Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 октиабр ад. 18—23
  • «Ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара амҩаду аҿы абжьы рдуны ицәажәоит»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара амҩаду аҿы абжьы рдуны ицәажәоит»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ИЗКУ АДЫРРАҚӘА АҞӘЫӶАРА АИУРА ИҲАЦХРААУЕИТ
  • АУАА ИИАШАҴӘҞЬОУ АҞӘЫӶАРА МАП ЗАЦӘЫРКУА
  • АНЦӘА ИҞӘЫӶАРА ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО
  • «Зыхә ҳараку аҟәыӷареи адырреи»
    «Усышьҭаланы уаала»
  • Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 октиабр ад. 18—23

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 43

«Ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара амҩаду аҿы абжьы рдуны ицәажәоит»

«Ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара амҩаду аҿы абжьы рдуны ицәажәоит, ашҭақәа рҿы уи абжьы уаҳауеит» (АЖӘАМ. 1:20).

АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт

АХҲӘААa

1. Иахырҳәаауазеи аӡәырҩы аҟәыӷара абжьы? (Ажәамаанақәа 1:20, 21).

АТӘЫЛАҚӘА жәпакы рҿы иубар улшоит, Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа гәырӷьаҵәа ауаа ахьырацәоу амҩадуқәа рҿы игыланы, имҩасуа ажурналқәа шрыдыргало. Уи амаҵзура ахкы зныкыр шәҽалашәырхәхьоума? Ааи акәзар, ашәҟәы Ажәамаанақәа аҿы иаагоу асахьа шәхаҿы иааизар ҟалап, — аҟәыӷара ауаа ахьырацәоу аҭыԥқәа рҿы игыланы, иӷьаҵәы-ӷьаҵәуа ауаа ирыҳәоит, ирынаҭо алабжьарақәа ирзыӡырҩырц. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 1:20, 21.) «Ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» — Иегова иҟәыӷара — Абиблиеи ҳлитературеи рҿы иануп. Убри ауп ауаа амҩа иашала ицаларц азы ирҭахыҵәҟьоу. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит, аӡәы данаҳзыӡырҩуа, насгьы акы даԥхьарц ианиго. Аха шьоукы Абиблиа иаҳәо раҳаргьы рҭахӡам. Даҽа шьоукы ҳхыччоит. Дара ргәы иаанагоит Абиблиа иажәхьоу шәҟәуп ҳәа. Иҟоуп Абиблиа иану ицқьоу ахымҩаԥгашьа иазку анормақәа згәамԥхогьы. Дара ирҳәоит, урҭ ирықәныҟәо иахдырҟьацәоит ҳәа. Аха Иегова уеизгьы, абзиабара аарԥшны, ауаа зегь ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара рыцеиҩишоит. Ишԥаҟаиҵо иара уи?

2. Иҳаԥшаар абаҳалшо ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара, аха еиӷьыршьозеи еиҳараҩык ауаа?

2 Иегова ибзоурала иахьа Иажәа, Абиблиа, адунеи иқәынхо ауаа зегь уҳәаратәы аԥхьалар рылшоит. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи Абиблиа ҳаилзыркаауа ҳпубликациақәа рзы? Иегова ицхыраарала урҭ апубликациақәа иахьа 1 000 бызшәа инареиҳаны рыла еиҭаргоит. Аҟәыӷара абжьы иазыӡырҩуа, даҽакала иуҳәозар, Анцәа Иажәа иаԥхьо, насгьы еилыркааз зхы иазырхәо насыԥ рымоуп. Аха ҳаамҭазы инхо ауаа реиҳараҩык Иегова изыӡырҩра рҭахӡам. Аӡбарақәа анрыдыркыло рхы ақәгәыӷреи егьырҭ ауаа рықәгәыӷреи еиҳа еиӷьыршьоит. Иҟалап урҭ ҳраҭәарымшьозаргьы, Абиблиа иану апринципқәа рыла ҳахьынхо азы. Ари астатиаҿы ҳара еилаҳкаауеит ауаа ус рхы зымҩаԥырго. Аха шәааи раԥхьа ҳазхәыцып, Иегова иҟәыӷара иҿаҳҵаар шҳалшо.

ИЕГОВА ИЗКУ АДЫРРАҚӘА АҞӘЫӶАРА АИУРА ИҲАЦХРААУЕИТ

3. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара ҳаурц азы?

3 Аҟәыӷара — уи иумоу адыррақәа рхархәашьа анудыруа ауп. Уи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит. Аха ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара иаҵанакуа иҵегьы еиҳауп. Абиблиаҿы иануп: «Иегова иахь иааурԥшуа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара ала ауп аҟәыӷара злалаго, иԥшьоу Анцәа изку адыррақәа аилкаара змоу уакәны уҟарҵоит» (Ажәам. 9:10). Ус анакәха, ихадоу аӡбарақәа анҳадаҳкыло, Иегова игәаанагара ҳазхәыцлароуп. Ишԥаҳалшо уи? Абиблиеи уи шьаҭас измоу апубликациақәеи анҭаҳҵаауа. Усҟан ауп ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара анҳауа (Ажәам. 2:5—7).

4. Избан Иегова имацара зиакәу ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара ҳазҭар зылшо?

4 Иегова заҵәык иоуп ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара ҳазҭар зылшо (Рим. 16:27). Избан иара аҟәыӷара дахыҵхырҭоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Зегь раԥхьа иргыланы, иара Ҳазшаз иоуп, насгьы ишамҭақәа иара иеиԥш издыруа дыҟаӡам (Аԥсал. 104:24). Уи адагьы, иара иҟаиҵо зегь аҟәыӷара аҵоуп (Рим. 11:33). Иара убас, Иегова иҟәыӷоу алабжьарақәа ҳаиҭоит. Урҭ зхы иазырхәо есымша хәарҭа рзаанагоит (Ажәам. 2:10—12). Ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара ҳамазарц азы арҭ х-фактк ҳрықәшаҳаҭхароуп. Уи адагьы, урҭ ҳхаҳмыршҭлароуп, ҳхы шымҩаԥаҳгаша ҳаназхәыцуа.

5. Иалҵшәахазеи ауаа Иегова аҟәыӷара дшахыҵхырҭоу агәра ахьырымго?

5 Ажәабжь бзиа заҳҳәо́ аӡәырҩы ауаа ақәшаҳаҭуп аԥсабараҿы зегь џьашьахәыла ишеиҿкаау, аха Ҳазшаз дшыҟоу агәра ргаӡом. Даҽа шьоукы Анцәа дшыҟоу агәра ргоит, аха абиблиатә нормақәа ажәхьеит ҳәа ргәы иаанагоит, убри аҟынтә ишырҭаху инхоит. Иалҵшәахазеи уи? Еиӷьхама адунеи, ауаа Анцәа иҟынтә аҟәыӷара мап ацәкны, рхы иахьақәгәыӷуа? Еиҳа насыԥ роума? Ирымоума зышьаҭа ӷәӷәоу агәыӷра? Иааҳакәыршаны иҟоу ишьақәнарӷәӷәоит, абарҭ ажәақәа шиашоу: «Иегова ииҳәо иаҿагыло аҟәыӷареи, агәеилых бзиеи, алабжьареи акгьы иаԥсам» (Ажәам. 21:30). Иегова аҟәыӷара ҳаиҭарц азы иҳәара даара ихадоуп! Аха, рыцҳарас иҟалаз, еиҳараҩык уи ҟарҵаӡом. Избан?

АУАА ИИАШАҴӘҞЬОУ АҞӘЫӶАРА МАП ЗАЦӘЫРКУА

6. Изҭахымда ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара абжьы азыӡырҩра? (Ажәамаанақәа 1:22—25).

6 Аӡәырҩы ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара амҩаду аҿы абжьы рдуны ианцәажәо, азыӡырҩра рҭахӡам. Аҩыра излаҳәо ала, уи мап ацәызкуа х-гәыԥк ауаа ыҟоуп: «зегь рыгәра зго», «ахыччаҩцәа», насгьы «ахшыҩдақәа». (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 1:22—25.) Шәааи еилаҳкаап, урҭ Анцәа иҟәыӷара мап зацәыркуа, насгьы ҳреиԥшымхарц азы иҟаҵалатәу.

7. Избан шьоукы «зегь рыгәра зго» ракәны аанхара зырыӡбо?

7 «Зегь рыгәра зго» ауаҩы игәаанагара аԥсахреи ижьареи мариоуп (Ажәам. 14:15). Ҳара ажәабжьҳәараҿы урҭ рҩызцәа ауаа лассы-лассы иаҳԥылоит. Иаҳҳәап, миллионҩыла ауаа адиннапхгаҩцәа, ма аполитикцәа иржьоит. Урҭ шыржьаз анеилыркаалак, цәгьала иџьаршьоит. Аха Ажәамаанақәа 1:22 аҿы «зегь рыгәра зго» ҳәа зыӡбахә ҳәоу ус аанхара рхаҭа ирыӡбеит, избанзар дара уи ргәаԥхоит (Иер. 5:31). Урҭ ргәаҳәарақәа нарыгӡалар рҭахуп. Абиблиа иаҳнарҵо аилкаара, ма уи анормақәа рыла анхара рҭахӡам. Аӡәырҩы ақәшаҳаҭуп Квебек инхо Анцәа дхазҵо ԥҳәыск лгәаанагара. Лара ҳашьак абас иалҳәеит: «Аԥшьаҩы сижьозар, уи иара иоуп изхароу. Сара исхарои?» Урҭ рҩызцәа ауаа аиаша аилкаара рҭахӡам. Шәааи зегь рыгәра зго ҳреиԥшымхап! (Ажәам. 1:32; 27:12).

8. Иҳацхраауазеи «зықәра наӡахьоу» ҳреиԥшны аҟалара?

8 Зегь рыгәра зго ҳакәны ҳаҟамзарц Абиблиа баша ҳаанаԥхьаӡом. Уа иануп: «Зықәра наӡахьоу шәреиԥшыз, ишышәра ишәхьоу шәакәыз» (1 Кор. 14:20). Ҳара доуҳала ҳаӷәӷәахоит, абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәозар. Ҳара зныкымкәа ҳхатә ԥышәала еилаҳкаахьеит, урҭ апринципқәа ауадаҩрақәа рҽырцәыхьчареи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылареи ишҳацхраауа. Аамҭа-аамҭала игәаҳҭалароуп, уи шаҟа ибзианы иаҳзалҵуа. Ҳара Абиблиа аҵареи аизарақәа рҭаареи ҳалагеижьҭеи ԥыҭк ҵуазар, ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Исԥырхагоузеи, сыԥсҭазаара Иегова изкны, аҽӡаахра?» Аха аӡы ҳаҽӡааҳххьазар, ажәабжьҳәареи арҵареи рҿы ҳҽеиӷьаҳтәуама? Иаадырԥшуама иҳадаҳкыло аӡбарақәа ҳаԥсҭазаараҿы абиблиатә принципқәа ҳхы ишаҳархәо? Ауаа ҳанрацәажәо Христос ҳаиҿыԥшуама? Ҳҽахьеиӷьаҳтәыша шыҟоу гәаҳҭазар, шәааи «аԥышәа змам аҟәыӷара [рызҭо]» Иегова имҩақәҵарақәа ҳрызхәыцлап (Аԥсал. 19:7).

9. Ишԥаадырԥшуеи «ахыччаҩцәа» аҟәыӷара мап шацәыркуа?

9 Анцәа иҟәыӷара мап ацәызкуа аҩбатәи ауаа ргәыԥ, — уи «ахыччаҩцәа» роуп. Ажәабжь анаҳҳәо зны-зынла ус еиԥш иҟоу ауаа ҳрықәшәоит. Дара ауаа рыларҟәра ргәаԥхоит (Аԥсал. 123:4). Абиблиаҿы иануп, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ахыччаҩцәа шырацәахо (2 Пиотр 3:3, 4). Ауаҩ иаша Лот имаҳәцәа реиԥш, иахьагьы шьоукы Анцәа иҳаиҭо агәҽанҵарақәа хьаас ирымаӡам (Аҟаз. 19:14). Аӡәырҩы ҳхыччоит, абиблиатә нормақәа рыла ҳахьынхо азы. Ус еиԥш иҟоу ахыччаҩцәа «згәаҳәара лаҟәқәа ирыцныҟәо» роуп (Иуда 7, 17, 18). Абиблиаҿы ахыччаҩцәа ирызкны иану, аҵабырг иацәхьаҵызи Иегова иеилкаара зҭахым егьырҭ ауааи ибзианы ирнаалоит.

10. Иҟаҳҵалар акәзеи, ахыччаҩцәа ҳармеиԥшхарц азы, Аԥсалом 1:1 иану инақәыршәаны?

10 Ишԥаҳалшо ахыччаҩцәа ҳреиԥшымхар? Иаҳҳәап, зегьы акритика рзура шьцыларас измоу ҳармацәажәалароуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 1:1.) Уи азы аҵабырг иацәхьаҵыз ҳарзымӡырҩлароуп, насгьы ирыҩуа ҳамыԥхьалароуп. Ҳара еилаҳкаауеит, ҳгәаҳҽанымзар, агәынамӡара аарԥшра ҳалагар шалшо, насгьы Иеговеи иорганизациеи иаҳнаҭо анапхгара агәрагара ҳцәыцәгьахар шалшо. Уи аҩыза ҳмыхьырц азы, абарҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭар хадоуп: «Иҿыцу мҩақәҵарак, ма еилкаарак анҳауа, агәынамӡара аасырԥшуама? Напхгара ҳзура зду аишьцәа рахь агәынамӡара аарԥшра шьцыларас исымоума?» Ус еиԥш иҟоу акы ҳхы ианадаҳбало, иаразнак ҳхы аус адулара ҳалагозар, Иегова дҳаргәырӷьоит (Ажәам. 3:34, 35).

11. Ишԥазыҟоу «ахшыҩдақәа» Иегова инормақәа?

11 Аҟәыӷара мап ацәызкуа ахԥатәи ауаа ргәыԥ, — «ахшыҩдақәа» роуп. Абиблиа урҭ убас ирыхцәажәоит, избанзар дара Анцәа инормақәа рыла анхара рҭахӡам. Дара рхы иааҭашәо аҟаҵара ауп ирҭаху (Ажәам. 12:15). «Ахшыҩдақәа» аҟәыӷара иахыҵхырҭоу, Иегова, хьаас дрымаӡам (Аԥсал. 53:1). Ажәабжь анырзеиҭаҳҳәо, акритика ҳзыруеит, Абиблиа иану ала ҳахьынхо азы. Аха еиӷьу ак ҳадыргалар рылшома? Абиблиа еилыкка аҭак ҟанаҵоит: «Ихшыҩдоу ауаҩы ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара аҟынӡа дызнеиӡом, ақалақь агәашәқәа рҿы ииҳәаша имаӡам» (Ажәам. 24:7). Ус еиԥш иҟоу ауаҩы иҟәыӷоу алабжьара уҭара илшаӡом. Иџьашьатәӡам, Иегова абас ахьҳаиҳәо: «Ахшыҩда имԥан уқәымлан» (Ажәам. 14:7).

12. Иҳацхраауазеи «ахшыҩдақәа» рымҩа анымлара?

12 Анцәа изыӡырҩра зҭахым реиԥш акәымкәа, ҳара Анцәа илабжьарақәа рахь абзиабара еизҳарҳауеит, ицқьоу ахымҩаԥгашьа иазку алабжьарақәагьы уахь иналаҵаны. Ҳара уи абзиабара еизҳарҳар ҳалшоит, Анцәа изыӡырҩра иаанаго алҵшәеи Анцәа изымӡырҩра иаанаго алҵшәеи еиҿҳарԥшлар. Аҟәыӷара аамырԥшӡакәа Иегова имҩақәҵарақәа мап рцәызкуа ауаа уадаҩрас иҟоу зегь ирықәшәоит. Аха шәахәаԥш шәара шәыԥсҭазаара: шаҟа еиӷьузеи уи, Анцәа шәахьизыӡырҩуа азы (Аԥсал. 32:8, 10).

13. Иҳадицалома Иегова иҟәыӷоу илабжьарақәа рзыӡырҩра?

13 Иегова меигӡарахда зегьы аҟәыӷара риҭоит, аха уи аӡәгьы идицалаӡом. Ус шакәугьы, иара ауаа иреилиркаауеит, аҟәыӷара абжьы иазымӡырҩуа ахьнанаго (Ажәам. 1:29—32). Иегова изыӡырҩра зҭахым ауаа русқәа рыхьӡоит. Аамҭак ашьҭахь рхымҩаԥгашьа иахьнанаго — ахьааи, агәаҟрақәеи, аҵыхәтәаны аԥсреи рахь ауп. Аха Иегова имҩақәҵарақәа ирзыӡырҩуа, абри аҩыза аԥеиԥш рзыԥшуп: «Сара исзыӡырҩуа ҭынч дынхалоит, арыцҳарагьы дацәшәалаӡом» (Ажәам. 1:33).

АНЦӘА ИҞӘЫӶАРА ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО

Аизарақәа рҿы аҭакқәа ҟаҳҵозар, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәахоит. (Шәахәаԥш абзац 15.)

14, 15. Иаҳнарҵозеи Ажәамаанақәа 4:23 аҿы иану?

14 Анцәа иҟәыӷара еснагь ахәарҭа ҳзаанагоит. Ишеилҳаргаз еиԥш, Иегова иҟаиҵаз рацәоуп, илабжьарақәа рыԥшаара ҳзымариазарц азы. Иаҳҳәап, ашәҟәы Ажәамаанақәа аҿы ҳаԥсҭазаара еиӷьызтәыр зылшо, ахаан имажәуа алабжьарақәа рацәаны иануп. Шәааи урҭ рҟынтә ԥшь-лабжьара заҵәык ҳрыхцәажәап.

15 Асимволтә ҵакы змоу шәгәы шәыхьчала. Абиблиаҿы иануп: «Зегь раасҭа ихьчалатәу рҟынтәи ихьчала угәы, избанзар уи аҟынтә ауп аԥсҭазаара ахыҵхырҭақәа» (Ажәам. 4:23). Шәазхәыц, ҳгәы ибзианы аус ауларц азы иаҭаху. Афатә бзиа ҳфалароуп, абаҩрҵәыра ҟаҳҵалароуп, насгьы ҳгәабзиара иазеицәоу ашьцыларақәа ҳҽырцәыҳахьчалароуп. Убас еиԥш, асимволтә ҵакы змоу ҳгәы ҳахьчарц азы есыҽны «акраҳфоит» — Анцәа Иажәа ҳаԥхьоит. Уи адагьы, ҳара ақьырсиантә еизарақәа ҳҽырзыҟаҳҵоит, ҳарҭаауеит, насгьы апрограмма ҳҽалаҳархәуеит. Иара убас, ҳхы ҳамеигӡакәа ажәабжь бзиа ҳҳәоит. Уи адагьы, ҳгәабзиара иазеицәоу ашьцыларақәа ҳҽырцәыҳахьчоит, даҽакала иуҳәозар, ҳахшыҩ анырра бааԥс азҭо зегь мап рцәаҳкуеит, — иаҳҳәап, иҽеим агәырҿыхагақәеи иҽеим аҩызцәеи.

Аԥара абаҳарҳари ҳәа мыцхәы ҳамгәырҩозар, иҳамоу ҳазҳархалоит. (Шәахәаԥш абзац 16.)

16. Хәарҭас иаҳзаанагозеи Ажәамаанақәа 23:4, 5 аҿы иану алабжьара?

16 Ишәымоу шәызшәырхала. Абиблиа алабжьара бзиа ҳнаҭоит: «Амал урҳарц азы ухы умыргәаҟлан. [...] Уахәаԥшлома уи, иаалырҟьаны иқәӡааргьы? Уи амҵәыжәҩақәа аахәаны ауарбажә еиԥш иԥырны ажәҩан иалалоит» (Ажәам. 23:4, 5). Ауаҩы имал иаалырҟьаны ицәыӡыр ауеит. Ус шакәугьы, амал змоугьы иӷаругьы аԥара арҳара иашьҭоуп. Аԥарахь ирымоу абзиабара лассы-лассы иднарҟаҵоит рыхьӡ бжьызхыр алшо, егьырҭ ауааи дареи реизыҟазаашьақәа ирԥырхагахар алшо, насгьы ргәабзиара иазеицәоу аусқәа (Ажәам. 28:20; 1 Тим. 6:9, 10). Аха аҟәыӷара ҳамазар, аԥара абаҳарҳари ҳәа мыцхәы ҳгәырҩалаӡом. Уи аԥсыцәгьара аҟынтә ҳахьчоит, насгьы иҳамоу алагәырӷьара иҳацхраауеит (Еккл. 7:12).

Ҳхәыцны ҳцәажәозар, ҳажәақәа рыла ауаа ргәы дҳархьлаӡом. (Шәахәаԥш абзац 17.)

17. Ишԥаҳалшо Ажәамаанақәа 12:18 аҿы зыӡбахә ҳәоу «иҟәыӷоу рыбз» ҳаур?

17 Шәхәыцны шәцәажәала. Ҳгәаҳҽанымзар, ҳажәақәа аԥхасҭа ду ааргар ауеит. Абиблиаҿы иануп: «Аӡәы дымхәыцӡакәа данцәажәо, а́ҳәа уахәызшәа уихәуеит. Иҟәыӷоу рыбз уахәшәтәуеит» (Ажәам. 12:18). Ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазаауеит, уҳәансҳәан ҳамҳәалар (Ажәам. 20:19). Ҳажәақәа ауаа ргәы днамырхьларц, аха ргәы ҟанаҵаларц азы Анцәа Иажәа иану адыррақәа рыла ҳгәы ҳарҭәлароуп (Лука 6:45). Абиблиа иану ҳаназхәыцуа, ҳажәақәа ауаа ргәы ҟазҵо аҟәыӷара рыҵазаауеит (Ажәам. 18:4).

Ҳорганизациа иаҳнаҭо амҩақәҵарақәа ҳрықәныҟәозар, ҳмаҵзура еиҳа алҵшәа амазаауеит. (Шәахәаԥш абзац 18.)

18. Ишԥаҳацхраауеи Ажәамаанақәа 24:6 иану апринцип ажәабжьҳәараҿы?

18 Ҳорганизациа иаҳнаҭо амҩақәҵарақәа шәрықәныҟәала. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Уанеибашьуа, иҟәыӷоу анапхгара уашьҭаз, абжьагаҩцәа ахьырацәоу аиааира ҟалоит» (Ажәам. 24:6). Ишԥаҳацхраауеи ари апринцип ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи рҿы ақәҿиара аиура? Ҳара ҳхаҭа ишаҳгәаԥхо еиԥш ажәабжь аҳәареи Абиблиа аҵара амҩаԥгареи аҭыԥан, ҳорганизациа иаҳнаҭо алабжьарақәа рықәныҟәара ҳҽазаҳшәоит. Ақьырсиантә еизарақәа рҿы ҳара иҳауеит аҟәыӷара зҵоу амҩақәҵарақәа. Уаҟа аԥышәа ду змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Абиблиа шьаҭас измоу ажәахәқәа рҳәоит, насгьы ажәабжьҳәашьа ҳзырҵо адҵақәа рыманы иқәгылоит. Уи адагьы, Иегова иорганизациа хәарҭа злоу амыругақәа ҳаднагалоит: ауаа Абиблиа аилкаара ирыцхраауа апубликациақәеи авидеонҵамҭақәеи. Шәҽазышәшәома шәара урҭ амыругақәа рхархәашьа ибзианы аҵара?

19. Шәышԥазыҟоу Иегова иҳаиҭо аҟәыӷара? (Ажәамаанақәа 3:13—18).

19 Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 3:13—18. Шаҟа ахә ҳаракны иаҳшьозеи Иегова Иажәа иану алабжьарақәа ахьҳаиҭаз! Ҳабаҟалоз урҭ ҳзымдыруазҭгьы? Ари астатиаҿы еилҳаргеит ашәҟәы Ажәамаанақәа аҟынтә зыхә ҳараку принципқәак. Ҳәарада, Абиблиа зегь Иегова иҟәыӷоу иажәақәа рыла иҭәуп. Шәааи еснагь илабжьарақәа ҳрықәныҟәалап. Ари адунеи аҿы ауаа урҭ алабжьарақәа ишырзыҟоу ҳара ҳзы ихадаӡам. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, аҟәыӷара «аузмышьҭуа насыԥ змоу ҳәа [шырзырҳәо]».

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иҳаур шԥаҳалшо ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара?

  • Избан аӡәырҩы аҟәыӷара абжьы азыӡырҩра зырҭахым, насгьы иарбан лҵшәоу уи иаанаго?

  • Иарбан лабжьароу ашәҟәы Ажәамаанақәа аҟынтә еиҳараӡак ихәарҭоуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?

АШӘА 36 «Ихьчала угәы»

a Иегова иҳаиҭо аҟәыӷара ари адунеи иҳаднагалар алшо акы иузадкылом. Ашәҟәы Ажәамаанақәа аҿы абри аҩыза асахьа аагоуп: аҟәыӷара ақалақь ашҭаҿы игыланы иӷьаҵәы-ӷьаҵәуа ауаа ак ранаҳәоит. Ари астатиаҿы уи асахьа ҳахцәажәоит, насгьы еилаҳкаауеит ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара ҳаур шҳалшо, шьоукы уи азыӡырҩра зырҭахым, насгьы уи азыӡырҩра зхадоу.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра