Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w23 февраль ад. 14—19
  • «Шәҟәышыз, шәгәышәҽаныз!»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Шәҟәышыз, шәгәышәҽаныз!»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АДУНЕИ АҾЫ ИҞОУ АХҬЫСҚӘА АНЫЖӘБО АҞӘЫШРА ААШӘЫРԤШЛА
  • ИШԤАҲАЛШО ҲХЫ ҲАЦКЛАԤШЛАР?
  • «ШӘААМҬА ЕИҲА ИХАДОУ ИАЗЫШӘКЛА»
  • Избан ҳҷаԥшьалар зҳахәҭоу?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иегова изыԥшра шәаҟәымҵын!
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
w23 февраль ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 8

«Шәҟәышыз, шәгәышәҽаныз!»

«Шәҟәышыз, шәгәышәҽаныз!» (1 ПИОТР 5:8).

АШӘА 144 Аҳамҭа улаԥш ахыз!

АХҲӘААa

1. Иреиҳәазеи Иисус иҵаҩцәа аҵыхәтәантәи аамҭақәа ирызкны, насгьы ргәы зызҭеиҵазеи урҭ?

ИИСУС иԥсра мышқәак шагыз ԥшьҩык иҵаҩцәа абас иазҵааит: «Иарбан дыргоу иаҳзырбо... ари адунеи аҵыхәтәа шааигәахаз?» (Матф. 24:3). Урҭ еилыркаарц ирҭахыз Иерусалими уа иҟаз аныҳәарҭеи анхырбгалахо акәызҭгьы ҟаларын. Иисус иҵаҩцәа аҭак анриҭоз Иерусалим ақәӡаара аӡбахә адагьы, иахьатәи адунеи аҵыхәтәа аӡбахәгьы иҳәеит. Ианбааиуеи аҵыхәтәа? Абар Иисус иажәақәа: «Уи амши асааҭи ртәы аӡәгьы издыруам, ажәҩан Амаалықьцәа ракәыз, Аԥа иакәыз, Аб иоуп издыруа». Анаҩс Иисус иҵаҩцәа ргәырҽанызарц ргәазҭеиҵеит (Марк 13:32—37, АУ).

2. Избан актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа агәҽанызаара рымазар зрыхәҭаз?

2 Актәи ашәышықәсазы Иудеиа инхоз ақьырсианцәа агәҽанызаара рымазар акәын. Уи рыԥсҭазаара еиқәнархон. Иисус ишьҭанеицәа иреиҳәеит иудеиатәи асистема аҵыхәтәа шааиз реилзыркаауаз адыргақәа. Иара иҳәеит: «Иерусалим ар шакәшаз аныжәбалак, уи ақәӡаара шааигәахаз жәдыруаз». Убасҟан урҭ Иисус игәҽанҵара иазыӡырҩны, ашьхарахь иҩны ицар акәын (Лука 21:20, 21). Римаа Иерусалим анхдырбгала Иисус изыӡырҩыз рыԥсҭазаара еиқәдырхеит.

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ҳара ҳанхоит ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа анааигәахо аамҭазы. Убри аҟынтә ҳаргьы ҳгәаҳҽанызароуп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа анаҳбо аҟәышра ааҳарԥшлар шҳахәҭоу. Уи адагьы еилаҳкаауеит ҳхы ҳацклаԥшлар шҳалшо, насгьы ҳаамҭа еиҳа еиӷьны ҳхы иаҳархәаларц азы иҟаҵалатәу.

АДУНЕИ АҾЫ ИҞОУ АХҬЫСҚӘА АНЫЖӘБО АҞӘЫШРА ААШӘЫРԤШЛА

4. Избан ҳара аинтерес ҳамазар закәу адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа Абиблиа иану аԥааимбаражәақәа ишрыдҳәалоу?

4 Иахьа адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа ринтерес ҳамоуп, избанзар урҭ Абиблиаҿы иану аԥааимбаражәақәа рынаӡара иадҳәалоуп. Иаҳҳәап, Иисус ирацәаны ахҭысқәа еиқәиԥхьаӡеит, Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа шааигәоу аилкаара дҳацхраарц азы (Матф. 24:3—14). Ҳхаҵара ӷәӷәазарц азы апостол Пиотр ҳгәазҭеиҵеит Абиблиа иану аԥааимбаражәақәа рынаӡара ҳхы азыҳашьҭларц (2 Пиотр 1:19—21). Абиблиа аҵыхәтәантәи ашәҟәы абарҭ ажәақәа рыла иалагоит: «Иисус Христос иҟынтә аатра. Анцәа уи Иисус изааиртит имаҵуцәа иаарласны иҟалараны иҟоу дирбарц азы» (Аат. 1:1). Убри аҟынтә ҳара аинтерес ҳамоуп ари адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа Абиблиа иану аԥааимбаражәақәа рынаӡара ишадҳәалоу. Уи ҳгәы хыҭ-хыҭуа еибаҳҳәаларгьы ҳҭахуп.

Иҟаҳҵалар акәзеи, насгьы иҟаҳамҵалар акәзеи, Абиблиаҿы иану аԥааимбаражәақәа ҳанрылацәажәо? (Шәахәаԥш абзац 5.)b

5. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара, насгьы иҟаҳамҵалар акәзеи? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

5 Ҳара Абиблиаҿы иану аԥааимбаражәақәа ҳанрылацәажәо ҳхы иҭҳәааны ак ацҳамҵалароуп. Избан? Избанзар ҳара иаҳҭахӡам аизараҿы акзаара иаԥырхагахо ак ҳҳәар. Иаҳҳәап, ҳара иҳаҳаит аҳәынҭқарцәа еиҿагыларак аӡбара ишаҿу, насгьы аҭынчреи ашәарҭадареи ишашьҭоу. Аӡәы иҳәар илшоит ари алаҳәара ала 1 Фессалоникаа рахь 5:3 иану аԥааимбаражәа наӡоит ҳәа. Аха ҳара Иегова иорганизациа иҳанаҭо аҵыхәтәантәи аинформациа ауп иаҳдыруазар ҳахәҭоу. Ҳара ҳанцәажәо уи аинформациа акәзар иаҳҳәо, аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳабжьара акзаара ыҟазаауеит, насгьы «аӡәк иеиԥш хәыцшьак» ҳамазаауеит (1 Кор. 1:10; 4:6).

6. Иарбан урокқәоу 2 Пиотр 3:11—13 аҿы иану?

6 Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:11—13. Апостол Пиотр Абиблиа иану аԥааимбаражәақәа рыҭҵаара заҭаху аилкаара дҳацхраауеит. Иара ҳгәазҭеиҵоит Иегова имш ҳазыԥшызарц. Избан? Ус зыҟаҵалатәу Армагеддон «амши асааҭи анааиуа» аилкааразы акәӡам (Матф. 24:36; Лука 12:40). Ҳара иаанхаз аамҭа ҳхы иаҳархәалар ҳҭахуп ҳхымҩаԥгашьа цқьазарц, насгьы ҳусқәа Анцәа гәыкала ҳшизыҟоу аадырԥшларц азы. Убри ауп хықәкыс иҳамоу. Даҽакала иуҳәозар, ҳара иаҳҭахуп ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгалар, насгьы гәыкала Иегова имаҵ ҳаулар, убас иара бзиа дшаҳбо иҳарбаларц азы. Аха уи азы ҳхы ҳацклаԥшлароуп.

ИШԤАҲАЛШО ҲХЫ ҲАЦКЛАԤШЛАР?

7. Ишԥаҳалшо ҳхы ҳацклаԥшлар? (Лука 21:34).

7 Иисус иҵаҩцәа иреиҳәаз адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирыцклаԥшларц мацара акәӡам. (Шәаԥхьа Лука 21:34.) Иара иҳәеит: «Шәхы шәацклаԥшла». Иаанагозеи уи? Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара иаԥырхагахар алшо ашәарҭарақәа зегь гәаҳҭалароуп, насгьы урҭ ҳҽырцәыҳахьчалароуп. Усҟан Анцәа ибзиабараҿ ҳаанхоит (Ажәам. 22:3; Иуда 20, 21).

8. Ргәы зызҭеиҵози апостол Павел ақьырсианцәа?

8 Апостол Павелгьы ақьырсианцәа рхы иацклаԥшларц ргәазҭеиҵон. Иаҳҳәап, Ефес инхоз аишьцәа абас рзиҩит: «Шәхы шәацклаԥшла, аҟәышра ззымхо реиԥш акәымкәа, иҟәышу реиԥш шәхы мҩаԥыжәгала» (Еф. 5:15, 16). Аҩсҭаа дааҟәымҵӡакәа Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара бжьихырц дашьҭоуп. Убри аҟынтә Абиблиа ҳаанаԥхьоит: «Есымша Иегова ииҭаху аилкаара шәашьҭаз». Усҟан Аҩсҭаа ҳаиҿагылар ҳалшоит (Еф. 5:17).

9. Еилаҳкаар шԥаҳалшо Иегова ҳара ҳҟынтә ииҭаху?

9 Абиблиаҿы иаагаӡам Иеговеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара иаԥырхагахар алшо ашәарҭарақәа зегьы рсиа. Лассы-лассы ҳара Иԥшьоу Аҩыра аҿы зыӡбахә аным азҵаарақәа рганахь ала аӡбарақәа ҳадаҳкылалароуп. Иҟәыӷоу аӡбара ҳадаҳкыларц азы ҳара Иегова ииҭаху еилаҳкаалароуп. Уи азы еиԥмырҟьаӡакәа Иԥшьоу Аҩыра ҭаҳҵаалароуп, насгьы уи ҳазхәыцлароуп. Иегова ииҭаху еилаҳкаацыԥхьаӡа, насгьы «Христос ихәыцшьа» ҳауцыԥхьаӡа иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара еиҳа иаҳзымариахоит, зҵаарак аганахь ала иалкаау ԥҟарак ыҟамзаргьы (1 Кор. 2:14—16). Шәарҭарақәак иаразнак игәоуҭар улшоит, егьырҭ уиаҟара иубарҭаӡам.

10. Еиқәышәыԥхьаӡа ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу шәарҭарақәак.

10 Абар ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу шәарҭарақәак: афлирт, арыжәтә аҽаршьра, амцхә акрыфара, улазырҟәуа ажәақәа, ақәымчра ахьудырбо агәырҿыхагақәа, апорнографиа ахәаԥшра, уҳәа убас иҵегьы (Аԥсал. 101:3). Ҳаӷа, Аҩсҭаа, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара бжьихырц азы илшо зегь ҟаиҵоит (1 Пиотр 5:8). Агәҽанызаара ҳамамзар Аҩсҭаа ҳахшыҩи ҳгәи рҿы илеиҵар алшоит ашьыцреи, амцҳәареи, аԥсыцәгьареи, ацәымӷреи, аԥагьареи, агәаареи ажәлақәа (Гал. 5:19—21). Убас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа раԥхьаӡа акәны ианузцәырҵуа урҭ уиаҟара ишәарҭаӡам ҳәа угәы иаанагар алшоит. Аха урҭ ҳариааирц азы иаразнак ҳхы аус адулара ҳаламгар, аҵиаа шҳам еиԥш ирызҳалоит, насгьы ауадаҩрақәа ҳазцәырыргалоит (Иак. 1:14, 15).

11. Иарбан иаразнак игәоумҭар алшо шәарҭарақәоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу, насгьы избан?

11 Иарбан иаразнак игәоумҭар алшо шәарҭарақәоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу? Урҭ руак — Иегова имаҵ зымуа иааигәаны рыҿцәажәара ауп. Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа. Шәара шәхаҵара шәыцеиҩызымшо аӡәы аус ицыжәуеит. Шәара ишәҭахуп уи Иегова ишаҳаҭцәа рзы агәаанагара бзиа имазарц, убри аҟынтә ақьиара аашәырԥшуеит, насгьы еснагь ицхраара шәазхиоуп. Иҟалап зны-зынла шьыбжьон акреицышәфозар. Аха хара имгакәа есыҽны акреицышәфо шәалагоит. Зны-зынла иара иҽеим акы далацәажәоит. Раԥхьа шәара уи шәгәаԥхаӡом, аха нас ус еиԥш иҟоу ацәажәарақәа шәрышьцылоит. Анаҩс уи аусура ашьҭахь џьара акреицышәфарц шәеиҳәоит, уи шәагьақәшаҳаҭхоит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара иеиԥш ахәыцра шәалагоит. Шаҟаамҭа аҭаххарызеи иара иеиԥш ахымҩаԥгара шәалагарц азы? Ҳәарада, ҳара ақьиара ҳалазарц, насгьы ауаа пату рықәаҳҵалар ҳҭахуп. Аха иаҳхаҳмыршҭлароуп аамҭа зцаҳхаҳго анырра ӷәӷәа шҳарҭо (1 Кор. 15:33). Шаҟа ихадоузеи Иисус ииҳәаз ҳхамыршҭӡакәа, ҳхы ҳацклаԥшлар! Усҟан Иегова инормақәа рыла инымхо ҳарзааигәахалаӡом (2 Кор. 6:15). Ҳара ашәарҭара гәаҳҭоит, уи амԥангьы ҳақәлаӡом.

«ШӘААМҬА ЕИҲА ИХАДОУ ИАЗЫШӘКЛА»

12. Иҟарҵалар акәзи Иисус иҵаҩцәа, иудеиатәи асистема аҵыхәтәа иазыԥшнаҵы?

12 Иисус иҵаҩцәа иудеиатәи асистема аҵыхәтәа баша итәаны иазыԥшымзар акәын. Иисус урҭ адҵа риҭеит. Иара иреиҳәеит «Иерусалими, Иудеиеи, Самариеи инадыркны адгьыл аҵыхәанӡа» ажәабжь бзиа рҳәаларц (Аус. 1:6—8). Ааи, дара аус ду рзыԥшын! Рыԥсҭазаара зегь уи адҵа анагӡара иазкны, дара раамҭа еиҳа ихадоу иазыркит.

13. Избан ҳаамҭа еиҳа ихадоу иазаҳклар зҳахәҭоу? (Колоссаа рахь 4:5).

13 Шәаԥхьа Колоссаа рахь 4:5. Ҳара ҳхы ҳацклаԥшуазар, ҳаамҭа ҳхы ишаҳархәо ҳазхәыцуеит. Дарбанзаалак ауаҩы амашәыр дақәшәар ауеит (Еккл. 9:11). Ҳаԥсҭазаара иаалырҟьаны иҿахҵәар алшоит.

Ишԥаҳалшо ҳаамҭа еиҳа ихадоу иазаҳклар? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)

14, 15. Ишԥаҳалшо ҳаамҭа еиҳа ихадоу иазаҳклар? (Ауриацәа рахь 6:11, 12). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Ҳара ҳаамҭа еиҳа ихадоу иазаҳклоит Иегова ииҭаху ҟаҳҵалар, насгьы иареи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалар (Иоанн 14:21). Ҳара апостол Павел илабжьара ҳақәныҟәалароуп: «Шәҽырӷәӷәаны шәгылаз, акы шәшьақәнаҟьартә алшәмыршан, Иҳақәиҭу иус аҿы есымша аџьабаа рацәаны ижәбала» (1 Кор. 15:58). Убас ҟаҳҵалар, аҵыхәтәа анааилак — ҳаԥсҭазаара аҵыхәтәа акәзаргьы, ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа акәзаргьы, — акгьы ҳахьхәӡом (Матф. 24:13; Рим. 14:8).

15 Иахьагьы Иисус иҵаҩцәа дрыцхраауеит Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҳәара. Иисус иажәа наигӡоит: иара Иегова иорганизациа ала ажәабжь аҳәашьа ҳирҵоит, насгьы уи аус анагӡаразы иаҭаху амыругақәа ҳаиҭоит (Матф. 28:18—20). Ҳара ҳганахь ала гәацԥыҳәарала ажәабжь ҳҳәоит, насгьы аҵаҩцәа азыҟаҳҵоит. Уи адагьы Иегова ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа анԥиҵәо ҳазыԥшнаҵы агәҽанызаара ааҳарԥшуеит. Ҳара Ауриацәа рахь 6:11, 12, иану алабжьара ҳазыӡырҩны ҳгәыӷра ԥсыҽхар ҳауӡом (шәаԥхьа).

16. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?

16 Иегова Аҩсҭаа идунеи анықәиго амши асааҭи алиххьеит. Усҟан Иажәаҿы иану адунеи ҿыц иазку аԥааимбаражәақәа зегь хымԥада инаигӡоит. Зны-зынла ҳгәы иаанагозар ауеит уи амш агхошәа. Аха Иегова имш «[агхаӡом]»! (Авв. 2:3). Убри аҟынтә шәааи «Иегова иахь [ҳаԥшлап], ачҳара аарԥшны [ҳаиқәырхаҩ Ҳанцәа ҳаизыԥшып]» (Мих. 7:7).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҳалшо аҟәышра ааҳарԥшлар, адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа анаҳбо?

  • Ишԥаҳалшо ҳхы ҳацклаԥшлар?

  • Ишԥаҳалшо ҳаамҭа еиҳа ихадоу иазаҳклар?

АШӘА 139 Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа

a Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит аҟәышреи агәҽанызаареи ҳамазарц азы иҟаҵалатәу. Иара убас еилаҳкаауеит ҳхы ҳацклаԥшлар шҳалшо, насгьы ҳаамҭа еиҳа еиӷьны ҳхы иаҳархәаларц азы иҟаҵалатәу.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Хыхь. Хаҵеи-ԥҳәыси ажәабжьқәа ирыхәаԥшуеит. Аизара ашьҭахь дара ажәабжьқәа рҿы ираҳаз иазкны рхатә гәаанагара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирарҳәоит. Ҵаҟа. Хаҵеи-ԥҳәыси Анапхгаратә хеилак аҟынтә аацҳара иахәаԥшуеит, абиблиатә ԥааимбаражәақәа ирызку иҿыцу аилкаара рдыруазарц азы. Дара ауаа ирыдыргалоит Абиблиа шьаҭас измоу узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш иҭижьуа алитература.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра