АҴАРАЗЫ АСТАТИА 14
Христос ишьҭа шәхыланы шәцала
«[Христос] ҳара ҳзы ауп дзықәшәаз агәаҟрақәа дызрықәшәаз, аҿырԥштәы заҳзаанижьыз, Иара имҩала ҳцаларазы» (1 ПИОТР 2:21).
АШӘА 13 Христос — ҳара ҳҿырԥшы
АХҲӘААa
Иисус ҳазхыланы ҳцалаша ишьҭақәа ҳзынижьит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 1, 2.)
1, 2. Ишԥаҳалшо Иисус ишьҭа ҳхыланы ҳцалар? Иаажәга аҿырԥштәы.
ШӘХАҾЫ иаажәг шәҩызцәеи шәареи асы ахьышьҭо абнаршәыра шәылсны шәцар акәушәа. Аха шәара шәхала шәыҟаӡам. Уи аҭыԥ бзианы издыруа ауаҩы шәаԥхьа дгыланы амҩа шәирбоит, шәара ишьҭа шәхыланы шәцоит. Шәышнеиуа акәымкәа иара дахьцаз жәбаӡом, аха шәҩызцәеи шәареи шәшәаӡом, избанзар аграпара жәбоит. Убри аҟынтә уи ишьҭа шәхыланы шәцоит.
2 Ари адунеи абнаршәыра иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ҳара, ақьырсианцәа, уи ҳалсны ҳцароуп. Аха Иегова инаӡо иԥа амҩа ҳирбарц азы даҳзааишьҭит. 1 Пиотр 2:21 аҿы иануп ҳара Иисус ишьҭа ҳхыланы ҳцалароуп ҳәа. Абиблиатә еилыркаагак излаҳәо ала Пиотр ара Иисус амҩа узырбо ауаҩы диҿырԥшит. Амҩа узырбо ауаҩы уаԥхьа дгыланы данцо ишьҭа шынхо еиԥш, Иисус ҳара ҳазхыланы ҳцалаша амҩа ҳзынижьит. Шәааи еилҳаргап иарбан ҿырԥшу Иисус иаҳзынижьыз. Избан уи ишьҭа ҳхыланы ҳцалар закәу, насгьы ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?
ИАРБАН ҾЫРԤШУ ИИСУС ИАҲЗЫНИЖЬЫЗ?
3. Иаанагозеи аӡә ишьҭа ухыланы ацара?
3 Иаанагозеи аӡә ишьҭа ухыланы ацара? Абиблиаҿы ажәа «ацара», насгьы «ашьапқәа» зны-зынла ауаҩы иҟаиҵо аусқәа аадырԥшуеит (Аҟаз. 6:9; Ажәам. 4:26). Ауаҩы иԥсҭазаашьа иаанижьуа ашьҭа иаҿурԥшыр ауеит. Убри аҟынтә аӡә ишьҭа ухыланы ацара иаанаго уи иҿыԥшра ауп.
4. Иаанагозеи Иисус ишьҭа ухыланы ацара?
4 Иаанагозеи нас Иисус ишьҭа ухыланы ацара? Иааркьаҿны иаҳҳәозар, уи иаанаго Иисус иҿыԥшра ауп. Ари астатиа шьаҭас иамоу ажәеинраалаҿы апостол Пиотр Иисус ахачҳара аарԥшны агәаҟрақәа анихигоз иаҳзынижьыз аҿырԥшы далацәажәеит. Аха Иисус уи аҿы мацара акәӡам ҳаиҿыԥшлар ахьҳалшо (1 Пиотр 2:18—25). Иисус иԥсҭазаашьа зегьы — ииҳәоз, иҟаиҵоз зегьы — ҳара ҳзы ҿырԥш дууп.
5. Иҳалшома инаӡам ауаа инаӡаз Иисус иҿыԥшра? Иҳаилшәыркаа.
5 Аха иҳалшома ҳара, инаӡам ауаа, Иисус иҿыԥшра? Ааи, иҳалшоит! Ҳәарада, инагӡаны Иисус ҳзиҿыԥшуам. Аха инаӡам ауаҩы иеиԥш иахьынӡаҳалшо Иисус ҳаиҿыԥшларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, усҟан, апостол Иоанн ишиҳәаз еиԥш, Иисус ихымҩаԥгашьаз ҳхымҩагашьахоит (1 Иоанн 2:6).
ИЗБАН ИИСУС ИШЬҬА ҲХЫЛАНЫ ҲЦАЛАР ЗАКӘУ?
6, 7. Избан Иисус ишьҭа ҳхыланы ҳанцо Иегова еиҳа ҳзизааигәахо?
6 Иисус ишьҭа ҳхыланы ҳцозар, Иегова ҳаизааигәахоит. Избан? Избанзар Иисус иаҳирбеит Иегова дҳаргәырӷьаларц азы ишынхалатәу (Иоанн 8:29). Убри аҟынтә, Иисус ҳаниҿыԥшуа Иегова дҳаргәырӷьоит. Ус аҟаҵара ҳанашьҭо ҳара жәҩантәи Ҳаб иҩызцәа ҳакәхарц шаҳҭаху иҳарбоит. Убасҟан иаргьы ҳара даҳзааигәахоит (Иак. 4:8).
7 Иисус Иаб зегь рыла диҿыԥшуан. Убри аҟынтә иара иҳәар илшон «сара сызбахьоу Сабгьы дибахьеит» ҳәа (Иоанн 14:9). Ҳаргьы Иисус иааирԥшуаз аҟазшьақәа ааҳарԥшлар, насгьы ауаа дышрызныҟәоз еиԥш ҳрызныҟәалар, Иегова ҳаиҿыԥшлоит. Иаҳҳәап, Иисус ацәеилабаара змази, ачымазара иаргәаҟуази, зҭынхацәеи зыуацәеи ԥсызи рахь агәрыцҳашьара ду ааирԥшуан. Иисус ҳаниҿыԥшуа Иеговагьы ҳаиҿыԥшуеит (Марк 1:40, 41; 5:25—34; Иоанн 11:33—35). Иегова иааирԥшуа аҟазшьақәа еиӷьны иааҳарԥшыцыԥхьаӡа иара еиҳагьы ҳаизааигәахоит.
8. Избан Иисус ишьҭа ҳхыланы ҳцозар адунеи аиааира заҳзымариахо?
8 Иисус ишьҭа ҳхыланы ҳцозар, ари адунеи иҳаднагало ҳахнахӡом. Иисус иԥсра уахык шагыз иҳәеит: «Сара адунеи саиааит» (Иоанн 16:33, АдҾ). Ииҳәарц ииҭахызи уи ала? Иара дызланхоз ауаа рхықәкқәеи, рхәыцшьеи, русқәеи инырыртә алимыршаӡеит. Иисус адгьыл ахь дзааз Иегова ихьӡ арҳаракразы шакәыз ахаангьы ихаиршҭӡомызт. Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара иҳазкны? Ари адунеи аҿы ҳара ҳхызхыр алшо рацәоуп, аха Иисус иеиԥш ҳхы Иегова игәаԥхара анагӡара иазаҳашьҭуазар, ҳаргьы адунеи ҳаиааиуеит (1 Иоанн 5:5).
9. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ҳанымҵырц азы?
9 Иисус ишьҭа ҳхыланы ҳцозар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауеит. Зны иқәыԥшыз, амал ду змаз ауаҩы наӡаӡатәи аԥсҭазаара соурц азы иҟасҵарызеи ҳәа Иисус даниазҵаа, Иисус ҭакс иеиҳәеит: «Уааины сара усышьҭала» (Матф. 19:16—21, АдҾ). Иара убас Иисус Христос шиакәыз агәра зымгоз аиудеиаа шьоукы иреиҳәеит: «Суасақәа сара... сахьцо ицоит. Сара урҭ наӡаӡатәи аԥсҭазаара рысҭоит» (Иоанн 10:24—29, АдҾ). Синедрион иахәҭакыз Никодим Иисус ауаа идирҵоз инарҭбааны еиликаарц аниҭахха, Иисус уи иеиҳәеит иара дхазҵо зегьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара шроуа (Иоанн 3:16). Ҳара Иисус иахь агәрахаҵара шҳамоу ааҳарԥшуеит иҵаҩцәа идирҵоз инақәыршәаны ҳанынхо, насгьы ҳаниҿыԥшуа. Уи наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩала ацара иҳацхраауеит (Матф. 7:14).
ИШԤАҲАЛШО ИИСУС ИШЬҬА ҲХЫЛАНЫ ҲЦАЛАР?
10. Иҟаҳҵалар акәзеи Иисус ибзианы деилаҳкааларц азы, Иоанн 17:3 иану инақәыршәаны?
10 Иисус ишьҭа ҳхыланы ҳцаларц азы раԥхьа иара ибзианы ҳиабадырроуп. Ҳара иара еиҳа-еиҳа еиӷьны деилаҳкаалароуп. (Шәаԥхьа Иоанн 17:3.) Уи есааира иҟаҵалатәуп. Ҳара Иисус иҟазшьақәеи, ихәыцшьеи, инормақәеи ҭаҳҵаалароуп. Аҵабырг ҳдыруеижьҭеи акыр ҵуазаргьы Иегова Иԥеи иареи ирызку адыррақәа еизҳарҳалароуп.
11. Изызкузеи ԥшь-Евангелиек?
11 Иисус иеилкаара дҳацхраарц азы Иегова ԥшь-Евангелиек ҳаиҭеит. Урҭ рҟынтә ҳара Иисус ииҳәози иҟаиҵози еилаҳкаауеит. Урҭ Аевангелиеқәа Иисус ирҵарақәеи, иусқәеи, ицәаныррақәеи ҳзаадыртуеит, насгьы инарҵауланы иҿырԥшы азхәыцра иҳацхраауеит (Аур. 12:3). Аевангелиеқәа ҳанрыԥхьо ҳара Иисус ишьҭа ҳбоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Урҭ анҭаҳҵаауа Иисус еиҳа еиӷьны деилаҳкаауеит. Уи абзоурала ишьҭа ҳхыланы ацара ҳалшоит.
12. Иҟаҳҵалар акәзеи Аевангелиеқәа ирну хәарҭа ҳзааргаларц азы?
12 Аевангелиеқәа ирну хәарҭа ҳзааргаларц азы урҭ рыԥхьара мацара азхаӡом. Ҳара урҭ рыҭҵааразы, насгьы инарҵауланы рызхәыцразы аамҭа алаҳхлароуп (Иаҿшәырԥш Иисус Навин 1:8). Шәааи уажәы Аевангелиеқәа ирну азхәыцреи ахархәареи иҳацхраауа ҩ-лабжьарак еилҳаргап.
13. Иҳацхраауазеи Аевангелиеқәа рҿы ҳзыԥхьо аԥсы ахаҵара?
13 Актәи, Аевангелиеқәа рҿы шәзыԥхьо ахҭысқәа аԥсы рхашәҵала. Шәзыԥхьо ахҭыс шәыблақәа рыла ижәбошәа, насгьы шәлымҳақәа рыла ишәаҳауашәа шәхаҿы иаажәгала. Иегова иорганизациа ала иҳаиҭо апубликациақәа уи аҟаҵара ишәыцхраауеит. Аконтекст шәазхәыцла. Шәрызхәыц шәзыԥхьо ахҭыс ҟалаанӡа, мамзаргьы уи ашьҭахь иҟаз ахҭысқәа. Иҭышәҵаа уи ахҭыс иадҳәалаз ауааи аҭыԥқәеи рыӡбахә. Шәахәаԥш егьырҭ Аевангелиеқәа зҩыз уи ахҭыс иазкны ирҩыз. Аӡәы ианиҵаз аинтерес зҵоу кәамаҵамарак даҽаӡәы ианиимҵазар ҟалоит.
14, 15. Иҳацхраауазеи Аевангелиеқәа рҟынтә еилаҳкаауа ахархәара?
14 Аҩбатәи, Аевангелиеқәа рҟынтә еилышәкаауа шәхы иашәырхәала (Иоанн 13:17). Цыԥҵәахак инарҵауланы ианҭышәҵаалак ашьҭахь, шәхы шәазҵаа: «Иснарҵозеи сара ари? Схы иасырхәар шԥасылшо еилыскааз сыԥсҭазаараҿы? Сицхраар сылшома аӡәы еилыскааз схы иархәаны?» Шәҽазышәшәа еилышәкааз ахәарҭа ззаанагар алшо ауаҩы изхәыцра. Анаҩс иманшәалоу аамҭа алхны еилышәкааз ауаҩы изеиҭашәҳәа.
15 Шәааи уажәшьҭа арҭ ҩ-лабжьарак ҳхы иаҳархәар шҳалшо ҳахәаԥшып. Уи азы Иисус аныҳәарҭаҿы игәеиҭаз аԥҳәысеиба илызку ахҭыс еилҳаргап.
ИӶАРЫЗ АԤҲӘЫСЕИБА ИЛЫЗКУ АХҬЫС
16. Иаҳзеиҭашәҳәа Марк 12:41 иану ахҭыс.
16 Шәзыԥхьо аԥсы ахашәҵала. (Шәаԥхьа Марк 12:41.) Шәхаҿы иаажәг нисан 11, 33 шықәса ҳ. ҳ. азы иҟалаз ахҭысқәа. Иисус иԥсра аҟынӡа мышқәак роуп ибжьоу. Уи амш азы иара акыраамҭа аныҳәарҭаҿы ауаа аҵабырг дырҵара даҿын. Аха адиннапхгаҩцәа уи ргәамԥхаӡеит аҟынтә иҿагылеит. Уи аԥхьа урҭ рҟынтә шьоукы Иисус иҟаиҵоз аусқәа анырба «иузҭада уара убри аҩыза амчра» ҳәа иазҵааит. Даҽа шьоукы Иисус иакәым идырҳәарц азы азҵаарақәа ирҭон (Марк 11:27—33; 12:13—34). Ԥыҭрак ашьҭахь иара аныҳәарҭаҿы иҟаз аҳәса рышҭа ҳәа изышьҭаз аҭыԥахь днеит. Уа аҭӡамц ахазынаҭрақәа авагылан. Иисус уахь аԥара ҭазыԥсоз ауаа ибалартә еиԥш дтәеит. Иара ибон ибеиаз ауаа ирацәаны аԥара шҭарыԥсоз. Иҟалап иара иҭарыԥсоз аԥара абжьы иаҳалартә еиԥш иааигәаны дтәазаргьы.
17. Иҟалҵазеи Марк 12:42 аҿы зыӡбахә ану иӷарыз аԥҳәысеиба?
17 Шәаԥхьа Марк 12:42. Ԥыҭрак ашьҭахь ԥҳәыск Иисус илаԥш дыҵашәеит (Лука 21:2). Уи иӷарыз ԥҳәысеибан. Иҟалап лара лхы зланыҟәылгогьы лымамызҭгьы. Ус шакәызгьы лара ахазынаҭрақәа руак днадгылан, ҩ-ҟәрышьк ҭалыԥсеит. Иҟалап урҭ анҭаԥса рыбжьы мгазаргьы. Иисус идыруан уи аԥҳәысеиба иҭалыԥсаз ҩ-лептак шракәыз. Уи аԥарала усҟантәи аамҭазы фатәыс иаархәоз зегь раасҭа зыхә мариаз ҵыс хәыҷыкгьы узаахәомызт.
18. Иахиҳәаазеи Иисус аԥҳәысеиба ахазынаҭра иҭалыԥсаз аԥара, Марк 12:43, 44 иану инақәыршәаны?
18 Шәаԥхьа Марк 12:43, 44. Аԥҳәысеиба иҟалҵаз Иисус игәаҵанӡа инеит. Убри аҟынтә иара иҵаҩцәа ааиԥхьан, ус реиҳәеит: «Иаша-ҵабыргла ишәасҳәоит, абри аԥҳәыс еиба рыцҳа зегьы реиҳа... [шҭалыԥсаз]. Избан акәзар зегьы ирымыцхәыз ҭарыԥсон, лара... хныҟәгагас илымаз зегьы ҭалыԥсеит». Аԥҳәысеиба илымаз лԥара хәыҷқәа ахазынаҭра ианҭалыԥса, Иегова дышлеиҷаҳало агәра шылгоз аалырԥшит (Аԥсал. 26:3).
Иисус шәиҿыԥшны аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова имаҵ аураҿы ирылшо зегь ахьыҟарҵо азы ишәырҽхәала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 19, 20.)b
19. Иҳаилнаркаауазеи Иисус иӷарыз аԥҳәысеиба илызкны ииҳәаз?
19 Еилышәкааз шәхы иашәырхәала. Шәхы шәазҵаа: «Исеилнаркаауазеи Иисус аԥҳәысеиба илызкны ииҳәаз?» Шәааи ҳазхәыцып. Ҳәарада, уи аԥҳәысеиба Иегова еиҳаны илҭар лҭахын. Аха лара илымаз зегь илҭеит. Иисус идыруан лара иҟалҵаз Иегова изы даара ахә шыҳаракыз. Ҳара Иегова имаҵ гәы наӡалеи ԥсы наӡалеи иаҳуазар, уи иара даргәырӷьоит. Иегова имаҵзураҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, иара уи зегь иреиӷьу акәны иԥхьаӡоит (Матф. 22:37; Кәал. 3:23). Иара имаҵ ҳауларц азы, иаҳҳәап, аизарақәа ҳарҭааларц, насгьы ажәабжь ҳҳәаларц азы ҳаамҭеи ҳамчи ахьнаҳхуа ахә ҳаракны ишьоит.
20. Шәхы иашәырхәар шԥашәылшо иӷарыз аԥҳәысеиба илызкны еилышәкааз? Иаажәга аҿырԥштәы.
20 Шәхы иашәырхәар шԥашәылшо иӷарыз аԥҳәысеиба илызкны еилышәкааз? Дыжәдыруама Иегова ихә шишьо згәаларшәатәу аиашьа ма аиаҳәшьа? Иҟалап шәара дыжәдыруазар зықәрахь инеихьо, насгьы агәамбзиара иахҟьаны уаанӡа еиԥш Иегова имаҵ ззымуа аиаҳәшьа? Иҟалап лара уи иахҟьаны акгьы даԥсамшәа лбозар, насгьы лхы ахара адылҵозар? Мамзаргьы иҟалап хәышәтәышьа змам ачымазара цәгьа иаргәаҟуа аиашьа дыжәдыруазар. Иара есымчыбжьа аизарақәа рахь дахьзымныҟәо азы игәы каҳаны дыҟазар алшоит. Ус еиԥш иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭышәхла, амч рызҭо изырӷәӷәо ак рашәҳәала (Еф. 4:29). Ирзеиҭашәҳәа иӷарыз аԥҳәысеиба илызкны еилышәкааз ргәы шьҭызхуа азхәыцрақәа. Аԥхарра зҵо шәажәақәа урҭ иргәаладыршәоит ҳара Иегова изы иҳалшо зегь аныҟаҳҵо, иара дышгәырӷьо (Ажәам. 15:23; 1 Фес. 5:11). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵзураҿы иҟарҵо маҷыршьозаргьы, ирылшо зегь ахьыҟарҵо азы ишәырҽхәозар, Христос ишьҭа шәхыланы шәцоит.
21. Шәгәы зызҭанаҵазеи шәара ари астатиа?
21 Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Аевангелиеқәа Иисус еиӷьны иеилкаара иахьҳацхраауа. Уи абзоурала ҳара Иисус ҳаиҿыԥшлар, насгьы ишьҭа ҳхыланы ҳцалар ҳалшоит. Ишәылшома шәара шәхатә ҭҵаараан, мамзаргьы аҭаацәаратә мҵахырхәараан Аевангелиеқәа ҭышәҵаалар? Аха Аевангелиеқәа ирну хәарҭа ҳзааргаларц азы ҳзыԥхьо аԥсы ахаҳҵалароуп, насгьы еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәалароуп. Аха Иисус иҿыԥшра мацара азхаӡом. Ҳара уи ииҳәо ҳазыӡырҩлароуп. Анаҩстәи астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иисус дыԥсаанӡа ииҳәаз, насгьы уи ҳара иаҳнарҵо.
АШӘА 15 Иегова Иԥхьахшаа дҳарашәкла!
a Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа реиԥш ҳара Иисус ишьҭа ҳхыланы ҳцалароуп. Иарбан ҿырԥшу Иисус иаҳзынижьыз? Ари астатиаҿы уи еилҳаргоит, иара убас еилаҳкаауеит Иисус ишьҭа ҳхыланы ҳцалар закәу, насгьы уи шыҟаҳҵалаша.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу аиаҳәшьа Иисус аԥҳәысеиба илызкны ииҳәаз дазхәыцуеит. Уи лгәазҭанаҵоит зықәрахь инеихьо ҳаҳәшьа гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ ахьылуа азы лырҽхәара.