АҴАРАЗЫ АСТАТИА 45
Иегова ҳмаҵзура анагӡара дышҳацхраауа
«Рыбжьара аԥааимбар дшыҟаз рдыруазаалоит» (ИЕЗ. 2:5).
АШӘА 67 Уазышаҳаҭла ажәа
АХҲӘААa
1. Ҳзықәшәар алшозеи ажәабжь бзиа анаҳҳәо, аха зыгәра ганы ҳаҟоузеи?
ҲАРА ажәабжь бзиа анаҳҳәо иаҳҿагыло ауаа шыҟало ҳдыруеит. Ҳаԥхьаҟа ус еиԥш иҟоу ауаа иҟалап еиҳагьы ирацәаҩхар (Дан. 11:44; 2 Тим. 3:12; Аат. 16:21). Аха ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, Иегова дышҳацхраало. Избанзар иара еснагь имаҵзуҩцәа ириҭоз адҵақәа рынагӡара дрыцхраауан, урҭ даара ианыцәгьазгьы. Уи еиҳа еиӷьны еилаҳкаарц азы, шәааи аԥааимбар Иезекииль иԥсҭазаара аҟынтә хҭысқәак ҳрылацәажәап. Иара Вавилонҟа иахганы иргаз ауриацәа ажәабжь рылеиҳәон.
2. Дышԥарыхцәажәеи Иегова Иезекииль ажәабжь зеиҳәоз ауаа, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Иезекииль 2:3—6).
2 Изеиԥшрази Иезекииль ажәабжь зеиҳәоз ауаа? Иегова урҭ «уаҩ ииҳәо змаҳауа, зҳәатәы иазырго», насгьы аҿагылаҩцәа ҳәа рзиҳәеит. Дара амаӷқәеи амариалқәеи иреиԥшын. Иџьашьатәӡам, Анцәа зныкымкәа иԥааимбар умшәан ҳәа ахьиеиҳәоз. (Шәаԥхьа Иезекииль 2:3—6.) Иезекииль ақәҿиара змаз жәабжьҳәаҩын ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, избанзар: 1) адҵа изҭаз Иегова иакәын, 2) Анцәа идоуҳа амч инаҭон, насгьы 3) Анцәа иажәақәа игәрахаҵара дырӷәӷәон. Ишԥаицхраауаз аԥааимбар арҭ х-факторк? Насгьы ишԥаҳацхраауеи урҭ ҳара?
ИЕЗЕКИИЛЬ АДҴА ИЗҬАЗ ИЕГОВА ИОУП
3. Иарбан жәақәоу Иезекииль игәы зырӷәӷәар алшоз, насгьы агәра шԥеииргоз Иегова уи дышицыз?
3 Иегова Иезекииль иеиҳәеит: «Сара усышьҭуеит» (Иез. 2:3, 4). Иҟалап арҭ ажәақәа аԥааимбар игәы дырӷәӷәазар. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар иҟалап Иезекииль игәалашәозҭгьы, Иегова Моисеии Исаиеи ԥааимбарс ианыҟаиҵоз убас шреиҳәоз (Ақәҵ. 3:10; Ис. 6:8). Иара убас Иезекииль идыруан, Анцәа урҭ ҩыџьа имаҵзуҩцәа ауадаҩрақәа рыхгара дышрыцхраауаз. Убри аҟынтә Иегова Иезекииль «сара усышьҭуеит» ҳәа ҩынтә ианиеиҳәа, аԥааимбар аҵыхәтәанынӡа Анцәа диқәгәыӷлар илшон. Уи адагьы, Иезекииль ишәҟәаҿы ҳара акырынтә абарҭ ажәақәа ҳԥылоит: «Иегова ус сеиҳәеит» (Иез. 3:16). Иара убас уа зныкымкәа иануп абарҭ ажәақәа: «Иегова дырҩегь сара сахь ихы наирхан, ус иҳәеит» (Иез. 6:1). Ҳәарада, Иезекииль агәра ганы дыҟан, дзышьҭыз Иегова шиакәыз. Уи адагьы, Иезекииль иаб ԥшьаҩыс дыҟан, убри аҟынтә иҷкәын изеиҭеиҳәозҭгьы ҟаларын, Анцәа еснагь иԥааимбарцәа дышрыцхраауаз. Иаҳҳәап, Исааки, Иакови, Иеремиеи Иегова иреиҳәон: «Сара суцуп» (Аҟаз. 26:24; 28:15; Иер. 1:8).
4. Игәы зырҭынчзеи, насгьы амч изҭазеи Иезекииль?
4 Ишԥарыдыркылеи израильаа реиҳараҩык Иезекииль ииҳәоз ажәабжь? Иегова заа иҳәеит: «Израильтәи ажәлар узыӡырҩра рҭаххаӡом, избанзар урҭ сара сзыӡырҩра рҭахӡам» (Иез. 3:7). Ажәлар Иезекииль дахьрыдрымкылаз Иегова дшырҭахымыз аанарԥшуан. Анцәа иажәақәа Иезекииль агәра идыргеит, ауриацәа иара изыӡырҩра рҭахымзаргьы, уи аԥааимбарра илымҵӡеит ҳәа шаанамго. Уи адагьы, Иегова Иезекииль иеиҳәеит, ииҳәахьаз аԥааимбаражәа анынаӡалак, ауаа «рыбжьара аԥааимбар дшыҟаз рдыруазаалоит» ҳәа (Иез. 2:5; 33:33). Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, Анцәа иажәақәа Иезекииль игәы шдырҭынчыз, насгьы имаҵзура анагӡаразы амч ширҭаз.
ҲАРА АДҴА ҲАЗҬАЗ ИЕГОВА ИОУП
Иезекииль ихаан еиԥш иахьагьы ауаа ҳзымӡырҩлар, насгьы иаҳҿагылалар алшоит, аха ҳара иаҳдыруеит Иегова дышҳацу. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 6.)
5. Иҳазҭозеи амч, Исаиа 44:8 иану инақәыршәаны?
5 Ажәабжь аҳәара ҳадызҵаз Иегова шиакәу ахьаҳдыруа, ҳаргьы амч ҳнаҭоит (Ис. 43:10). Иара «шәара сышаҳаҭцәа шәоуп» ҳәа ҳзиҳәоит. Шаҟа ҳаҭыр дуузеи ари! Иегова Иезекииль умшәан ҳәа шиеиҳәоз еиԥш, ҳаргьы шәымшәан ҳәа ҳаиҳәоит. Избан иаҳҿагыло ҳарцәымшәалар закәу? Иезекииль иеиԥш ҳаргьы ажәабжьҳәара ҳадызҵаз Иегова иоуп. Иара уи аус анагӡара дҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Исаиа 44:8.)
6. а) Агәра шԥаҳирго Иегова дышҳацхраало? б) Ҳгәы зырҭынчуазеи, насгьы иҳазҭозеи амч?
6 Иегова агәра ҳиргоит дышҳацхраало. Иаҳҳәап, «шәара сышаҳаҭцәа шәоуп» ҳәа иҳәаанӡа, абас иҳәеит: «Аӡы уанырло суцзаауеит, аӡиасқәа уанырҭысло — уӡааҟәрылаӡом, амца уанагәылсло — убылӡом, амцабз уабылӡом» (Ис. 43:2). Ииашаҵәҟьаны, ҳмаҵзура анынаҳагӡо зны-зынла иаӷьны ицо аӡиасқәа иреиԥшу ауадаҩрақәеи амца еиԥшу аԥышәарақәеи ҳрықәшәоит. Аха Иегова ицхыраарала, уи ҳамыхәаԥшӡакәа, анаҩсгьы ажәабжь ҳҳәоит (Ис. 41:13). Иезекииль ихаан еиԥш иахьагьы, еиҳараҩык ауаа Абиблиа иану ажәабжь рыдыркылаӡом. Ҳара еилаҳкаауеит, ауаа ҳзымӡырҩуазаргьы уи ажәабжьҳәаҩцәа ҳалымҵӡеит ҳәа шаанамго. Гәыкала Иегова иажәабжь аҳәара ҳахьаҟәымҵуа, даараӡа игәы ҟанаҵоит. Убри заҵәык ҳахьазхәыцуа ҳгәы арҭынчуеит, амчгьы ҳнаҭоит. Апостол Павел иҳәеит: «Доусы иџьабаа зеиԥшроу [ала] аҳамҭа иоуеит» (1 Кор. 3:8; 4:1, 2). Акыршықәса пионерс амаҵ зуа иаҳәшьак уи абас дахцәажәеит: «Шаҟа насыԥ дуузеи Иегова ҳџьабаа дшазылԥхо ахьаҳдыруа!»
АНЦӘА ИДОУҲА ИЕЗЕКИИЛЬ АМЧ ИНАҬОН
Иезекииль абараҿы Иегова жәҩантәи иҽыуардын ибоит. Уи еиҳагьы агәра инаргоит Иегова дышицхраало имаҵзура анагӡара. (Шәахәаԥш абзац 7.)
7. Ицхраар шԥалшоз Иезекииль, иибаз абара дахьазхәыцуаз? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)
7 Иезекииль абараҿы ибеит, Анцәа идоуҳа амч ду шамоу. Иара ибеит иԥшьоу адоуҳа амч ӷәӷәа змоу адоуҳатә шамҭақәеи жәҩантәи аҽыуардын абарбал дуӡӡақәеи ахырхарҭа шырнаҭо (Иез. 1:20, 21). Ишԥаиныри аԥааимбар ари абара? Абар иара ииҩыз: «Уи анызба сшьамхышгылан, адгьыл аҟынӡа схы ласырҟәит» (Иез. 1:28). Иџьашьатәӡам, Иезекииль аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара ахьизцәырҵыз. Ԥыҭрак ашьҭахь иара узыршанхоз ари абара лассы-лассы дазхәыцуазҭгьы ҟаларын. Уи агәра инаргон, Анцәа идоуҳа ацхыраарала имаҵзура анагӡара шилшоз.
8, 9. а) Иоузеи Иезекииль Иегова идҵа абзоурала? б) Дышԥаирӷәӷәоз Иегова Иезекииль, уи имариамыз аҭагылазаашьаҿы ажәабжь аҳәара илшарц азы?
8 Иегова Иезекииль иеиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса иԥа, угыл! Сара суацәажәалоит». Ари адҵеи иԥшьоу адоуҳаи аԥааимбар дгыларц азы амч инаҭеит. Иара иҩит: «Анцәа... идоуҳа соуит, уи сшьапы сықәнаргылеит» (Иез. 2:1, 2). Уи ашьҭахьгьы иԥшьоу Анцәа идоуҳа имаҵзура анагӡара ицхраауан (Иез. 3:22; 8:1; 33:22; 37:1; 40:1). Анцәа идоуҳа аԥааимбар амч инаҭон идыз адҵа анагӡаразы: «зылахь кьакьоу, зҳәатәы иазырго» ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара (Иез. 3:7). Иегова Иезекииль иеиҳәеит: «Уара улахь ашьанҵа аасҭа икьакьаны, алмаз еиԥш иҟасҵоит. Урҭ урцәымшәан, рхаҿсахьагьы уацәымшәан» (Иез. 3:8, 9). Уи Иегова абас иеиҳәазар иаҩызан: «Ауаа рҳәатәы аргара иахьашьҭо азы угәы каумыжьын. Сара усырӷәӷәоит».
9 Уи ашьҭахь Анцәа идоуҳа Иезекииль ажәабжь ахьиҳәалоз аҭыԥ ахь дагеит. Аԥааимбар иҩит: «Сара Иегова имч ӷәӷәа шысныруаз збон». Иезекииль ииҳәалоз ажәабжь ибзианы еиликаарц, насгьы уи агәра угартә еиԥш иҳәаларц азы, мчыбжьык иҭаххеит (Иез. 3:14, 15). Уи ашьҭахь Иегова аԥааимбар акаршәрахь дигеит. Уа иара иԥшьоу адоуҳа иоуит (Иез. 3:23, 24). Уажәшьҭа Иезекииль имаҵзура алагара дазхиан.
АНЦӘА ИДОУҲА АМЧ ҲНАҬОИТ
Ицхраауази Иезекииль, насгьы иҳацхраауазеи ҳара ҳмаҵзура анагӡара? (Шәахәаԥш абзац 10.)
10. Иарбан цхыраароу иаҳҭаху, ажәабжь бзиа ҳҳәаларц азы, насгьы избан?
10 Иарбан цхыраароу иаҳҭаху, ажәабжь бзиа ҳҳәаларц азы? Ҳазхәыцып Иезекииль иҿырԥшы. Иара иоуз адҵа анагӡара далагаанӡа, Анцәа идоуҳа амч инаҭеит. Ҳаргьы убасҵәҟьоуп. Ажәабжь аҳәара злаҳалшо иԥшьоу адоуҳа ацхыраара абзоуралоуп, избанзар Аҩсҭаа ажәабжьҳәаратә ус ааникыларц азы дҳабашьуеит (Аат. 12:17). Ауаҩы ихәаԥшышьала ҳара уи ҳзииааиӡом. Аха ажәабжь бзиа аҳәара ҳаҟәымҵуазар, ҳаииааиуеит! (Аат. 12:9—11). Ишԥа? Ажәабжь бзиа анаҳҳәо, Аҩсҭаа ҳшицәымшәо ааҳарԥшуеит. Ажәабжь бзиа ҳҳәацыԥхьаӡа, Аҩсҭаа ҳаииааиуеит. Аҿагыларақәа ҳашрықәшәогьы, ажәабжь бзиа аҳәара ҳахьаҟәымҵуа ишьақәнарӷәӷәоит иԥшьоу адоуҳа амч шаҳнаҭо, насгьы Иегова дшаҳзыразу (Матф. 5:10—12; 1 Пиотр 4:14).
11. Ишԥаҳацхраауеи иԥшьоу адоуҳа, насгьы иҟаҳҵалар акәзеи уи есымша иҳауларц азы?
11 Иаҳнарҵозеи иҵегьы, Иегова Иезекииль ихаҿсахьа, инықәырԥшны иуҳәозар, икьакьаны иахьыҟаиҵаз? Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала ҳара ҳмаҵзураҿы ҳзықәшәар алшо аԥышәарақәа зегьы ҳхаҳгар ҳалшоит (2 Кор. 4:7—9). Аха иҟаҵалатәузеи иԥшьоу адоуҳа есымша иҳауларц азы? Анцәа уи ҳаиҭарц азы ҳааҟәымҵӡакәа ҳиҳәалароуп, насгьы уи шҳаиҭо агәра ганы ҳаҟазароуп. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәаҳәала... шәыԥшаала... шәасла». Ҳара ус ҟаҳҵалар, жәҩантәи Ҳаб иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭоит (Лука 11:9, 13; Аус. 1:14; 2:4).
АНЦӘА ИАЖӘАҚӘА ИЕЗЕКИИЛЬ ИГӘРАХАҴАРА ДЫРӶӘӶӘОН
12. Иабантәиааи аикәарҳә, насгьы ианызи уи? (Иезекииль 2:9—3:3).
12 Иезекииль Анцәа идоуҳа адагьы, амч изҭоз даҽакгьы ыҟан. Анцәа иажәақәагьы игәрахаҵара дырӷәӷәон. Абараҿы иара ибеит аикәарҳә зкыз анапы. (Шәаԥхьа Иезекииль 2:9—3:3.) Иабантәиааи уи аикәарҳә? Ианызи уи? Ишԥарӷәӷәоз уи Иезекииль игәрахаҵара? Шәааи еилаҳкаап. Аикәарҳә Анцәа жәҩантәи итәарҭа аҟынтә иааит. Иҟалап Иегова уи аикәарҳә Иезекииль уаанӡа иибахьаз ԥшьҩык амаалықьцәа руаӡәк ила ииҭазар (Иез. 1:8; 10:7, 20). Аикәарҳә ианын Анцәа иажәақәа — Анцәа иҿагылоз ажәлар Иезекииль иреиҳәар акәыз ақәыӡбаратә жәабжь (Иез. 2:7). Уи ажәабжь аикәарҳә аҩ-ганк ирнын.
13. Иазиур акәзи Иезекииль аикәарҳә, насгьы избан уи зыхааз?
13 Иегова аԥааимбар иеиҳәеит: «Иусҭо аикәарҳә ыф, умгәа уи ала ирҭәы». Иезекииль Анцәа иҳәатәы хаҵаны аикәарҳә зегь ифеит. Иаанагозеи ари аԥааимбаражәа ахәҭа? Аԥааимбар ииҳәалоз ажәабжь ибзианы еиликаар акәын. Иара уи ажәабжь агәра игар акәын, ажәлар уи рылаҳәара иҭаххарц азы. Анаҩс иџьоушьаша ак ҟалеит. Иезекииль уи аикәарҳә ацха еиԥш ишыхааз ибеит (Иез. 3:3). Иаанагозеи уи? Иара Иегова ихаҭарнак иаҳасабала амаҵ аура игәы иахәон, ихаау ак ануфо угәы шыҟанаҵо еиԥш (Аԥсал. 19:8—11). Иара даараӡа ахә ишьон Иегова ԥааимбарс дахьалихыз.
14. Дазыҟазҵазеи Иезекииль идҵа анагӡара?
14 Анаҩс Иегова Иезекииль иеиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса иԥа, иуасҳәо зегьы ибзианы уазыӡырҩ, ибзиангьы уазхәыц» (Иез. 3:10). Аԥааимбар аикәарҳә ианыз гәникылар, насгьы дазхәыцыр акәын. Убас Анцәа иажәақәа Иезекииль игәрахаҵара дырӷәӷәеит. Уи адагьы, уи абзоурала тәымџьара иҟаз ауриацәа Анцәа иҟынтә ихадаз ажәабжь рзеиҭеиҳәар илшон (Иез. 3:11). Иезекииль ажәабжь ибзианы иахьеиликааз, насгьы уи агәра ахьигаз, идҵа анагӡара дазыҟанаҵеит. (Иаҿшәырԥш Аԥсалом 19:14.)
АНЦӘА ИАЖӘАҚӘА ҲАГӘРАХАҴАРА ДЫРӶӘӶӘОИТ
15. Ҳзызхәыцлар акәзеи, ҳмаҵзураҿы агәацԥыҳәара ҳмырӡырц азы?
15 Амаҵзураҿы агәацԥыҳәара ҳмырӡырц азы еснагь ҳахшыҩи ҳгәи Анцәа иажәақәа рыла иҳарҭәлароуп. Уи азы Иегова иҳаиҳәо зегьы ибзианы ҳазхәыцлароуп. Иахьа иара Иажәа, Абиблиа, ала дҳацәажәоит. Иҟаҵалатәузеи Анцәа Иажәа ҳхәыцрақәеи, ҳцәаныррақәеи, ҳмотивқәеи еснагь ирнырларц азы?
16. Иҳацхраауазеи Анцәа Иажәа еиӷьны аилкаара?
16 Афатә анаҳфо ишаҳхаҳауа еиԥш, Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, насгьы уи ҳаназхәыцуа, ҳагәрахаҵара ӷәӷәахоит. Убри ауп Иезекииль аикәарҳә ахьифаз иаҳнарҵогьы. Иегова иҭахуп, Иажәа ала «ҳамгәа ҳарҭәларц», даҽакала иуҳәозар, Абиблиа ибзианы еилаҳкааларц. Уи азы Анцәа ҳиҳәалароуп, ҳаԥхьалароуп, насгьы ҳзыԥхьо ҳазхәыцлароуп. Раԥхьа Анцәа ҳиҳәоит, ихәыцрақәа реилкаара ҳалшарц азы, нас абиблиатә цыԥҵәаха ҳаԥхьоит, анаҩс ҳааҭгылоит, ҳзыԥхьаз инарҵауланы ҳазхәыцырц азы. Лҵшәас иаанагозеи ари? Шаҟа ҳазхәыцуа аҟара, убриаҟара еиӷьны Анцәа Иажәа еилаҳкаалоит.
17. Избан Абиблиаҿы ҳзыԥхьо азхәыцра даара изхадоу?
17 Избан Абиблиа аԥхьареи, уи азхәыцреи убриаҟара изхадоу? Уи Аҳра иазку ажәабжь аҳәаразы амч ҳнаҭоит. Иара убас уи амч ҳнаҭоит, иҟалап хара имгакәа ауаа ирылаҳҳәало ақәыӡбаратә жәабжь аҳәаразы. Уи адагьы, Иегова иссиру иҟазшьақәа ҳанрызхәыцуа, иареи-ҳареи ҳаиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Ари зегь абзоурала даара ихаау, ҳгәы ҟазҵо ак ҳауеит — агәҭынчра (Аԥсал. 119:103).
ҲГӘЫ КАМЫЖЬКӘА ҲМАҴЗУРА АҴЫХӘТӘАНЫНӠА АНАГӠАРА ҲАЗХИОУП
18. Изықәшаҳаҭхар акәхозеи ҳҭыԥ аҿы инхо ауаа, насгьы избан?
18 Ҳара Иезекииль иеиԥш ҳԥааимбарцәаӡам. Аха иара иеиԥш ҳаргьы Абиблиа иану Иегова иажәабжь ауаа рылаҳәара ҳазхиоуп. Иегова ажәабжьҳәаратә ус ааникылаанӡа ҳара уи ҳҽалаҳархәлоит. Ақәыӡбара амш анааилак, ҳҭыԥ аҿы инхо ауаа ҳгәаҳҽанырымҵаӡеит, ма Анцәа ҳаихашҭит ҳәа рызҳәаӡом (Иез. 3:19; 18:23). Дара еилыркаар акәхоит, иаҳҳәоз ажәабжь Анцәа иҟынтә шакәыз.
19. Иҳазҭозеи амч ҳмаҵзура аҵыхәтәанынӡа анагӡаразы?
19 Иезекииль амч изҭоз х-факторк ҳаргьы ҳмаҵзура анагӡаразы амч ҳарҭоит. Ҳара ажәабжьҳәара ҳаҟәыҵӡом, избанзар иаҳдыруеит, адҵа ҳазҭаз Иегова шиакәу, Анцәа иԥшьоу идоуҳа амч шаҳнаҭо, насгьы Анцәа Иажәа ҳагәрахаҵара шарӷәӷәо. Иегова ицхыраарала ҳара ҳмаҵзура аҵыхәтәанынӡа инаҳагӡар ҳҭахуп (Матф. 24:13).
АШӘА 65 Уеихала, нас, ԥхьаҟа!
a Ари астатиаҿы еилҳаргоит аԥааимбар Иезекииль ажәабжь аҳәаразы иоуз адҵа анагӡара ицхраауаз х-факторк. Иегова уи дышицхраауаз анаҳбалак, ҳаргьы ҳмаҵзура анагӡара дышҳацхраало ала ҳагәрагара еиҳагьы иӷәӷәахоит.