Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 февраль ад. 8—13
  • Аԥҳәыс илхагылоу ахаҵа иоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥҳәыс илхагылоу ахаҵа иоуп
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҲӘСА ЗЫҚӘШӘО АУАДАҨРАҚӘА
  • АԤҲӘЫС ЛХАҴА ДИЗЫӠЫРҨЛАР ЗЛЫХӘҬОУ
  • АБИБЛИАҾЫ ИАНУ АҾЫРԤШТӘҚӘА ИАҲДЫРҴО
  • Наӡаӡатәи аҭаацәалазааразы иаҭаху ҩ-цаԥхак
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
  • Шәҭаацәара насыԥ амазар алшоит
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 февраль ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 6

Аԥҳәыс илхагылоу ахаҵа иоуп

«Ижәдыруазар сҭахуп, дарбан хаҵазаалакь хыс-хадас Христос дышимоу, аԥҳәыс лакәзар — лхаҵа» (1 КОР. 11:3).

АШӘА 13 Христос — ҳара ҳҿырԥшы

АХҲӘААa

1. Иарбан зҵаарақәоу аҭаацәара алалара згәы иҭоу аиаҳәшьа дзызхәыцыр лыхәҭоу?

АҚЬЫРСИАНЦӘА зегьы инаӡоу ахада, Иисус Христос, дырхагылоуп. Аха ақьырсианԥҳәыс аҭаацәара даналало инаӡам ахада длоуеит. Уи ауадаҩрақәа цәырнагар алшоит. Убри аҟынтә лара аҭаацәара далалаанӡа абарҭ азҵаарақәа лхы иалҭар ауп: «Исзырбозеи ари аиашьа аҭаацәараҿы дхада бзианы дшыҟало? Иааныркылома иԥсҭазаараҿы адоуҳатә усқәа ихадоу аҭыԥ? Мап акәзар, сгәы изаанагозеи ҳанеибагалак ашьҭахь ус иҟалоит ҳәа?» Уи адагьы, лара абарҭ азҵаарақәагьы дрызхәыцыр ауп: «Исылоума сара ԥҳәыс бзианы аҟалара исыцхраауа аҟазшьа бзиақәа? Иаасырԥшуама ачҳара, агәыҭбаара? Иӷәӷәома Иеговеи сареи ҳаиҩызара?» (Еккл. 4:9, 12). Ақьырсианԥҳәыс аҭаацәара далалаанӡа иҟәыӷоу аӡбарақәа лыдылкылозар лҭаацәараҿгьы насыԥ лымазаауеит.

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Иахьа зхацәа ирзыӡырҩуа миллионҩыла ақьырсианҳәса аҿырԥш бзиа ҳарҭоит. Уи азы дара арҽхәара иаԥсоуп! Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит Анцәа изиашоу урҭ аиҳәшьцәа амаҵ ахьрыцаҳуа. Аха иарбан уадаҩрақәоу аҳәса зықәшәо? Избан дара рхацәа ирзыӡырҩлар зрыхәҭоу? Ирҿырҵаар рылшозеи ахацәеи аҳәсеи Иисуси, Авигеиеи, Мариеи?

АҲӘСА ЗЫҚӘШӘО АУАДАҨРАҚӘА

3. Избан аҭаацәара иалоу зегьы ауадаҩрақәа изрықәшәо?

3 Аҭаацәалазаара Анцәа ауаа ириҭаз инаӡоу ҳамҭоуп. Аха ауаа наӡаӡам (1 Иоанн 1:8). Анцәа Иажәаҿы иаартны иануп хаҵеи-ԥҳәыси анеибаго иҿыцу ауадаҩрақәа шрызцәырҵуа (1 Кор. 7:28). Шәааи еилҳаргап аԥҳәыс дзықәшәар алшо уадаҩрақәак.

4. Избан аҳәса шьоукы рхацәа ирзыӡырҩлар, уи дара ланарҟәуеит ҳәа зырыԥхьаӡо?

4 Аԥҳәыс лааӡара иахҟьаны лхаҵа иҳәатәы ахаҵара лцәыцәгьазар ҟалоит. Лара уи дланарҟәуашәа лбозар ауеит. Абар Еиду Аштатқәа рҿы инхо Марисоль илҳәо: «Сара сахьынхо аҭыԥаҿы аҳәса ахацәеи дареи еиҟаразароуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Сара издыруеит Иегова ахадара апринцип шышьақәиргылаз, насгьы аҳәса рхацәа ирзыӡырҩларц шиҭаху. Аха зны-зынла уи аҟаҵара сцәыцәгьоуп, избанзар иаасыкәыршаны иҟоу ирҳәо зынӡа даҽакуп».

5. Ишԥарызныҟәо ахацәа шьоукы рыҳәса?

5 Иҟоуп аԥҳәыс дзықәшәар алшо даҽа уадаҩракгьы. Ахаҵа иԥҳәыс маҵуҩыс диԥхьаӡозар ауеит. Абар Аладатәи Америка инхо Ивон илҳәо: «Ҳара ҳҭыԥаҿы ахацәа акрырфаанӡа аҳәса акрырфар ҟалаӡом. Аӡӷабцәа шыхәыҷу афатәҟаҵашьеи аҩнеилыргашьеи ддырҵоит. Аҷкәынцәа аҳцәа реиԥш ирызныҟәоит. Ранацәеи раҳәшьцәеи урҭ рымаҵ рулароуп». Ҳахәаԥшып уажәшьҭа Азиа инхо Инлин илҳәо: «Ҳара ҳҭыԥаҿы аԥҳәыс ахшыҩи аҟазареи лымазароуп ҳәа рыԥхьаӡаӡом, лгәаанагарагьы акгьы аанагаӡом. Лара усс илымоу аҩнусқәа рымацара роуп ҳәа рыԥхьаӡоит». Ахаҵа иԥҳәыс абас длызныҟәозар лыԥсҭазаара ирцәгьоит. Иара Иисус диҿыԥшӡом, Иеговагьы игәы иирхьуеит (Еф. 5:28, 29; 1 Пиотр 3:7).

6. Иҟарҵалар акәзеи аҳәса Иеговеи дареи реиҩызара дырӷәӷәаларц азы?

6 Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ишеилаҳкааз еиԥш ахаҵа иҭаацәа рдоуҳатә, насгьы ремоциатә ҭахрақәа дреиҷаҳалароуп, иагьныҟәигалароуп (1 Тим. 5:8). Ус шакәугьы, аҳәса рхаҭақәагьы рдоуҳатә ҭахрақәа иреиҷаҳалароуп. Дара есыҽны Абиблиа иаԥхьаларц, иазхәыцларц, насгьы гәыкала Анцәа иҳәаларц азы аамҭа алырхлароуп. Аха аҳәса ирыду аусқәа рацәоуп аҟынтә, дара аамҭа рымамшәа, насгьы уи рымч ақәымхошәа рбозар ауеит. Аха уеизгьы уи азы аамҭа рыԥшаалароуп, избанзар Иегова иареи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәаларц иҭахуп (Аус. 17:27).

7. Илыцхраауазеи аԥҳәыс лхаҵа пату иқәҵара, насгьы изыӡырҩра?

7 Ҳәарада, аԥҳәыс инаӡам лхаҵа дизыӡырҩларц азы лхы аус адылулалароуп. Аха уи аҟаҵара еиҳа илзымариахоит Иегова лара лҟынтә уи дзазыԥшу еилылкаауазар, насгьы уи игәаанагара дақәшаҳаҭзар.

АԤҲӘЫС ЛХАҴА ДИЗЫӠЫРҨЛАР ЗЛЫХӘҬОУ

8. Избан ақьырсианԥҳәыс лхаҵа дзизыӡырҩуа, Ефесаа рахь 5:22—24 иану инақәыршәаны?

8 Ақьырсианԥҳәыс Иегова длыргәырӷьалар лҭахуп азы лхаҵа дизыӡырҩуеит. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 5:22—24.) Лара агәра ганы дыҟоуп жәҩантәи Лаб илзеиӷьу шиҭаху, насгьы илԥырхагахо ак ҟалҵарц ахаангьы ишлеимҳәо (Ҩынтә. 6:24; 1 Иоанн 5:3).

9. Ишԥаныруеи аҭаацәара аԥҳәыс лхаҵа дахьизыӡырҩуа?

9 Иахьа аҳәса рхацәа ирзыӡырҩлар уи раҳаҭыр ланарҟәуеит ҳәа рыԥхьаӡоит, избанзар ари адунеи ус ихәыцларц ргәазҭанаҵоит. Ҳәарада, ус ихәыцуа ауаа бзиа ҳазбо Ҳаб дрыздырӡом. Иара бзиа иибо иԥҳацәа рыпату лазырҟәуа ҟарҵарц ахаан ирыдиҵаӡом. Аԥҳәыс Иеговеи лхаҵеи дырзыӡырҩларц азы аџьабаа лбозар, лҭаацәараҿы аҭынчра ҟалоит (Аԥсал. 119:165). Уи ларгьы, лхаҵагьы, лхәыҷқәагьы агәырӷьара рзаанагоит.

10. Иаҳнарҵозеи Карол лҿырԥштәы?

10 Аԥҳәыс инаӡам лхаҵа дизыӡырҩуазар Иегова бзиа дшылбо, патугьы шиқәылҵо аалырԥшуеит, избанзар ахадара апринцип шьақәзыргылаз иара иоуп. Абар Аладатәи Америка инхо Карол илҳәо: «Сара издыруеит схаҵа агхақәа шыҟаиҵало. Иара убас издыруеит усҟан схы шымҩаԥызгало Иегова изы акыр шаҵанакуа. Сара жәҩантәи Саб дсыргәырӷьалар сҭахуп, убри аҟынтә схаҵа сизыӡырҩуеит».

11. Илыцхраауазеи Анис лхаҵа игхақәа ианажьра, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?

11 Ахаҵа иԥҳәыс лцәаныррақәа дырзымхәыцуазар, лгәаанагарагьы хьаас имамзар пату иқәҵареи изыӡырҩреи еиҳагьы илцәыцәгьахоит. Аха ҳахәаԥшып Анис илҳәо: «Сара издыруеит зегьы агхақәа шыҟаҳҵо, убри аҟынтә иаразнак сгәааӡом. Агхақәа аныҟаҳҵо Иегова гәыҭбаарала иҳанаижьуеит, саргьы иара сиҿыԥшлар сҭахуп. Схаҵа игхақәа анианасыжьуа агәҭынчра соуеит» (Аԥсал. 86:5). Аԥҳәыс лхаҵа игхақәа ианалыжьуазар изыӡырҩра еиҳа илзымариахоит.

АБИБЛИАҾЫ ИАНУ АҾЫРԤШТӘҚӘА ИАҲДЫРҴО

12. Иарбан ҿырԥштәқәоу Абиблиа иану?

12 Шьоукы ргәы иаанагоит аӡәы изыӡырҩуа ауаҩы дыԥсыҽуп ҳәа. Аха уи ус акәӡам. Абиблиаҿы иануп агәымшәара ду злаз, аха егьырҭ ирзыӡырҩуаз ауаа рҿырԥштәқәа. Иисуси, Авигеиеи, Мариеи урҭ иреиуан.

13. Избан Иисус Иегова дзизыӡырҩуа? Иҳаилшәыркаа.

13 Иисус Иегова дизыӡырҩуеит, аха уи иаанагаӡом иара акгьы издырӡом, насгьы акгьы дазҟазаӡам ҳәа. Иара ауаа аҵабырг ырмарианы, еилыкка иахьыдирҵоз ишьақәнарӷәӷәоит аҟәыӷара ду шилоу (Иоанн 7:45, 46). Иегова Иисус илоу аҟазара ду ахә ҳаракны ишьоит, убри аҟынтә Адунеи анишоз дицхрааларц иҭаххеит (Ажәам. 8:30; Аур. 1:2—4). Иисус иԥсы анҭала ашьҭахьгьы «ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы» амчра ду иоуит (Матф. 28:18). Ус шакәугьы, иара анапхгара Иегова иҿы дашьҭоуп, избанзар Иаб бзиа дибоит (Иоанн 14:31).

14. а) Дышԥарзыҟоу Иегова аҳәса, насгьы иднарҵозеи уи ахацәа? б) Иднарҵозеи ахацәа Ажәамаанақәа 31-тәи ахаҿы аԥҳәыс бзиа илызкны иану?

14 Ахацәа рзы аҿырԥшы. Иегова иҭахуп аԥҳәыс лхаҵа дизыӡырҩларц. Аха иара аԥҳәыс ахаҵа иаасҭа деицәоуп ҳәа иԥхьаӡаӡом. Уи ус шакәу ҳнарбоит иара Иисус напхгара ицруларц азы аҳәсагьы ахьалихыз (Гал. 3:26—29). Иегова Иисус игәра игоит, убри аҟынтә аусқәа идиҵеит. Убас еиԥшҵәҟьа аҟәыӷара злоу ахацәа рыҳәса усқәак рыдырҵоит. Анцәа Иажәа иануп аԥҳәыс бзиа ишлылшо аҩнусқәа рхылаԥшра, адгьыл аахәара-аҭира, абизнесгьы анапы алакра. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 31:15, 16, 18.) Излаҳбо ала, аԥҳәыс дмаҵуҩӡам, лара лгәаанагара аҳәара азин лымоуп. Убри аҟынтә лхаҵа лыгәра игалароуп, лгәаанагарагьы дазхәыцлароуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 31:11, 26, 27.) Усҟан лара изыӡырҩра лзымариахоит, лҭаацәалазаарагьы агәырӷьара лзаанагалоит.

Иднарҵозеи иҟәыӷоу аҳәса Иисус Иегова дахьизыӡырҩуа? (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Иднарҵозеи аҳәса Иисус иҿырԥштәы?

15 Аҳәса рзы аҿырԥшы. Иисус аус дуқәа наигӡон. Ус шакәызгьы, Иаб иҳәатәы дазыӡырҩуан, уи иаҳаҭыр ланарҟәуеит ҳәагьы иԥхьаӡаӡомызт (1 Кор. 15:28; Флп. 2:5, 6). Аԥҳәыс бзиа Иисус диҿыԥшуеит. Лара лхаҵа дахьизыӡырҩуа дланарҟәуеит ҳәа лыԥхьаӡаӡом. Ҳәарада, лара лхаҵа бзиа дылбоит, аха зегь раԥхьаӡа иргыланы уи дзизыӡырҩуа Иегова бзиа дахьылбо, пату ахьиқәылҵогьы азоуп.

Авигеиа Давид ируааи иареи ирфаша рзыналышьҭуеит. Анаҩс лара Давид иҿаԥхьа дшьамхышгыланы ишьа имурц диҳәоит, ихы ашьакаҭәаразы ахара адимҵарц азы. (Шәахәаԥш абзац 16.)

16. Иарбан уадаҩрақәоу илымаз Авигеиа, 1 Самуил 25:3, 23—28 ирну инақәыршәаны? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

16 Авигеиа лхаҵа Навал зхы мацара иазхәыцуаз, иԥагьаз, ҭабуп аҳәашьа ззымдыруаз уаҩын. Ус шакәызгьы, лара лхаҵа дилҵырц лыгәгьы иҭамызт. Иаҳҳәап, Давид Навал дишьырц анақәик лара ҿымҭӡакәа дтәар лылшон. Аха Авигеиа лхаҵеи рыҩнаҭа иаҵанакуаз ахацәеи лыхьчарц азы илылшоз зегь ҟалҵеит. Шәазхәыц шаҟа агәымшәара лҭахыз Авигеиа бџьарла еибыҭаз ԥшьышәҩык аруаа дырԥыларц, насгьы Давид диацәажәарц азы. Лара Навал игәнаҳа лхахьгьы илгеит. (Шәаԥхьа 1 Самуил 25:3, 23—28.) Давид еиликааит агәымшәара злаз Авигеиа Иегова дшааишьҭыз алабжьара ииҭарц, агәнаҳагьы дацәихьчарц азы.

17. Иднарҵар алшозеи ахацәа Давиди Авигеиеи рыхҭыс?

17 Ахацәа рзы аҿырԥшы. Авигеиа аҟәыӷара злаз ԥҳәысын. Давид уи дахьылзыӡырҩыз ибзианы иҟаиҵеит. Уи абзоурала иара акгьы зхарамыз ауаа имшьӡеит. Убас еиԥшҵәҟьа аҟәыӷара злоу ахацәа ихадоу ӡбарак рыдыркылаанӡа рыҳәса ргәаанагара иазҵаауеит. Уи иҟәыӷоу аӡбара адкылара ирыцхраар алшоит.

18. Иднарҵозеи аҳәса Авигеиа лҿырԥштәы?

18 Аҳәса рзы аҿырԥшы. Иегова бзиа дызбо, насгьы ҳаҭыр иқәызҵо аԥҳәыс, лхаҵа Иегова имаҵ имуазаргьы, абиблиатә принципқәа рыла дымныҟәозаргьы, лҭаацәалазаара деиҷаҳауеит. Лара лхаҵа дилҵырц дашьҭаӡам. Уи аҭыԥан ҳаҭыр иқәылҵоит, дагьизыӡырҩуеит. Иара убас лхаҵа Иегова иеилкаара иҭаххартә еиԥш лхы мҩаԥылгоит (1 Пиотр 3:1, 2). Аха уеизгьы иара Иегова деиликаарц иҭахымзар лара лгәы калыжьӡом, избанзар илдыруеит лхаҵа дахьизыӡырҩуа Иегова дшаргәырӷьо.

19. Еснагь дизыӡырҩлар аума аԥҳәыс лхаҵа? Иҳаилшәыркаа.

19 Аха ақьырсианԥҳәыс лхаҵа Иегова изакәанқәеи ипринципқәеи еилазго ак ҟалҵарц леиҳәозар, лара уи дизыӡырҩӡом. Иҟалап иара Иегова игәы изырхьуа ак ҟалҵарц леиҳәозар, иаҳҳәап, амц лҳәарц, ма ак лӷьычырц. Усҟан лара илхалмыршҭлароуп ақьырсианцәа зегьы, аҭаацәара иалоу аҳәсагьы уахь иналаҵаны, зегь раԥхьаӡа иргыланы иззыӡырҩуа Анцәа Иегова шиакәу. Убри аҟынтә лхаҵа абиблиатә принципқәа еилазго ак ҟалҵарц леиҳәозар лара уи ҟалҵаӡом, аха изыҟалымҵо хаала иалҳәоит (Аус. 5:29).

Шәрыхәаԥш абзацқәа 20.b

20. Иабантәиҳдыруеи Мариеи Иеговеи реиҩызара шыӷәӷәаз?

20 Мариеи Иеговеи реиҩызара даараӡа иӷәӷәан. Иоанн Аӡӡаахҩы иан Елизаветеи лареи анеицәажәоз лара Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә 20 цитата инеиҳаны аалгеит (Лука 1:46—55). Уи иаанарԥшуеит лара Иԥшьоу Аҩыра ибзианы ишылдыруаз. Иосифи лареи еибагараны ишыҟазгьы Иегова амаалықь дыззынаишьҭыз иара иакәымкәа, лара лоуп. Уи илеиҳәеит лара Анцәа Иԥа длоураны дшыҟаз (Лука 1:26—33). Излаҳбо ала, Иегова Мариа ибзианы дидыруан. Иара идыруан лара Иԥа бзиа дшылбалоз, дагьшихӡыӡаалоз. Ҳәара аҭахума, Иисус данԥсы, насгьы ажәҩанахь данхала ашьҭахьгьы лара Иеговеи лареи реиҩызара лырӷәӷәон (Аус. 1:14).

21. Иднарҵозеи ахацәа Мариа лҿырԥштәы?

21 Ахацәа рзы аҿырԥшы. Аҟәыӷара злоу ахаҵа иԥҳәыс Абиблиа ибзианы иахьылдыруа деигәырӷьоит. Уи иара иаасҭа еиӷьны илдыруазаргьы игәы каҳаӡом, аҭаацәараҿы ахадара аура дашьҭоуп ҳәагьы игәы иаанагаӡом. Иара еиликаауеит иԥҳәыс абиблиатә принципқәа ибзианы илдыруазар уи рҭаацәараҿы зегьы ахәарҭа шырзаанаго. Аԥҳәыс лхаҵа иаасҭа Абиблиа еиӷьны илдыруазаргьы аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгаразы, насгьы аҭаацәара рдоуҳатә ҭахрақәа реиҷаҳаразы аҭакԥхықәра зду лхаҵа иоуп (Еф. 6:4).

Иднарҵозеи аҳәса Мариа Анцәа Иажәа аҭҵаареи азхәыцреи рзы аамҭа ахьалылхуаз? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 22.)c

22. Иднарҵозеи аҳәса Мариа лҿырԥштәы?

22 Аҳәса рзы аҿырԥшы. Аԥҳәыс еилылкаауазароуп рҭаацәара рдоуҳатә ҭахрақәа реиҷаҳаразы аҭакԥхықәра зду лхаҵа шиакәу. Ус шакәугьы, лара лхаҭагьы лыгәрахаҵара лырӷәӷәалароуп (Гал. 6:5). Лара лхатә ҭҵаара амҩаԥгареи Анцәа Иажәа азхәыцреи рзы аамҭа лыԥшаалароуп. Усҟан Иегова иахь лыбзиабара еизҳалоит, ҳаҭыргьы иқәылҵалоит. Уи адагьы, лхаҵа дахьизыӡырҩуа агәырӷьара лзаанагалоит.

23. Иарбан хәарҭоу аҳәса ирзаанаго рхацәа иахьырзыӡырҩуа, насгьы хәарҭас ирзаанагозеи уи рҭаацәарақәеи аизарақәеи?

23 Иегова бзиа дызбо, насгьы зхацәа ирзыӡырҩуа аҳәса Иегова ишьақәиргылаз ахадара апринцип иқәымныҟәо аҳәса раасҭа агәырӷьара рымоуп. Дара арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аҿырԥш бзиа ддырбоит. Иара убас рыҩнаҭақәа рҿы адагьы, аизараҿгьы аҭынчра дырҿиоит (Тит 2:3—5). Иахьа Иегова имаҵ зуа реиҳараҩык аҳәса роуп (Аԥсал. 68:11). Аха ҳара ҳхаҵазаргьы, ҳаԥҳәысзаргьы аизараҿы агәырӷьара ыҟазарц азы иҟаҳҵар ҳалшо рацәоуп. Анаҩстәи астатиа аҟынтә уи иазкны еиҳаны еилаҳкаауеит.

ИШӘНАРҴОЗЕИ АЗЫӠЫРҨРА ИАЗКНЫ...

  • Иисус иҿырԥшы?

  • Авигеиа лҿырԥшы?

  • Мариа лҿырԥшы?

АШӘА 131 «Убас Анцәа иеидикылаз»

a Иегова иҭахуп аҭаацәара иалоу аҳәса рхацәа ирзыӡырҩларц. Аха иаанагозеи ахаҵа изыӡырҩра? Шәааи ҳахәаԥшып ақьырсиантә хацәеи аҳәсеи Иисуси Абиблиаҿы зыӡбахә ану аҳәсеи ирҿырҵаар рылшо.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Мариа Иоанн Аӡӡаахҩы иан данлацәажәоз Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә ацитатақәа аалгон, избанзар урҭ гәнылкылахьан.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: убас еиԥшҵәҟьа ақьырсианԥҳәыс лыгәрахаҵара лырӷәӷәаларц азы аамҭа алылхлароуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра