каҳаит, аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәара аҽалархәреи саҟәыҵит. Убас ала хәыҷы-хәыҷла Иегова сицәыхарахеит». Ҳара даараӡа ирыцҳаҳшьоит Енн лхәыҷқәеи лареи, насгьы убри аҩыза ауадаҩрақәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи.

6. Избан Кәаласаа рахь 3:13 иану алабжьара ҳақәымныҟәозар, Иегова ижәлар ҳарцәыхарахар залшо?

6 Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 3:13c. Шьоукы рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо рашьцәеи раҳәшьцәеи ирызгәааит. Апостол Павел иҳәеит зны-зынла ҳара ашшразы амзыз ҳаур шалшо. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ииашаӡамкәа иҳазныҟәаргьы ҟалоит. Ҳгәаҳҽанымзар, ҳгәааны Анцәа ижәлар ҳарцәыхарахар алшоит. Уи ауп Аладатәи Америка инхо Пабло ихьызгьы. Иара мцҳәарала ахара идырҵеит. Аизара аиҳабацәа уи амц агәра ргеит аҟынтә, Пабло инаигӡоз аҭакԥхықәрақәа ицәыӡит. Иҟаиҵазеи иара? «Сара сгәы ԥжәеит,— иҳәоит Пабло,— убри аҟынтә хәыҷы-хәыҷла аизарақәа рҭаара саҟәыҵит».

7. Ихьыр алшозеи зыламыс иаргәаҟуа ауаҩы?

7 Шьоукы зны агәнаҳа ӷәӷәа ахьыҟарҵаз иахҟьаны рыламыс иаргәаҟуазар алшоит, уи нахыс акыраамҭа шцахьоугьы дара уеизгьы рхы ахара адырҵозар ауеит, насгьы Анцәа уаҳа бзиа ҳаибом ҳәа ихәыцуазар ҟалоит. Дара рыгәнаҳа ишахьхәхьоугьы Анцәа ижәлар рыгәҭа аҟазаара иаԥсам ҳәа ихәыцуазар ауеит. Франсиско зыхьӡу аиашьагьы убас дхәыцуан. Иара иҳәоит: «Сара ацәеижьтә еизааигәахара иазку Анцәа изакәан ахьеилазгаз азы аизара аиҳабацәа рҟынтә алабжьара соуит сыҽсыриашарц азы. Раԥхьа аизарақәа сырҭаауан, аха анаҩс сгәы каҳаит, насгьы Иегова ижәлар рыбжьара аҟазаара саԥсам ҳәа схәыцуа салагеит. Иҟасҵаз схы исзанажьуамызт, Иеговагьы исанаимыжьӡеит ҳәа схәыцуан. Хәыҷы-хәыҷла аизарақәа рахь аныҟәара зынӡа саҟәыҵит». Шәышԥарзыҟоу шәара еиқәаҳаԥхьаӡаз ауадаҩрақәа ирықәшәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Ирыцҳашәшьома шәара урҭ? Дышԥарзыҟоу дара Иегова?

ИЕГОВА ИУАСАҚӘА БЗИА ИБОИТ

Израильтәи ахьча иҟьалаз ауаса дахӡыӡаауан. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)e

8. Ихашҭуама Иегова аамҭала имаҵ аура иаҟәыҵыз ақьырсианцәа? Иҳаилшәыркаа.

8 Иегова ахаангьы ихашҭуам аамҭала имаҵ аура иаҟәыҵыз ақьырсианцәа. Ихашҭуам урҭ имаҵ аураҿы ирбахьоу аџьабаагьы (Аур. 6:10). Исаиа аҿырԥш бзиа ааигеит Иегова имаҵзуҩцәа шаҟа бзиа ибо ааирԥшырц азы. Абар иара ииҳәаз: «Иара ахьча иеиԥш иԥсаса дырхылаԥшлоит. Иара ихаҭа асарақәа еизигалоит, насгьы икәа иҭаҵаны ибалоит» (Ис. 40:11). Иарбан цәаныррақәоу изцәырҵуа Ахьча Ду иуасақәа руак шҟьалаз анибо? Иисус иҵаҩцәа иреиҳәаз ажәақәа уи аилкаара иҳацхраауеит. Иара иҳәеит: «Шәгәы ишԥаанагои? Аӡә шә-уасак имазар, убарҭ рахьтә ак ҟьалар, иаанхаз ԥшьынҩажәеи зеижә уаса ашьхараҿ иааныжьны, иҟьалаз аԥшаара дымцаӡои? Убри анибалакь, иашала ишәасҳәоит, имҟьалақәаз ԥшьынҩажәеи зеижә раасҭа иара иеиҳа деигәырӷьоит» (Матф. 18:12, 13).

9. Ишԥарзыҟаз ахьча бзиақәа руасақәа абиблиатә аамҭақәа раан? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

9 Дызлаиеиԥшузеи Иегова ахьча? Абиблиатә аамҭақәа раан ахьча бзиа иуасақәа дрыхӡыӡаауан. Иаҳҳәап, Давид иԥсаса ихьчарц азы алыми амшәи дырҿагылеит (1 Сам. 17:34, 35). Аԥсаса уаса заҵәык агхаргьы, ахьча бзиа уи иаразнак игәеиҭон (Иоанн 10:3, 14). Уи аҩыза ахьча 99 уаса ишәарҭамыз аҭыԥ аҿы иныжьны, ма егьи ахьча изныжьны, иӡыз аԥшаара дцон. Иисус ари аҿырԥштәы ала ихадоу ак ҳирҵарц иҭахын. Иара иҳәеит: «Убасҵәҟьа Жәҩан иҟоу Шәаб гәаҳәара имам, урҭ, иреиҵоу рахьтә аӡә дҭахаразы» (Матф. 18:14).

Израильтәи ахьча иӡны иҟаз ауаса деигәырӷьоит, дахӡыӡаауеит. (Шәахәаԥш абзац 9.)

ИЕГОВА ИУСАҚӘА РЫԤШААРА ДАҾУП

10. Иҟаиҵозеи Иегова иӡыз иуасақәа рзы Иезекииль 34:11—16 иану инақәыршәаны?

10 Иегова ҳара зегьы даараӡа бзиа ҳаибоит, ицәыхарахазгьы уахь иналаҵаны. Аԥааимбар Иезекииль ила Анцәа иҳәеит иҟьалаз иуасақәа шиԥшаало, насгьы доуҳала ишихәышәтәуа. Иара урҭ ихьчарц азы иҟаиҵо ашьаҿақәа еиқәиԥхьаӡеит. Ауаса зцәыӡыз Израильтәи ахьчагьы урҭ ашьаҿақәа ракәын иҟаиҵоз. (Шәаԥхьа Иезекииль 34:11—16.) Зны ахьча иуаса аԥшаара дцон. Ҳәарада, уи ирацәаны аамҭеи амчи ицәагон. Ианиԥшаалак ашьҭахь аԥсаса ахьыҟаз инеигон. Ауаса хәызҭгьы, ма амла иакуазҭгьы ахьча уи ахәрақәа ҿеиҳәон, акраҿеиҵон. Аизара аиҳабацәа «Анцәа иԥсаса хьча-ԥызацәас» иамоуп, убри аҟынтә аизара иацәыхарахаз ақьырсианцәа ирыцхраалароуп (1 Пиотр 5:2, 3). Дара урҭ рыԥшаауеит, аизарахь ахынҳәра ирыцхраауеит, иара убас хаала адоуҳатә цхыраара рырҭоитd.

11. Еиликаауази ахьча бзиа?

11 Ахьча бзиа ауаса ыӡыр шалшо еиликаауан. Убри аҟынтә иара ауаса ахьҟалаз азы апҟара далагаӡомызт. Шәааи ҳахәаԥшып Иегова аамҭала ицәыхарахаз имаҵзуҩцәа данрыцхраауаз ихы шымҩаԥигоз.

12. Дышԥеизныҟәеи Иегова Иона?

12 Аԥааимбар Иона идыз адҵа дацәыбналеит. Аха Иегова уи акы даԥсам ҳәа имыԥхьаӡаӡеит. Ахьча бзиа иеиԥш, Иегова уи деиқәирхеит, насгьы идҵа анагӡаразы иаҭахыз амч ииҭеит (Иона 2:7; 3:1, 2). Анаҩс Иегова амҟәыба ихы иархәаны Иона иеилиркааит ауаҩы иԥсҭазаара ахә шаҟа иҳараку (Иона 4:10, 11). Иаҳнарҵозеи Иегова иҿырԥшы? Аизара аиҳабацәа ихьшәашәахаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи уажәшьҭа акгьы рылҵуам ҳәа имхәыцлароуп. Уи аҭыԥан дара рҽазыршәалароуп ауаҩы аизара дзацәыхарахаз аилкаара. Иара убас ауаҩы аизарахь даныхынҳәлак ашьҭахьгьы ицхраара иаҟәыҵӡом.

13. Иҳаилнаркаауазеи Иегова 73-тәи Аԥсалом зҩыз дышизныҟәаз?

13 73-тәи Аԥсалом автор ауаа цәгьақәа хьаада-баада инхоит ҳәа ахәыцра далагеит, уи иахҟьаны игәы каҳаит. Иара Анцәа имаҵ аура иаԥсоу-иаԥсаму ҳәа ахәыцрагьы далагеит (Аԥсал. 73:12, 13, 16). Иҟаиҵазеи Иегова? Иара уи димықәыӡбаӡеит. Уи инеиҳангьы, иара уи аԥсаломшәаҳәаҩ иажәақәа Абиблиа ианырҵартә еиԥш иҟаиҵеит. Аҵыхәтәаны аԥсаломшәаҳәаҩ еиликааит Иеговеи иареи реиҩызара аасҭа еиӷьыз ак шыҟамыз (Аԥсал. 73:23, 24, 26, 28). Иаҳнарҵозеи ҳара ари? Аӡәы Иегова имаҵ аура иаԥсоу-иаԥсаму ҳәа ахәыцра далагозар, аизара аиҳабацәа уи иаразнак имықәыӡбароуп. Уи аҭыԥан дара рҽазыршәароуп ауаҩы ус ахәыцра дзалагаз аилкаара. Усҟан дара Абиблиа рхы иархәаны уи игәы шьҭырхыр рылшоит.

14. Избан Илиа ацхыраара зиҭахыз, насгьы ишԥаииҭеи уи Иегова?

14 Аԥааимбар Илиа аҳкәажә Иезавель дылцәыбналеит (1 Аҳ. 19:1—3). Иара игәы иаанагон аԥааимбар иеиԥш Иегова имаҵ зуаз иара заҵәык иакәын ҳәа, насгьы иҟаиҵаз зегьы аӡы иагазшәа ибон. Илиа аԥсра даҳәартә еиԥш игәы каҳаны дыҟан (1 Аҳ. 19:4, 10). Аха Иегова уи димықәыӡбаӡеит. Уи аҭыԥан, иара Илиа дшызаҵәымыз иеиҳәеит, идҵа анагӡаразы амч шииҭо дақәиргәыӷит, насгьы иҟаиҵаша шырацәаз иеилиркааит. Илиа игәҭыхақәа аниҳәоз, Иегова уи зҿлымҳарала дизыӡырҩуан, иҿыцу адҵагьы идиҵеит (1 Аҳ. 19:11—16, 18). Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳара зегьы Иегова иуасақәа рахь ақьиара ааҳарԥшлароуп. Еиҳарак аизара аиҳабацәа ус аҟаҵара рҽазыршәалароуп. Ауаҩы игәы ԥжәаны дцәажәозаргьы, игәы каҳаны Иегова имаҵ аура саԥсам ҳәа иҳәозаргьы, дара зҿлымҳарала изыӡырҩлароуп. Анаҩс Иегова изы ихә шыҳараку агәра иргара рҽазыршәароуп.

ҲАРЗЫҞАЗАР ШԤАҲАХӘҬОУ ИҞЬАЛАЗ АУАСАҚӘА?

15. Дышԥарзыҟаз Иисус Иаб иуасақәа, Иоанн 6:39 иану инақәыршәаны?

15 Ҳарзыҟазар шԥеиҭаху Иегова иҟьалаз иуасақәа? Иисус уи аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳирбеит. Иара идыруан Иегова иуасақәа зегьы хаҭа-хаҭала рыхә шишьо, убри аҟынтә илшоз зегь ҟаиҵон иҟьалаз ауасақәа иргьежьырц азы (Матф. 15:24; Лука 19:9, 10). Ахьча бзиа иеиԥш Иисус Иаб иуасақәа руакгьы имырӡырц азы илшоз зегь ҟаиҵон. (Шәаԥхьа Иоанн 6:39.)

16, 17. Ирзыҟазар шԥарыхәҭоу аизара аиҳабацәа иҟьалаз Иегова иуасақәа? (Шәахәаԥш арамка «Иегова ицәыхарахаз ауаҩы ихы шибо».)

16 Апостол Павел ефестәи аизара аиҳабацәа Иисус иҿыԥшларц ргәазҭеиҵон. Иара иҳәеит: «Иҟасҵоз зегьы рҿы аҿырԥштәы шәсырбон егьзымчым, ицәҳәу, ирыцҳау рыцхырааразы, абас еиԥш иҟоу Иҳақәиҭу Иисус иажәақәа сгәаларшәо: аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп, еиҳа игәахәоуп» (Аус. 20:17, 35). Арҭ ажәақәа излаҳдырбо ала, аизара аиҳабацәа аҭакԥхықәра ду рыдуп. Испаниа инхо аизара аиҳабыс амаҵ зуа Сальвадор иҳәоит: «Иегова иҟьалаз иуасақәа шаҟа дрыхӡыӡаауа саназхәыцуа, урҭ срыцхрааларц азы исылшо зегь аҟаҵара сҭаххоит. Агәра ганы сыҟоуп Иегова ишиҭаху сара урҭ срыхӡыӡааларц».

17 Ари астатиаҿы зыӡбахә ҳәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова иахь ихынҳәит, дара уи азы ацхыраара рыҭан. Аха макьана даараӡа ирацәаҩуп Иегова иахь ахынҳәра зҭаху, аха уи ҟазымҵац аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Анаҩстәи астатиаҿы урҭ ҳрыцхраар шҳалшо еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәоит.

Иегова ицәыхарахаз ауаҩы ихы шибо

(Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)f

Иегова ицәыхарахаз аӡәырҩы ҵаҟа зыӡбахә ҳәоу аиашьеи аиаҳәшьеи рхы шырбо еиԥш рхы рбоит.

Камерун инхо Флора илҳәоит: «Сара еилыскаауан сыԥсҭазаара ихадоу ак шагыз. Сара исымамызт агәырӷьара, агәҭынчра, сыламыс саргәаҟуан. Сара исҭахын ҩаԥхьа агәҭынчра соурц, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи срыцзарц. Аха зегь реиҳа Иегова сиҩызахарц сҭахын».

Абар Испаниа инхо аиашьа Анцәа имаҵ аура данаҟәыҵыз ииҳәоз: «Сара еиҭа исҭахуп аишьцәеи аиҳәшьцәеи срывагыланы Иегова имаҵ зуларц, аха уи даара исцәыцәгьоуп. Иҟаҵатәу здыруеит, иагьысҭахуп уи аҟаҵара, аха имариам. Сара сыԥсҭазаашьа сыԥсахроуп, насгьы сҩызцәа шьоукы аансыжьроуп. Аха Иеговеи сареи ҳаиҩызара ӷәӷәам аҟынтә, аусура аҟынтәи сааԥсаха санаауа аизарахь ацара сцәыцәгьоуп. Аха даараӡа исҭахуп исылшо зегь ҟасҵарц, избанзар Иегова бзиа дызбоит, насгьы схатә ҩызеи схәыҷқәеи срыцхраар сҭахуп».

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы аизарақәа рҭаареи ажәабжь аҳәареи изаҟәыҵуа?

  • Дышԥарзыҟоу Иегова иҟьалаз иуасақәа?

  • Избан Иегова ицәыхарахаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи хьаас иҳамазар зҳахәҭоу?

АШӘА 139 Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа

a Избан акыршықәса рыҩныҵҟа Иегова имаҵ зуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ажәабжьҳәара аҽалархәреи аизарақәа рҭаареи изаҟәыҵуа? Дышԥарзыҟоу урҭ Анцәа? Шәааи арҭ азҵаарақәа еилҳаргап, насгьы ҳалацәажәап абиблиатә аамҭақәа раан Иегова дышрыцхраауаз аамҭала ицәыхарахаз ауаа, иара убас уи иаҳнарҵар алшо ҳазхәыцып.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

c Кәаласаа рахь 3:13, АдҾ: «Аӡәи-аӡәи шәеибачҳала, гәыҭбаарала шәыгхақәа шәанеибажьла, ашшразы амзыз шәымазаргьы. Иегова гәыҭбаарала ишшәанаижьыз еиԥш, шәаргьы убас иранашәыжьла».

d Анаҩстәи астатиаҿы еилыргахоит аизара аиҳабацәа арҭ ашьаҿақәа ҟарҵалар шрылшо.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Абиблиатә аамҭақәа раан инхоз ахьча иҟьалаз ауаса дашьҭоуп. Ианиԥшаа уи иман дхынҳәуеит. Иахьа адоуҳатә хьчацәагьы зҿу уи ауп.

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәареи иаҟәыҵыз аиаҳәшьа автобус дазыԥшнаҵы илбоит аиашьеи аиаҳәшьеи гәырӷьаҵәа хаҵак аҵабырг шизеиҭарҳәо.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра