Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 апрель ад. 28—ад. 29, абз. 5
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ижәдыруама шәара?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Инаугӡома уара уажәа?
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 апрель ад. 28—ад. 29, абз. 5

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Иаҳәозеи Абиблиа ақәра́ иазкны?

Ажәар излаҳәо ала ақәра́ — уи «зегьы ишраҳауа ак шынаугӡо, ма ак агәра аныдурго ауп иаанаго. Уи иқәуа изы ихадоуп, иԥшьоуп, насгьы аҵак ду амоуп»a. Ауаҩы дшықәуа ажәала иҳәар, мамзаргьы ақьаад ианиҵар алшоит.

Иисус иҳәеит: «Умқәын зынӡагьы... [...] Иҟазааит шәажәа абас аиԥш ала: „ааи“ ҳәа ишәҳәо „ааи“ акәны, „мап“ ҳәа ишәҳәо — „мап“; урҭ ирымыцхәны иҳәоу — аҩысҭаа иҿгоуп» (Матф. 5:33—37). Убри аҟынтә аӡәы иҳәар ауеит ақәра ҟалаӡом ҳәа. Аха ус акәҵәҟьоума? Ҳәарада, Иисус идыруан израильаа Моисеи изакәан ала ҭагылазаашьақәак рҿы иқәлар шакәыз, насгьы Анцәа гәыкала изыҟаз имаҵзуҩцәагьы шықәуаз (Аҟаз. 14:22, 23; Ақәҵ. 22:10, 11). Уи адагьы, иара идыруан Иеговагьы дықәны ижәлар ақәыргәыӷрақәа шриҭоз (Аур. 6:13—17). Ус анакәха, Иисус ақәра ҟалаӡом ҳәа акәӡамызт ииҳәарц ииҭахыз. Иара иҳаиҳәарц ииҭахыз ишабалакь ҳамқәларц ауп. Ҳажәа анагӡара — Анцәа иҿаԥхьа иҳаду ҭакԥхықәроуп. Иаҳҳәаз еснагь инаҳагӡалароуп.

Иҟашәҵар акәзеи шәқәырц шәыдырцалозар? Зегь раԥхьаӡа шәазхәыц ишәҳәо шәзынагӡоу-ишәзынамыгӡоу. Уи агәра ганы шәыҟамзар, шәымқәыр еиӷьуп. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Ажәа иумҭар еиҳа еиӷьуп, иҭаны иноумыгӡар аасҭа» (Еккл. 5:5). Уи адагьы ақәра иазку абиблиатә принципқәа ҭышәҵаа, нас Абиблиа ала иааӡоу шәыламыс ала шәхы мҩаԥыжәга. Иарбан принципқәоу ҳзызхәыцыр бзиоу?

Қәрақәак Анцәа игәаԥхара иаҿагылаӡом. Иаҳҳәап, Иегова ишаҳаҭцәа аҭаацәара ианалало ҭоуба руеит. Ҭоуба аура ақәра иаҩызоуп. Арԥыси аҭацеи Анцәеи ауааи рҿаԥхьа ҭоуба руеит бзиа ишеибабало, насгьы пату шеиқәырҵало «ҭаацәаракны адгьыл аҿы инхонаҵы». (Арԥыси аҭацеи абарҭ ажәақәа рымҳәозаргьы, дара уеизгьы Анцәа иҿаԥхьа ҭоуба руеит.) Уи ашьҭахь урҭ хаҵеи-ԥҳәыси шракәу рыларҳәоит, насгьы зегьы ақәгәыӷлоит рыԥсы ахьынӡаҭоу ишеицынхало (Аҟаз. 2:24; 1 Кор. 7:39). Урҭ рҩызцәа ақәрақәа Анцәа игәаԥхара иақәшәоит.

Қәрақәак Анцәа игәаԥхара иаҿагылоит. Ақьырсиан абџьар шьҭыхны иԥсадгьыл шихьчало, ма Анцәа имаҵ аура дшаҟәыҵуа ала ақәра идырцалозар, ус ҟаиҵаӡом. Уи Анцәа иԥҟарақәа еиланагоит. Ақьырсианцәа ари адунеи иатәӡам (Иоанн 15:19). Убри аҟынтә ҳара аиҿыхарақәеи аибашьрақәеи ҳаҽрылаҳархәӡом (Ис. 2:4; Иак. 1:27).

Ҭагылазаашьақәак рҿы ауаҩы дықәру-дымқәру иламыс ала иӡбоит. Зны-зынла ҳқәаанӡа иаҳҳәараны иҟоу Иисус иажәақәа ирҿырԥшны ҳазхәыцроуп. Иара иҳәеит: «Акьесар иитәу акьесар ишәҭала, Анцәа иитәу — Анцәа» (Лука 20:25).

Иаҳҳәап, ақьырсиан атәылауаҩра, ма атәылауаҩшәҟәы иоурц азы арзаҳал аналеиҵо еиликаауеит ҭоуба иур шакәу. Уа иану атекст Анцәа изакәан иаҿагыло акы аҟаҵара аҵанакуазар, Абиблиа ала иааӡоу ақьырсиан иламыс мап акра ицхраауеит. Аха иҟалалоит, аҳәынҭқарцәа арзаҳал алазҵо азин анирҭо ҭоуба аура иазку атекст аԥсахра, анаҩс ақьырсиан иламыс дамыргәаҟларц азы.

Римаа рахь 13:1 аҿы иануп: «Дарбанзаалакь иаԥу амчра азхеиҵауазар ауп». Убри аҟынтә ақьырсиан иӡбар алшоит, ииԥсахыз атекст ала ҭоуба аура акгьы амам ҳәа, избанзар Анцәа амчрақәа ҳарзыӡырҩларц иҭахуп.

Ҳаламыс ҳазыӡырҩлароуп ҳанқәуа маҭәарк ҳхы иаҳархәар акәзар, ма напырхахашьак аҭахызар. Ажәытәан римааи аскифцәеи раҳәақәа рхы иархәаны аибашьра анцәа иҿаԥхьа иқәуан, аиаша шырҳәоз ала. Абырзенцәа анқәуаз рнапқәа ажәҩан ахь ишьҭырхуан. Убас дара иаадырԥшуан зегь збо анцәахәы дшыҟоу, насгьы ауаа зегь иҿаԥхьа аҭак шыҟарҵо шеилыркаауаз.

Ҳәарада, Иегова имаҵзуҩы амилаҭтә символ, ма амцдинхаҵара иадҳәалоу даҽа маҭәарк ихы иархәаны дықәӡом. Аха ишԥаҟашәҵо аӡбарҭаҿы Абиблиа шәнапы ақәҵаны аиаша мацара шышәҳәало шәқәырц ишәыҳәар? Иҟалап, ақьырсиан уи дақәшаҳаҭхарц иӡбар, избанзар гәыкала Анцәа имаҵ зуаз шьоукы ауаа иҷыдоу напырхахашьала иқәуан (Аҟаз. 24:2, 3, 9; 47:29—31). Аха ишәхашәмыршҭлароуп: усҟан шәара аиаша мацара шышәҳәало ала Анцәа иҿаԥхьа шәықәуеит. Ишәырҭо азҵаарақәа зегь ииашаны рҭак ҟашәҵалароуп.

Изызхәыцтәу абиблиатә принципқәа:

  • Матфеи 5:37: «Иҟазааит шәажәа абас аиԥш ала: „ааи“ ҳәа ишәҳәо „ааи“ акәны, „мап“ ҳәа ишәҳәо — „мап“».

  • Иоанн 15:19: «Ари адунеи иатәу ауаа шәреиԥшӡам».

  • Ҩынтәзакәан 5:9: «Сара у-Нцәа Иегова соуп,— Анцәа, иҷыдоу азиашара зҭаху».

  • Римаа рахь 13:1: «Дарбанзаалакь иаԥу амчра азхеиҵауазар ауп».

  • Лука 20:25: «Акьесар иитәу акьесар ишәҭала, Анцәа иитәу — Анцәа».

  • 1 Пиотр 2:12: «Гәыцқьарала, ԥсыцқьарала Анцәа Ҵабырг дыззымдыруа шәрыланха... шәус бзиақәа рбарацы».

Ҳара ҳзы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа даара рыхә ҳаракуп. Убри аҟынтә ҳқәаанӡа Анцәа ҳиҳәароуп, насгьы ибзианы ҳазхәыцроуп абиблиатә принципқәеи ҳаламыси уи анагӡара ҳалдыршоу-иҳалдмыршоу. Ҳқәызар, иаҳҳәаз наҳагӡароуп (1 Пиотр 2:12).

a Большой академический словарь русского языка. М., 2007. Атом 8. Ад. 152.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра