АҴАРАЗЫ АСТАТИА 13
Иегова имаҵ аура анасыԥ узаанагоит
«Уара, Иҳақәиҭу, абри аҩыза ахьӡ-аԥша, аҳаҭыр... рыдкылара уаҭәоуп» (ААТ. 4:11).
АШӘА 31 Анцәа уицыз!
АХҲӘААa
1, 2. Ианбаидикыло Иегова ҳамҵахырхәара?
ШӘХАҾЫ иааиуазеи ажәа «амҵахырхәара» аншәаҳауа? Иҟалап аӡәы ихаҿы дааигозар дышьҭалаанӡа дшьамхышгыланы, дӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова иҳәо аиашьа. Даҽаӡәы ихаҿы иааигозар ауеит аџьџьаҳәа Абиблиа ҭызҵаауа аҭаацәа.
2 Арҭ аҩ-ҭагылазаашьак Иегова имҵахырхәара иадҳәалоуп. Аха ицәырҵуеит азҵаара: идикылома иара уи? Ааи, идикылоит, уи аиашьа, мамзаргьы аҭаацәара ишиҭаху еиԥш имаҵ руазар, насгьы иара иахь апатуқәҵареи абзиабареи аадырԥшуазар. Ҳара гәык ала Иегова бзиа даҳбоит, насгьы ҳимҵахырхәаларц дшаԥсоу еилаҳкаауеит. Убри аҟынтә имаҵ аураҿы зегь иреиӷьу иаҳҭалар ҳҭахуп.
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ари астатиа иаҳгәаланаршәоит Иегова гәык ала изыҟаз имаҵзуҩцәа ажәытәан ишимҵахырхәоз. Уи адагьы, ҳара еилҳаргоит Иегова имҵахырхәара иахәҭаку аа-ганк. Урҭ ҳанрылацәажәало хаҭала аус здаҳулаша ҳазхәыцып. Уи адагьы, ҳара иаҳбоит ииашоу амҵахырхәареи аԥсҭазаараҿы иҳамоу анасыԥи шеидҳәалоу.
ИЕГОВА АЖӘЫТӘАН ИДИКЫЛОЗ АМҴАХЫРХӘАРА
4. Ишԥаадырԥшуаз Христос адгьыл ахь даанӡа инхоз шьоукы Иегова иахь абзиабареи апатуқәҵареи?
4 Христос адгьыл ахь даанӡа Авельи, Нои, Авраами, Иови реиԥш иҟаз ауаа Иегова иахь абзиабареи апатуқәҵареи аадырԥшуан. Ишԥаҟарҵоз дара уи? Урҭ игәра ргон, еснагь изыӡырҩуан, амҭақәагьы изнаргон. Абиблиаҿы ианӡам дара Иегова имҵахырхәаларц азы иҟарҵоз аритуалқәа. Аха, ҳәарада, дара Иегова ҳаҭыр иқәырҵон, иаргьы рымҵахырхәара идикылон. Уи ашьҭахь Иегова Моисеи ила Авраам ихылҵшьҭра азакәан риҭеит. Уи азакәан аҿы Иегова имҵахырхәаразы иҟаҵатәыз еилыкка ианын.
5. Зҽызыԥсахзеи ииашоу амҵахырхәараҿы Иисус данԥсы, насгьы иԥсы анҭала ашьҭахь?
5 Иисус данԥсы, насгьы иԥсы анҭала ашьҭахь Иегова имаҵзуҩцәа Моисеи изакәан уаҳа инарыгӡалар акәӡамызт (Рим. 10:4). Иегова урҭ азакәан ҿыц риҭеит — «Христос изакәанԥҟара» (Гал. 6:2). Уи азакәан ҿырҳәала аҵара аҭахӡамызт, насгьы уа иҟаҵатәуи-иҟаҵатәыми рсиа аагаӡамызт. Нас ишԥарылшоз ақьырсианцәа уи азакәан анагӡара? Дара зегь рыла Иисус иҿыԥшлар акәын, насгьы ирҵарақәа инарықәыршәаны инхалар рыхәҭан. Ҳаргьы Иегова дҳаргәырӷьалар ҳҭахуп, убри аҟынтә гәык-ԥсыкала Христос иҿыԥшра ҳҽазаҳшәоит. Уи амч ҳнаҭоит (Матф. 11:29).
6. Иҟаҵатәузеи ари астатиа ахәарҭа ҳзаанагарц азы?
6 Иегова имҵахырхәара иахәҭаку аа-ганк анеилҳаргало шәхы шәазҵаала: «Иарбан еихьӡарақәоу иҟасҵахьоу?» Иара убас ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Аус здызулар сыхәҭоузеи иҵегьы?» Ҳәарада, хәыҷы-хәыҷла доуҳала аизҳара ҳахьаҿу ҳаргәырӷьоит, аха убри аамҭазгьы Иегова иҵегьы аус зыдулатәу ҳирбарц ҳиҳәалароуп.
ИЕГОВА ИМҴАХЫРХӘАРА ЗЛАШЬАҚӘГЫЛОУ
7. Дышԥазыҟоу Иегова гәыкала ҳаниҳәо?
7 Анцәаиҳәара. Абиблиаҿы ҳаҳәарақәа ибзианы иҟаҵаз афимиам иаҿырԥшуп. Уи раԥхьа иԥшьоу ақьалаҿы ирбылуан, нас — аныҳәарҭаҿы (Аԥсал. 141:2). Афимиам афҩы Иегова игәы иахәон. Убас еиԥш Иегова имаҵзуҩцәа гәыкала ианиҳәо игәы ҟанаҵоит, уи азы дара ажәа лыԥшаахқәа рхы иадмырхәозаргьы (Ҩынтә. 33:10; Ажәам. 15:8). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова игәы ишахәо бзиа дшаҳбо, насгьы иаҳзыҟаиҵо зегь ахә шаҳшьо аниаҳҳәо. Иара ҳагәҭыхақәеи, ҳгәыӷрақәеи, ҳгәазыҳәарақәеи изеиҭаҳҳәаларц иҭахуп. Аха иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳаҳәарақәа ибзианы иҟаҵаз афимиам еиԥшхарц азы? Анцәа иҳәара ҳалагаанӡа, шәааи иаҳҳәарц иаҳҭаху ибзианы ҳазхәыцлап.
8. Ишԥаҳалшо Иегова ирҽхәара?
8 Иегова ирҽхәара. Иегова ирҽхәара иаанагоит зеиԥшыҟам иҟазшьақәеи иусқәеи егьырҭ рзеиҭаҳәара (Аԥсал. 34:1). Ауаҩы уи аҟаҵара игәазҭазҵо Иегова иахь имоу аџьшьара ауп. Иегова иаҳзыҟаиҵо ҳаназхәыцуа ирҽхәара ахаан ҳгәы ахшәаӡом. Ауаа Анцәа иӡбахә рзеиҭаҳәара Иегова ирҽхәаразы зегь иреиӷьу лшароуп. Усҟан ҳара Иегова «аҿаԥыц амҭа» изнаҳгоит (Аур. 13:15, АдҾ). Анцәа иҳәара ҳалагаанӡа иаҳҳәарц иаҳҭаху заа ҳазхәыцлар шҳахәҭоу еиԥш, ауаа ажәабжь анырзеиҭаҳҳәогьы иаҳҳәаша заа ҳазхәыцлароуп. Ҳара иаҳҭахуп Иегова изнаҳго «аҿаԥыц амҭа» грак амамзарц. Убри аҟынтә иӡбахә ҳҳәацыԥхьаӡа уи гәыкала аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит.
9. Иаҳзеиҭашәҳәа аизарақәа Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы, насгьы хаҭала шәара хәарҭас ишәзаарго.
9 Аизарақәа рҭаара. Азакәан аҿы ианын шықәсык ахь хынтә ахацәа зегьы Иегова имҵахырхәаларц азы еизалар шрыхәҭаз (Ҩынтә. 16:16). Дара рыҩнқәеи рымхәырсҭақәеи ааныжьны ицар акәын. Аха Иегова агәра диргон урҭ аӡәгьы дышрыламкьысуаз (Ақәҵ. 34:24). Израильаа Иегова игәра ргон, убри аҟынтә есышықәса урҭ аныҳәақәа ирҭаауан. Дара Иегова иахьизыӡырҩуаз азы азылԥхарақәа роуан. Убас азакәан еиӷьны аилкааразы, Иегова иааирԥшуаз агәыҳалалра азхәыцразы, насгьы рашьцәеи дареи еибабарц азы алшара роуан (Ҩынтә. 16:15). Ҳаргьы иахьа аизарақәа ҳанырҭаауа уи аҩыза алшара ҳамоуп. Уи адагьы ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Иегова шаҟа даргәырӷьо аизараҿы ҳнапы анышьҭаҳхуа, насгьы ибзианы ҳазхәыцны икьаҿу аҭак аныҟаҳҵо.
10. Избан ашәаҳәара Иегова имҵахырхәара изахәҭаку?
10 Ашәаҳәара (Аԥсал. 28:7). Израильаа ашәаҳәара Иегова имҵахырхәара иахәҭакны ирыԥхьаӡон. Давид Иегова иҩнаҿы ашәа зҳәалоз 288-ҩык алевитцәа алихит (1 Аш. 25:1, 6—8). Ҳаргьы иахьа Иегова ашәа анизаҳҳәо, бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит. Ашәа шаҟа иԥшӡаны иаҳҳәо акәӡам ихадоу. Шәазхәыц: «Зажәаҿ гәнаҳарада иҟоу» ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам (Иак. 3:2). Аха уеизгьы аизараҿы аҭакқәа ҟаҳҵоит, насгьы ажәабжьҳәараҿы ауаа ҳрацәажәоит. Убри аҟынтә ашәа уиаҟара иԥшӡаны иҳазҳәаӡом ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, уи Иегова ашәала ирҽхәара иаҳԥырхагамхароуп.
11. Избан аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥаҳгалар зҳахәҭоу Аԥсалом 48:13 иану инақәыршәаны?
11 Ахатә ҭҵаара, насгьы аҭаацәаратә мҵахырхәара. Сабшала израильаа рхатә усқәа ааныжьны раамҭа зегь Иегова изыркуан (Ақәҵ. 31:16, 17). Аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова иӡбахә, насгьы уи агәыҳалалра шааирԥшуа рзеиҭарҳәон. Ҳаргьы Анцәа иажәа ҳаԥхьалар, насгьы уи ҭаҳҵаалар ҳахәҭоуп. Убас ҳара Иегова ҳимҵахырхәоит, насгьы ҳаиҩызара ҳарӷәӷәоит (Аԥсал. 73:28). Аҭаацәа аҭаацәаратә мҵахырхәара анымҩаԥырго, рхәыҷқәа жәҩантәи Ҳаб иҩызахара ирыцхраауеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 48:13).
12. Иҳаилнаркаауазеи Иегова иԥшьоу ақьала аргылара дшазыҟаз?
12 Иегова ҳахьимҵахырхәо аҩнқәа рыргылареи рхылаԥшреи. Абиблиаҿы иԥшьоу ақьала аргылареи уи амаҭәахәқәа рыҟаҵареи иԥшьоу аус ҳәа аӡбахә ҳәоуп (Ақәҵ. 36:1, 4). Иахьагьы Иегова Аҳратә залқәеи ҳорганизациа иатәу егьырҭ аҩнқәеи рыргылара имҵахырхәара иахәҭакны иԥхьаӡоит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы уи аус аамҭа рацәаны иазыркуеит. Уи азы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Ҳәарада урҭ ажәабжьҳәара иаҟәымҵӡеит. Дара рҟынтә шьоукы пионерс амаҵ руларгьы рҭахуп. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи пионерс амаҵ ауразы арзаҳал хадырҭәаазар, насгьы уи амаҵзура хкы ианаалозар, аизара аиҳабацәа урҭ пионерс амаҵ аура иалагарц иақәшаҳаҭхозар, ҳорганизациа инанагӡо аргыларатә ус ишацхраауа аадырԥшуеит. Аха ҳара аргылара ҳазыманшәаламзаргьы Аҳратә зал аилыргара, насгьы уи ахылаԥшра ҳхы алаҳархәлар ҳалшоит.
13. Ишԥаҳахәҭоу Аҳра аус азы хатәгәаԥхарала аҭара ҳазыҟазар?
13 Аҳра аус азы хатәгәаԥхарала аҭара. Израильаа есышықәса аныҳәақәа аназгәарҭоз, Иегова акгьы изнамгакәа инеир ҟаломызт (Ҩынтә. 16:16). Урҭ ирымаз аҟынтә акәын Иегова аҳамҭа изнаргар шрыхәҭаз. Убас дара иаадырԥшуан Иегова ирзыҟаиҵоз зегь ахә шыршьоз. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо уи ҳара? Иаҳҳәап, ҳаизара иҟанаҵо ахарџь ахҩара, ма адунеизегьтәи аус излаҳалшо ала ҳацхраауазар. Абар уи иазкны апостол Павел ииҳәаз: «Ауаҩы гәыкала аӡәы аҳамҭа анииҭо, Анцәа игәы иахәоит, избанзар иара дазыԥшуп ауаҩы илшо ҟаиҵалоит ҳәа, илымшо акәымкәа» (2 Кор. 8:4, 12, АдҾ). Убри аҟынтә ҳара гәыкала хатәгәаԥхарала аҭара ҟаҳҵар ҳҭахызар, иҟаҳҵар ҳалшо рацәамзаргьы, Иегова уи даара игәы ҟанаҵоит (Марк 12:42—44; 2 Кор. 9:7).
14. Дышԥазыҟоу Иегова ацхыраара зҭаху аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳанрыцхраауа, Ажәамаанақәа 19:17 аҿы иану инақәыршәаны?
14 Ацхыраара зҭаху аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара. Израильаа иӷару ианрыцхраауаз, Иегова урҭ дырзылԥхон (Ҩынтә. 15:7, 10). Уи адагьы иара ацхыраара зҭаху имаҵзуҩцәа ирыцхраауа руал иқәушәа иԥхьаӡоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 19:17.) Иазгәашәҭ: Павел абахҭа данҭакыз, насгьы филиппаа аҳамҭа анизынарышьҭ иара уи Анцәа агәахәара изҭо амҭоуп ҳәа азиҳәеит (Флп. 4:18). Убри аҟынтә шәхы шәазҵаа: «Дыҟоума ҳаизараҿы сзыцхраар сылшо аӡәы?» Ацхыраара зҭаху ҳрыцхраарц азы ҳаамҭеи, ҳамчи, ҳҟазареи, ҳԥарақәеи ҳхы ианаҳархәо, Иегова даараӡа дҳаргәырӷьоит. Иара уи имҵахырхәара иахәҭакны иԥхьаӡоит (Иак. 1:27).
ИЕГОВА ИМҴАХЫРХӘАРА АНАСЫԤ ҲЗААНАГОИТ
15. Избан ҳара Иегова ииашаны ҳимҵахырхәаларц азы ҳаамҭеи ҳамчқәеи ҳзырмеигӡо?
15 Иегова ииашаны ҳимҵахырхәаларц азы аамҭеи амчи ҳҭахуп. Аха уи ҳара ҳзы иуадаҩу ак акәым (1 Иоанн 5:3). Избан? Избанзар ҳара Иегова бзиа даҳбоит. Шәхаҿы даажәг заб игәы ҟазҵар зҭаху аҷкәын хәыҷ. Абар сааҭқәак ҵуеит иара асахьа аҭыхра даҿуижьҭеи. Аха иара иаамҭа деигӡаӡом, избанзар иаб бзиа дибоит, насгьы аҳамҭа изыҟаиҵар иҭахуп. Убас еиԥш ҳаргьы Иегова бзиа даҳбоит, убри аҟынтә иара ишиҭаху ҳимҵахырхәаларц азы ҳаамҭеи ҳамчи ҳреигӡаӡом.
16. Дышԥазыҟоу Иегова дҳаргәырӷьаларц азы иаҳбо аџьабаа, Ауриацәа рахь 6:10 аҿы иану инақәыршәаны?
16 Зхәыҷқәа бзиа избо аҭаацәа урҭ рҟынтә ироуа аҳамҭақәа рыхә ршьоит. Дара еилыркаауеит ахәыҷқәа шеиԥшым, насгьы егьырҭ ирыҿдырԥшӡом. Убас еиԥш жәҩантәи Ҳабгьы ҳара зегь ҳҭагылазаашьақәа шеиԥшым идыруеит. Иҟалап уара уҩызцәа раасҭа еиҳаны аҟаҵара улшозар. Мамзаргьы иҟалап уқәра, угәабзиара, ма аҭаацәараҿы аҭакԥхықәрақәа ахьуду азы иузыҟаҵо рацәамзар. Ус акәзар, угәы каумыжьын (Гал. 6:4). Иегова ихашҭӡом уара уџьабаа. Бзиа дбаны гәыкала имаҵ ууазар, игәы уақәшәалоит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 6:10.) Уи адагьы Иегова иҟауҵалар иуҭахугьы ибоит. Иара иҭахуп имаҵзураҿы иҟауҵо агәырӷьареи агәахәареи узаанагаларц.
17. а) Иҟаҳҵар ҳалшозеи Иегова имҵахырхәара иахәҭаку уск анагӡара ҳзымариамзар? б) Ишԥашәыцхрааи 23-тәи адаҟьаҿы иаагоу арамкаҿы иану Иегова имҵахырхәара иахәҭаку ганқәак еиҳа анасыԥ аиура?
17 Ари астатиа аҿы Иегова имҵахырхәара иахәҭаку аа-ганк ҳрыхцәажәеит. Иҟаҳҵар ҳалшозеи Иегова имҵахырхәара иахәҭаку уск анагӡара ҳзымариамзар? Иаҳҳәап, ҳхатә ҭҵаара амҩаԥгара, ма ажәабжьҳәара. Иаҳхаҳмыршҭлароуп акы шаҟа аџьабаа адаҳбало аҟара, убриаҟара еиӷьны ишаҳзалҵуа. Иегова имҵахырхәара абаҩрҵәыра аҟаҵара, ма амузыкатә инструмент арҳәара иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ҳхы рацәак аус адҳамулалар ақәҿиара ҳауӡом. Аха иҟалозеи есыҽны аџьабаа ҳбалар? Раԥхьа минуҭқәак рыҩныҵҟа ҳхы аус адаҳулалар ҳалшоит. Нас, хәыҷы-хәыҷла урҭ аусқәа еиҳаны аамҭа рзаҳклар ауеит. Ҳџьабаа алҵшәа шаанаго ҳбацыԥхьаӡа еиҳагьы ҳхы аус адулара ҳҭаххоит. Убасҵәҟьа Иегова имҵахырхәара иадҳәалоу аусқәагьы ирзаҳҳәар ҳалшоит.
18. Иазҭозеи ҳаԥсҭазаара аҵакы, насгьы иарбан хәарҭоу уи иаҳзаанаго?
18 Ҳаԥсҭазаара аҵакы анамоу Иегова гәыкала ҳанимҵахырхәо ауп. Убри мацара ауп ҳаԥсҭазаара анасыԥи аҵаки азҭо. Иегова ҳахьимҵахырхәо абзоурала наӡаӡа анхаразы агәыӷра ҳамоуп (Ажәам. 10:22). Иегова имаҵзуҩцәа ианакәзаалак рыцхраара дахьазхиоу уажәнатә агәҭынчра ҳнаҭоит (Ис. 41:9, 10). Ааи, жәҩантәи Ҳаб зегь ишеит, убри аҟынтә хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри даԥсоуп (Аат. 4:11). Уи имҵахырхәара акы иузадымкыло анасыԥ ҳзаанагоит.
АШӘА 24 Иегова ишьхахь шәхала
a Иегова Ҳазшаз иоуп. Убри аҟынтә ҳимҵахырхәалароуп. Иара уи даԥсоуп. Аха иара имаҵзуҩцәа ҳауп ҳәа аԥхьаӡара мацара азхаӡом, иара изакәанқәеи ипринципқәеи рыла ҳанхалароуп. Ари астатиаҿы Иегова имҵахырхәара иахәҭаку аа-ганк еилҳаргоит, насгьы урҭ анасыԥ шаҳзаарго еилаҳкаауеит.