АҴАРАЗЫ АСТАТИА 18
Адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылареи рынагӡареи иҳацхраауа
«Абарҭқәа гәцаракы, урзықәгылаз — иумоу ақәҿиарақәа зегьы ирбарҭахарц азы» (1 ТИМ. 4:15).
АШӘА 84 Амаҵ ҳуеит ацхыраара ахьаҭаху
АХҲӘААa
1. Иарбан доуҳатә хықәкқәоу иқәҳаргылалар ҳалшо?
ҲАРА Христос иҵаҩцәа ҳауп, насгьы Иегова бзиа даҳбоит. Ҳара Иегова зегь иреиӷьу иаҳҭалар ҳҭахуп. Аха иҳалоу аҟазара Иегова имаҵзураҿы ҳхы иаҳархәарц ҳҭахызар, адоуҳатә хықәкқәа ықәҳаргылалароупb. Иаҳҳәап, ақьырсиан илазар ахәҭоу аҟазшьақәа еизҳарҳалароуп, ҳҟазара еиӷьаҳтәлароуп, насгьы егьырҭ рыцхрааразы алшарақәа ҳаԥшаалароуп.
2. Избан адоуҳатә хықәкқәа ықәҳаргылалар, насгьы урҭ рынагӡара ҳашьҭазар зҳахәҭоу?
2 Избан доуҳала аизҳара иазку атема ҳара ҳзы абриаҟара изхадоу? Раԥхьаӡа иргыланы, избанзар бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб дҳаргәырӷьалар ҳҭахуп. Ҳалшарақәеи иҳалоу аҟазареи Иегова имаҵ аураҿы ҳхы ианаҳархәо иара дҳаргәырӷьоит. Уи адагьы, доуҳала ҳаизҳалар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы еиҳа ҳхәарҭазаауеит (1 Фес. 4:9, 10). Аҵабырг ҳдыруеижьҭеи акыр ҵуазаргьы доуҳала аизҳара ҳаҟәымҵлароуп. Шәааи еилаҳкаап уи азы иҟаҵалатәу.
3. Иеиҳәазеи Павел Тимофеи? (1 Тимофеи иахь 4:12—16).
3 Апостол Павел Тимофеи актәи асаламшәҟәы анизиҩыз Тимофеи дышқәыԥшызгьы аԥышәа змаз аизара аиҳаб иакәны дҟалахьан. Аха Павел уеизгьы иара анаҩсгьы доуҳала деизҳаларц иеиҳәеит. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 4:12—16.) Ҳрызхәыцып Павел иажәақәа. Иара аус зыдулатәыз ҩ-ганк дырзааҭгылеит: 1) ақьырсиан илазар ахәҭоу аҟазшьақәа еизирҳаларц, насгьы абзиабареи, агәрахаҵареи, ацқьареи рҿы дҿырԥшыгазарц; 2) ирҵаратә ҟазара еиӷьитәларц, насгьы «аԥхьарақәа, амҩақәҵарақәа, аҵара дырҵарақәа» дырҿызарц. Тимофеи иҿырԥшы иаҳнарбоит доуҳала ҳаизҳаларц азы ҳамч зықәхо адоуҳатә хықәкқәа ықәҳаргылалар шҳахәҭоу. Иара убас еилаҳкаауеит амаҵзураҿы еиҳаны аҟаҵаразы лшарақәас иҟоу.
АҚЬЫРСИАН ИЛАЗАР АХӘҬОУ АҞАЗШЬАҚӘА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
4. Избан Тимофеи Иегова имаҵ аураҿы абриаҟара дызхәарҭаз? (Филиппаа рахь 2:19—22).
4 Избан Тимофеи Иегова имаҵ аураҿы абриаҟара дызхәарҭаз? Иара ақьырсиан илазар ахәҭоу аҟазшьақәа еизирҳаит. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:19—22.) Павел иҳәеит Тимофеи аԥагьара шиламыз, гәыкала дшыҟаз, дшымаашьоз, насгьы игәра угартә дшыҟаз. Тимофеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ибон, насгьы гәыкала дрыцхраауан. Убри аҟынтә Павел уи ихә ишьон, насгьы игәра ганы имариамыз адҵақәа идиҵон (1 Кор. 4:17). Ҳаргьы аҟазшьа бзиақәа еизҳарҳауазар, Иегова еиҳагьы бзиа ҳаибалоит, насгьы аизаразы еиҳагьы ҳхәарҭазаауеит (Аԥсал. 25:9; 138:6).
Еизшәырҳарц ишәҭаху ҟазшьак алшәкаа. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 6.)
5. а) Иҳацхраауазеи аус здаҳулар ҳахәҭоу аилкаара? б) Шәахәаԥш асахьа. Илыцхраауазеи аиаҳәшьа арыцҳашьара аарԥшра?
5 Хықәкык алшәх. Иегова шәиҳәаны аус здыжәулар шәыхәҭоу шәазхәыц. Еизшәырҳарц ишәҭаху ҟазшьак алшәх. Иҟалап арыцҳашьара шәзымхозар, мамзаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхрааразы агәаҳәара шәымамзар. Ма егьырҭ раабышьеи ранажьшьеи шәҵар шәыхәҭазар. Зыгәра жәго шәҩыза уи иахиҳәаауа шәиазҵаа (Ажәам. 27:6).
6. Ишәыцхраауазеи ҟазшьак аизырҳаразы иқәшәыргылаз ахықәкы анагӡара?
6 Шәхықәкы анагӡара шәашьҭаз. Ишәыцхраауазеи уи аҿы? Аус здыжәуларц ишәҭаху аҟазшьа бзианы иҭышәҵаа. Иаҳҳәап, егьырҭ рыгхақәа ранажьшьа шәҵар шәҭахуп. Шәызлалагар шәылшозеи? Абиблиаҿы иануп анажьра ззымариази-иззымариамзи ауаа рыӡбахә. Шәазхәыц урҭ рҿырԥштәқәа ишәдырҵо. Ҳәарада, Иисус Христос ауаа ранажьра шҳахәҭоу зегьы иреиӷьны иаҳирбеит (Лука 7:47, 48). Иара ауаа рыгхақәа ихы рзишьҭӡомызт, урҭ ирылаз абзиарақәа ракәын иибоз. Афарисеицәа ракәзар, ауаа раҭәаршьаӡомызт (Лука 18:9). Арҭ аҿырԥштәқәа шәрызхәыцны шәхы шәазҵаа: «Избозеи ауаа санрыхәаԥшуа? Иарбан ҟазшьақәоу игәасҭо?» Аӡәы игха ианажьра шәцәыуадаҩзар, уи илоу аҟазшьа бзиақәа шәрызхәыцны џьара ианышәҵа, нас шәхы шәазҵаа: «Дышԥаихәаԥшуеи Иисус уи ауаҩы? Ианаижьрызма?» Ари аҩыза азнеишьа шәзыргәааз даҽакала ихәаԥшра ишәыцхраауеит. Еилкаауп, шәзыргәаауа ианажьра иаразнак ишәзымариамхар ауеит. Аха шәгәы камыжьӡакәа анаҩсгьы шәхы аус адыжәулалар, уи шәзалҵуеит.
ХӘАРҬА ЗЛОУ АҞАЗАРАҚӘА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
Аҳратә зал ахылаԥшраҿы ацхыраара ҟашәҵаларц азы иҿыцу ак шәҵала. (Шәахәаԥш абзац 7.)e
7. Ишԥаицхраауеи Иегова зус иазҟазоу имаҵзуҩцәа аус дуқәа рыҟаҵара? (Ажәамаанақәа 22:29).
7 Иаԥсоу даҽа хықәкык — уи хәарҭа злоу уск аҵара ауп. Шәрызхәыц, афилиалқәеи, Аконгрессқәа рзалқәеи, Аҳратә залқәеи рыргылара зҽалазырхәуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Урҭ рҟынтә аӡәырҩы аргылара ахаан рнапы алакӡамызт. Аха урҭ апроектқәа рҿы зус иазҟазоу ирыдгыланы аџьабаа ахьырбоз абзоурала иаҭахыз зегь рҵеит. Асахьаҿы ишаҳбо еиԥш аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова имҵахырхәара иазку ахыбрақәа рхылаԥшышьа рҵоит. Зхы иамеигӡо урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла, «Наӡаӡатәи Аҳ», Анцәа Иеговеи, «Аҳцәа Раҳ», Иисус Христоси аус дуқәа ҟарҵоит (1 Тим. 1:17; 6:15; шәаԥхьа Ажәамаанақәа 22:29). Ҳара иаҳҭахуп гәыкала аџьабаа ҳбаларц, насгьы иҳалоу аҟазара ҳхы акәымкәа Иегова ирҳаракразы ҳхы иаҳархәаларц (Иоанн 8:54).
8. Иуцхраауазеи еизурҳар улшо ҟазарак алхра?
8 Хықәкык ықәшәыргыл. Иарбан ҟазароу еизурҳар улшарыз? Уеизара аиҳабацәа, ма араионтә хылаԥшҩы уи иахырҳәаауа уразҵаа. Иаҳҳәап, дара иуарҳәар урҵаҩратә ҟазареи ажәахәқәа уманы ушықәгылои еиӷьутәыроуп ҳәа, аус здуулаша алкааны иуарҳәарц урыҳәа. Нас уи хәыҷы-хәыҷла аус адулара уалага. Иҟаҵатәузеи уи азы?
9. Иҟашәҵар шәылшозеи иалышәхыз аҟазара еизшәырҳарц азы?
9 Шәхықәкы анагӡара шәашьҭаз. Иаҳҳәап, шәара ишәыӡбеит шәырҵаратә ҟазара еиӷьышәтәырц. Ус акәзар ибзиахон аброшиура «Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла» ахы инаркны аҵыхәанӡа иҭышәҵаар. Анаҩс, аусура амшқәа рзы имҩаԥысуа аиԥылараҿы шәықәгылаанӡа, аԥышәа змоу ажәахәҟаҵаҩ шәыҽшазыҟашәҵаз дазыӡырҩырц шәиҳәа. Уи шәҽахьеиӷьышәтәыша шәеиҳәоит. Аҿаԥыц зҿоу арҵаҩ иеиԥш акәымкәа, имаашьо, насгьы узықәгәыӷыртә иҟоу ауаҩ ихьӡ шәырҳала (Ажәам. 21:5; 2 Кор. 8:22).
10. Ишԥаҳалшо еизҳарҳарц иаҳҭаху ҟазарак еиҳаны аус адулара? Иаажәга аҿырԥштәы.
10 Ҳәарада, еизҳарҳарц иаҳҭаху ҟазарак иаразнак аизырҳара ҳалымшар ауеит. Аха ҳгәы каҳмыжьлароуп! Гери зыхьӡу иашьак аԥхьашьа бзианы иҵар иҭахын, аха уи ицәыцәгьан. Иара аизарақәа рҿы аԥхьара дҵас ианирҭоз, ихы ахьигара издыруамызт. Аха Гери игәы каижьӡомызт, насгьы дмаашьаӡакәа ихы аус адиулон. Уажәы аԥышәа змоу аишьцәеи ҳпубликациақәа рҿы иану алабжьарақәеи рыцхыраарала иара дшәаӡом, насгьы араионтә, иара убас арегионалтә конгрессқәа рҿгьы ажәахәқәа иманы дықәгылоит.
11. Иҳацхраауазеи, Тимофеи иеиԥш, амаҵзураҿы еиҳаны аҟаҵара?
11 Дҟалама Тимофеи уаҩ иимбац жәахәҟаҵаҩны, мамзаргьы зеиԥшыҟамыз рҵаҩны? Абиблиаҿы уи аӡбахә ҳәаӡам. Аха агәра ганы ҳаҟазар ауеит Павел ииҭаз алабжьарақәа рыбзоурала Тимофеи аизараҿы идыз аҭакԥхықәрақәа еиҳа еиӷьны рынагӡара шилшаз (2 Тим. 3:10). Ҳаргьы еиуеиԥшым аҟазарақәа еизҳарҳалар, Иегова имаҵзураҿы еиҳа ҳхәарҭазаауеит.
ЕГЬЫРҬ РЫЦХРААРАЗЫ АЛШАРАҚӘА ШӘЫԤШААЛА
12. Иарбан цхыраароу аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҳарҭо?
12 Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыда ԥсыхәа ҳамаӡам. Иаҳҳәап, ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоу ахә ҳаракны иршьоит ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәаланы ацхыраара аҭаразы иҟоу акомитетқәа рҿы амаҵ зуа аишьцәеи, ачымазцәа рбаразы еиҿкаау агәыԥқәеи иҟарҵо ацхыраара. Ҳаԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо аизара аиҳабацәа раамҭа иамеигӡаӡакәа иахьаҳзыӡырҩуа, насгьы ҳгәы ахьышьҭырхуа азы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Иара убас аԥышәа змоу апионерцәа Абиблиа аҵарахьы иахьҳаццо, насгьы ҳҽеиӷьаҳтәыр ахьҳалшо ахьҳарҳәо пату ақәаҳҵоит. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы еснагь ҳацхраара иазхиоуп. Ҳаргьы егьырҭ рыцхраара ҳазхиазар уи агәырӷьара ҳзаанагалоит. Иисус иҳәеит: «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп, еиҳа игәахәоуп» (Аус. 20:35). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы еиҳа ҳхәарҭазарц ҳҭахызар, иҳацхраауазеи уи аҿы?
13. Ишәхашәмыршҭлар шәыхәҭоузеи ахықәкы анықәшәыргыло?
13 Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап: хықәкыс иҳамоу ибзианы иаҳдыруазароуп. Иаҳҳәап, шәара аизаразы еиҳаны иҟашәҵалар шәҭахуп. Аха иҟалап уи ахықәкы шынагӡатәу шәзымдыруазар, мамзаргьы уи зынагӡара шәылымшо ак акәзар. Убри аҟынтә шәхықәкы ибзианы ижәдыруаз. Шәара уи џьара ианышәҵаргьы ауеит, насгьы уи нашәыгӡарц азы аплан шьақәшәыргылар шәылшоит.
14. Избан зны-зынла ҳхықәкқәа маҷк рыԥсахра ҳазхиазар зҳахәҭоу?
14 Иара убас ҳхықәкқәа маҷк рыԥсахра ҳазхиазароуп, избанзар аҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа ыҟоуп. Ҿырԥштәыс дааҳгап апостол Павел. Иара ицхыраарала Фессалоникақәа рҿы аизара еиҿкаан. Иҟалап иара уа даангыланы ҿыц еиҿкааз аизара дацхраарц хықәкыс иқәиргылазар. Аха аҿагыларақәа ирыхҟьаны дықәҵны дцар акәхеит (Аус. 17:1—5, 10). Павел уа даангылазҭгьы аишьцәа ашәарҭара иҭаиргылар ауан. Ихықәкқәа маҷк иԥсахыр шакәхазгьы, иара игәы каимыжьӡеит. Иҟаиҵазеи иара? Павел Тимофеи аизара дацхраарц азы Фессалоникақәа рахь дишьҭит (1 Фес. 3:1—3). Уи ақалақь аҿы инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи Тимофеи аҭагылазаашьа иҽақәыршәаны рыцхраара дахьазхиаз ахә ҳаракны иршьеит.
15. Ирныԥшыр шԥалшо ҳхықәкқәа зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьақәа? Иаажәга аҿырԥштәы.
15 Павел дзықәшәаз ахҭыс иаҳнарҵо рацәоуп. Шьоукы хықәкқәак ықәдыргылеит, аха аҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсах, урҭ рзынамыгӡаӡеит (Еккл. 9:11). Шәаргьы уи аҩыза шәақәшәазар, шәымч зықәхо даҽа хықәкык ықәшәыргыл. Теди Хаидии убасҵәҟьа ҟарҵеит. Ргәамбзиара иахҟьаны Вефиль аҿы амаҵ аура иаҟәыҵыр акәхеит. Аха Иегова иахь ирымаз абзиабара мыхьшәашәаӡеит. Убри аҟынтә уажәшьҭа рымчқәа ззыркша иазхәыцуа иалагеит. Раԥхьа дара пионерцәас амаҵ аура рҽазыркит. Ԥыҭрак ашьҭахь иҷыдоу пионерцәас иҟалеит. Тед араионтә хылаԥшҩы ихаҭыԥуаҩыс амаҵ иуларц азы арҵара дахысит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь ҳорганизациаҿы араионтә хылаԥшыҩцәас амаҵ зулар зылшо рықәра иадҳәалоу аҭахрақәа рҽырыԥсахит. Уи Теди Хаидии иреилнаркааит уажәшьҭа араионтә хылаԥшыҩцәас амаҵ аура шрылымшо. Ҳәарада, уи ргәы днархьит, аха дара ирдыруан Иегова изы аџьабаа абаразы егьырҭ алшарақәагьы шыҟоу. Тед иҳәоит: «Сара еилыскааит маҵзура хкык ҳҽаларԥсны иаҳкызар шҳахәҭам».
16. Иарбан уроку Галаҭаа рахь 6:4 аҿы иану?
16 Аԥсҭазаараҿы иаҳзымԥсахуа аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәалар алшоит. Убри аҟынтә амаҵзураҿы инашәыгӡо адҵақәа Иегова шаҟа шәыхә ишьо аанарԥшуазшәа шәгәы иаанамгалан. Уи адагьы, ҳара иҳалшо егьырҭ ирылшо иаҿҳмырԥшлароуп. Хаиди илҳәоит: «Ҳаԥсҭазаара егьырҭ рыԥсҭазаара иаҿҳарԥшлар агәырӷьара ҳцәыӡуеит». (Шәаԥхьа Галаҭаа рахь 6:4.) Иегова имаҵ жәуларц азы, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәрыцхрааларц азы шәара иҟашәҵалар шәылшо шәазхәыцлаc.
17. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи уажәнатә, аԥхьаҟа еиҳаны адҵақәа ҳадырҵаларц азы?
17 Аԥхьаҟа амаҵзураҿы еиҳаны адҵақәа шәыдырҵаларц шәҭахызар, ишәымоу шәызшәырхала, насгьы ауал шәаҵамлалан. Аамҭа зҭаху ахықәкқәа рынагӡаразы еиҳа имаҷу ахықәкқәа ықәшәыргылала. Иаҳҳәап, аԥхьаҟа пионерс амаҵ аура шәгәы иҭазар, уажәнатә ицхырааҩу пионерс амаҵ аура шәалага. Аиашьа маҵзуратә цхырааҩыс дҟаларц иҭахызар, уажәнатә еиҳаны ажәабжь иҳәалар, иара убас ичмазаҩу, насгьы зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи дрыцхраалар илшоит. Уажәы еизшәырҳауа аԥышәа аԥхьаҟа шәмаҵзураҿы ишәыхәоит. Ишәыдырҵо адҵақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ гәыкала инашәыгӡала (Рим. 12:11).
Зынагӡара шәылшо хықәкык алкааны иқәшәыргыл. (Шәахәаԥш абзац 18.)f
18. Шәахәаԥш асахьа. Иарбан ҿырԥшу Беверли иҳалҭаз?
18 Шәқәыԥшзаргьы шәықәрахь шәнеихьазаргьы ахықәкқәа ықәыргыланы урҭ нашәыгӡалар шәылшоит. 75 шықәса зхыҵуа Беверли лҿырԥштәы уи шьақәнарӷәӷәоит. Лара аныҟәара лцәыцәгьоуп, аха даара илҭахын Ахәылԥаз ахь ауаа рааԥхьара иазку акампаниа лҽалалырхәырц. Уи азы ахықәкқәа ықәлыргылеит. Беверли урҭ аныналыгӡа лгәырӷьара ҳәаак амамызт. Иаалырԥшыз ахамеигӡара егьырҭгьы еиҳаны аҟаҵара агәаҳәара рнаҭеит. Иегова зықәрахь инеихьоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рџьабаа ахә ҳаракны ишьоит, урҭ рылшарақәа маҷзаргьы (Аԥсал. 71:17, 18).
19. Иарбан доуҳатә хықәкқәоу иқәҳаргылалар ҳалшо?
19 Шәымч зықәхо ахықәкқәа ықәшәыргылала. Иегова игәаԥхо аҟазшьақәа еизшәырҳала. Иареи иорганизациеи рзы еиҳаны аҟаҵара ишәыцхраауа аҟазара еизшәырҳала. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәрыцхраалар шшәылшо шәазхәыцлаd. Иегова ицхыраарала Тимофеи уи илшазар, шәаргьы ишәылшоит. Убасҟан ишәымоу ақәҿиара зегьы ирбарҭахоит (1 Тим. 4:15).
АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит
a Тимофеи жәабжьҳәаҩ бзианы дҟалахьан. Аха апостол Павел уи аҿы даанымгыларц иеиҳәеит. Тимофеи уи алабжьара идикылеит, насгьы аамҭак ашьҭахь Иеговеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы еиҳагьы дхәарҭахеит. Ишәымоума шәаргьы агәаҳәара Иеговеи аизареи рзы еиҳаны аҟаҵара? Агәра ганы ҳаҟоуп ишшәымоу! Иарбан хықәкқәоу иқәшәыргылар шәылшо? Насгьы ишәыцхраауазеи урҭ рынагӡара?
b АЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Адоуҳатә хықәкқәа рахь иаҵанакуеит Иегова имаҵ ауреи иргәырӷьареи рзы иҟаҳҵо зегьы.
c Шәахәаԥш ашәҟәы «Организованы, чтобы исполнять волю Иеговы», ахы 10, ахеиҵа «Служение там, где нужна помощь».
d Шәахәаԥш ашәҟәы «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!», аурок 60 «Не останавливайтесь на достигнутом».
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа ҩыџьа аиҳәшьцәа Аҳратә зал иагу аҟаҵашьа дирҵоит. Ирҵаз қәҿиарала рхы иадырхәоит.
f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа лгәамбзиара иахҟьаны аҩны дыздәылҵӡом. Аха лара ҭелла ажәабжь лҳәоит, насгьы Ахәылԥаз ахь ауаа ааԥхьара рылҭоит.