Ихәарҭоу алабжьарақәа. Ҳсаит аҿы ак аԥшаара шулшо
Асаит jw.org ихадоу адаҟьаҿы ицәырҵуаз астатиақәа рыԥшаара шҳалшо
Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аӡәырҩы ажәабжьҳәараҿы рхы иадырхәоит асаит jw.org ихадоу адаҟьаҿы иаагоу астатиақәа. Урҭ астатиақәа аӡәы изышьҭра мариоуп, насгьы иахьатәи ахҭысқәа рыла Абиблиаҿы иану аԥааимбаражәақәа шынаӡо уеилдыркаауеит. Иашьак иҩит, урҭ астатиақәа «иахьа ажәабжьҳәаразы иаҳҭахыҵәҟьоу роуп» ҳәа.
Аха асаит аҿы лассы-лассы аинформациа аҽарҿыцуеит. Ишԥаҳалшо иаҳҭаху астатиа ҳаԥшаар, асаит ихадоу адаҟьаҿы уи уаҳа иҟамзар?
Асаит jw.org ихадоу адаҟьаҿы хыхь иаагоу астатиа аҵаҟа, арӷьараҿ, иҟоуп азхьарԥш «Ещё статьи». (Асаит аҭел ала шәҭалозар, уи азхьарԥш шәыԥшаар шәылшоит аҟәша «Избранное» аҿы аҵыхәтәантәи астатиа ашьҭахь.) Уи шәашьҭуеит «Недавние статьи с главной страницы» захьӡу адаҟьахь. Уаҟа ишәыԥшаауеит аҵыхәтәантәи аамҭазы асаит ихадоу адаҟьаҿы ицәырҵуаз астатиақәа.
Асаит jw.org ма апрограмма JW Library® аҿы иаашәырты агәылаҵа «Библиотека», анаҩс «Серии статей», нас «Разное». Уи арубрикаҿы асаит ихадоу адаҟьаҿы иаагаз ирацәаны астатиақәа ыҟоуп.