Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 ииун ад. 27—29
  • Аҭынчра. Ишԥашәылшо уи аиура?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҭынчра. Ишԥашәылшо уи аиура?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • ИҞАҴАТӘУЗЕИ?
  • ИԤШЬОУ АДОУҲА АҬЫНЧРА АИЗЫРҲАРА ИҲАЦХРААУЕИТ
  • ШЬОУКЫ ИИАШАҴӘҞЬОУ АҬЫНЧРА ШЫРЫԤШААЗ
  • ЕГЬЫРҬИ ҲАРЕИ АҬЫНЧРА ҲАБЖЬАЗАРЦ ҲҼАЗАҲШӘОИТ
  • НАӠАӠА АҬЫНЧРА ШӘАЛАГӘЫРӶЬАЛА
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 ииун ад. 27—29

Аҭынчра. Ишԥашәылшо уи аиура?

  • АБЗИАБАРА

  • АГӘЫРӶЬАРА

  • АҬЫНЧРА

  • АЧҲАРА

  • АРАЗРА

  • АГӘЫҲАЛАЛРА

  • АГӘРАГАРА

  • АХААРА-ҞӘЫМШӘЫШӘРА

  • АҼЫНКЫЛАРА

ҲАРА ҳанхоит агәҭынчымрақәа ахьырацәоу адунеи аҿы, убри аҟынтә аҭынчра аиура ус имариам. Ҳара аҭынчра ҳамазаргьы, уи ҳцәыӡыр ауеит. Иаҳәозеи Абиблиа ииашаҵәҟьоу, ахаан аӡәгьы иҳамимхуа амшхәыбзазара, мамзаргьы аҭынчра, ҳаур шҳалшо аганахь ала?a (Шәахәаԥш албаага.) Насгьы ҳашԥарыцхраар ҳалшо егьырҭ уи аиура?

ИҞАҴАТӘУЗЕИ?

Ииашаҵәҟьоу аҭынчра ҳамазарц азы Иегова ҳшихьчо ҳныруазар ауп. Ҳара аҩызцәа бзиақәа ҳамазароуп, аха уи аасҭа ихадоу Анцәа ҳаизааигәахалароуп. Ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?

Иегова изакәанқәеи ипринципқәеи еснагь ахәарҭа ҳзааргоит. Урҭ ҳанрықәныҟәо Иегова иҳарбоит игәра шаҳго, насгьы аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазарц шаҳҭаху (Иеремиа 17:7, 8; Иаков 2:22, 23). Усҟан Иегова даҳзааигәахоит, насгьы ҳгәы-ҳахшыҩ зыхьчо аҭынчра ҳаиҭоит. Исаиа 32:17 иануп: «Ииашаҵәҟьоу аиашара аҭынчра аанагоит, насгьы ииашаҵәҟьоу аиашара наунагӡа иҟазаало агәҭынчреи ашәарҭадареи алҵшәахоит». Ииашаҵәҟьоу аҭынчра ҳауеит Иегова гәык-ԥсыкала ҳанизыӡырҩуа (Исаиа 48:18, 19).

Агәҭынчымра аҭынчра ҳамнахуеит

Иара убас ииашаҵәҟьоу аҭынчра ҳамазарц азы Иегова зеиԥшыҟам аҳамҭа ҳаиҭоит. Уи аҳамҭа — иԥшьоу адоуҳа ауп (Аусқәа 9:31).

ИԤШЬОУ АДОУҲА АҬЫНЧРА АИЗЫРҲАРА ИҲАЦХРААУЕИТ

Апостол Павел иҳәеит аҭынчра Анцәа иԥшьоу идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ируакуп ҳәа (Галаҭаа рахь 5:22, 23). Убри аҟынтә ҳара аҭынчра ҳамазарц ҳҭахызар, иԥшьоу адоуҳа иаҳнаҭо анапхгара ҳақәныҟәалароуп. Ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?

Актәи, иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа Иажәа ҳаԥхьалароуп (Аԥсалом 1:2, 3, АдҾ). Ҳзыԥхьо инарҵауланы ҳаназхәыцуа, иԥшьоу адоуҳа ҳацхраауеит Иегова еиуеиԥшым азҵаарақәа дшырзыҟоу аилкаара. Иаҳҳәап, ҳара еилаҳкаауеит иара аҭынчра шааирԥшуа, насгьы уи иара изы убриаҟара изыхадоу. Абиблиа аҟынтә еилаҳкаауа ҳхы ианаҳархәо, ҳаԥсҭазаараҿы еиҳаны аҭынчра ҳамазаауеит (Ажәамаанақәа 3:1, 2).

Аҩбатәи, ҳара Анцәа иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭарц азы ҳиҳәалароуп (Лука 11:13). Иегова ацхырааразы иҳәо ақәиргәыӷуеит: «Ҳара иҳамоу адыррақәа ираԥызго, урҭ рыла иаҳзеилымкаауа Анцәа идунеи [«иҭынчра», АдҾ] шәгәы-шәыԥсы Христос Иисус иҿы иеиқәдырхоит» (Филиппаа рахь 4:6, 7). Иеговеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазар, насгьы идоуҳа ҳақәгәыӷуазар иара ииашаҵәҟьаны ҳгәи-ҳахшыҩи зыхьчо аҭынчра ҳаиҭоит (Римаа рахь 15:13).

Абиблиа аӡәырҩы ауаа рыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа рыҟаҵара ирыцхрааит, уи абзоурала дара уажәшьҭа ирымоуп ргәы-рыхшыҩ зыхьчо аҭынчра, насгьы Иеговеи, егьырҭ ауааи дареи рыбжьара аҭынчра. Ирыцхраазеи урҭ аԥсахрақәа рыҟаҵара?

ШЬОУКЫ ИИАШАҴӘҞЬОУ АҬЫНЧРА ШЫРЫԤШААЗ

Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шьоукы аҵабырг еилыркаанӡа аԥсахеибакреи агәымбылџьбарареи аадырԥшуан. Аха дара рҽырыԥсахырц азы рхы аус адырулон, убри аҟынтә уажәы еиҳаны ақьиареи, ачҳареи, аҭынчреи аадырԥшуеитb. (Шәахәаԥш албаага.) (Ажәамаанақәа 29:22). Ҳахәаԥшып Деивид зыхьӡу аиашьеи Реичел зыхьӡу аиаҳәшьеи урҭ аԥсахрақәа шыҟарҵаз.

Ҳара абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәозар, насгьы Анцәа идоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәозар, аҭынчра ҳаур ҳалшоит

Деивид аҵабырг еиликаанӡа егьырҭ акритика рзура шьцыларас иман, уи инеиҳангьы иҭаацәараҿы ихжәаны дцәажәон. Аха анаҩс иара аҽыԥсахра шихәҭоу еиликааит. Ишԥаиоуи иара аҭынчра? Деивид иҳәоит: «Сара сыԥсҭазаараҿы Абиблиа иану апринципқәа рхархәара салагеит, уи абзоурала сҭаацәареи сареи ҳабжьара апатуқәҵара еизҳаит».

Реичел ианлызҳауаз лыкәша-мыкәша иҟаз аҭагылазаашьа лнырит. Лара еиҭалҳәоит: «Сара агәыԥжәара ахьаадырԥшуаз аҭаацәараҿы исызҳауан, убри аҟынтә иахьа уажәраанӡа иҽеим ацәаныррақәа сырҿагылоуп». Илыцхраазеи Реичел аҭынчра аиура? Лара илҳәоит Иегова дышиҳәоз, насгьы дышиқәгәыӷуаз.

Ҳара еилҳаргеит абиблиатә принципқәеи иԥшьоу адоуҳаи аҭынчра аиура ишуцхраауа узырбо ҩ-ҿырԥштәык мацара. Игәымбылџьбароу адунеи аҿы ҳшынхогьы, ҳара ҳгәы-ҳахшыҩ зыхьчо аҭынчра ҳамазар ҳалшоит. Уи ҳҭаацәарақәеи ҳаизарақәеи рҿы егьырҭ раабра иҳацхраауеит. Аха Иегова «хиррала, еизыразрала зегьы» ҳарзыҟазарц ҳирҵоит (Римаа рахь 12:18). Иалшома уи? Насгьы избан егьырҭ ауааи ҳареи ҳабжьара аҭынчра ҳабжьазарц ҳҽазаҳшәалар зҳахәҭоу?

ЕГЬЫРҬИ ҲАРЕИ АҬЫНЧРА ҲАБЖЬАЗАРЦ ҲҼАЗАҲШӘОИТ

Ҳара ауаа ирзеиҭаҳҳәоит аҭынчра узаазго Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь (Исаиа 9:6, 7; Матфеи 24:14). Аӡәырҩы уи ажәабжь ргәаԥхоит, насгьы ирыдыркылоит. Убри аҟынтә адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны дара уаҳа агәкаҳара ма агәыԥжәара рызцәырҵӡом. Уажәшьҭа дара ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку ииашаҵәҟьоу агәыӷра роуит, уи аҭынчра аԥшаара ргәазҭанаҵоит (Аԥсалом 33:15 [34:14, АдҾ]).

Аха ҳажәабжь зегьы иргәаԥхом, насгьы иаразнак ирыдыркылом (Иоанн 3:19). Ауаа уи ишақәҿырҭуазаалакгьы Анцәа идоуҳа ҳаиҭоит. Уи ҳацхраауеит ажәабжьҳәараҿы аҭынчреи аҳаҭырқәҵареи раарԥшра. Уи ала ҳара Иисус илабжьара ҳақәныҟәоит: «Аҩны шәанаҭаауа, аԥсшәа раҳәауа, ишәҳәала абас: „хир амазааит абри аҩнаҭа“. Аҩнаҭа иаԥсоу ҩнаҭазар, аҭынчра-ахирра аҭәахоит, иаԥсам ҩнаҭазар, ахирра-азҩыдара шәара шәахь ихынҳәуеит» (Матфеи 10:11—13). Ари аҩыза агәазыҟашьа ааҳарԥшлар, ауаа ирҳәалакгьы ма иҟарҵалакгьы аҭынчра ҳамазаауеит. Насгьы ҳара иаҳхашҭлаӡом ҳаԥхьаҟа урҭ ауаа ҳрыцхраар шҳалшо.

Иара убас ҳара аҭынчра еизҳарҳауеит аиҳабыратә чынуаа патуқәҵарала ҳанрацәажәо, урҭ ҳара ҳус иаҿагылозаргьы. Африка иҟоу тәылак аҿы аиҳабыра Аҳратә зал аргылара ҳашьцәа азин рырҭомызт. Аишьцәа еилыркаауан ари ауадаҩра хаала ирыӡбар шакәыз. Дара уа зны миссионерс амаҵ зуаз аиашьа Лондонтәи ацҳаражәҳәаҩ диацәажәарц, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа инарыгӡо аус бзиа аӡбахә изеиҭеиҳәарц идырҵеит.

Уи аиашьа еиҭеиҳәоит: «Адкыларҭахь саннеи уа итәаз аԥҳәыс лҭеиҭыԥш ала еилыскааит лара збызшәа сҵахьаз амилаҭ дшатәыз. Убри аҟынтә лхатәы бызшәала аԥсшәа ласҳәеит. Лара уи даара иџьалшьеит, насгьы дсазҵааит: «Шәаазгазеи арахь?» Сара ҳаҭырқәҵарала исҳәеит ацҳаражәҳәаҩ сиацәажәар шысҭаху. Лара уи дизасит. Иара дысԥыларц азы дааин аҭыԥантәи абызшәа ала аԥсшәа сеиҳәеит. Анаҩс сара изеиҭасҳәеит Иегова ишаҳаҭцәа имҩаԥырго аус аӡбахә, иара зҿлымҳарала дысзыӡырҩит».

Ацҳаражәҳәаҩ ҳашьа данизыӡырҩ ашьҭахь имҩаԥаҳго аус еиӷьны еиликааит, насгьы уаҳа атәамбара ааирԥшуамызт. Ԥыҭрак ашьҭахь ачынуаа ргәаанагара рыԥсахит, насгьы Аҳратә зал аргыларазы ҳашьцәа алшара рырҭеит. Аишьцәа уи даара иеигәырӷьон! Ишаҳбо еиԥш, ауаа рахь аҳаҭырқәҵара анааҳарԥшуа аҭынчра ҳахьчоит.

НАӠАӠА АҬЫНЧРА ШӘАЛАГӘЫРӶЬАЛА

Иахьа Иегова ишаҳаҭцәа адоуҳатә џьанаҭ иалагәырӷьоит, избанзар аҭынчра аарԥшуа Анцәа имаҵ руеит. Ҳара зегьы иҳалшоит Анцәа ижәлар рыбжьара иҟоу акзаара аизырҳара, ҳхатә ԥсҭазаараҿы еизҳарҳауазар. Усҟан агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова дшаҳзыразу. Ҳаԥхьаҟа ишьақәиргыло адунеи ҿыц аҿы иара наӡаӡатәи аҭынчра ҳаиҭоит (2 Пиотр 3:13, 14).

a Амшхәыбзазара ҳәа еиҭагоу ажәа аоригиналтә бызшәаҿы иаанагоит аҭынчра.

b Иааиуа астатиақәа руак аҿы адоуҳа иалҵшәоу даҽа ҟазшьак ҳалацәажәоит, уи аразра ауп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра