АҴАРАЗЫ АСТАТИА 19
АШӘА 6 Ажәҩан Анцәа ихьӡ ҳаранакуеит
Анцәа изиашоу амаалықьцәа шәырҿыԥшла
«Дшәырҽхәала Иегова... зымч ӷәӷәоу имаалықьцәа зегьы» (АԤСАЛ. 103:20).
ЕИЛАҲКААУА
Анцәа изиашоу амаалықьцәа рҿырԥшы иаҳнарҵо.
1, 2. а) Ҳазлареиԥшымзеи амаалықьцәа? б) Еицаҳзеиԥшузеи амаалықьцәеи ҳареи?
ИЕГОВА зегьы бзиа иахьеибабо иҭаацәара ду ахь ҳааиԥхьеит. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо еиуеиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи миллионҩыла Анцәа изиашоу амаалықьцәеи уи аҭаацәара иахәҭакуп (Дан. 7:9, 10). Амаалықьцәа ҳанрызхәыцуа иҟалап зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳхахьы иааиуа урҭ шаҟа иҳаиԥшым акәзар. Иаҳҳәап, Анцәа ауаа ишаанӡа акыр шыбжьаз амаалықьцәа ишахьан (Иов 38:4, 7). Урҭ ҳара ҳаасҭа амч ду рымоуп. Иара убас ҳхаҿгьы иаҳзаагом урҭ шаҟа иԥшьоу, насгьы ииашоу (Лука 9:26).
2 Аха амаалықьцәеи ҳареи еицаҳзеиԥшугьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, амаалықьцәа реиԥш ҳаргьы алхра ахақәиҭра ҳамоуп, насгьы Иегова илоу аҟазшьа бзиақәа раарԥшра ҳалшоит. Уи адагьы, дара реиԥш ҳаргьы иҳамоуп ахьӡқәа, аҟазшьа, иара убас Иегова иҳаиҭо адҵақәа. Уи адагьы, амаалықьцәа реиԥш ҳаргьы Ҳазшаз имҵахырхәаразы агәаҳәара ҳалаҵаны ҳшоуп (1 Пиотр 1:12).
3. Ирҿаҳҵаар ҳалшозеи Анцәа изиашоу амаалықьцәа?
3 Ишаҳбаз еиԥш, амаалықьцәеи ҳареи ҳазлеиԥшу рацәоуп. Убри аҟынтә урҭ ирҿаҳҵаалар ҳалшогьы рацәоуп. Шәааи еилҳаргап Анцәа изиашоу амаалықьцәа ахынраалареи, ауаа рахь абзиабареи, ачҳареи шаадырԥшуа, насгьы аизараҿы ацқьара ыҟазарц ишацклаԥшуа. Иара убас еилҳаргоит урҭ ҳарҿыԥшлар шҳалшо.
АМААЛЫҚЬЦӘА АХЫНРААЛАРА РЫЛОУП
4. а) Излоубарҭоузеи амаалықьцәа ахынраалара шрылоу? б) Избан амаалықьцәа ахынраалара заадырԥшуа? (Аԥсалом 89:7).
4 Амаалықьцәа ахынраалара рылоуп. Урҭ аԥышәа дуи, амч дуи, аҟәыӷареи шрымоугьы Иегова изыӡырҩуеит (Аԥсал. 103:20). Амаалықьцәа рыдҵақәа ибзианы иахьынарыгӡо азы ахаан иҽхәаӡом, насгьы ауаа ирылымшо ахьрылшо азы рхы ҳараркӡом. Дара гәырӷьаҵәа Иегова игәҭакы нарыгӡоит, дҵак назыгӡаз дара шракәу аӡәгьы изымдыруазаргьы (Алаг. 32:24, 29; 2 Аҳ. 19:35)a. Амаалықьцәа Иегова заҵәык дзыԥсоу ахьӡ-аԥша ахаан рхахьы иргаӡом. Избан дара абриаҟара ахынраалара зрылоу? Избанзар Анцәа бзиа дырбоит, ҳаҭыр дугьы иқәырҵоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 89:7.)
5. Ишԥааирԥши маалықьк ахынраалара, апостол Иоанн ииашаӡамкәа ихы анымҩаԥига? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
5 Ҳахәаԥшып амаалықьцәа ахынраалара шрылоу ибзианы иузырбо хҭыск. 96-тәи ашықәс ҳ. ҳ. аҟара шыҟаз зыхьӡ ҳзымдыруа амаалықь апостол Иоанн иџьоушьашаз абара иирбеит (Аат. 1:1). Иҟаиҵазеи Иоанн абара аниба? Иара дшьамхышгыланы амаалықь диеихырхәарц далагеит. Аха амаалықь ус иҳәеит: «Уаангыл, ус ҟаумҵан! Саргьы маҵуҩык соуп... уашьцәеи уареи шәҩыза соуп. Анцәа уиеихырхәа!» (Аат. 19:10). Шаҟа ахынраалара рыҵоузеи арҭ ажәақәа! Амаалықь ахьӡ-аԥша соундаз ҳәа дыҟаӡамызт. Иара Иоанн иеилиркааит ахьӡ-аԥша иаԥсоу Анцәа Иегова шиакәу. Уи адагьы, иара Иоанн ихы шьҭыхны дихәаԥшӡомызт. Ҳәарада, амаалықь Иоанн иаасҭа акырӡа еиҳаны Иегова имаҵ иуан, имчгьы акырӡа еиҳан. Аха амаалықь ахынраалара аарԥшны ихаҭагьы апостол иеиԥш дышмаҵуҩу иҳәеит. Иоанн ииашамкәа ихы шымҩаԥигазгьы, амаалықь ирџьбараны иацәажәара даламгаӡеит. Иара зықәрахь инеихьаз апостол иахь ақьиара аарԥшны хаала дириашеит. Иҟалап иара еиликаауазҭгьы иара ус ихы зымҩаԥигаз иибаз абара дахьаршанхаз азы шакәыз.
Амаалықь Иоанн данириашоз ахынраалара ааирԥшит. (Шәахәаԥш абзац 5.)
6. Ишԥаҳалшо амаалықьцәа ҳарҿыԥшны ахынраалара ааҳарԥшлар?
6 Ишԥаҳалшо амаалықьцәа ҳарҿыԥшны ахынраалара ааҳарԥшлар? Ҳаргьы дара реиԥш ҳмаашьаӡакәа Иегова имаҵ ҳаулароуп (1 Кор. 4:7). Убри аамҭазгьы ҳмыҽхәалароуп, насгьы егьырҭ раасҭа пату ҳақәырҵалароуп ҳәа ҳамхәыцлароуп. Уи адагьы, егьырҭ раԥхьа Иегова имаҵ аура ҳалагазар, мамзаргьы дара раасҭа еиҳаны адҵақәа ҳадзар, урҭ раасҭа ҳаиӷьуп ҳәа ҳамхәыцлароуп. Егьырҭ раасҭа еиҳаны адҵақәа ҳадзар, еиҳагьы ахынраалара ҳалазароуп (Лука 9:48). Амаалықьцәа ҳарҿыԥшны егьырҭ рымаҵ ҳаулар ҳҭахуп, насгьы ҳааигәара ианыҟоу акгьы иаԥсамшәа рхы рбалартә еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалар ҳҭахӡам.
7. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ахынраалара аӡәы дахьиашам аниаҳәатәу, мамзаргьы алабжьара аниҭатәу?
7 Иааҳарԥшлар анбаҳахәҭоу иҵегьы ахынраалара? Ауаҩы ииашамкәа ихы шымҩаԥиго ангәаҳҭо. Усҟан ауаҩы дахьиашам иаҳәатәуп, мамзаргьы алабжьара иҭатәуп. Уи ҳхаҵара ҳацеиҩызшо, мамзаргьы ҳхәыҷы иакәзар ауеит. Иҟоуп ауаҩы дахьиашам инҭкааны ианиаҳәатәу. Аха уи иаанагаӡом ирџьбараны ҳиацәажәалар ҳалшоит ҳәа. Ҳара ауаҩы игәы каҳажьыр ҳҭахӡам. Иаҳгәалаҳаршәап амаалықь Иоанн шаҟа хаала диацәажәоз. Ҳара егьырҭ раасҭа ҳаиӷьуп ҳәа ҳмыԥхьаӡозар, ауаҩы Абиблиа иану аниҳарбо пату шиқәҵалатәу, арыцҳашьарагьы шаарԥшлатәу ҳхашҭӡом (Кол. 4:6).
АМААЛЫҚЬЦӘА АУАА БЗИА ИРБОИТ
8. а) Излоубарҭоузеи амаалықьцәа ауаа бзиа ишырбо? (Лука 15:10). б) Ишԥаҳацхраауеи амаалықьцәа ажәабжь аҳәара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
8 Амаалықьцәа ауаа акгьы иаԥсам ҳәа рыԥхьаӡаӡом. Дара ауаа бзиа ирбоит, хьаасгьы ирымоуп. Урҭ гәырӷьоит иӡыз ауаса Иегова иахь ианыхынҳәуа, даҽакала иуҳәозар, агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы данахьхәуа, мамзаргьы аӡәы иԥсҭазаашьа ԥсахны Иегова имаҵ аура даналаго. (Шәаԥхьа Лука 15:10.) Иара убас амаалықьцәа ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара иҳацхраауеит (Аат. 14:6). Ҳәарада, дара ауаа рхаҭа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәаӡом, аха Иегова иӡбахә еилызкаар зҭаху ауаҩ иахь ҳнаргар ауеит. Ҳәарада, ҳара ишьақәырӷәӷәаны иҳазҳәаӡом ҭагылазаашьак аҿы аӡә иахь ҳназгаз амаалықьцәа роуп ҳәа, избанзар Иегова ауаа дрыцхрааларц азы, насгьы дара рахь имаҵзуҩцәа неигаларц азы лассы-лассы иԥшьоу адоуҳагьы ихы иаирхәоит (Аус. 16:6, 7). Аха уеизгьы ажәабжьҳәараҿы амаалықьцәа шҳацхраауа агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, избанзар дара уи дҵас ишрыду ҳдыруеит. (Шәахәаԥш иара убас арамка «Дара рыҳәарақәа рҭак роуит»b.)
Астенд ала ажәабжь зҳәоз хаҵеи-ԥҳәыси аҩныҟа ицоит. Аиаҳәшьа згәы каҳаны иҟоу ӡӷабк дылбоит. Лара илдыруеит амаалықьцәа адоуҳатә цхыраара зҭаху ауаа рахь ҳрышьҭыр шрылшо. Аиаҳәшьа уи аӡӷаб лгәы шьҭызхша ак лалҳәар лҭаххоит. (Шәахәаԥш абзац 8.)
9. Ишԥаҳалшо амаалықьцәа ҳарҿыԥшны ауаа рахь абзиабара ааҳарԥшлар?
9 Ишԥаҳалшо амаалықьцәа ҳарҿыԥшны ауаа рахь абзиабара ааҳарԥшлар? Аизараҿы аӡәы дшышьақәдыргылаз анҳаҳауа, амаалықьцәа шгәырӷьо еиԥш ҳаргьы ҳгәырӷьалар ҳалшоит. Ҳара иаҳҭахуп ҳашьа ма ҳаҳәшьа иӷәӷәаны бзиа ишаҳбо, насгьы Иегова иахь иахьыхынҳәыз ҳшеигәырӷьо рбаларц (Лука 15:4—7; 2 Кор. 2:6—8). Уи адагьы, гәык-ԥсыкала ажәабжь анаҳҳәо амаалықьцәа ҳарҿыԥшуеит (Еккл. 11:6). Урҭ ажәабжьҳәаратә ус аҿы ишҳацхраауа еиԥш ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ажәабжьҳәараҿы ҳрыцхраалар ҳалшоит. Иаҳҳәап, ишәылшома уиаҟара аԥышәа змам ажәабжьҳәаҩ, зықәрахь инеихьоу, мамзаргьы згәабзиара ҽеим аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжьҳәара шәрыццар?
10. Иаҳнарҵозеи Сара лҿырԥшы?
10 Аха уаанӡа Иегова имаҵ аураҿы шаҟа ҟаҳҵоз аҟара уажәы иаҳзыҟамҵозар? Ус акәзар, амаалықьцәа амаҵ рыцуразы иҿыцу азнеишьақәа ҳаԥшаар ҳалшоит. Ҳлабадырып Индиа инхо Сараc зыхьӡу аиаҳәшьа. Лара 20 шықәса раҟара пионерс амаҵ луан, нас ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Сара дзымныҟәо дҟалеит, аиарҭагьы дамахеит. Уи иахҟьаны лгәы зынӡа икаҳаит. Аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраарала, насгьы Абиблиа есыҽны дахьаԥхьоз абзоурала Сара хәыҷы-хәыҷла еиҭах агәырӷьара лоуит. Ҳәарада, лара иҿыцыз лҭагылазаашьа лҽақәлыршәалар акәхеит. Сара асаламшәҟәқәа рыҩраҵәҟьагьы лылшаӡомызт, избанзар дызтәаӡомызт, убри аҟынтә аҭел ала ажәабжь лҳәон. Ауаа аҩынтә раан данырзасуаз, урҭ Абиблиа аӡбахә заҳар зҭахыз егьырҭ ауаагьы рҭел аномерқәа лырҭон. Убас Сара мызқәак рыла 70-ҩык ауаа Абиблиа дырҵара далагеит! Лара урҭ зегьы дрыхьӡаӡомызт азы, леизара иатәыз ажәабжьҳәаҩцәа урҭ рҟынтә ԥыҭҩык Абиблиа ддырҵаларц дрыҳәеит. Урҭ ауаа рҟынтә аӡәырҩы аизарақәа рахь иныҟәоит. Шәхаҿы иаажәг амаалықьцәа Сара леиԥш гәыкала Иегова имаҵ зуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ рыцура шаҟа агәырӷьара рзаанаго! Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь рҳәаларц азы ирылшо зегь ҟарҵоит.
АМААЛЫҚЬЦӘА АЧҲАРА ААДЫРԤШУЕИТ
11. Избан иаҳҳәар зҳалшо Анцәа изиашоу амаалықьцәа ачҳара ду аадырԥшуеит ҳәа?
11 Анцәа изиашоу амаалықьцәа ачҳара ду аадырԥшуеит, уи алагьы аҿырԥшы ҳарҭоит. Дара аиашамреи ацәгьоурақәеи рбоижьҭеи зқьышықәсақәа ҵуеит. Дара ирбон уаанӡа амаҵ рыцызуаз Аҩсҭааи ирацәаҩны егьырҭ адоуҳатә шамҭақәеи Анцәа ишиҿагылаз (Алаг. 3:1; 6:1, 2; Иуда 6). Абиблиаҿы иануп Анцәа изиашоу маалықьк амч ду змоу адемон дшиҿагылаз (Дан. 10:13). Уи адагьы, амаалықьцәа ирбон жәытәнатә аахыс Иегова имаҵ зуаз ауаа рхыԥхьаӡара шмаҷыз. Уи зегьы иамыхәаԥшӡакәа Анцәа изиашоу урҭ адоуҳатә шамҭақәа агәырӷьареи агәацԥыҳәареи мырӡӡакәа Анцәа имаҵ руеит. Дара ирдыруеит Иегова иалихыз аамҭазы аиашамра зегь шықәихуа.
12. Иҳацхраауазеи ачҳара аарԥшра?
12 Ишԥаҳалшо амаалықьцәа ҳарҿыԥшны ачҳара ааҳарԥшлар? Амаалықьцәа реиԥш ҳаргьы ирацәаны аиашамра ҳбоит. Аха ҳаргьы агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа иалихыз аамҭазы ацәгьара зегь шықәихуа. Убри аҟынтә Анцәа изиашоу амаалықьцәа реиԥш ҳаргьы ҳгәы камыжьӡакәа абзиара ҟаҳҵоит (Гал. 6:9). Анцәа агәра ҳиргоит ҳауадаҩрақәа зегь рыхгара дышҳацхраауа (1 Кор. 10:13). Ачҳареи агәырӷьареи ҳмырӡырц азы Иегова иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭаларц ҳиҳәалароуп (Гал. 5:22; Кол. 1:11). Иҟашәҵар шәылшозеи, ашьҭашәарыцарақәа шәрықәшәозар? Акгьы шәацәымшәан, Иегова шәиқәгәыӷла. Иара цхыраарада шәаанижьӡом, амчгьы шәиҭоит (Аур. 13:6).
АМААЛЫҚЬЦӘА АИЗАРА ЦҚЬАЗАРЦ ИАХЫЛАԤШУЕИТ
13. Иарбан иҷыдоу дҵоу амаалықьцәа аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа рзы инарыгӡо? (Матфеи 13:47—49).
13 Аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа рзы Иегова амаалықьцәа иҷыдоу адҵа риҭеит. (Шәаԥхьа Матфеи 13:47—49.) Адунеи ахьынӡанаӡааӡо миллионҩыла еиуеиԥшым ауаа Аҳра иазку ажәабжь иақәҿырҭуеит. Шьоукы Иегова инормақәа рыла анхара иалагоит, имаҵзуҩцәангьы иҟалоит, даҽа шьоукы мап. Амаалықьцәа ауаа бзиақәеи ауаа цәгьақәеи реилыхра дҵас ирыдуп, даҽакала иуҳәозар, дара аизара цқьазарц иахылаԥшуеит. Ҳәарада, уи иаанагаӡом мзызқәак ирыхҟьаны аизара аанзыжьыз ауаҩы ахаан аизарахь дзыхынҳәӡом ҳәа. Иара убас уи иаанагаӡом аизараҿы ахаан ауадаҩрақәа ҟалаӡом ҳәа. Аха агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит амаалықьцәа аизара цқьазарц азы ирылшо зегь шыҟарҵо.
14, 15. Иҟаҳҵар ҳалшозеи амаалықьцәа ҳарҿыԥшны аизара цқьазарц азы? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
14 Иҟаҳҵар ҳалшозеи амаалықьцәа ҳарҿыԥшны аизара цқьазарц азы? Ҳара иаҳҭахуп аизара цқьазарц. Убри аҟынтә доуҳала ҳацқьазарц, насгьы ҳхымҩаԥгашьеи, ҳцәажәашьеи, ҳхәыцшьеи цқьазарц азы ҳхы ҳацклаԥшуеит. Убри аҟынтә иҽеим анырра ҳазҭар алшо зегь ҳҽацәаҳахьчоит. Ҳара ҩызцәас ишьҭаҳхуа Иегова бзиа дызбо заҵәык роуп. Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара бжьызхыр алшо амԥан ҳнеиӡом (Аԥсал. 101:3). Уи адагьы, ҳара иҳалшоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Иегова изиашаны аанхара ҳрыцхраалар. Иаҳҳәап, иҟаҳҵозеи, иашьак ма иаҳәшьак агәнаҳа ӷәӷәа шыҟарҵаз еилаҳкаазар? Ҳара уи ауаҩ бзиа даҳбоит, убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа драцәажәарц игәазҭаҳҵоит. Дырмацәажәар, ҳара ҳрацәажәоит. Ҳара иаҳҭахуп зхаҵара ԥсыҽхаз аиашьа ма аиаҳәшьа ирласны ацхыраара роурц! (Иак. 5:14, 15).
15 Иҟоуп агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз аизара даналгатәхо. Усҟан уи ауаҩы иацәажәара ҳаҟәыҵуеит (1 Кор. 5:9—13)d. Уи абзоурала аизара цқьаны иаанхоит. Уи адагьы, аизара иалгоу ауаҩы ҳанимацәажәо, уи иара изеиӷьуп. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар усҟан иара еиликаар ауеит Иегова иахь дхынҳәыр шихәҭоу. Уи аҩыза ҟалар, ҳара Анцәеи амаалықьцәеи ҳрыцгәырӷьалоит (Лука 15:7).
Иҟаҳҵар акәзеи, аиашьа ма аиаҳәшьа агәнаҳа шыҟарҵаз еилаҳкаазар? (Шәахәаԥш абзац 14.)e
16. Иарбан ҟазшьақәоу амаалықьцәа ирҿышәҵаалар ишәҭаху?
16 Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит амаалықьцәа ирызку адыррақәа ахьаҳзааиртуа, насгьы аус рыцура аҳаҭыр ахьҳаҭәеишьо! Шәааи амаалықьцәа ҳарҿыԥшны ахынраалареи ачҳареи ааҳарԥшлап, ауаа бзиа иаҳбалап, насгьы аизара цқьазарц азы аџьабаа ҳбалап. Анцәа изиашоу амаалықьцәа ҳарҿыԥшлар, Иегова имаҵзуҩцәа рыла ишьақәгылоу иҭаацәара наӡаӡа ҳахәҭакзаауеит.
АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит
a Миллионҩыла иҟоу амаалықьцәа рҟынтә Абиблиаҿы ҩыџьа заҵәык рыхьӡ ауп иану — Михаили Гавриили (Дан. 12:1; Лука 1:19).
b Егьырҭ ахҭысқәа шәрыԥхьарц азы «Индекс публикаций Сторожевой башни» шәхы иашәырхәа. Иаашәырты ахы «Ангелы», ахеиҵа «руководство ангелов (примеры)».
c Ахьӡ ԥсахуп.
d 2024 шықәсазы иҭыҵыз Анапхгаратә хеилак аҟынтә аацҳара № 2 аҿы иҳәан аизара иалгоу ауаҩы аизарахь данаауа, дасу Абиблиа ала иааӡоу иламыс инақәыршәаны аԥсшәа иеиҳәару-иеимҳәару ихала иӡбар шилшо.
e АСАХЬАҚӘА РҾЫ. Аиаҳәшьа агәнаҳа ҟазҵаз лҩыза аизара ахылаԥшыҩцәа драцәажәарц лалҳәоит. Аха лҩыза аизара ахылаԥшыҩцәа дырмацәажәаӡеит аҟынтә, ԥыҭрак ашьҭахь иҟалаз лхаҭа иралҳәоит.