Ишәгәалашәома шәара?
Шәыхшыҩ азышьҭны шәрыԥхьозма ари ашықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҭыжьымҭақәа? Игәашәҭ анаҩстәи азҵаарақәа рҭак шыҟашәҵо:
Избан Иегова «дгәыбылҩуп, дрыцҳашьаҩуп» ҳәа Иаков 5:11 иану ажәақәа ҳгәы здырҭынчуа?
Арыцҳашьара Иегова ҳагхақәа ҳанажьра игәазҭанаҵоит. Иаков 5:11 иану ажәақәа агәра ҳдыргоит Иегова ҳашрыцҳаишьо, ҳацхраарагьы дшазхиоу. Ҳаргьы ауаа убас ҳарзыҟазароуп (w21.01, адаҟьа 21).
Избан Иегова ахадара апринцип зышьақәиргылаз?
Избанзар иара ихәыҷқәа бзиа ибоит. Ахадара апринцип абзоурала Иегова гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа рыбжьара аҭынчреи аиҿкаареи ыҟоуп. Аҭаацәараҿы зегьы Анцәа ишьақәиргылаз аиҿкаара иқәныҟәозар, аӡбарақәа рыдкыларазы, насгьы урҭ рынагӡаразы аҭакԥхықәра зду еилкааны ирымазаауеит (w21.02, адаҟьа 3).
Избан ақьырсианцәа амессенџьерқәа рхы ианадырхәо ргәырҽанызар зрыхәҭоу?
Ҳара ҳзацәажәо ауаа ҳхәыцны иалаҳхлароуп — урҭ ҳашрацәажәо хаҭала акәзаргьы, амессенџьерқәа рыла акәзаргьы. Аха аицәажәаразы еиҿыркаауа агәыԥ дуқәа рҿы уи мариаӡам (1 Тим. 5:13). Иҟоуп даҽа шәарҭаракгьы — лассы-лассы амессенџьерқәа рыла зыгәра угартә иҟам аинформациа рыладырҵәоит. Аусуразы амессенџьерқәа зхы иазырхәо ақьырсианцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аԥара рылаҟарымҵалароуп (w21.03, адаҟьа 31).
Избан Анцәа Иисус дгәаҟны дыԥсырц залиршаз?
Амзызқәа руак: иара ашьаҟаҿы дахьыԥсыз ала ауриацәа зҵаз ашәи аҟынтә рхы иақәиҭитәит (Гал. 3:10, 13). Иара убас Иегова Иисус Ԥхьаԥшьаҩыс аҟалара дазыҟаиҵон. Уи адагьы Иисус зегь ахьихигаз, аԥсраҵәҟьагьы дахьазхиаз ишьақәнарӷәӷәеит ауаа аԥышәара ӷәӷәақәа раан Анцәа даанырмыжьыр шрылшо (Иов 1:9—11) (w21.04, адаҟьақәа 16—17).
Иҟашәҵар шәылшозеи ажәабжьҳәараҿы ишәықәшәо ауаа маҷзар?
Ауаа еиҳарак аҩны ианыҟоу ажәабжь шәҳәала. Иара убас шәара ҩнаҭацыԥхьаӡа адагьы, егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы ажәабжь шәҳәалар шәылшоит. Уи адагьы еиуеиԥшым азнеишьақәа шәхы иашәырхәалар ауеит,— иаҳҳәап, ауаа асаламшәҟәқәа рзыжәыҩла (w21.05, адаҟьақәа 15—16).
Ииҳәарц ииҭахызи Павел «сара закәанԥҟарала азакәан азы сыԥсит» ҳәа аниҳәа? (Гал. 2:19).
Моисеи изакәан иаанарԥшуан агәнаҳа змаз ауаа Анцәа инормақәа инаӡаны рықәныҟәара шрылымшо. Иара убас уи израильаа Христос иаара иазыҟанаҵон (Гал. 3:19, 24). Азакәан ацхыраарала Павел еиликааит Иисус Мессиа шиакәу. Убри аҟынтә «азакәан азы сыԥсит» ҳәа Павел ииҳәаз иаанагоз уаҳа уи азакәан аҵаҟа дшыҟамыз акәын (w21.06, адаҟьа 31).
Избан Иегова зегь реиҳа ачҳара ааирԥшуеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
Иегова ачҳара аарԥшны ихигоит ихьӡ ахьдырџьо, инапхгара иахьаҿагылаз, ихәыҷқәа ахьиҿагылаз, Аҩсҭаа имцҳәарақәа, бзиа иибо имаҵзуҩцәа ргәаҟрақәа, иҩызцәа бзиақәа ахьыгәхьааиго, ақәымчра адунеи иахьахыҵәаз, насгьы ауаа Адгьыл ахьхыршьаауа (w21.07, адаҟьақәа 9—12).
Дзықәшәазеи Иосиф?
Иара иашьцәа ииашамкәа изныҟәеит. Аамҭак ашьҭахь Египет мцҳәарыла ахара идҵаны абахҭа дҭаркит. Уа иара акыршықәса ихигеит (w21.08, адаҟьа 12).
«Ирхыџхыџуазеи» Иегова ҳаамҭазы, насгьы «ирхыџхыџуазеи» ҳаԥхьаҟа, Аггеи 2:6—9, 20—22 иану инақәыршәаны?
Ҳаамҭазы Иегова ажәларқәа «ирхыџхыџуеит» Аҳра иазку ажәабжь ала. Ауаа реиҳараҩык уи ажәабжь ргәаԥхаӡом, аха издызкылогьы маҷӡам. Ҳаԥхьаҟа Иегова адгьыли ажәҩани «ирхыџхыџуеит», даҽакала иуҳәозар, иҿагыло ықәигоит (w21.09, адаҟьақәа 15—19).
Избан ажәабжьҳәара ҳаҟәымҵлар зҳахәҭоу?
Иегова ҳҽазышәарақәа рыхә ишьоит. Ҳгәы камыжьӡакәа ажәабжь ҳҳәозар, Иегова наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас иҳаиҭоит (w21.10, адаҟьақәа 25—26).
Ишԥеидҳәалоу Алевит 19-тәи ахи «шәнапы злаку зегьы рҿы шәыцқьаз» ҳәа 1 Пиотр 1:15 иану алабжьареи?
Пиотр Алевит 19:2 иану ажәақәа еиҭеиҳәазар ҟалап. Уи ахы иҳаилнаркаауеит 1 Пиотр 1:15 иану алабжьара ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы ишаҳархәалаша (w21.12, адаҟьа 3).