«Иаанызкылода Иегова иган?»
«Унцәа Иегова уицәшәала, иара заҵәык имаҵ ула, иара уизиашаз» (ҨЫНТӘЗАКӘАН 10:20).
1, 2. а) Избан Иегова иган аанкылара зҟәыӷароу? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
ҲАРА еснагь Иегова ҳизиашаны ҳаанхозар, аҟәыӷара ааҳарԥшуеит. Иара илоу амчи, аҟәыӷареи, абзиабареи уаҳа аӡәымзар-аӡәгьы илам! Ҳәарада, ҳара иаҳҭахуп еснагь ҳизиашазарц, насгьы иган аҿы ҳаҟазарц (Аԥсалом 95:4—6 [96:4—6, АдҾ]). Аха Анцәа имҵахырхәоз шьоукы уи аҟаҵара иаҟәыҵит.
2 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова иган аҿы иҟоуп ҳәа шьақәзырӷәӷәоз, аха убри аамҭазгьы Иегова ицәымӷу аусқәа ҟазҵоз ауаа рҿырԥштәы. Арҭ аҿырԥштәқәа рҟынтә иалҳкаауа аурокқәа Иегова ҳизиашаны аанхара иҳацхраауеит.
ИЕГОВА ҲГӘЫ ҬИҴААУЕИТ
3. Избан Иегова Каин дицхраар зиҭахыз, насгьы иеиҳәазеи иара Каин?
3 Шәизхәыц Каин. Иара амцнцәахәқәа дрымҵахырхәомызт, аха Иегова уеизгьы дизыразымызт. Избан? Иегова ибон Каин игәы ацәгьара шҭаз (1 Иоанн 3:12). Иегова Каин игәиҽаниҵеит: «Абзиара ҟауҵозар, уҳаракымхаӡои? Аха абзиара ҟаумҵозар, агәнаҳа ушә аҿы ишьҭоуп, насгьы уатәнатәыр аҭахуп, аха уаҿагылома уи уара?» (Аҟазаара 4:6, 7). Иегова еилыкка иҳәеит Каин дахьхәызҭгьы, насгьы Анцәа иган аанкылара иӡбазҭгьы, Иаргьы Каин дышидгылоз.
4. Иҟаиҵазеи Каин Иегова иган аанкылара алшара аниоу?
4 Каин ихәыцшьа иԥсахызҭгьы, Иегова уи еиҭа дизыразхар ауан. Аха Каин Анцәа дизымӡырҩит, насгьы иҽеим ихәыцшьеи игәаҳәарақәеи иҽеим аусқәа рахь днаргеит (Иаков 1:14, 15). Иҟалап Каин данқәыԥшыз Иегова диҿагылоит ҳәа ихаҿгьы изаамгозҭгьы. Аха уажәы иара Анцәа диҿагылеит, игәҽанҵара дазхьамԥшӡеит, насгьы иашьа гәакьа дишьит!
5. Иарбан хәыцшьоу Иегова иразра ҳамызхыр алшо?
5 Каин иеиԥш, иахьагьы ақьырсиан Иегова симҵахырхәоит ҳәа иҳәозар ауеит, аха, аиаша уҳәозар, иара Иегова ицәымӷу аусқәа ҟаиҵоит (Иуда 11). Иара амаҵзура еиԥш ақьырсиантә еизарақәагьы гәацԥыҳәарала рыҽрылаирхәуазар алшоит. Аха убри аамҭазгьы иара игәаԥхашәадоу ахәыцрақәеи, аԥсыцәгьареи, ацәымӷреи ихәаԥшышьа ианырларц алиршозар ауеит (1 Иоанн 2:15—17; 3:15). Ари аҩыза ахәыцшьа игәнаҳау аусқәа рахь унаргар алшоит. Егьырҭ ауаа ирзымдыруазар ауеит ҳара иаҳхәыцуа, мамзаргьы иҟаҳҵо, аха Иегова уи идыруеит. Иара идыруеит ҳара гәык-ԥсыкала иган аанаҳкылоу иаанаҳамкылоу. (Шәаԥхьа Иеремиа 17:9, 10.)
6. Дышԥаҳацхраауеи Иегова иҽеим агәазыҳәарақәа риааира?
6 Агхақәа аныҟаҳҵогьы, Иегова иаразнак мап ҳцәикӡом. Ишәарҭоу амҩа ҳақәлазар, Иегова ҳааиԥхьоит: «Сара сахь шәхынҳәы, нас саргьы шәара шәахь схынҳәуеит» (Малахиа 3:7). Иегова еиликаауеит аԥсыҽрақәа шҳамоу, насгьы урҭ ҳшырҿагыло. Аха иара иҭахуп иган аҿы ҳаанхаларц, насгьы ацәгьара ҳаҿагылазарц (Исаиа 55:7). Ус ҟаҳҵалар, иара ажәа ҳаиҭоит дышҳацхраало, насгьы иҽеим агәазыҳәарақәа риааиразы амч шҳаиҭало (Аҟазаара 4:7).
ШӘХЫ ШӘЫМЖЬАЛАН
7. Ишԥаицәыӡи Соломон Иеговеи иареи реиҩызара?
7 Соломон данқәыԥшыз Иеговеи иареи реиҩызара даара иӷәӷәан. Анцәа Соломон аҟәыӷара ду ииҭеит, насгьы иеиҳәеит Иерусалим даараӡа иԥшӡаз аныҳәарҭа ду иргыларц. Аха Соломон Иеговеи иареи реиҩызара ицәыӡит (1 Аҳцәа 3:12; 11:1, 2). Анцәа Изакәан иаҳәон аҳ аҳәса рацәа шааимгар акәыз, игәы бжьымсырц азы (Ҩынтәзакәан 17:17). Соломон ари азакәан дықәымныҟәеит. Иара 700-ҩык аҳәсеи 300-ҩык ауадалыкьҳәсеи иман! (1 Аҳцәа 11:3). Урҭ рҟынтә аӡәырҩы атәым милаҭқәа ирыҵанакуан, насгьы амцнцәахәқәа ирымҵахырхәон. Убас ала Соломон егьырҭ амилаҭқәа иртәыз аҳәса раагара аганахь ала иҟаз азакәангьы еилеигеит (Ҩынтәзакәан 7:3, 4).
8. Иарбан ус хәымгақәоу Соломон иҟаиҵаз?
8 Хәыҷы-хәыҷла Соломон Иегова изакәанқәа рахь абзиабара ицәыӡит. Уи адагьы, аус хәымгақәа рыҟаҵара далагеит. Иара амцнцәаԥҳәыс Астартеи амцнцәахәы Хамоси рзы амҭанагарҭақәа иргылеит, анаҩс иҳәсеи иареи урҭ амцнцәахәқәа ирымҵахырхәон. Уи инеиҳаны, Соломон урҭ амҭанагарҭақәа ашьхараҿы Иегова иныҳәарҭа ахьиргылаз Иерусалим аҿаԥхьаҵәҟьа иргылеит (1 Аҳцәа 11:5—8; 2 Аҳцәа 23:13). Иҟалап Соломон ихы ижьозҭгьы Иегова амҭа изнеигозар, уи иҽеим иусқәа зегьы дрызхьаԥшӡом ҳәа дхәыцуа.
9. Иҟалазеи Соломон Анцәа игәҽанҵарақәа данырзымӡырҩы?
9 Аха Иегова агәнаҳа имбошәа ахаан иҟаиҵом. Абиблиаҿы иануп: «Иегова Соломон игәы изыԥжәеит, избанзар Соломон игәы Иегова, Израиль Анцәа, ицәыхарахеит». Анцәа Соломон дицхраарц иҽазишәеит. Иегова уи «иҿаԥхьа ҩынтә дцәырҵны егьырҭ анцәахәқәа дрышьҭамзарц иеиҳәеит, аха Соломон Иегова идҵа дықәныҟәомызт». Убри аҟынтә иара Анцәа иразреи ицхыраареи ицәыӡит. Иегова Соломон алшара иимҭеит ихылҵшьҭрақәа израильтәи ажәлар иааизакны аҳра рзыруларц, ажәларгьы ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа ауадаҩра ӷәӷәақәа рыман (1 Аҳцәа 11:9—13).
10. Ибжьызхыр алшозеи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара?
10 Ҳара Анцәа инормақәа ззымдыруа, мамзаргьы пату рықәзымҵо ауаа ҩызцәас ишьҭаҳхуазар, урҭ ҳхәыцшьа анырра арҭар, насгьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара бжьырхыр алшоит. Дара аизарақәа рахь иныҟәозар ауеит, аха Иеговеи дареи реиҩызара ӷәӷәаӡам. Мамзаргьы урҭ Иегова имаҵ зымуа ҳауацәа, ҳгәылацәа, аус зцаҳуа, мамзаргьы аҵара ҳацызҵо ракәзар ауеит. Аамҭа зыцҳхаҳго ауаа Иегова инормақәа рыла инымхозар, Иеговеи ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа бжьызхуа иҽеим анырра ҳарҭар рылшоит.
Ишԥаныруеи аамҭа зыцухуго ауаа Иеговеи уареи шәеиҩызара? (Шәахәаԥш абзац 11.)
11. Иҳацхраауазеи аҩызцәа ралхра?
11 Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:33. Имаҷымкәа ауаа аҟазшьа бзиақәа рылоуп. Иегова имаҵ зымуагьы уаа бзиақәазар алшоит. Иҟалап уара ус еиԥш иҟоу ауаа удыруазар. Нас иаанагома уи урҭ ҳарҩызахар ҳалшоит ҳәа? Ишԥаныруеи дара Иеговеи уареи шәеиҩызара? Иуцхраауама дара Анцәа изааигәахара? Ихадоузеи дара рзы? Зыӡбахә рҳәозеи дара? Дара еиҳарак излацәажәо амодеи, аԥареи, акомпиутерқәеи, аҭелқәеи, апланшетқәеи, агәырҿыхагақәеи реиԥш иҟоу атемақәа роума? Идырџьома дара лассы-лассы егьырҭ ауаа? Бзиа ирбома дара иҟьашьу алафқәа? Иисус ҳгәаҳҽаниҵон: «Агәы иҭоу ауп аҿы иаҳәараны иҟоу» (Матфеи 12:34). Аамҭа зыцухуго ауаа Иеговеи уареи шәеизыҟазаашьақәа шыбжьырхуа убозар, иаразнак ак ҟаҵа! Уиаҟара аамҭа рыцухумгалан, иаҭаххаргьы, ус еиԥш иҟоу аҩызцәа зынӡа иааныжь (Ажәамаанақәа 13:20).
ИЕГОВА ҲИЗИАШАЗАР ИҬАХУП
12. а) Иреиҳәазеи Иегова израильаа Мысра ианалҵ ашьҭахь дук мырҵыкәа? б) Ирҳәазеи израильаа Анцәа изиашазарц данрыҳәа?
12 Ҳара иара убас ахәарҭа ҳзаанагоит Иегова израильаа Мысра ианалигаз иҟалаз. Ажәлар ашьха Синаи аҿаԥхьа ианеиза, Иегова урҭ иааџьоушьаша ак дирбеит! Дара аԥсҭҳәа еиқәаҵәеи, амацәыси, алҩеи рбеит, анаҩс адыдмацәыси абыкьбжьы иеиԥшызи ак раҳаит (Ақәҵымҭа 19:16—19). Уи ашьҭахь дара Иегова ибжьы раҳаит, иара иҳәеит инагӡоу азиашара зҭаху шиакәу. Иара иақәиргәыӷит бзиа дызбало, насгьы идҵақәа ирықәныҟәало рахь азиашара шааирԥшло. (Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 20:1—6.) Иегова израильаа идеилиркааит урҭ иара иган аҿы иаанхалар, иаргьы рган аҿы дшыҟазаало. Шәара урҭ ажәлар шәрылагылазҭгьы, шәхы шԥажәбарыз Иегова иажәақәа шәаҳазҭгьы? Иҟалап шәаргьы израильаа реиԥш аҭак ҟашәҵазҭгьы: «Ҳара Иегова ииҳәаз зегь ҟаҳҵоит» (Ақәҵымҭа 24:3). Аха ари ахҭыс ашьҭахь дук мырҵыкәа израильаа рызиашара ԥызшәоз ак ҟалеит. Изакәызи уи?
13. Иԥызшәазеи израильаа рызиашара?
13 Израильаа Анцәа имч ду анырба ишәаӡыӡеит, убри аҟынтә Моисеи ашьха Синаи дхалеит, урҭ рзы Анцәа диацәажәарц (Ақәҵымҭа 20:18—21). Аамҭа цон, аха Моисеи дылбаауамызт. Ажәлар ацәҳәыраҿы рыԥхьагылаҩ ида иаанхазшәа ргәы иабон. Иҟарҵазеи дара? Иҟалап израильаа Моисеи мыцхәы иқәгәыӷуазҭгьы. Дара агәҭынчымра аарԥшра иалаган Аарон иарҳәеит: «Даҳзыҟаҵа ҳаԥхьа игыланы ицало анцәа, избанзар ҳара иҳаздырӡом мысратәи адгьыл ҳалызгаз ари Моисеи ихьыз» (Ақәҵымҭа 32:1, 2).
14. Рхы шԥаржьеи израильаа, насгьы иахиҳәаазеи Иегова урҭ иҟарҵаз?
14 Израильаа ирдыруан аныхамҵахырхәара шиашамыз (Ақәҵымҭа 20:3—5). Аха шаҟа ирласны иалагазеи дара ахьы иалхыз аҳәыс амҵахырхәара! Дара Иегова иԥҟара иахьықәымныҟәаз адагьы, рхы ржьеит уажәгьы Иегова иган ааныркылоит ҳәа. Аарон иакәзар, ари ахьтәы ҳәыс амҵахырхәара «Иегова изку аныҳәа» ахьӡиҵеит! Иҟаиҵазеи Иегова? Иара Моисеи иеиҳәеит ажәлар «ахәымгарақәа ҟарҵоит», насгьы Анцәа иреиҳәаз амҩала ацара иаҟәыҵит ҳәа. Иегова даара игәы ԥжәеит, убри аҟынтә ажәлар зегьы ықәигарц иҭаххеит (Ақәҵымҭа 32:5—10).
Иегова израильаа алшара риҭеит иган аанкылара шырҭахыз аадырԥшырц
15, 16. Ишԥаадырԥши Моисеии Аарони гәык-ԥсыкала Иегова ишидгылаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
15 Аха Иегова — агәрыцҳашьара аазырԥшуа Нцәоуп. Убри аҟынтә ажәлар ықәимхӡеит. Уи аҭыԥан иара израильаа алшара риҭеит Анцәа иган аанкылара шырҭахыз аадырԥшырц (Ақәҵымҭа 32:14). Моисеи израильаа аныха аҿаԥхьа ишыҳәҳәоз, ашәа шырҳәоз, насгьы ишыкәашоз аниба, ахьтәы ҳәыс ԥиҽын, иқәыццышәаа ишьҭеиҵеит. Анаҩс ҿааиҭит: «Иаанызкылода Иегова иган? Сара сахь шәиас!» Уи ашьҭахь «иааикәыршаны алевитцәа гылеит» (Ақәҵымҭа 32:17—20, 26).
16 Аарон ахьы иалхыз аҳәыс шыҟаиҵазгьы, уи дахьхәит, насгьы егьырҭ алевитцәа реиԥш Иегова иган ааникылеит. Анцәа изиашаз арҭ ауаа агәнаҳаҟаҵаҩцәа ишрыдгыламыз аадырԥшит. Урҭ иҟәыӷаз аӡбара рыдыркылеит, избанзар ԥыҭрак ашьҭахь уи аҽны ахьтәы ҳәыс иамҵахырхәаз зықьҩыла ауаа ԥсит. Аха Иегова иган аанызкылаз еиқәхеит, Анцәагьы урҭ дшырзылԥхо ала ажәа риҭеит (Ақәҵымҭа 32:27—29).
17. Еилаҳкаауазеи Павел ахьтәы ҳәыс иазкны ианиҵаз аҟынтә?
17 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Апостол Павел иҳәеит: «Ари ахҭыс ҿырԥштәыс ҳара ҳзыҟалара иазҳәан», ахаан «амурҭаҭ ныхақәа рымҵаныҳәара» ҳаламгарц азы. Павел иҳәеит арҭ ахҭысқәа занырҵаз «ҿырԥштәыс иҟаларазы акәын, аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан инхо ҳгәаҳҽанҵаразы. Убри аҟнытә иӷәӷәаны зшьапы иқәгылоушәа зхы зыԥхьаӡо ауаҩԥсы, угәуҽаныз — укамҳааит» ҳәа (1 Коринфаа рахь 10:6, 7, 11, 12). Павел ишиҳәаз ала, Иегова имаҵ зуагьы иҽеим акы иалаҟьашьхар ауеит. Уи инеиҳангьы Иегова урҭ дырзыразуп ҳәа ргәы иаанагалар рылшоит. Аха ауаҩы Иегова диҩызазарц ахьиҭаху, мамзаргьы азиашара ааирԥшуеит ҳәа ахьиҳәо мацара азы Иегова уи дизыразхом (1 Коринфаа рахь 10:1—5).
18. Избан Иегова ҳаицәыхарахар залшо, насгьы иарбан лҵшәақәоу уи иаанаго?
18 Моисеи Синаи ашьха аҟынтә израильаа шазыԥшыз еиԥш ирласны данылымбаа, урҭ агәҭынчымра роуит. Ари асистема аҵыхәтәа ҳара ҳаназыԥшыз аамҭазы имаазар, ҳаргьы агәҭынчымра ҳаур алшоит. Ҳгәы иаанагар ауеит Иегова ҳзықәиргәыӷыз аԥеиԥш бзиа макьана иҟалом, мамзаргьы агәра агара цәгьоуп ҳәа. Убри аҟынтә Иегова ииҭаху акәымкәа, ҳара иаҳҭаху ҳхы азышьҭра ҳалагар алшоит. Агәҽанызаара ҳамамзар, Иегова ҳаицәыхарахар ауеит, насгьы ахаан ҳхахьы иааҳамгоз аусқәа ҟаҳҵар алшоит.
19. Иаҳгәалашәалар акәзеи ҳара еснагь, насгьы избан?
19 Иегова иҭахуп еснагь ҳаизыӡырҩларц, насгьы иара заҵәык ҳимҵахырхәаларц (Ақәҵымҭа 20:5). Избан? Избанзар иара бзиа ҳаибоит. Иегова ииҭаху ҟаҳамҵозар, ҳара Аҩсҭаа ииҭаху ауп иҟаҳҵо, уи аԥырхага ҳнаҭоит. Павел иҳәеит: «Аамҭак аҩнуҵҟа Иҳақәиҭу иаҿеи аҩысҭаацәа раҿеи еицышәзаанкылауам; иауам иара убас, аамҭак азы, Иҳақәиҭу иеишәеи аҩысҭаацәа реишәеи аицахатәара» (1 Коринфаа рахь 10:21).
ИЕГОВА ШӘИЗААИГӘАЗ
20. Дышԥаҳацхраауеи Иегова агхақәа аныҟаҳҵогьы?
20 Каини, Соломони, израильааи иахьхәырц, насгьы рҽырыԥсахырц алшара рыман (Аусқәа 3:19). Ишеилаҳкааз еиԥш Иегова ижәлар агха ахьыҟарҵо азы мацара иаразнак мап рцәикӡом. Шәазхәыц уи Аарон ишианаижьыз. Иахьа Иегова абзиабара аарԥшны ҳгәаҳҽаниҵоит агхақәа ҳҽырцәихьчарц азы. Иара ихы иаирхәоит Абиблиеи, ҳпубликациақәеи, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи. Иегова игәҽанҵарақәа ҳанрызхьаԥшуа, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит агәшаҭара шааирԥшло.
21. Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова иахь ҳазиашара ԥышәахозар?
21 Иегова иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ахықәкы амоуп (2 Коринфаа рахь 6:1). Уи алшара ҳнаҭоит «адгьылтә гәаҳәарақәа мап ҳәа рызҳәара». (Шәаԥхьа Тит иахь 2:11—14.) Ари асистемаҿы ҳанхонаҵы Иегова иахь ҳазиашара ԥызшәо аҭагылазаашьақәа еснагь ҳрықәшәалоит. Шәазхиаз еснагь Иегова иган аанкылара, насгьы ишәгәалашәоз Иегова Шәынцәа шиакәу, иара шәицәшәала, иара заҵәык имаҵ жәула, иара шәизиашаз! (Ҩынтәзакәан 10:20).