АҴАРАЗЫ АСТАТИА 10
АШӘА 31 Анцәа уицыз!
Иеговеи Иисуси рхәыцшьа рҿышәҵаала
«Шәаргьы иара [Христос] иеиԥш ахәыцра шәазхиаз» (1 ПИОТР 4:1).
ЕИЛАҲКААУА
Пиотр Иисус дахьицыз Иегова ихәыцшьа еиӷьны аилкаара ишицхрааз, насгьы уи ҳара иаҳнарҵо.
1, 2. а) Иаанагозеи Анцәа бзиа ибара? б) Ишԥааирԥшуаз Иисус ихшыҩ зегь Иегова ишизикуаз?
«БЗИА дыжәбала Шәынцәа Иегова гәык-ԥсыкала, шәымч-шәылшара иара изы шәамеигӡалан, шәыԥсгьы шәыхшыҩгьы иара изышәк» (Лука 10:27). Иисус иҳәеит Моисеи изакәан аҟынтә ари аԥҟара зегь раасҭа ишхадоу. Ҳгәаҳәарақәеи, ҳцәаныррақәеи, ҳемоциақәеи ҳгәаҿоуп иахьыҵәаху. Убри аҟынтә уи аԥҟара инақәыршәаны, Иегова гәыкала бзиа даҳбалароуп. Иара убас ҳара гәыкала Иегова ҳизиашазароуп, насгьы ҳамчқәа зегь изаҳклароуп. Ҳахшыҩ ҳхы ишаҳархәогьы акраҵанакуеит. Ҳәарада, ҳара ахаан Иегова ихәыцрақәа зегьы ҳзеилкааӡом. Аха «Христос ихәыцшьа» еилаҳкаалар, Иегова дышхәыцуа еиҳа еиӷьны еилаҳкаар ҳалшоит (1 Кор. 2:16). Избанзар Иисус Иегова дышхәыцуа еиԥшҵәҟьа ауп дышхәыцуа.
2 Иисус Иегова убриаҟара бзиа дибон, ихшыҩ зегьы иара изикуан. Иисус идыруан Анцәа иара иҟынтә дыззыԥшыз, насгьы иҳәатәы анагӡара дазхиан. Уи иахҟьаны аԥышәарақәа дрықәшәараны дшыҟазгьы, уи дацәшәаӡомызт. Иисус зегь раԥхьаӡа иргыланы дзызхәыцуаз Иаб дыширгәырӷьалаша акәын. Иара изы уи аасҭа ихадаз акгьы ыҟаӡамызт.
3. Иҿиҵаазеи Пиотр Иисус, насгьы ргәы зызҭеиҵазеи ақьырсианцәа? (1 Пиотр 4:1).
3 Пиотри егьырҭ апостолцәеи Иисус аамҭа рацәаны ицырхыргон. Дара ирбон Иисус дышхәыцуаз, насгьы ихәыцшьа иҿырҵаалар рылшон. Пиотр актәи исаламшәҟәаҿы ақьырсианцәа ргәазҭеиҵеит Христос иеиԥш ахәыцра иазхиазарцa. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 4:1.) Иара арҭ ажәақәа аниҩуаз ихы иаирхәеит аибашьразы забџьар еиқәзыршәо аруаа рыӡбахә анырҳәо рхы иадырхәо ажәа. Ақьырсианцәа Иисус ихәыцшьа иаҿыԥшуазар, рцәеижь агәаҳәарақәеи Аҩсҭаа дызхагылоу адунеии рҿагыларазы бџьарла еиқәшәазаауеит (2 Кор. 10:3—5; Еф. 6:12).
4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Ари астатиа ҳацхраауеит Иисус дышхәыцуа еиӷьны аилкаара. Уи ҳацхраауеит: 1) Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа аҵара, 2) ахынраалара аарԥшра, насгьы 3) аҟәышра аарԥшра.
ИЕГОВА ИХӘЫЦШЬА ИҾЫШӘҴААЛА
5. Еиҭашәҳәа зны-зынла Пиотр Иегова ихәаԥшышьа шимамыз узырбо ахҭыс.
5 Ҳахәаԥшып ҭагылазаашьак аҿы Пиотр Иегова ихәаԥшышьа шимамыз. Иисус иапостолцәа иреиҳәеит Иерусалимҟа дцараны дшыҟаз, уа дшыркуа, нас дыргәаҟны дшыршьуа (Матф. 16:21). Пиотр ихаҿгьы изаагомызт Иегова Иисус — израильаа ззыԥшыз, изықәгәыӷуаз Мессиа — дыршьыртә иуеит ҳәа (Матф. 16:16). Убри аҟынтә Пиотр Иисус днаскьеиган, ус иеиҳәеит: «Ухы рыцҳашьа, Исықәиҭу. Ари аҩыза уара ахаангьы уақәшәараны уҟаӡам» (Матф. 16:22). Пиотри Иисуси ргәаанагарақәа еиқәымшәаӡеит. Избан? Избанзар Иисус Иегова еиԥш акәын уи аҭагылазаашьа дшахәаԥшуаз, Пиотр иакәзар, даҽакала дахәаԥшуан.
6. Излоубарҭоузеи Иисус Иегова дышхәыцуаз еиԥш дышхәыцуаз?
6 Иисус еснагь жәҩантәи Иаб дышхәыцуа еиԥш акәын дышхәыцуаз. Иара Пиотр иеиҳәеит: «Усԥырҵ наҟ, Аҩсҭаа! Уара иҟасҵараны иҟоу аҟаҵара усԥырхагоуп, избанзар Анцәа ихәыцшьа акәӡам иумоу, ауаа рхәыцшьа ауп» (Матф. 16:23). Иисус идыруан Иегова ииҭаху ҟаиҵарц азы, дгәаҟны дыԥсыр шихәҭаз. Убри аҟынтә Пиотр абзиара игәы ишҭазгьы, илабжьара мап ацәикит. Инарҵазеи Пиотр ари аҭагылазаашьа? Иегова ихәыцшьа еилкааны, уи иҿиҵаалар шихәҭаз. Ҳаргьы убасҵәҟьа ҟаҳҵалароуп.
7. Ишԥааирԥши Пиотр Анцәа ихәыцшьа иҿиҵаарц азы ихәыцшьа аԥсахра дшазхиаз? (Шәахәаԥш асахьа.)
7 Ԥыҭрак ашьҭахь Пиотр Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа иҵарц шиҭаху ааирԥшит. Анцәа иауриамыз ауаагьы ижәлар ишахәҭакхо иниӡба, Пиотр Корнили иахь дишьҭит, уи ажәабжь бзиа изеиҭеиҳәарц азы. Ауриацәа егьырҭ ажәларқәа иртәыз ауаа шамахамзар ирацәажәаӡомызт. Убри аҟынтә Анцәа идҵа наигӡарц азы Пиотр ихәыцшьа иԥсахыр акәын. Пиотр Иегова иауриамыз ауаа дшырзыҟоу анеиликаа, ихаҭагьы урҭ даҽакала рыхәаԥшра далагеит. Убри аҟынтә иара дымлакҩакӡакәа Анцәа дахьишьҭыз дцеит (Аус. 10:28, 29). Иара Корнили иҩнаҭа иатәызи иареи ажәабжь рзеиҭеиҳәеит, нас урҭ аӡы рыҽӡаархит. Иауриамыз рыбжьара зегь раԥхьа ақьырсианра здызкылаз Корнили иҩнаҭа иатәызи иареи ракәхеит (Аус. 10:21—23, 34, 35, 44—48).
Пиотр Корнили иҩны дыҩналоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)
8. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иегова дышхәыцуа еиԥш ҳашхәыцуа? (1 Пиотр 3:8).
8 Шықәсқәак рышьҭахь Пиотр аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзиҩит: «Зегьы аӡәк иеиԥш хәыцшьак шәымаз». (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:8.) Ҳара хәыцшьак ҳамазаауеит, дасу Анцәа ихәыцшьа иҿаҳҵаалар. Анцәа дышхәыцуа Абиблиа аҟынтә еилаҳкаар ҳалшоит. Ианбаҳахәҭоу хәыцшьак шҳамоу ааҳарԥшлар? Иаҳҳәап, Иисус ишьҭанеицәа ргәазҭеиҵон Анцәа Иаҳра рыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы идыргылаларц (Матф. 6:33). Иҟалап шәеизараҿы аӡәы иаамҭа зегьы амаҵзура иазикларц иӡбазар, иаҳҳәап, апионертә маҵзура далагарц. «Ухы рыцҳашьа» ҳәа иаҳәара аҭыԥан, дҳарҽхәалароуп, насгьы ҳицхраалароуп.
АХЫНРААЛАРА ААШӘЫРԤШЛА
9, 10. Ишԥааирԥши Иисус ахынраалара дуӡӡа?
9 Иисус иԥсра уахык шагыз Пиотри егьырҭ апостолцәеи ахынраалара закәу реилиркааит. Уи аҽны Иисус Пиотри Иоанни дрыҳәеит иапостолцәеи иареи уаххьа еицырфарц азы зегь дырхиарц. Уи Иисус иапостолцәеи иареи еидтәаланы еицырфаз аҵыхәтәантәи ауаххьа акәхеит. Пиотри Иоанни алагьани ампахьшьқәеи дырхиазар ҟалап. Аӡәы асасцәа ршьапқәа иӡәӡәар акәын. Аха иҟазҵода уи ахынраалара аарԥшны?
10 Ус апостолцәа изқәымгәыӷуаз ак ҟалеит. Иисус хыхьтәи имаҭәа ааишәихын, ампахьшьы иԥыраҳәаны алагьан аӡы аниҭәалан, иапостолцәа ршьапқәа рыӡәӡәара далагеит (Иоанн 13:4, 5). Убри ала Иисус ахынраалара ду ааирԥшит, избанзар уи аус назыгӡоз амаҵуҩцәа ракәын. Жәаҩаҩык иапостолцәа ршьапқәа иӡәӡәарц азы аамҭак аҭаххазар ҟалап. Иисус дызҭираны иҟаз Иуда Искариотгьы ишьапы иӡәӡәеит. Анаҩс Иисус хаала ус реиҳәеит: «Ишәзыҟасҵаз закәу еилышәкаауама? Шәара „Арҵаҩы“, насгьы „Иҳақәиҭу“ ҳәа сашәҳәоит, шәагьиашоуп: ус иагьыҟаҵәҟьоуп. Сара, Ишәықәиҭу, Шәырҵаҩы, шәшьапқәа сыӡәӡәазар, шәаргьы аӡәи-аӡәи шәшьапқәа шәеибарӡәӡәалароуп» (Иоанн 13:12—14).
Ахынраалара ҳхәыцрақәа рыла ауп ишалаго
11. Излоубарҭоузеи Пиотр ахынраалара аарԥшышьа шиҵаз? (1 Пиотр 5:5). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
11 Пиотр ахынраалара аарԥшышьа иҵеит. Ҽнак зны, Иисус ажәҩан ахь даныхынҳә ашьҭахь, Пиотр дааиижьҭеи ицыркьуаз хаҵак дихәышәтәит (Аус. 1:8, 9; 3:2, 6—8). Ҳәарада, уи аџьашьахәы рбарц азы ауаа рацәаҩны еизеит (Аус. 3:11). Ихы шԥамҩаԥигеи Пиотр? Иара дахьааӡаз аҭыԥ аҿы ауаҩы имаз ахьӡи, иааникылоз аҭыԥи иахәаԥшуан. Ихы ҳареикыма Пиотр, иҟаиҵаз аџьашьахәы рбарц азы ауаа шеизаз аниба? Пиотр ахынраалара аарԥшны ауаа Иеговеи Иисуси рахь ихьаирԥшит. Иара иреилиркааит аҽхәаԥхьыӡ иаԥсоу Иеговеи Иисуси шракәу, абасгьы реиҳәеит: «Ижәбо, ижәдыруа ари ахаҵа ишьапқәа злаӷәӷәахаз Иисус ихьӡ абзоуралеи игәра ахьаҳго абзоуралеи ауп» (Аус. 3:12—16). Ԥыҭрак ашьҭахь Пиотр ақьырсианцәа ирзиҩит ахынраалара аадырԥшлар шрыхәҭоу. Аоригинал бызшәаҿы Пиотр ихы иаирхәаз ажәақәа уанрыԥхьо ухаҿы иааиуеит ахынраалара маҭәак шушәуҵо еиԥш иушәуҵар шухәҭоу. Ари иаҳгәаланаршәоит Иисус ампахьшьы иԥыраҳәаны иапостолцәа ршьапқәа шиӡәӡәаз. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:5.)
Пиотр аџьашьахәы аныҟаиҵа, ахынраалара аарԥшны иҳәеит уи зыбзоурахаз Иеговеи Иисуси шракәу. Аӡәы бзиарак анизыҟаҳҵо, ҳдырҽхәап, мамзаргьы ҳаргьы бзиарак ҳзыҟарҵап ҳәа ҳаԥшымзар, ахынраалара шҳалоу убарҭахоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)
12. Ишԥаҳалшо ҳаргьы ахынраалара ҳалаҳааӡалар?
12 Ҳаргьы Пиотр ҳаиҿыԥшны ахынраалара ҳалаҳааӡалар ҳалшоит. Ишәхашәмыршҭлан ахынраалараҵәҟьа иаанаго иԥшӡаны ацәажәара мацара шакәым. Пиотр зыӡбахә иҩуаз ахынраалара ҳхәыцрақәа рыла ауп ишалаго — ҳхы ҳшазхәыцуеи егьырҭ ҳашрызхәыцуеи. Ҳара егьырҭ рзы ак зыҟаҳҵо ҳарбандаз, ҳдырҽхәандаз ҳәа акәӡам, аха Иеговеи ауааи бзиа иахьаҳбо азоуп. Ауаа иҟаҳҵо рымбозаргьы, ҳгәырӷьаҵәа Иегова имаҵ ҳауларц азы, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхрааларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, ахынраалараҵәҟьа шҳалоу ааҳарԥшуеит (Матф. 6:1—4).
«ШӘҞӘЫШЫЗ»
13. Иаанагозеи аҟәышра аарԥшра?
13 Дзеиԥшроузеи аҟәышра злоу ақьырсиан? (1 Пиотр 4:7). Иара ӡбарак идикылаанӡа Анцәа уи дшахәаԥшуа дазхәыцуеит. Иԥсҭазаараҿы Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа раасҭа ихадоу акгьы ыҟаӡам. Иара ихы мыцхәы дазхәыцӡом, насгьы зегь шизымдыруа еиликаауеит. Уи адагьы, лассы-лассы Анцәа диҳәоит. Убас иааирԥшуеит зегь рыла Анцәа игәра шиго, инапхгарагьы дшашьҭоуb.
14. Ишԥаизымхеи Пиотр зны аҟәышра?
14 Иисус дыԥсаанӡа уахык шагыз иапостолцәа иреиҳәеит: «Уаха шәыззегьы сааныжьны шәцоит». Пиотр лакҩакрак имамкәа иҳәеит: «Зегьы уаанрыжьыргьы, сара ахаан уаансыжьӡом!» Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус иҵаҩцәа шьоукы ргәазҭеиҵеит: «Шәмыцәан, шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала» (Матф. 26:31, 33, 41). Аха Пиотр арҭ ажәақәа дырзымӡырҩӡеит. Убри азы акәзаргьы ҟалоит Иисус иҵаҩы шиакәу аҳәара зизымгәаӷьыз. Иара Ирҵаҩы мап ицәикит, убри аҟынтә инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит (Матф. 26:69—75).
15. Ишԥааирԥши Иисус аҟәышра дыԥсаанӡа уахык шагыз?
15 Иисус днаӡан, аха уиезгьы ихы дақәгәыӷӡомызт. Иара аҵыхәтәанынӡа Иегова игәра игон, насгьы дыԥсаанӡа уахык шагыз ирацәаны Анцәа диҳәон. Убри азоуп Анцәа ииҭахыз аҟаҵаразы агәымшәара зимазгьы (Матф. 26:39, 42, 44; Иоанн 18:4, 5). Ҳәара аҭахума, Пиотр ахаан ихашҭӡомызт Иисус Анцәа иҳәара дшазыҟаз.
16. Излоубарҭоузеи Пиотр аҟәышра шилаиааӡаз? (1 Пиотр 4:7).
16 Ԥыҭрак ашьҭахь Пиотр еиликааит акы уалагаанӡа Анцәа уиҳәар, насгьы инапхгара уашьҭазар шахәҭоу. Зыԥсы ҭалаз Иисус Пиотргьы егьырҭ апостолцәагьы иреиҳәеит ажәабжь аҳәара ирыцхраауа иԥшьоу адоуҳа шроуа. Аха уи роуаанӡа дара Иерусалим иаангыланы иԥшыр акәын (Лука 24:49; Аус. 1:4, 5). Ихы ишԥаирхәеи Пиотр уи аамҭа? Иаргьы егьырҭ ақьырсианцәагьы «еснагь еизаны Анцәа еициҳәон» (Аус. 1:13, 14). Ԥыҭрак ашьҭахь Пиотр аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзиҩыз актәи исаламшәҟәаҿы иреиҳәеит аҟәышра аадырԥшларц, насгьы есымша Анцәа иҳәаларц. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 4:7.) Ишаҳбо еиԥш, Пиотр Иегова иқәгәыӷшьа иҵеит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраарагьы илшеит (Гал. 2:9).
17. Иҟаҳҵалар акәзеи еснагь? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
17 Ҳара лассы-лассы Анцәа ҳиҳәозар, аҟәышра шҳалоу ааҳарԥшуеит. Амаҷ аҿгьы ҳхы акәымкәа, Иегова ҳиқәгәыӷны алабжьаразы ҳиҳәозар, ихадоу аӡбарақәа анҳадаҳкыло еиҳагьы инапхгара ҳашьҭоуп, избанзар агәра ганы ҳаҟоуп иара ҳара ҳзы еиӷьу шидыруа.
Пиотр Иегова иқәгәыӷшьа иҵеит. Ҳаргьы Иегова ацхырааразы ҳиҳәалар, еиҳараӡак ихадоу уск анаҳаӡбо, аҟәышра ҳаиҭоит. (Шәахәаԥш абзац 17.)c
18. Иҳацхраауазеи Иегова ихәыцшьа еиӷьны аилкаара?
18 Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Иегова илоу аҟазшьақәа ҳаргьы иҳалаҵаны ҳахьишаз (Аҟаз. 1:26). Ҳәарада, ҳара инагӡаны урҭ ҳзаарԥшӡом (Ис. 55:9). Аха Пиотр ҳаиҿыԥшны Иегова ихәыцшьа зеиԥшроу еиӷьны еилаҳкааларц азы ҳхы аус адаҳулалар ҳалшоит. Ҳара уи хымԥада иаҳзалҵуеит, Анцәа дышхәыцуа еиԥш ҳхәыцларц азы есымша ҳхәыцшьа ҳаԥсахлар, насгьы ахынраалареи аҟәышреи ҳалаҳааӡалар.
АШӘА 30 Сыхьчаҩ, Саб, Сҩыза
a 1 Пиотр 4:1 аҿы «ахәыцра шәазхиаз» ҳәа еиҭагоу ажәақәа «ахәыцшьа» ҳәагьы еиҭоугар алшоит.
b Аҟәышра иазкны еиҳаны еилышәкаарц азы асаит jw.org, мамзаргьы апрограмма JW Library® аҿы иҟоу арубрика «Объяснение библейских стихов» аҟны иаагоу «2 Тимофею 1:7. „Ибо дал нам Бог духа не боязни“» захьӡу астатиа шәахәаԥш.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО.. Аус аура иалагарц зҭаху аиаҳәшьа аусура аиҳабы диацәажәарц азы дааит. Лочеред дазыԥшнаҵы гәаныла Анцәа диҳәоит.