Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Ажәамаанақәа 30:18, 19 рҿы иануп «ахаҵа аӡӷаб лахь мҩас имоу» еилкаашьа амам ҳәа. Иаанагозеи уи?
Ажәамаанақәа 30:18, 19 аҿы иану ажәақәа Абиблиа ҭызҵаауа аҵарауаагьы аҵакы аилкаара рцәыцәгьоуп. «Адунеи ҿыц» аиҭагаҿы арҭ ажәеинраалақәа абас еиҭагоуп: «Иҟоуп схы иԥнамҟо х-уск, ԥшьбагьы, зеилкаара сылымшо: ажәҩан иалоу ауарбажә мҩас иамоу, ацаҟьа иаҿоу амаҭ мҩас иамоу, амшын иху аӷба мҩас иамоу, ахаҵа аӡӷаб лахь мҩас имоу».
Уаанӡа ҳгәы иаанагон «ахаҵа аӡӷаб лахь мҩас имоу» ҳәа иану ажәақәа иҽеим аҵакы рымоуп ҳәа. Избан? Избанзар уи ацыԥҵәаха аԥхьагьы ашьҭахьгьы иҟоу ажәеинраалақәа иҽеим ак аӡбахә рҳәоит. Иаҳҳәап, 15-тәи 16-тәи ажәеинраалақәа рҿы аԥсымҭәра аӡбахә цоит, 20-тәи ажәеинраалаҿы иҽеимыз акгьы ҟасымҵеит ҳәа зҳәо, зхаҵа дзыԥсахыз аԥҳәыс лыӡбахә цоит. Ҳара абас ҳгәы иаанагон: ажәҩан иалоу ауарбажә, ацаҟьа иаҿоу амаҭ, амшын иху аӷба рышьҭа нрыжьӡом. Убасҵәҟьа ахаҵа маӡала аӡӷаб лгәахьы амҩа ылихыр илшоит. Ари зегь шьаҭас иҟаҵаны ҳара ҳгәы иаанагон «ахаҵа аӡӷаб лахь мҩас имоу» ҳәа иану иҽеим ак аҵанакуеит ҳәа. Зыӡбахә цо иқәыԥшу ахаҵа гызмалрыла аԥышәа змам аӡӷаб дышхихуа ауп ҳәа.
Аха Ажәамаанақәа 30:18, 19 рҟны ибзиоу ак аӡбахә ҳәоуп ҳәа ҳҳәартә еиԥш амзызқәа ыҟоуп. Автор уамашәа иибоз, иџьеишьоз аусқәа рыӡбахә иҩуан.
Ари азхәыцреи амасореттә текст аҿы иануи еиқәшәоит. Абиблиатә еилыркаагак излаҳәо ала, Ажәамаанақәа 30:18 аҟны «зеилкаара сылымшо» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа «уаҩ иимбац, ҟалашьа змам, насгьы иџьашьахәу» ҳәа уахцәажәар алшоит (Ernst Jenni, Claus Westermann. Theologisches Handwörterbuch zum Alten Testament).
Гарвардтәи ауниверситет апрофессор Кро́уфорд Тои иазгәеиҭеит ари абиблиатә цыԥҵәахаҿы иҽеим ак аӡбахә шҳәам. Иара иҳәеит: «Иҟалап ара зыӡбахә ҳәоу автор дзыршанхоз, насгьы уамашәа иибоз ак акәзар» (Crawford H. Toy. A Critical and Exegetical Commentary on the Book of Proverbs).
Убасала, Ажәамаанақәа 30:18, 19 аҟны зеилкаара алымшо, даара иԥшӡоу, иџьоушьартә иҟоу ак аӡбахә ҳәазар ҟалап. Ҳара Ажәамаанақәа 30-тәи ахы зҩыз автор ицәаныррақәа ицеиҩаҳшоит. Иара иџьеишьон ажәҩан аҟны ауарбажә шыԥыруаз, амаҭ ацаҟьа ишаҿаз, аӷба амшын агәы шеиҩнашоз, насгьы аӡӷаби аҷкәыни бзиа еибабаны, насыԥ змоу аҭаацәара шаԥырҵоз.