Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ноиабр ад. 31
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ноиабр ад. 31

Ниневиа иҟаз аргыларақәеи, абаҟақәеи удыршанхон

Ижәдыруама шәара?

Иахьзеи Ниневиа?

VII-ТӘИ АШӘЫШЫҚӘСА алагамҭазы ҳ. ҟ. Ассириа адунеи аҿы зегь раасҭа идууз империахеит. Британиатәи амузеи асаит аҿы иану инақәыршәаны, уи иамҽханакыз атерриториа мраҭашәара Кипр аҟынтә мрагылара Иран аҟынӡа инеиуан, Египет анаҵанакуазгьы ыҟан. Уи аҳҭнықалақь, Ниневиа, адунеи аҿы зегь раасҭа идууз қалақьын. Уа абаҟа дуӡӡақәеи, зеиԥшыҟамыз абаҳчақәеи, ахан ԥшӡақәеи, абиблиотека дуқәеи ыҟан. Ажәытәтәи Ниневиа ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ирыԥшааз аҭӡамцқәа рҿы иану иудырбоит, Ашшурбанипал егьырҭ ассириатәи анапхгаҩцәа реиԥш «адунеи аҳ» ҳәа ихы ишазиҳәоз. Иара аҳра аниуаз Ассириеи уи аҳҭнықалақь Ниневиеи аӡәы дақәланы игоит ҳәа угәы иаанагарымызт.

Ассириатәи адунеизегьтәи аҳәынҭқарра усҟантәи аамҭазы зегь иреиҳаз империан

Ус шакәызгьы, Ассириа ашәҭыкакаҷра ианаҿыз аамҭазы, Иегова иԥааимбар Софониа иҳәеит: «[Иегова] Ассириа ықәигоит, Ниневиа ҭаирцәуеит, насгьы ацәҳәыра еиԥш ирҩоит» (Соф. 2:13). Уи адагьы, даҽа ԥааимбарк, Наум, иҳәеит: «Еимышәыҵәҵәа араӡны, еимышәыҵәҵәа ахьы! [...] Ақалақь ҭацәит, уи дырҳәит, иаанрыжьит»; «Уара узбо дыуԥырҟьаны дцоит, иагьиҳәоит: „Ниневиа ҭацәит!“» (Наум 2:9, 10; 3:7). Арҭ аԥааимбаражәақәа заҳауаз ауаа иџьаршьозҭгьы ҟаларын: изыҟалома уи аҩыза? Изылшода амч дуӡӡа змоу Ассириа аиааира? Уи агәрагара цәгьан.

Уажәы Ниневиа ахьыҟаз цәҳәыроуп

Аха убас иагьыҟалеит! VII-тәи ашәышықәса ҳ. ҟ. анҵәамҭазы вавилонааи мидааи Ассириа иақәланы иргеит. Аамҭа анца Ниневиа қьаԥҭахеит, насгьы зегьы ирхашҭит. Аҟазара амузеи Метрополитен асаит аҟны иаагоу астатиақәа руак аҿы иануп: «Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы уаҟа зны ақалақь шыҟаз агәрагара уадаҩхахьан. Ниневиа аӡбахә Абиблиа аҟынтә мацара акәын еилукаар ахьулшоз» (Michael Seymour. Nineveh). Абиблиатә археологиатә еилазаара ронлаин архив аҿы иҟоу публикациак излаҳәо ала, XIX-тәи ашәышықәса алагамҭазы «ассириатәи аҳҭнықалақь ду шыҟаз агәра ганы иҟаз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт» (Deborah A. Thomas. Uncovering Nineveh). Аха 1845 шықәсазы, археолог Остин Леиард Ниневиа ахьыҟаз аҭыԥ аҿы иҭҵаарақәа дрылагеит. Уи ииԥшааз Ниневиа ииашаҵәҟьаны шқалақь беиаз шьақәнарӷәӷәеит.

Ниневиа иазкны аԥааимбаражәақәа рҿы иҳәаз зегьы наӡеит. Уи агәра ҳнаргоит иахьатәи аҳәынҭқарратә мчрақәагьы ирызкны Абиблиаҿы иану шынаӡо (Дан. 2:44; Аат. 19:15, 19—21).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра