Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 август ад. 9—14
  • Шәыбла иабо ала ауаа шәырмықәыӡбалан

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәыбла иабо ала ауаа шәырмықәыӡбалан
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АУАА РРАСЕИ РМИЛАҬИ АЛА ЕИЛЫШӘЫМХЛАН
  • АМАЛ ЗМОУИ ИЗМАМИ ЕИЛЫШӘЫМХЛАН
  • АУАА РЫҚӘРА АЛА ЕИЛЫШӘЫМХЛАН
  • ИИАШОУ АӠБАҨ
  • Иеговеи Иисуси ирыбжьоу акзаара аҩыза ааҳарԥшлап
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 август ад. 9—14

Шәыбла иабо ала ауаа шәырмықәыӡбалан

«Иазхоуп ижәбо ала ауаа рықәыӡбара, ииашоу ӡбарала шәыӡбала» (ИОАНН 7:24, АдҾ).

АШӘАҚӘА: 142, 123

ИҲАИЛДЫРКААУАЗЕИ АРҬ АЖӘЕИНРААЛАҚӘА АУАА РЫҚӘЫӠБАРА ИАЗКНЫ?

  • Аусқәа 10:34, 35

  • Алевит 19:15

  • 1 Тимофеи иахь 4:12

1. Ииҳәазеи Исаиа Иисус изкны, насгьы избан уи ҳгәы зарҭынчуа?

ИСАИА Иисус Христос изкны ииҳәаз аԥааимбаражәа ҳгәы шьҭнахуеит, насгьы агәыӷра ҳнаҭоит. Уи иҳәеит: «Иара аус иӡбалаӡом ибла иабо мацарала, насгьы ириашалаӡом илымҳа иаҳауа мацарала. Иара иашала иӡбалоит аӷарцәа рус» (Исаиа 11:3, 4). Избан ари ҳгәы зарҭынчуа? Избанзар ҳара ҳанхоит тәамбарала иҭәу адунеи аҿы, насгьы иааҳакәыршаны иҟоу ауаа рыбла иабо мацарала егьырҭ ирықәыӡбоит. Убри аҟынтә ҳара инаӡоу аӡбаҩ даҳҭахуп, уи Иисус Христос иоуп, иара ахаангьы иибо ала дҳақәыӡбаӡом!

2. Ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра егьырҭ ҳшырзыҟоу аҿы, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Есыҽны ҳара ауаа ирызкны еиуеиԥшым агәаанагарақәа шьақәҳаргылоит. Аха ҳара Иисус дшынаӡаз еиԥш ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә ҳгәаанагарагьы наӡам. Ҳара иаҳбо анырра ӷәӷәа ҳнаҭалар алшоит. Ус шакәугьы, Иисус иҳәеит: «Иазхоуп ижәбо ала ауаа рықәыӡбара, ииашоу ӡбарала шәыӡбала» (Иоанн 7:24, АдҾ). Иисус иҭахуп иара ҳаиҿыԥшларц, насгьы иаҳбо ала ауаа ҳармықәыӡбаларц. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ҳгәаанагара ианырыр алшо х-ҭагылазаашьак: ауаҩы ираса ма имилаҭ, шаҟа аԥара имоу, насгьы шаҟа ихыҵуа. Ҳара еилаҳкаауеит арҭ ах-ҭагылазаашьак рҿы Иисус ҳаиҿыԥшны иаҳбо ала ауаа ҳармықәыӡбалар шҳалшо.

АУАА РРАСЕИ РМИЛАҬИ АЛА ЕИЛЫШӘЫМХЛАН

3, 4. а) Избан Пиотр амурҭаҭцәа дшырзыҟаз зиԥсахыз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иарбан иҿыцу ҵабыргу Иегова Пиотр иеилиркааз?

3 Шәазхәыц апостол Пиотр ицәаныррақәа зеиԥшраз Кесариа инхоз амурҭаҭ Корнили иҩныҟа дцарац ианиҳәа! (Аусқәа 10:17—29). Иара дхәыҷаахыс амурҭаҭцәа цқьам ҳәа иԥхьаӡон. Аха ааигәа иҟалаз ахҭысқәа ихәыцшьа рыԥсахит. Иара Анцәа иҟынтә абара иоуит (Аусқәа 10:9—16). Пиотр ибеит ажәҩан аҟынтә аш лых иеиԥшыз маҭәарк шылбаауаз, уи ицқьам ҳәа иԥхьаӡаз аԥстәқәа анын. Анаҩс ажәҩан аҟынтә абжьы иаҳаит: «Пиотр, угыл, абарҭ зегьы шьны иф». Пиотр лакҩакрада мап икит. Анаҩс абжьы ианаҳәеит: «Ицқьам ҳәа азумҳәан Анцәа ицқьаны иҟаиҵаз». Аха Пиотр изеилымкааӡеит ари абжьы ианаҳәарц аҭахыз. Иара убри ашьҭахьҵәҟьа Корнили иааишьҭыз ауаа Пиотр иахь иааит. Иԥшьоу адоуҳа Пиотр Корнили иахь дцарц игәазҭанаҵеит, убри аҟынтә иара иааз ауаа дрыццеит.

4 Пиотр иибоз мацарала ауаа дрықәыӡбозҭгьы, Корнили иҩныҟа ахаан дцомызт. Ауриацәа ахаангьы амурҭаҭцәа рыҩны иҩналомызт. Нас избан Пиотр дызцаз? Иара амурҭаҭцәа атәеибомызт, аха иоуз абареи иԥшьоу адоуҳа инаҭаз анапхгареи ихәыцшьа рыԥсахит. Пиотр Корнили данизыӡырҩ ашьҭахь иҳәеит: «Уажәшьҭа инҭкааҵәҟьаны еилыскаауеит Анцәа, ииашаҵәҟьаны, еилых-еилаҵа змам аӡә шиакәу. Уи иарбан милаҭзаалакь иреиуоу идикылоит, урҭ ауаа Иара дхарҵозар, иаша-ҵабыргла иныҟәозар» (Аусқәа 10:34, 35). Иҿыцу ари аилкаара Пиотр даршанхеит, иара убас уи ақьырсианцәа зегьы ирнырыр акәын. Ишԥа?

Иҳалшома ҳгәаҿы атәамбара аарԥшра, ауаа еилаҳхӡом ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы?

5. а) Ииҭахузеи Иегова ақьырсианцәа зегьы еилыркааларц? б) Иарбан цәаныррақәоу иҳамазар алшо, аҵабырг шаҳдыруагьы?

5 Пиотр ила Иегова ақьырсианцәа зегьы идеилиркаар иҭахын ауаа шеилимхуа. Иегова изы арасақәеи, амилаҭқәеи, ахылҵшьҭрақәеи, абызшәақәеи зегь еиԥшуп. Ҳара Иегова ҳицәшәозар, насгьы ииҭаху ҟаҳҵозар, иара даҳзыразызаауеит (Галаҭаа рахь 3:26—28; Аатра 7:9, 10). Иҟалап шәара уи ибзианы ижәдыруазар. Аха иҟашәҵарызеи шәара атәамбара ахьаадырԥшуа атәылаҿы ма аҭаацәараҿы ишәызҳазар? Иҟалап шәара атәамбара аашәырԥшуам ҳәа шәгәы иаанагозар, аха уи ус шакәым шәызгәамҭозар ауеит. Пиотр Анцәа ауаа шеилимхуа аилкаара егьырҭ данрыцхраа ашьҭахьгьы, атәамбара аарԥшра даҟәымҵӡеит (Галаҭаа рахь 2:11—14). Ишԥаҳалшо ҳара Иисус ҳаиҿыԥшны ауаа рықәыӡбара ҳаҟәыҵыр?

6. а) Иҳацхраар алшозеи атәамбара аиааира? б) Иаанарԥшызеи аҭакԥхықәра здыз аиашьа ииҩыз асаламшәҟәы?

6 Атәамбара ҳалоу иҳаламу еилаҳкаарц азы ҳхы гәаҳҭар ауп. Ҳара ҳгәазыҟашьа Анцәа Иажәа иану иаҿҳарԥшыр ҳахәҭоуп (Аԥсалом 118:105 [119:105, АдҾ]). Иара убас иҳалшоит ҳҩыза бзиа атәамбара шааҳарԥшуа гәеиҭахьома ҳәа ҳиазҵаар, избанзар ҳхаҭа уи ҳазгәамҭозар алшоит (Галаҭаа рахь 2:11, 14). Иҟалап атәамбара аарԥшра ҳашьцылахьазар, убри аҟынтә уи шҳалоу зынӡаск иҳазгәамҭозар. Абас ихьит аҭакԥхықәра зду иашьак. Иара заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа хаҵеи-ԥҳәыси ирызкны афилиал ахь асаламшәҟәы иҩит. Ахаҵа аӡәырҩы пату зқәырымҵо амилаҭ даҵанакуан. Аиашьа исаламшәҟәаҿы уи даара ибзианы дихцәажәеит, аха иациҵеит: «Иара [абри амилаҭ] дшатәугьы ихымҩаԥгашьеи иԥсҭазаашьеи иаадырԥшуеит [уи амилаҭ иатәу] рҟынтә ацқьара злоу ауаагьы шыҟоу». Иаҳнарҵозеи ари ҳара? Иегова иорганизациаҿы шаҟа аҭакԥхықәра ҳадзаалакгьы, атәамбара ҳалоу иҳаламу еилаҳкаарц азы ҳхы гәаҳҭалар ауп, насгьы ацхыраара ҳадаҳкылалар ауп. Иҟаҳҵар ҳалшозеи еиҭа?

7. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ҳгәы-ҳаԥсы шааҳартыз?

7 Ҳара ҳгәы-ҳаԥсы ааҳартуазар, атәамбара аҭыԥан абзиабара ааҳарԥшлоит (2 Коринфаа рахь 6:11—13). Еиӷьашәшьома шәара шәрасеи, шәмилаҭи, шәхылҵшьҭреи, ма шәбызшәеи иатәу ауаа рымацара аамҭа рыцыхгара? Ус акәзар, шәҽазышәшәа егьырҭгьы ибзианы аамҭа рыцыхгара. Шәара ишәылшоит егьырҭ амилаҭқәа ирыҵанакуа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ажәабжьҳәара шәрыццар. Мамзаргьы урҭ шәыҩныҟа акреицышәфарц азы, ма аиҩызаратә еиԥыларахь иаашәыԥхьар шәылшоит (Аусқәа 16:14, 15). Усҟан шәгәы бзиабарала иҭәуеит, убри аҟынтә уа атәамбаразы уаҳа аҭыԥ ҟалом. Уажәшьҭа шәааи еилҳаргап иаҳбо ала ауаа ҳрықәыӡбалар ахьалшо даҽа ганк.

АМАЛ ЗМОУИ ИЗМАМИ ЕИЛЫШӘЫМХЛАН

8. Ишԥаҳнырыр алшо ауаҩы дахьбеиоу, мамзаргьы дахьӷару, Алевит 19:15 инақәыршәаны?

8 Ҳара амал змоуи измами ҳшырзыҟоу еиԥшымзар ауеит. Алевит 19:15 иануп: «Аӷар тәамбарыла уизымныҟәан, абеиа деиӷьумшьан. Иузааигәоу иашарыла иус ӡбала». Ишԥалшо ауаҩы дахьбеиоу, мамзаргьы дахьӷару ҳара иаҳнырыр?

9. Иарбан илахьеиқәҵагоу ҵабыргу Соломон ииҩыз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?

9 Анцәа Соломон игәазҭеиҵеит илахьеиқәҵагоу уи аҵабырг Абиблиа ианиҵарц: «Аӷар изааигәоу ауаагьы дырцәымӷуп, абеиа аҩызцәа рацәаны имоуп» (Ажәамаанақәа 14:20). Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳара ҳгәаҳҽанымзар, амал змоу ҳашьцәа рыбжьара аҩызцәа ҳрышьҭазаалоит, насгьы измам ҳрызхьаԥшлаӡом. Избан изшәарҭоу амал змоуи измами ҳәа реилыхра?

10. Иарбан уадаҩроу Иаков дызлацәажәоз?

10 Ҳара аишьцәа амал змоуи измами ҳәа еилаҳхуазар, аизараҿы акзаара еилаҳгар ауеит. Актәи ашәышықәсазы еизарақәак рҟны уи аҩыза ҟалеит, убри аҟынтә Иаков урҭ ақьырсианцәа ргәырҽаниҵеит. (Шәаԥхьа Иаков 2:1—4.) Ҳара аизараҿы аилыхра ыҟазарц алҳмыршозар ауп. Аха ишԥаҳалшо ауаа рмазара зеиԥшроу инақәыршәаны рықәыӡбара ҳҽацәаҳахьчар?

Атәамбара ҳалоу иҳаламу еилаҳкаарц азы ҳхы гәаҳҭалар ауп, насгьы ахынраалара аарԥшны ацхыраара ҳадаҳкылалар ауп

11. Иалшома ауаҩы имазара ма имамзаара Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа ирнырыр? Иҳаилшәыркаа.

11 Ҳара ҳашьцәа Иегова дышрыхәаԥшуа еиԥш ҳрыхәаԥшлар ауп. Иегова ауаҩы ихә зишьо амал ахьимоу, мамзаргьы дахьӷару азы акәӡам. Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа шаҟа аԥареи амали ҳамоу акәӡам изхьыԥшу. Ааи, Иисус иҳәеит «ауаҩ беиа ицәыхьанҭоуп Жәҩантәи Аԥсҳара аҭалара» ҳәа, аха иара уи залшом ҳәа имҳәаӡеит (Матфеи 19:23). Иара убас Иисус иҳәеит: «Насыԥ шәымоуп шәара, иӷару, избанзар Анцәа Иаҳра шәтәуп» (Лука 6:20). Аха ари иаанагаӡом иӷару зегьы Иисус изыӡырҩлоит, насгьы иҷыдоу азылԥхарақәа роуеит ҳәа. Иахьа даара ирацәоуп иӷару, аха Иисус изымӡырҩуа ауаа. Ажәакала иуҳәозар, ҳара ҳамхәыцуазар ауп ауаҩы Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа зхьыԥшу шаҟа амал имоу ауп ҳәа.

12. Ирабжьнагозеи Иԥшьоу Аҩыра амал змоугьы измамгьы?

12 Иегова ижәлар рыбжьара иҟоуп амал змоугьы измамгьы. Аха урҭ зегьы Иегова бзиа дырбоит, насгьы гәык-ԥсыкала имаҵ руеит. Иԥшьоу Аҩырақәа амал змоу аанаԥхьоит «рмал иамырԥагьаразы, иақәымгәыӷразы,— уи наӡаӡатәым, еиӷьуп зыԥсҭоу Анцәа иқәгәыӷра». (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 6:17—19.) Анцәа Иажәа иара убас Иегова имаҵзуҩцәа зегь ргәырҽаннаҵоит аԥара бзиа ирымбаларц (1 Тимофеи иахь 6:9, 10). Ҳашьцәа Иегова дышрыхәаԥшуа еиԥш ҳрыхәаԥшлар, ирымоу ма ирымам ала реилыхра ҳалагом. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи урҭ рықәра аганахь ала? Иҳалшома уи иахҟьангьы ауаа еилаҳхлар?

АУАА РЫҚӘРА АЛА ЕИЛЫШӘЫМХЛАН

13. Иҳанаҳәозеи Абиблиа зықәрахь инеихьоу ауаа пату шрықәҵалатәу аганахь ала?

13 Лассы-лассы Абиблиа иҳабжьнагоит зықәрахь инеихьоу ауаа пату рықәаҳҵаларц. Алевит 19:32 аҿы иануп: «Ишлахьоу уихаҵгылала, абырг пату иқәҵала. Унцәа уицәшәала». Ажәамаанақәа 16:31 рҿгьы иануп: «Ашлара аԥшӡара иагәыргьынуп, уи амҩа иаша ианызар». Павел Тимофеи иеиҳәон зықәрахь инеихьоу ауаа дырмықәыӡбаларц, аха абацәа реиԥш дырзыҟазарц (1 Тимофеи иахь 5:1, 2). Тимофеи иеиҳабыз аишьцәа реиҳа аҭакԥхықәрақәа шимазгьы, еснагь дара рахь агәрыцҳашьареи, апатуқәҵареи ааирԥшлар акәын.

14. Ианбаҭаххар алшо иҳаиҳабу аиашьа ириашара?

14 Иҟалозеи зықәрахь инеихьоу аӡәы идырны агәнаҳа ӷәӷәа, мамзаргьы Иегова игәамԥхо ак ҟаиҵозар? Иегова идырны агәнаҳа ҟазҵо ауаҩы ианаижьуам, уи зықәрахь инеихьоу, насгьы пату зқәырҵо ауаҩ иакәзаргьы. Шәазхьаԥш Исаиа 65:20 иану апринцип: «Агәнаҳаҟаҵаҩ шәышықәса ихыҵуазаргьы дыршәиуеит». Уи иеиԥшу апринцип Иезекииль иибаз абараҿы иҳаԥшаар ҳалшоит (Иезекииль 9:5—7). Зегь раасҭа ихадоу — Амшқәа рыла Иажәу, Иегова, пату иқәҵара ауп (Даниил 7:9, 10, 13, 14). Иегова пату иқәаҳҵозар, ацхыраара зҭаху ауаҩы ириашаразы агәымшәара ҳауеит, уи шаҟа ихыҵуазаалакгьы (Галаҭаа рахь 6:1).

Иаашәырԥшуама шәара апатуқәҵара ишәеиҵбацәоу аишьцәа рахь? (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Иҳаилнаркаауазеи апостол Павел иҿырԥштәы аиҵбацәа пату шрықәҵалатәу аганахь ала?

15 Аиашьа дқәыԥшзар, иаанагома уи апатуқәҵара даԥсам ҳәа? Мап. Павел Тимофеи изиҩит: «Уахьҿоу, уахьқәыԥшу азы аӡәы иԥышә уқәимҵааит; иуҳәо аҿы, уԥсҭазаараҿ, убзиабараҿ, удоуҳаҿы, угәрахаҵараҿы, уԥсыцқьараҿ уҿырԥшыгазааит» (1 Тимофеи иахь 4:12). Павел арҭ ажәақәа аниҩуаз Тимофеи 30 шықәса раҟара ихыҵуан, аха Павел уеизгьы ихадоу аҭакԥхықәра ииҭеит. Иаҳнарҵозеи ҳара уи? Ҳара аишьцәа рықәра ала еилаҳамхлароуп. Шәазхәыц Иисус иҟаиҵахьаз 33 шықәса анихыҵуаз!

16, 17. а) Ишԥарыӡбо аизара аиҳабацәа аиашьа амаҵзуратә цхырааҩыс, мамзаргьы аизара аиҳабыс аҟалара дазхиоу дазхиаму? б) Ишԥалшо ҳхатә гәаанагареи ҳҵасқәеи Иԥшьоу Аҩыра иану иаҿагылар?

16 Культурақәак рҿы еиҵбацәоу рахь апатуқәҵара аадырԥшуам. Убри аҟынтә иқәыԥшу аиашьа амаҵзуратә цхырааҩыс, мамзаргьы аизара аиҳабыс аҟалара иҽазишәозаргьы, аизара аиҳабацәа рҟынтә шьоукы аҭакԥхықәра идҵара рҭахымхар алшоит. Аха Абиблиаҿы џьаргьы иарбаӡам аиашьа амаҵзуратә цхырааҩыс, ма аизара аиҳабыс дҟаларц азы иқәра зеиԥшразар ахәҭоу (1 Тимофеи иахь 3:1—10, 12, 13; Тит иахь 1:5—9). Аизара аиҳабы уи аганахь ала икультура инақәыршәаны аԥҟара шьақәиргылозар, Анцәа Иажәа иану дықәныҟәаӡом. Аизара аиҳабацәа иреиҵбацәоу аишьцәа рганахь ала аӡбарақәа анрыдыркыло, рхатә гәаанагареи аҭыԥантәи аҵасқәеи ракәымкәа, Анцәа Иажәа рыхшыҩ азырышьҭлар ауп (2 Тимофеи иахь 3:16, 17).

17 Аизара аиҳабацәа егьырҭ аишьцәа аҭакԥхықәра рыдҵаразы абиблиатә принципқәа рхы иадмырхәалар, амаҵзуратә цхырааҩыс, мамзаргьы аизара аиҳабыс иҟалар зҭаху аишьцәа ирԥырхагахар ауеит. Тәылак аҿы амаҵзуратә цхырааҩ идыз аҭакԥхықәрақәа ибзианы инаигӡон, убри аҟынтә аизара аиҳабацәа ирыԥхьаӡон иара аизара аиҳабыс дҟаларц азы абиблиатә нормақәа дрықәшәоит ҳәа. Аха еиҳа еиҳабыз аизара аиҳабацәа шьоукы ирҳәеит уи макьана дқәыԥшцәоуп ҳәа, убри аҟынтә аҭакԥхықәра идҵара рҭахымхеит. Илахьеиқәҵагоуп, аха уи аиашьа аизара аиҳабыс дҟаларц аҭакԥхықәра ирымҭеит, избанзар урҭ рхәыцшьа иашамызт. Ус еиԥш иҟоу ахәаԥшышьа атәылақәа жәпакы рҿы иҟазар алшоит. Убри аҟынтә даара ихадоуп ҳхатә гәаанагареи аҭыԥантәи аҵасқәеи ракәымкәа, Абиблиа ҳахшыҩ азаҳашьҭлар. Ус ҟаҳҵалар Иисус ҳаиҿыԥшлоит, насгьы иаҳбо ала ауаа ҳрықәыӡбалаӡом.

ИИАШОУ АӠБАҨ

18, 19. Иҳацхраауазеи ҳашьцәа Иегова дышрыхәаԥшуа еиԥш рыхәаԥшра?

18 Ҳара ҳнаӡаӡам, аха уеизгьы иҳалшоит Иегова иеиԥш егьырҭ рахь атәамбара аамырԥшышьа ҳҵар (Аусқәа 10:34, 35). Убри аҟынтә Анцәа Иажәа иану агәаларшәарақәа еснагь ҳахшыҩ рзаҳашьҭлароуп. Урҭ ҳрықәныҟәозар, Иисус идҵа ҳазыӡырҩуеит: «Иазхоуп ижәбо ала ауаа рықәыӡбара» (Иоанн 7:24, АдҾ).

19 Иаарласны Ҳаҳ Иисус Христос ауаа зегь дрықәыӡбоит. Иара ибла иабои илымҳа иаҳауеи ала акәымкәа, ииашоу Анцәа инормақәа инарықәыршәаны дыӡбалоит (Исаиа 11:3, 4). Ҳара ииашаҵәҟьаны ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп уи аамҭа!

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Шәыбла иабо ала ауаа шәырмықәыӡбалан: Иисус ахаан ауаа еилихуамызт урҭ зҵанакуа арасеи, мамзаргьы рмали рықәреи инарықәыршәаны. Уи дызхәаԥшуаз ауаҩы игәы иҭаз акәын. Ҳара ҳшынаӡамгьы, иҳалшоит Иисус ҳаиҿыԥшны Иегова ауаа дышрыхәаԥшуа еиԥш рыхәаԥшра

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра