АҴАРАЗЫ АСТАТИА 43
Иегова иорганизациа напхгара аиҭоит
«„Ар рыла акәӡам, амч алагьы акәӡам, аха сдоуҳа ала ауп“ — иҳәоит ар реиҳабы Иегова» (ЗАХ. 4:6).
АШӘА 40 Дызусҭада узтәу?
АХҲӘААa
1. Иҟарҵалар рыхәҭоузеи зыҽӡаазххьоу ақьырсианцәа?
ШӘЫҼӠААШӘХХЬОУМА шәара? Ааи акәзар, зегьы рҿаԥхьа Иегова иахь шәхаҵара аашәырԥшит, насгьы идшәырбеит иара иорганизациаҿыb амаҵ аура шәшазхиоу. Ҳәарада, Иегова иахь шәыгәрахаҵара анаҩсгьы еизшәырҳалароуп. Иара убас Иегова иахьа иорганизациа напхгара шаиҭо агәра шәгалароуп.
2, 3. Напхгара шԥаиҭо Иегова иахьа иорганизациа? Иаажәга аҿырԥштәқәа.
2 Иахьа Иегова иорганизациа напхгара шазиуа иаҳнарбоит иара дзеиԥшроу, иарбан гәҭаку, насгьы иарбан нормақәоу имоу. Шәааи еилҳаргап Иегова иорганизациа ианубаало иара иааирԥшуа х-ҟазшьак.
3 Актәи, Анцәа еилых-еилаҵа имам (Аус. 10:34). Абзиабара иара игәазҭанаҵеит ауаа зегь ҿихырц азы Иԥа дааишьҭырц (1 Тим. 2:6; Иоанн 3:16). Иегова имаҵзуҩцәа ирыдиҵеит ажәабжь бзиа иазыӡырҩуа зегьы уи рзеиҭарҳәаларц. Убас ала иара аҿыхра агәра зго зегьы аиқәхаразы алшара риҭоит. Аҩбатәи, Иегова аиҿкаареи аҭынчреи Дрынцәоуп (1 Кор. 14:33, 40). Убри аҟынтә иара имаҵзуҩцәа рыбжьарагьы аиҿкаареи аҭынчреи ыҟазароуп. Ахԥатәи, Иегова «Ҳамҩақәҵаҩ Ду» иоуп (Ис. 30:20, 21). Убри азоуп иорганизациа абриаҟара аџьабаа забо Иажәа, Абиблиа, иану аҵабырг ҳаилнаркааларц, насгьы уи ауаа дырҵара иҳацхрааларц азы. Ишԥаиҿыԥшуаз Иегова арҭ аҟазшьақәа раарԥшраҿы раԥхьатәи ақьырсианцәа? Ишԥаиҿыԥшуеи ҳаамҭазтәи ақьырсианцәа? Насгьы ишԥашәыцхраауеи Иегова идоуҳа иорганизациаҿы амаҵ аура?
АНЦӘА ЕИЛЫХ-ЕИЛАҴА ИМАМ
4. Иарбан дҵоу Иисус иҵаҩцәа ириҭаз Аусқәа 1:8 иану инақәыршәаны? Иарбан цхыраароу ироураны иҟаз?
4 Актәи ашәышықәсазы. Иисус ииҳәоз ажәабжь ауаа зегьы агәыӷра рнаҭон (Лука 4:43). Иара иҵаҩцәа ирыдиҵеит дызлагаз аус нарыгӡарц, «адгьыл аҵыхәаҿгьы шаҳаҭра» руларц азы. (Шәаԥхьа Аусқәа 1:8c.) Ҳәарада, дара уи аус рымч заҵәык ала ирзынагӡомызт. Дара Иисус изықәиргәыӷыз «ацхырааҩ», иԥшьоу адоуҳа, рҭахын (Иоанн 14:26, АдҾ; Зах. 4:6).
5, 6. Ишԥарыцхраауаз иԥшьоу адоуҳа Иисус иҵаҩцәа?
5 Иисус иҵаҩцәа иԥшьоу адоуҳа роуит Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәса ҳ. ҳ. азы. Уи адоуҳа ацхыраарала дара иаразнак ажәабжьҳәара иалагеит. Аамҭа кьаҿк аҩныҵҟагьы зықьҩыла ауаа ажәабжь бзиа рыдыркылеит (Аус. 2:41; 4:4). Дара ауаа рышьҭашәарыцо ианалагагьы, ишәаны ажәабжьҳәара иаҟәымҵӡеит, аха Анцәа дрыцхраарц азы иҳәеит. Дара ирҳәеит: «Иҳаҭ амч-алшара... ҳамшәа-ҳмырҳа Уажәа рылаҳарҵәалартә аиԥш» (Аус. 4:18—20, 29, 31).
6 Иисус иҵаҩцәа егьырҭ ауадаҩрақәагьы рыман. Иаҳҳәап, усҟан Иԥшьоу Аҩыра ахҩылаақәа даараӡа имаҷын. Дара ирымаӡамызт Абиблиа уеилзыркаауа иахьа иҳамоу апубликациақәа. Уи адагьы, дара бызшәа рацәала ицәажәоз ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәалар акәын. Арҭ ауадаҩрақәа ишрықәшәозгьы, агәацԥыҳәара аазырԥшуаз урҭ аҵаҩцәа ауаҩы ихәаԥшышьала ҟалашьа змамыз ҟарҵеит — 30 шықәсаҟа рыла ажәабжь бзиа «адунеи зегьы» иаларҳәеит (Кәал. 1:6, 23).
7. Иабантәирдыруаз 100 шықәса еиҳаны раԥхьа инхоз Иегова имаҵзуҩцәа иара дара рҟынтә дыззыԥшыз? Ишԥақәҿырҭи дара уи?
7 Иахьа. Иахьагьы Иегова ижәлар анапхгареи амчи риҭоит. Еиҳараӡак иара уи ҟаиҵоит иԥшьоу идоуҳа ацхыраарала иҩу Иажәа, Абиблиа, ала. Уа иануп Иисус имаҵзура шынаигӡоз, насгьы иҵаҩцәа уи аус нарыгӡаларц шрыдиҵаз (Матф. 28:19, 20). Ииуль 1881 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» ианын: «Иегова иԥшьоу идоуҳала ҳзалихыз ауаа ҳаҭыр ҳақәырҵаларц, ма амал ду ҳарҳарц азы акәӡам. Аха иҳамоу зегьы ажәабжь бзиа ҳҳәаларц азы инаҳхларц азоуп». 1919 шықәсазы иҭыжьыз «Аус анагӡара заҭәашьоу» захьӡыз абуклет ианын: «Инагӡатәу аус даараӡа ирацәоуп. Аха уи Иҳақәиҭу иус ауп, убри аҟынтә иара уи анагӡаразы амч ҳаиҭоит». Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа реиԥш урҭ аишьцәа агәымшәара аарԥшны ажәабжьҳәаратә ус рхы азыркит. Дара агәра ганы иҟан иԥшьоу адоуҳа ауаа еилымхӡакәа, зегьы ажәабжь рзеиҭаҳәара ишрыцхраауа. Ҳаргьы уи шҳацхраауа агәра ҳгоит.
Ауаа ажәабжь бзиа рыларҵәаразы Иегова иорганизациаҿы иреиӷьу амыругақәа рхы иадырхәон. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)
8, 9. Иарбан методқәоу рхы иадырхәоз Иегова иорганизациаҿы ауаа зегьы ажәабжь бзиа рыладырҵәаларц азы?
8 Ауаа ажәабжь бзиа рыларҵәаразы Иегова иорганизациаҿы иреиӷьу амыругақәа рхы иадырхәон. Урҭ иреиуоуп икьыԥхьу апубликациақәа, «Фотодрама творения», апатефонқәа, арупор зхагылаз амашьынақәа, арадиодырраҭарақәа, насгьы ааигәа ицәырҵыз аелектронтә публикациақәа. Шәазхәыц иара убас шаҟа бызшәала ҳпубликациақәа еиҭарго! Уи абзоурала ауаа зегьы рхатәы бызшәала ажәабжь бзиа раҳауеит. Иегова еилых-еилаҵа имам. Иара иҳәахьан Аҳра иазку ажәабжь «абшьҭрақәас, хылҵшьҭрақәас, бызшәақәас, жәларқәас иҟоу зегьы» ишрылаҳәахо (Аат. 14:6, 7). Анцәа иҭахуп уи ажәабжь зегьы ираҳарц.
9 Аха шьоукы ажәабжь раҳҳәарц азы рыҩнқәа рахь ҳазнеиӡом, избанзар дара ахьынхо аҭыԥқәа хьчоуп. Урҭ ауаа ажәабжь бзиа раҳарц азы Иегова иорганизациаҿы еиуеиԥшым азнеишьақәа рхы иадырхәоит. Иаҳҳәап, 2001 шықәсазы Анапхгаратә хеилак ақәшаҳаҭхеит Франциа инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ҳлитература зқәу астендқәа рхархәара иалагарц. Анаҩс уи егьырҭ атәылақәа рҿгьы рхы иадырхәо иалагеит. Уи алҵшәа бзиақәа аанагеит. 2011 шықәсазы Ниу-Иорк еиҳараӡак ауаа ахьырацәоу аҭыԥқәа руак аҟны иҷыдоу ажәабжьҳәаратә программа иалагеит. Шықәсык аҩныҵҟа ишан 102 129 шҟәи 68 911 журнали. Уи инеиҳангьы, 4 701 абиблиатә ҵара иаҳәеит! Еилыкка иубарҭан Иегова идоуҳала уи аус дшацхраауаз. Убри аҟынтә Анапхгаратә хеилак ирыӡбеит атәылақәа зегьы рҿы аишьцәеи аишьцәеи уи аметод рхы иадырхәо иалагарц.
10. Иҳацхраар алшозеи ажәабжьҳәаратә, насгьы арҵаратә ус аҿы ҳҟазара аиӷьтәра?
10 Шәара иҟашәҵалар шәылшо. Аизарақәа рҿы Иегова ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәашьа ҳирҵоит. Шәхы иашәырхәала уа еилышәкаауа зегьы. Шәахьныҟәо ажәабжьҳәаратә гәыԥ иаҵанакуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи еснагь ажәабжь рыцышәҳәала. Дара шәыцхраар алшоит ажәабжьҳәаратә, насгьы арҵаратә ус аҿы шәҟазара аиӷьтәра. Уи адагьы, рҿырԥштәала шәгәы шьҭырхыр ауеит. Ауадаҩрақәа шәанрықәшәогьы, ажәабжьҳәара шәаҟәымҵлан. Ари астатиа шьаҭас иамоу ажәеинраала ишаҳәо еиԥш, ҳара Анцәа игәаԥхара зланаҳагӡо ҳамч ала акәымкәа, иара идоуҳамч алоуп (Зах. 4:6). Ҳара инаҳагӡо Иегова иус ауп аҟынтә, иара амч шҳаиҭо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит.
ИЕГОВА АИҾКААРЕИ АҬЫНЧРЕИ ДРЫНЦӘОУП
11. Иҟарҵози актәи ашәышықәсазы анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуаз аишьцәа, Анцәа ижәлар рыбжьара аиҿкаареи аҭынчреи рыхьчаларц азы?
11 Актәи ашәышықәсазы. Иерусалим иҟаз анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуаз аишьцәа Анцәа ижәлар рыбжьара аиҿкаареи аҭынчреи рыхьчаларц азы аӡәк иеиԥш амаҵ еицыруан (Аус. 2:42). Иаҳҳәап, аԥхьатәхсара иадҳәалаз аимактә зҵаара анцәырҵ, иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала анапхгаратә хеилак уи азҵаара еилдыргеит. Иҟалап уи азҵаара анцәырҵ 49 шықәса ҳ. ҳ. азы акәзар. Уи азҵаара ус инхазҭгьы, аизарақәа рҿы акзаара ыӡуан, уи ажәабжьҳәаратә ус иаԥырхагахон. Иерусалим иҟаз аизара аиҳабацәеи апостолцәеи иудеицәан, аха дара зызхәыцуаз аиудеитә қьабзқәеи урҭ ирыдгылоз ауааи ракәмызт. Дара анапхгара Анцәа Иажәа аҟны иашьҭан, насгьы иԥшьоу адоуҳа ацхыраара иаҳәон (Аус. 15:1, 2, 5—20, 28). Иалҵшәахазеи уи? Иегова рыӡбара дазылԥхеит, убри аҟынтә аизарақәа рҿы акзаареи аҭынчреи еиҭашьақәгылеит, ажәабжьҳәаратә усгьы ԥхьаҟа ицеит (Аус. 15:30, 31; 16:4, 5).
12. Иаҳзырбозеи Иегова иорганизациаҿы акзаареи аҭынчреи шыҟоу?
12 Иахьа. Иегова иорганизациа еснагь Анцәа ижәлар ирыцхраауан аиҿкаареи аҭынчреи ахьчара. Ноиабр 15, 1895 шықәсазтәи «Ахьчаратә бааш» аҿы ианын 1 Коринфаа рахь 14:40 шьаҭас измаз астатиа. Уи иахьӡын «Зегьы ишрыхәҭоу аиԥш, аамысҭашәарала имҩаԥыслароуп». Абар уа ианыз: «Апостолцәа актәи ашәышықәсазы иҟаз ақьырсиантә еизарақәа еснагь иргәаладыршәон „зегьы ишрыхәҭоу аиԥш, аамысҭашәарала“ имҩаԥыргаларц... Иҟәыӷарахон анаҩсгьы „ҳара иҳалабжьарц“ азы ирҩыз ақәныҟәара» (Рим. 15:4). Иахьагьы актәи ашәышықәсазы еиԥш Иегова иорганизациаҿы аиҿкаареи аҭынчреи ахьчара рҽазыршәоит. Абар уи шьақәзырӷәӷәо аҿырԥштәы. Шәара даҽа еизарак ахь шәцаргьы, уи даҽа тәылак аҿы акәзаргьы, ижәдырлоит уа «Ахьчаратә бааш» аҟынтә иарбан статиоу еилдыргало, насгьы ишеилдыргало. Уи абзоурала, шәеизараҿы шәыҟоушәа жәбоит! Ари аҩыза акзаара арҿиара зылшо Иегова идоуҳа заҵәык ауп! (Соф. 3:9).
13. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу, Иаков 3:17 иану инақәыршәаны?
13 Шәара иҟашәҵалар шәылшо. Иегова иҭахуп акзаара ҳахьчаларц (Еф. 4:1—3). Убри аҟынтә дасу ҳхы ҳазҵаароуп: «Еизсырҳауама сара аизараҿы аҭынчреи акзаареи? Сырзыӡырҩуама напхгара зуа аишьцәа? Исықәгәыӷыртә сыҟоума аишьцәа, еиҳарак аизараҿы аҭакԥхықәрақәа сыдзар? Иҟасҵома зегьы ианаамҭоу? Сазхиоума аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара?» (Шәаԥхьа Иаков 3:17.) Аус здыжәулаша жәбазар, Иегова иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц шәиҳәала. Иԥшьоу адоуҳа шәхәыцшьеи шәхымҩаԥгашьеи шаҟа ирнырло аҟара, убри аҟара шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи бзиа шәырбалоит, шәыхәгьы ршьалоит.
ИЕГОВА АҴАРА ҲИРҴОИТ, НАСГЬЫ ИАҬАХУ ЗЕГЬ ҲАИҬОИТ
14. Ишԥадирҵоз аҵара Иегова имаҵзуҩцәа актәи ашәышықәсазы, Кәаласаа рахь 1:9, 10 иану инақәыршәаны?
14 Актәи ашәышықәсазы. Иегова даараӡа игәаԥхоит ижәлар аҵара аныдирҵо (Аԥсал. 32:8). Иегова иҭахуп иара даҳдыруазарц, бзиа даҳбаларц, насгьы наунагӡа ҳанхаларц. Аха иара иҿы аҵара ҳамҵалар, уи залшом (Иоанн 17:3). Актәи ашәышықәсазы Иегова ижәлар аҵара дирҵаларц азы ақьырсиантә еизара ихы иаирхәон. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 1:9, 10.) Иара убас Иисус иҵаҩцәа зықәиргәыӷыз «ацхырааҩ», иԥшьоу адоуҳа, даараӡа ирыцхраауан (Иоанн 14:16, АдҾ). Уи рыцхраауан Анцәа Иажәа аилкаара. Иара убас иргәаланаршәон Иисус иреиҳәоз, насгьы иҟаиҵоз. Ԥыҭрак ашьҭахь уи Аевангелиеқәа рҿы ианҵан. Уи раԥхьатәи ақьырсианцәа рыгәрахаҵара арӷәӷәон. Уи адагьы, Анцәа иахь, насгьы Иԥа иахь ирымаз абзиабара еизнарҳауан, дара-дара ирыбжьаз абзиабарагьы арӷәӷәон.
15. Ишԥанаигӡо Иегова Исаиа 2:2, 3 аҟны ҳзықәиргәыӷыз?
15 Иахьа. Иегова иҳәеит «аҵыхәтәантәи амшқәа раан» ажәларқәа зегь рҟынтә ауаа «ишьхахь» ишеихо, иара иҟны аҵара рҵаларц азы. (Шәаԥхьа Исаиа 2:2, 3.) Иахьа ҳаблала иаҳбоит уи аԥааимбаражәа анаӡара ишаҿу. Иегова имҵахырхәара амцмҵахырхәара иузаҿырԥшӡом. Иегова имаҵзуҩцәа рзы адоуҳатә чара ирхиеит! (Ис. 25:6). Игәрагоу, иҟәышу атәы ила Иегова хкы рацәала, меигӡарахда адоуҳатә фатә ҳаиҭоит, астатиақәеи ажәахәқәеи инадыркны авидеонҵамҭақәеи амультфильмқәеи рҟынӡа (Матф. 24:45). Ҳара Иов иҩыза Елиуи ииҳәаз ҳақәшаҳаҭуп: «Дыҟоума иара иеиԥшу Амҩақәҵаҩ?» (Иов 36:22).
Гәыкала аҵабырг агәра жәгала, насгьы уи инақәыршәаны шәынхала. (Шәахәаԥш абзац 16.)d
16. Иҟашәҵалар акәзеи доуҳала шәеизҳаларц азы?
16 Шәара иҟашәҵалар шәылшо. Иԥшьоу адоуҳа шәыцхраауеит Анцәа Иажәа шәанаԥхьо, насгьы шәаназхәыцуа еилышәкаауа шәыԥсҭазаараҿы ахархәара. Аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш Анцәа абас шәиҳәала: «Умҩа сықәҵа, о Иегова. Сара уҵабырг мҩа сықәныҟәалоит. Сгәы ҩбамхарц еидкыл, ухьӡ сацәшәаларц азы» (Аԥсал. 86:11). Анаҩсгьы Абиблиеи Иегова иорганизациа ала иҳаиҭо апубликациақәеи шәрыԥхьала, насгьы иҭышәҵаала. Ҳәарада, хықәкыс ишәымоу баша адыррақәа реизырҳара акәӡам. Шәара гәыкала аҵабырг агәра жәгаларц, насгьы уи инақәыршәаны шәынхаларц шәҭахуп. Иегова идоуҳа уи аҟаҵара ишәыцхраауеит. Уи адагьы, шәара шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи ргәы шьҭышәхлар шәҭахуп (Аур. 10:24, 25). Избан? Избанзар дара шәдоуҳатә ҭаацәара роуп. Шәиҳәала Иегова аизарақәа рҿы гәыкала аҭак аҟаҵара, насгьы адҵақәа аншәырҭо, урҭ ибзианы рынагӡара иԥшьоу идоуҳала дшәыцхрааларц. Убас ала Иеговеи Иԥеи идшәырбоит зыхә ршьо «ауасақәа» бзиа ишыжәбо (Иоанн 21:15—17).
17. Иаашәырԥшыр шԥашәылшо Иегова иорганизациа шәшадгыло?
17 Иаарласны адгьыл аҿы иаанхо Иегова иорганизациа заҵәык акәхоит. Убри аҟынтә шәхы шәамеигӡаӡакәа уи аорганизациаҿы аџьабаа жәбала. Анцәа иеиԥш зегь рахь абзиабара аарԥшуа, ауаа еилымхӡакәа ажәабжь бзиа рзеиҭашәҳәала. Анцәа шәиҿыԥшны аизараҿы аиҿкаареи аҭынчреи еизшәырҳала. Ҳамҩақәҵаҩ Ду шәизыӡырҩуа хкы рацәала иҳаиҭо адоуҳатә фатә шәфала. Усҟан Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа анааилак, шәара ашәара шәҽашәҭаӡом. Аха агәымшәара аарԥшны, Иегова иорганизациаҿы имаҵ зуа шәрывагылазаауеит.
АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара
a Агәра ганы шәыҟоума Иегова иорганизациа иахьа напхгара шаиҭо? Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова актәи ашәышықәсазы ақьырсиантә еизара напхгара шазиуаз, иахьагьы ижәлар напхгара шаиҭо.
b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Иегова иорганизациа ажәҩантәии адгьылтәии ахәҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Ари астатиаҿы Иегова «иорганизациа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу адгьылтәи ахәҭа ауп.
c Аусқәа 1:8, АдҾ: «Аха иԥшьоу адоуҳа аншәоулак амчгьы шәоуеит, усҟан Иерусалими, Иудеиеи, Самариеи, адгьыл аҵыхәаҿгьы шаҳаҭра сзыжәулоит».
d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: пионерс амаҵ зуа аиаҳәшьа дрыхәаԥшуеит ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо атәылақәа рахь ииасыз ирызку авидеонҵамҭақәа. Ларгьы урҭ дырҿыԥшырц лҭаххоит. Аҵыхәтәаны лхықәкы налыгӡоит — ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь диасуеит.