Шәылашара Иегова дҳаранаклааит
«Убас шәара шәылашарагьы ауаа рҿаԥхьа илашалааит... Ижәҩантәу Шәаб ирдуразы» (МАТФЕИ 5:16).
1. Иарбан мзызу ҳара агәырӷьаразы иҳамоу?
ҲАРА даара ҳгәы иахәоит Анцәа имаҵзуҩцәа рылашара шдырлашо ахьҳаҳауа. Ҵыԥхтәи ашықәс аҩныҵҟа Иегова ижәлар 10 000 000 инареиҳаны абиблиатә ҵарақәа мҩаԥыргон. Убри аҟынтә миллионҩыла аҵабырг ахь аинтерес аазырԥшуа ауаа Агәаларшәара ахәылԥаз ахь инеиуеит, уа еилыркаауеит Иегова абзиабара аарԥшны иаҳзыҟаиҵаз аҿыхра аҳамҭа аӡбахә (1 Иоанн 4:9).
2, 3. а) Иаҳԥырхагамзеи «ари адунеи аҿы... лашарбагаҵас» алашара? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Адунеи ахьынӡанаӡааӡо Иегова ишаҳаҭцәа бызшәа рацәала ицәажәоит. Аха уи акзаара змоу ҭаацәарак еиԥш Иегова ирҳаракра иаҳԥырхагаӡам (Аатра 7:9). Ҳазлацәажәо иарбан бызшәазаалакгьы, мамзаргьы ҳахьынхозаалакгьы ҳара «ари адунеи аҿы... лашарбагаҵас» ҳлашалар ҳалшоит (Филиппаа рахь 2:15).
3 Ҳара ҳмаҵзуреи, ҳқьырсиантә акзаареи, ҳгәацԥыҳәареи Иегова дҳараркуеит. Ишԥаҳалшо ҳалашара арлашара арҭ ах-ганк рҿы? (Шәаԥхьа Матфеи 5:14—16.)
ЕГЬЫРҬ ИЕГОВА ИМАҴ РУЛАРЦ ҲРЫЦХРААУЕИТ
4, 5. а) Ишԥаҳалшо хара ҳалашара арлашара, ажәабжьҳәара адагьы? б) Иарбан лҵшәоу ақьиара иаанаго? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
4 Ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи даара ихадоуп ҳалашара лашаларц азы (Матфеи 28:19, 20). 1925 шықәсазы «Свет, сияющий во тьме» захьӡыз астатиаҿы иҳәан аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа раан аӡәымзар-аӡәы Иҳақәиҭу дизиашаны дзаанхаӡом, уи илашара лашалартә алимыршозар ҳәа. Анаҩс ианын: «Иара убас ҟаиҵоит ажәларқәа зегьы ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәозар, насгьы алашара амҩақәа рыла ацаларазы дынхозар» («Сторожевая башня», ииун 1, 1925). Ҳажәабжьҳәара еиԥш, ҳхымҩаԥгашьагьы Иегова дҳаранакуеит. Ажәабжь анаҳҳәо имаҷымкәа ауаа ҳарбоит. Урҭ ҳанырҿаччо, насгьы хаала аԥсшәа анраҳҳәо, ҳзымҵахырхәо Анцәагьы ҳаргьы ибзианы иаҳзыҟазаауеит.
Ҳажәабжьҳәара еиԥш, ҳхымҩаԥгашьагьы Иегова дҳаранакуеит
5 Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Аҩны шәанаҭаауа, аԥсшәа [шәҳәала]» (Матфеи 10:12). Иисус ажәабжь ахьиҳәоз аҭыԥ аҿы ирзымдыруаз ауаа аҩныҟа рааԥхьара ҵасс ирыман. Иахьа аҭыԥқәа жәпакы рҿы ус ҟарҵом. Ирзымдыруа ауаҩы дара рахь даннеиуа уи ргәаԥхом, насгьы агәамҵра иалагоит. Аха ҳара ауаа хаала ҳрацәажәозар, насгьы ақьиара ааҳарԥшуазар, ргәы ҭынчхар алшоит. Астендқәа рыла ажәабжь анышәҳәо, игәашәҭахьома ауаа шәырҿаччаны хаала аԥсшәа анрашәҳәо, дара еиҳа еиӷьны рхы шырбо, насгьы публикациак шырго? Урҭ аиҿцәажәара ианазхиоугьы ыҟоуп!
6. Ирыцхраауазеи зықәрахь инеихьоу хаҵеи-ԥҳәыси анаҩсгьы гәацԥыҳәарала амаҵ аура?
6 Англиа инхо зықәрахь инеихьоу хаҵеи-ԥҳәыси ргәамбзиара иахҟьаны ишашьцылахьаз еиԥш ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәара уаҳа ирылшом. Убри аҟынтә рыҩны азааигәара аишәа алитература ықәҵаны амаҵ руларц рыӡбеит. Дара ашкол азааигәара инхоит, убри аҟынтә зхәыҷқәа раагаразы уахь ицо аҭаацәа иргәаԥхар алшо апубликациақәа шьҭырхуеит. Шьоукы урҭ апубликациақәа ргоит, ашәҟәы «Ответы на твои вопросы», атом 1, 2 уахь иналаҵаны. Пионерс амаҵ зуа аиаҳәшьа зны-зынла урҭ амаҵ рыцылуеит. Аҭаацәа ирбоит уи ахаара шаалырԥшуа, насгьы ибыргу хаҵеи-ԥҳәыси ииашаҵәҟьаны аҭаацәарақәа ирыцхраар шырҭаху. Руаӡәкгьы Абиблиа аҵара далагеит.
7. Ишԥашәылшо шәҭыԥ аҿы инхо зтәыла аанзыжьыз ауаа шәрыцхраар?
7 Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан зыҩны ааныжьны даҽа тәылак ахь ацара зықәшәо рацәоуп. Ишәыцхраауазеи шәҭыԥ аҿы инхо зтәыла аанзыжьыз ауаа Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәара? Актәи, шәара ишәҵар шәылшоит урҭ рбызшәала аԥсшәа аҳәашьа. Анаҩс апрограмма JW Language ала жәақәак шәҵар шәылшоит, усҟан дара иаангыланы шәацәажәара рҭаххар ауеит. Шәара ишәылшоит асаит jw.org аҿы дара рбызшәала иҟоу авидеонҵамҭақәеи апубликациақәеи дшәырбар (Ҩынтәзакәан 10:19).
8, 9. а) Ишԥаҳацхраауеи амчыбжь аҩныҵҟа имҩаԥысуа аизара? б) Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа аҭакқәа рыҟаҵара ирыцхраар?
8 Ҳажәабжьҳәаратә маҵзура алҵшәақәа аанагаларц азы Иегова иаҭаху зегь ҳаиҭоит. Иаҳҳәап, аизара «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аиҭанеирақәа рыҟаҵареи абиблиатә ҵарақәа рылагареи иҳацхраауеит.
9 Ҳара ҳаизарақәа ирҭаауа ауаа лассы-лассы даара иџьаршьоит ахәыҷқәа аҭакқәа аныҟарҵо. Шәхәыҷқәа идшәырҵалар шәылшоит рхатә ажәақәа рыла аҭакқәа рыҟаҵара. Шьоукы аҵабырг ахь аинтерес аадырԥшит ахәыҷқәа имарианы, насгьы гәык-ԥсыкала рыгәрахаҵара шаадырԥшуа анырба ашьҭахь (1 Коринфаа рахь 14:25).
АКЗААРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА
10. Ишԥацхраауеи аҭаацәаратә мҵахәырхәара аҭаацәараҿы акзаара ахьчара?
10 Ҳҭаацәараҿы зегьы акзаареи аҭынчреи рыхьчара ҳанашьҭоу Иегова дҳараҳкуеит. Уи аҟаҵаразы аҭаацәа иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥыргалар ауп. Имаҷымкәа аҭаацәарақәа JW Broadcasting есымзатәи апрограмма еицахәаԥшуеит, уи ашьҭахь ираҳаз рхы ишадырхәаша иалацәажәоит. Ишәгәалашәоз ахәыҷқәа ирҭаху амҩақәҵарақәеи ахбыџқәа ирҭаху амҩақәҵарақәеи шеиԥшым. Ишәылшо зегь ҟашәҵала шәҭаацәараҿы зегьы аҭаацәаратә мҵахырхәара ахәарҭа рзаанагаларц (Аԥсалом 148:12, 13).
Зықәрахь инеихьоу аамҭа рыцыхгара ахәарҭа ҳзаанагоит (Шәахәаԥш абзац 11.)
11—13. Ишԥаҳалшо ҳаизараҿы акзаара ҳацхраар?
11 Шәара шәқәыԥшзаргьы, аизарахь иныҟәоу зегьы аизара иахәҭакны рхы рбаларц шәрыцхраар ауеит. Иаҳҳәап, шәара ишәеиҳабу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шәырҩызахар шәылшоит. Шәразҵаа акыршықәса рыҩныҵҟа Иегова имаҵ аура ирыцхрааз. Урҭ ишәдырҵар алшо рацәоуп. Уи шәара шәеиԥш даргьы ргәы шьҭнахуеит. Ҳара зегьы, ҳқәыԥшзаргьы ҳақәрахь ҳнеихьазаргьы, Аҳратә зал иаҭаауа гәаартыла ҳарԥылалар ҳалшоит. Уи азы иаҭаху абри ауп: аԥсшәа раҳәара, рҿаччара, аҭыԥ рзыԥшаара, насгьы егьырҭ ирабадырырц рыцхраара. Аҩны иҟоушәа рхы рбартә иҟашәҵа.
12 Шәара ажәабжьҳәаразы аиԥылара мҩыԥыжәгозар, зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амаҵзура рхы аладырхәларц шәрыцхраала. Ирзыманшәалоу ажәабжьҳәаразы атерриториа рымазарц иҟашәҵа. Иқәыԥшу ажәабжьҳәаҩцәеи дареи еицышәҵала. Зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, насгьы згәабзиара уашәшәыроу лассы-лассы ргәы каҳауеит уаанӡа еиԥш ажәабжь аҳәара ахьрылымшо. Аха дара ргәы шьҭыҵыр алшоит шәара шәышреиҷаҳауа, насгьы урҭ шеилышәкаауа анырбо. Урҭ шаҟа рхыҵуазаалакгьы, мамзаргьы аҵабырг рдыруеижьҭеи шаҟа шықәса ҵуазаалакгьы, иаашәырԥшуа ақьиара гәацԥыҳәарала анаҩсгьы ажәабжь аҳәара ирыцхраауеит (Алевит 19:32).
Ишәылшома шәеизараҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еиӷьны шәрабадырыр?
13 Израильаа Иегова имаҵ анеицыруаз бзиа ирбон. Аԥсаломшәаҳәаҩ иҩуан: «Шаҟа ибзиоузеи, насгьы шаҟа гәахәара дуузеи аишьцәа акзаара рыманы ианеицынхо». (Шәаԥхьа Аԥсалом 132:1, 2 [133:1, 2, АдҾ].) Иара ари акзаара афҩы хаа змоу, узырлахҿыхуа ахәша ахьшьра иаҿирԥшит. Убас еиԥш, ҳара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ргәы ҳарлахҿыхыр ҳалшоит ахаареи ақьиареи ааҳарԥшуазар. Уи аизараҿы акзаара иацхраауеит. Ишәылшома шәеизараҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еиӷьны шәрабадырыр? (2 Коринфаа рахь 6:11—13).
14. Ишԥашәылшо шәахьынхо аҭыԥ аҿы шәылашара арлашара?
14 Шәара шәахьынхозаалакгьы шәылашара шәырлашалар шәылшоит. Иаашәырԥшуа ақьиара збо шәгәылацәа Иегова иеилкаара рҭаххар алшоит. Шәхы шәазҵаа: «Ишԥасзыҟоу сара сгәылацәа? Ицқьоума сыҩны акәша-мыкәшеи аҩныҵҟеи? Иарԥшӡома уи сахьынхо аҭыԥ? Сазхиоума сара сгәылацәа рыцхраара?» Шәразҵаа егьырҭ Иегова ишаҳаҭцәа рҿырԥши иаадырԥшуа ақьиареи рыуацәеи, ргәылацәеи, аус зцыруа ауааи, ма аҵара зцырҵо ишырнырыз (Ефесаа рахь 5:9).
ШӘҶАԤШЬАЛА
15. Избан ҳара ҳҷаԥшьалар зҳахәҭоу?
15 Ҳара ҳалашара каҷҷаларц ҳҭахызар, иарбан аамҭоу иахьа ҳазҭагылоу ҳхаҳмыршҭлар ауп. Иисус иҵаҩцәа зныкымкәа иреиҳәеит: «Шәҷаԥшьала» (Матфеи 24:42; 25:13; 26:41). «Агәырҩа ду» иаарласны ишыҟало агәра ҳамгозар, егьырҭ Иегова иеилкаара ҳрыцхраарц азы иҳамоу алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәалаӡом (Матфеи 24:21). Усҟан ҳалашара хәыҷы-хәыҷла иҿыцәаалоит, аҵыхәтәаны зынӡа иӡуеит.
16, 17. Иҟашәҵар шәылшозеи шәара анаҩсгьы шәҷаԥшьаларц азы?
16 Ари адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа аицәахара иаҿуп, убри аҟынтә аҷаԥшьара даара ихадоуп. Ҳара иаҳдыруеит ари адунеи аҵыхәтәа Иегова иалихыз аамҭазы ишааиуа (Матфеи 24:42—44). Аха уи аамҭа ааиаанӡа ачҳара ааҳарԥшлароуп, насгьы ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу ҳазхәыцлароуп. Абиблиа есыҽны шәаԥхьала, насгьы анцәаиҳәара ахаан шәаҟәымҵлан (1 Пиотр 4:7). Акыршықәса Иегова имаҵ зуа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирымоу аԥышәа рҿышәҵаала. Шәара ишәылшоит зыԥсҭазаара атәы еиҭазҳәо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҭоурыхқәа шәрыԥхьалар, иаҳҳәап, Апрель 15, 2012 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня» адаҟьақәа 18—21 ирну астатиа «Семьдесят лет держусь за полу иудея».
17 Иегова имаҵ аураҿы еснагь аџьабаа жәбала. Егьырҭ шәрыцхраала, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аамҭа рыцышәхыжәгала. Усҟан анасыԥ шәымазаауеит, насгьы аамҭа ирласны ицалоит (Ефесаа рахь 5:16). Иҳаҩсыз ашәышықәсазы Иегова имаҵзуҩцәа иҟарҵаз даара ирацәоуп. Аха иахьа иҟаҵатәу еиҳагьы ирацәоуп. Ҳмаҵзура ҳхаҿы ишаҳзаамгоз еиԥш аҽарҭбааит. Ҳалашара лашаӡа икаҷҷоит!
Агәышьҭыхразы аҭаарақәа анаҳзыҟарҵо, Анцәа иҟәыӷара ахәарҭа алаҳхлар ҳалшоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 18, 19.)
18, 19. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ аура иҳацхраар? Иаажәга аҿырԥштәы.
18 Ҳара ирацәаны агхақәа шыҟаҳҵогьы, Иегова имаҵ аура ҳалиршоит. Ацхыраара ҳаҭаразы Иегова «ауаа аҳамҭақәа», мамзаргьы аизара аиҳабацәа, ихы иаирхәоит. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 4:8, 11, 12.) Убри аҟынтә урҭ анышәҭаауа, ирымоу аҟәыӷареи ишәырҭо алабжьарақәеи ахәарҭа рылышәхла.
19 Англиа инхо хаҵеи-ԥҳәыси уадаҩрақәак рыман аҟынтә, ҩыџьа аизара аиҳабацәа ацхырааразы ирыҳәеит. Аԥҳәыс лгәы иалан лхаҵа адоуҳатә усқәа рҿы ихахьы аҭакԥхықәра ахьимгоз. Ахаҵа дшырҵаҩ бзиам еиликаауан, насгьы аҭаацәаратә мҵахырхәара иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥигомызт. Аизара аиҳабацәа урҭ хаҵеи-ԥҳәыси Иисус иҿырԥшы азхәыцра ирыцхрааит. Дара ахаҵа дазхьадырԥшит Иисус иҵаҩцәа дышреиҷаҳауаз, насгьы уи иҿыԥшра игәазҭарҵеит. Аԥҳәыс лхаҵа иахь ачҳара аалырԥшларц ларҳәеит. Иара убас ҩыџьа рхәыҷқәеи дареи аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥыргалар шрылшо иазкны алабжьарақәа рырҭеит (Ефесаа рахь 5:21—29). Ахаҵа ибзиоу аҭаацәара ахада иакәхарц азы ихы аус адиулон. Аизара аиҳабацәа игәазҭарҵон уи азықәԥара, насгьы Иегова иԥшьоу идоуҳа ақәгәыӷра. Аизара аиҳабацәа иаадырԥшыз абзиабареи ақьиареи уи аҭаацәара ииашаҵәҟьаны ирыцхрааит!
20. Иарбан лҵшәақәоу иаанаго шәылашара ахьшәырлашо?
20 «Лԥха имоуп дызусҭазаалак Нцәа Ҳазшаз ицәшәо, Иара имҩақәа рыла иныҟәогьы!» (Аԥсалом 127:1 [128:1, АдҾ]). Шәылашара шәырлашозар, шәара насыԥ шәымазаауеит. Убри аҟынтә ауаа Анцәа иеилкаара шәрыцхраала, шәҭаацәареи шәеизареи рҿы акзаара ыҟазарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала, насгьы шәҷаԥшьала. Шәҿырԥш бзиа ауаа ирбалоит, насгьы даргьы Шәаб Иегова хьӡи-ԥшеи иҭара рҭаххоит (Матфеи 5:16).