Ижәдыруама шәара?
Избан Иегова израильаа азин зриҭоз аҳәыҳә, ма аҟәараса́ амҭас инаргаларц?
МОИСЕИ изакәан ала израильаа аҟәарасақәа реиԥш аҳәыҳәқәагьы Иегова амҭас изнаргалар рылшон. Ауаа амҭас инаргар рылшоз атәы ахьаҳәоз урҭ аҵарақәа рыҩбагьы рыӡбахә ҳәан. Ауаҩы урҭ руак амҭас инеигар илшон (Алев. 1:14; 12:8; 14:30). Избан уи израильаа зарманшәалоз? Избанзар аҟәарасақәа зны-зынла рыԥшаара мариамызт.
Аҟәараса
Аҟәарасақәа атәыла ԥхаррақәа рахь иԥыруа ԥсаатәқәоуп. Убри аҟынтә урҭ Израиль аԥхаррақәа аныҟаз мацара акәын иануԥылоз. Октиабр мзазы дара аладатәи атәылақәа рахь ицоит, ааԥын дырҩегь ихынҳәуеит (Ашәақәа 2:11, 12; Иер. 8:7). Уи иаанагон аӡынра амҭанагаразы аҟәараса аԥшаара шымариамыз.
Аҳәыҳә
Аҳәыҳәқәа ракәзар, еснагь ҭыԥк аҿы инхоит. Урҭ Израиль есымша иҟоуп. Уи адагьы, ауаа аҳәыҳәқәа анырҵоит. (Иаҿшәырԥш Иоанн 2:14, 16.) Палестина ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы аҳәыҳәқәа рацәан. Шәҟәык аҿы иануп: «Ҩнаҭацыԥхьаӡа, зынӡа иӷару ауаа рыда, аҳәыҳәқәа рымоуп. [...] Уиаҟара змам ауаагьы ргәарақәа, ма рыҩнқәа рҿы аҳәыҳәҭрақәа рымоуп»a. Урҭ аҳәыҳәҭрақәа аҩны аҭӡамц ҭаԥҟаны иҟаҵан, аҳәыҳәқәа уа инхалартә еиԥш. (Иаҿшәырԥш Исаиа 60:8.)
Аҳәыҳә аҳәыҳәҭраҿы
Ишаҳбаз еиԥш, израильаа ашықәс аҩныҵҟа зыԥшаара маншәалаз аҵарақәа руак амҭас инаргар рылшон. Уи иҳаилнаркаауеит Иегова бзиа ҳазбо Анцәа шиакәу, насгьы иҳалымшо ахаангьы дшамыҳәо.
[Албаага]
a Геики К. Святая земля и Библия: описание Палестины и нравов её обитателей. СПб., 1894. Ад. 49.