Насыԥ рымоуп «насыԥшара змоу Анцәа» имаҵ зуа
«Насыԥ рымоуп Иегова Нцәас дызмоу ауаа!» (АԤСАЛОМ 144:15, АдҾ).
1. Избан Иегова ишаҳаҭцәа насыԥ зрымоу? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
ИЕГОВА ИШАҲАҬЦӘА насыԥ змоу уаауп. Урҭ ахьеиқәшәозаалакгьы, аизара аҿы аума, аконгресс аҿы ума, ма аиҩызаратә еиԥылараҿы аума еицәажәоит, ихәмаруеит, иччоит. Избан дара абас насыԥ зрымоу? Раԥхьаӡа иргыланы уи зыбзоуроу «насыԥшара змоу Анцәа» дахьырдыруа ауп. Дара имаҵ руеит, насгьы иҿыԥшра рҽазыршәоит (1 Тимофеи иахь 1:11; Аԥсалом 15:11 [16:11, АдҾ]). Иегова анасыԥ дахыҵхырҭоуп, иара иҭахуп ҳаргьы анасыԥ ҳамазарц, убри аҟынтә агәырӷьара ҳамазарц азы иаҭаху зегь ҳаиҭоит (Ҩынтәзакәан 12:7; Екклезиаст 3:12, 13).
2, 3. а) Иаанагозеи насыԥ амазаара? б) Избан агәырӷьара ҳцәыӡыр залшо?
2 Уара? Иуҳәар улшома насыԥ умоуп ҳәа? Насыԥ змоу ауаҩы агәазыҟашьа бзиа ааирԥшуеит, иԥсҭазаара агәахәареи агәырӷьареи изаанагоит. Абиблиа иаҳнарбоит Иегова дыззылԥхо ииашаҵәҟьоу анасыԥ аиура шрылшо. Аха избан ари адунеи аҿы анасыԥ аиура мариамхар залшо?
3 Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо агәырӷьара ҳцәыӡыр алшоит. Иаҳҳәап, иузааигәоу ауаҩы дыԥсызар, мамзаргьы аизара далырцазар ауеит, ухатә ҩызеи уареи шәеилыҵзар, ма аусура уцәыӡзар алшоит. Уи инеиҳангьы анасыԥ амазаара мариамзар ҟалоит аҭаацәараҿы аҭынчра аныҟам, аус ҳацызуа, ма аҵара ҳацызҵо анаҳхыччо, ашьҭашәарыцарақәа ҳанрықәшәо, мамзаргьы Иегова имаҵ ахьаҳуа азы абахҭа ҳанҭаркуа. Иара убас ҳгәабзиара уашәшәырахар, хәышәтәышьа змам ачымазара шҳамоу еилаҳкаар, мамзаргьы адепрессиа ҳамазар алшоит. Аха ишәхашәмыршҭлан насыԥ змоу Анапхгаҩ иеиԥш Иисус Христос ауаа ргәы арҭынчра, насгьы анасыԥ рыҭара бзиа ишибоз (1 Тимофеи иахь 6:15; Матфеи 11:28—30). Иисус ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы еиқәиԥхьаӡеит еиуеиԥшым аҟазшьақәа. Ҳара Аҩсҭаа идунеи аҿы ҳшынхогьы, насгьы ауадаҩрақәа рацәаны ишҳамоугьы, урҭ аҟазшьақәа анасыԥ аиура иҳацхраар рылшоит.
ИЕГОВА ИДА АНАСЫԤ ҲАУАМ
4, 5. Иҟаҵатәузеи анасыԥ аиуразы, насгьы уи ахьчаразы?
4 Иисус раԥхьаӡа иргыланы дызлацәажәаз аҵак ду амоуп. Иара иҳәеит: «Насыԥ рымоуп здоуҳатә ҭахрақәа еилызкаауа, избанзар урҭ жәҩантәи Аҳра ртәуп» (Матфеи 5:3, АдҾ). Ҳдоуҳатә ҭахрақәа еилаҳкаауазар, Анцәа изку адыррақәеи, ицхыраареи, инапхгареи шаҳҭаху еилаҳкаалоит. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо уи ус шакәу? Абиблиа ҭаҳҵаауазар, Анцәа ҳаизыӡырҩуазар, насгьы Анцәа имаҵ аура ҳаԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылозар. Арҭ аусқәа анасыԥ ҳзааргоит. Иара убас Анцәа иқәыргәыӷрақәа зегь шынагӡахо ала иҳамоу агәрахаҵара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Насгьы Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу анасыԥ ҳзаазго агәыӷра ҳгәы шьҭнахуеит (Тит иахь 2:13).
5 Ҳзықәшәозаалакгьы анасыԥ ҳамазарц ҳҭахызар анаҩсгьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалар ауп. Апостол Павел иҳәеит: «Еснагь Иҳақәиҭу шәизгәырӷьала; иеиҭасҳәоит: шәизгәырӷьала Уи» (Филиппаа рахь 4:4). Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәазарц азы иара иҟәыӷара ҳамазар ауп. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Насыԥ имоуп аҟәыӷара зыԥшааз, насгьы агәеилых бзиа еиззырҳауа ауаҩы... Уи аиура иашьҭоу рзы аԥсҭазаара аҵла иаҩызоуп, иара иацәхьамҵуа насыԥ змоу ҳәа рзырҳәалоит» (Ажәамаанақәа 3:13, 18).
Анасыԥ ҳцәымӡырц азы Абиблиа аҟынтә еилаҳкаауа анаҩсгьы ҳхы иаҳархәалар ауп
6. Иҟаҵалатәузеи еиҭа анасыԥ ҳцәымӡырц азы?
6 Анасыԥ ҳцәымӡырц азы Абиблиа аҟынтә еилаҳкаауа анаҩсгьы ҳхы иаҳархәалар ауп. Уи шхадоу иазкны Иисус иҳәеит: «Абри дырны ианынашәыгӡауа — бзазара шәымоуп» (Иоанн 13:17; шәаԥхьа Иаков 1:25). Ари даара ихадоуп ҳдоуҳатә ҭахрақәа рынагӡареи еснагь анасыԥ амазаареи ҳҭахызар. Аха ишԥаҳалшо насыԥ ҳамазар, уи ҳамызхыр алшо даара ишырацәоугьы? Шәааи еилҳаргап Иисус ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы еиҭа дызлацәажәаз.
АНАСЫԤ ҲЗААЗГО АҞАЗШЬАҚӘА
7. Насыԥ имазар шԥалшо иҵәыуо ауаҩы?
7 «Бзазара рымоуп иҵәуа, урҭ агәҭынчра роуеит» (Матфеи 5:4). Ҳара иџьаҳшьозар алшоит: «Ишԥарылшо иҵәыуо насыԥ рымазар?». Иисус зыӡбахә иҳәоз иҵәыуо зегь ракәӡам. Ацәгьара ҟазҵо аӡәырҩы ауаа ҵәыуоит, мамзаргьы ргәы каҳаны иҟоуп, избанзар арҭ ихьанҭоу «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ауадаҩрақәа ирықәшәоит (2 Тимофеи иахь 3:1). Аха урҭ Иегова иакәымкәа рхы мацара иазхәыцуеит, дара Анцәа иҩызахара рҭахӡам, убри аҟынтә анасыԥ роураны иҟам. Иисус зыӡбахә иҳәоз здоуҳатә ҭахрақәа еилызкаауа роуп. Дара ҵәыуоит, избанзар аӡәырҩы ауаа Анцәа ишиҿагылаз, насгьы изыӡырҩра шырҭахым рбоит. Дара иара убас еилыркаауеит ишынаӡам, насгьы ари адунеи аҿы иҟоу аус цәгьақәа рбоит. Иегова ибоит абарҭ амзызқәа ирыхҟьаны иҵәыуо ауаа. Иара урҭ Иажәа ацхыраарала ргәы ирҭынчуеит, насгьы анасыԥи наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷреи риҭоит. (Шәаԥхьа Иезекииль 5:11; 9:4.)
8. Избан цәгьара злам ауаҩы насыԥ зимоу?
8 «Бзазара рымоуп цәгьара злам, урҭ адунеи ртәхоит» (Матфеи 5:5). Избан цәгьара злам ауаҩы насыԥ зимоу? Аӡәырҩы ауаа гәымбылџьбароуп, убри аҟынтә ирацәаны ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Аха дара аҵабырг анеилыркаалак, рҽырыԥсахуеит, насгьы уаҩ ҿыцны иҟалоит. Анаҩс дара аҟазшьа бзиақәа раарԥшра иалагоит, иаҳҳәап, «агәыҳалалра, аҟәыӷара, ахыларҟәра, ахачҳара» (Кәаласаа рахь 3:9—12). Уи абзоурала дара ирымоуп аҭынчра, егьырҭи дареи реизыҟазаашьақәа бзиоуп, насгьы насыԥ рымоуп. Уи инеиҳангьы Анцәа Иажәа иануп ус еиԥш иҟоу ауаа адгьыл шырҭынхо (Аԥсалом 36:8—10, 29 [37:8—10, 29, АдҾ]).
9. а) Ииҳәарц ииҭахызи Иисус цәгьара злам адунеи ртәхоит ҳәа аниҳәоз? б) Избан «аиаша-ҵабырг иазгәышьуа, иазӡышуа» насыԥ рымазар зрылшо?
9 Ииҳәарц ииҭахызи Иисус цәгьара злам адунеи ртәхоит ҳәа аниҳәоз? Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа адгьыл ртәхоит аҳцәеи аԥшьаҩцәеи раҳасабала уи напхгара аназыруло (Аатра 20:6). Жәҩантәи агәыӷра змам миллионҩыла егьырҭ ауаа адгьыл ртәхоит уа наӡаӡа анхаразы алшара анроуа. Дара наӡахоит, насгьы аҭынчреи анасыԥи рымазаауеит. Урҭ ирызкны Иисус еиҭа иҳәеит: «Бзазара рымоуп аиаша-ҵабырг иазгәышьуа, иазӡышуа» (Матфеи 5:6). Аиашара аиҭашьақәыргыларазы урҭ ирымоу агәаҳәара наӡоит Иисус ацәгьара зегьы анықәигалак (2 Пиотр 3:13). Адунеи ҿыц аҿы дара анасыԥ рымазаауеит, насгьы ауаа цәгьақәа рус хәымгақәа ирыхҟьаны уаҳа иҵәыуалаӡом (Аԥсалом 36:17 [37:17, АдҾ]).
10. Иаанагозеи агәрыцҳашьара аарԥшра?
10 «Бзазара рымоуп арыцҳашьара злоу, даргьы рыцҳашьахоит» (Матфеи 5:7). Арыцҳашьара аарԥшра иаанагоит агәаҟра иақәшәаз ауаа рахь аԥхарреи, ахаареи, агәрыцҳашьареи раарԥшра. Аха арыцҳашьара баша цәаныррам. Абиблиа иҳаилнаркаауеит уи егьырҭ рыцхрааразы ак аҟаҵара ҳгәы шазҭанаҵо.
11. Иаҳнарҵозеи иқьиаз самариатәи ахаҵа иҿырԥшы?
11 Шәаԥхьа Лука 10:30—37. Иқьиаз самариатәи ахаҵа изку Иисус иҿырԥшы еилыкка иаҳнарбоит арыцҳашьара иаҵанакуа. Самариатәи ахаҵа агәаҟра иақәшәаз ауаҩы дрыцҳаишьеит, уи ицхраара игәазҭанаҵеит. Иисус ари ажәамаана анеиҭеиҳәа ашьҭахь иҳәеит: «Уца-уҿынаха, уаргьы убас ҟаҵала». Убри аҟынтә ҳара ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Иҟасҵома саргьы убас? Сиҿыԥшуама сара иқьиаз самариатәи ахаҵа? Аӡәы агәаҟра данақәшәо, исылшома сицхраарц азы ак аҟаҵара? Иаҳҳәап, исылшома сара срыцхраар аизараҿы иҟоу зықәрахь инеихьоу, еибацәоу, мамзаргьы зҭаацәа Иегова имаҵ зымуа ахәыҷқәа? Исылшома згәы каҳаны иҟоу ргәы шьҭызхша ажәақәа раҳәара?» (1 Фессалоникаа рахь 5:14; Иаков 1:27).
Егьырҭ шәрыцхрааларц азы раԥхьатәи ашьаҿа ҟашәҵала, усҟан ижәбоит дареи шәареи анасыԥ шшәоуа (Шәахәаԥш абзац 12.)
12. Избан арыцҳашьара анааҳарԥшуа насыԥ зҳамоу?
12 Избан ауаа рахь арыцҳашьара анааҳарԥшуа насыԥ зҳамоу? Арыцҳашьара анааҳарԥшуа ҳара егьырҭ ҳрыцхраауеит. Иисус иҳәон аӡәы ак аниуҭо насыԥ шумоу. Иара убас ҳара иаҳдыруеит усҟан Иегова дышҳаргәырӷьо (Аусқәа 20:35; шәаԥхьа Ауриацәа рахь 13:16). Аҳ Давид арыцҳашьара аазырԥшуаз ауаҩы изкны иҳәеит: «Нцәа Ҳазшаз дихьчоит уи, иԥсҭазаара изеиқәирхоит; драҳаҭны дагьыҟалоит уи адгьылаҿ» (Аԥсалом 40:2, 3 [41:1, 2, АдҾ]). Ауаа рыцҳаҳшьозар, Иегова ҳаргьы ҳрыцҳаишьоит, иара убас наӡаӡа насыԥ ҳамазар ҳалшоит (Иаков 2:13).
ИЗБАН «ЗГӘЫ-ЗЫԤСЫ ЦҚЬОУ» НАСЫԤ ЗРЫМОУ?
13, 14. Избан ҳгәы-ҳаԥсы цқьазар зхадоу?
13 Иисус иҳәеит: «Бзазара рымоуп згәы-зыԥсы цқьоу, урҭ Анцәа дырбарҭоуп» (Матфеи 5:8). Ҳгәы-ҳаԥсы цқьазарц азы ҳхәыцрақәеи ҳгәаҳәарақәеи еснагь ицқьазароуп. Иегова ҳмаҵзура идикыларц ҳҭахызар уи даара ихадоуп (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 4:2; 1 Тимофеи иахь 1:5).
14 Згәы-зыԥсы цқьоу Иегова иҩызахара рылшоит, иара иҳәеит: «Насыԥ рымоуп зымаҭәа зыӡәӡәаз» (Аатра 22:14, АдҾ). Иаанагозеи «зымаҭәа зыӡәӡәаз»? Анцәа идоуҳала иалху рзы уи иаанагоит Иегова урҭ цқьоуп ҳәа ишиԥхьаӡо. Иара урҭ ажәҩан аҿы ԥсра зқәым аԥсҭазаара риҭоит, уи абзоурала дара наунагӡа насыԥ рымазаауеит. Адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу ҵҩа змам ажәлар рзы уи иаанагоит Иегова урҭ уаа иашақәаны ишиԥхьаӡо, насгьы иҩызцәа ракәхарц алшара шриҭо. Абиблиаҿы иануп урҭ «рымаҭәа-ҩыҭәа ршәыхны ирыӡәӡәеит, Асыс ашьала идрышҳаит» ҳәа (Аатра 7:9, 13, 14).
15, 16. Ишԥарылшо згәы-зыԥсы цқьоу Анцәа дырбар?
15 Иегова иҳәеит: «Аӡәымзар-аӡәы сара сбаны иԥсы еиқәханы дзаанхом» (Ақәҵымҭа 33:20). Нас ишԥарылшо згәы-зыԥсы цқьоу Анцәа дырбар? «Абара» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагар алшоит ахаҿы аагара, аилкаара, адырра. Убри аҟынтә Анцәа ибара иаанагоит иара дзеиԥшроу аилкаара, насгьы иҟазшьақәа бзиа рбара (Ефесаа рахь 1:18). Иисус инагӡаны Анцәа иҟазшьақәа ааирԥшуан, убри аҟынтә иҳәар илшон: «Сара сызбахьоу Сабгьы дибахьеит» (Иоанн 14:7—9).
16 Убри адагьы ҳара Анцәа даҳбоит иара ҳаԥсҭазаараҿы дышҳацхраауа ангәаҳҭо (Иов 42:5). Иара убас ҳара Анцәа «даҳбоит» згәы-зыԥсы цқьоу, насгьы изиашоу ауаа зықәиргәыӷыз аџьашьахәқәа ҳхы анырзаҳашьҭуа. Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ракәзар, дара лабҿаба Анцәа дырбоит жәҩантәи аԥсҭазааразы рыԥсы анҭаҵахо (1 Иоанн 3:2).
АУАДАҨРАҚӘА ШҲАМОУГЬЫ НАСЫԤ ҲАМАЗАР ҲАЛШОИТ
17. Избан аиныршәаҩцәа насыԥ зрымоу?
17 Анаҩс Иисус иҳәеит: «Бзазара рымоуп аиныршәаҩцәа» (Матфеи 5:9). Егьырҭ ауааи ҳареи ҳабжьара аҭынчра аиҭашьақәыргыларазы раԥхьатәи ашьаҿа аныҟаҳҵо, насыԥ ҳамазар ҳалшоит. Иисус иҵаҩы Иаков иҩуан: «Ҭынчла, еизыразрала аҟазаара зыхьчо роуп аиаша-ҵабырг жәла лазҵо, изырҿио» (Иаков 3:18). Убри аҟынтә шәҭаацәараҿы ма шәеизараҿы шәызмаабуа аӡә дыҟазар, Иегова шәиҳәала аҭынчра аиҭашьақәыргылара дшәыцхраарц азы. Усҟан Иегова ақьырсиантә ҟазшьақәа раарԥшра ишәыцхраауа иԥшьоу адоуҳа шәиҭоит, уи анасыԥ шәзаанагоит. Иисус иажәақәа иаҳдырбоит шаҟа ихадоу аҭынчра ахьчаразы раԥхьатәи ашьаҿа аҟаҵара. Иара иҳәеит: «Убри аҟнытә амҭанагарҭаҿ умҭа уманы уаннеиуа аамҭазы, убраҟа уашьа уара уахь агәынхара шимоу анугәалашәалакь, инаугаз амҭа иара амҭанагарҭаҿ иааныжьны, уҿынаханы уашьа иҿы унеи, заа иара уинышәа, нас унеины умҭатә нагӡа» (Матфеи 5:23, 24).
Иегова идоуҳа ақьырсиантә ҟазшьақәа раарԥшра ишәыцхраауеит, уи анасыԥ шәзаанагоит
18, 19. Избан ақьырсианцәа ишрышьҭашәарыцоугьы агәырӷьара зырцәымӡуа?
18 «Бзазара шәымоуп шәарҭ, Сара сымшала аума анышәзаарцауа, шәанԥхадырсуа, шәанҵәылырхуа». Ииҳәарц ииҭахызи Иисус? Иара иациҵеит: «Агәеиҵыхра шәымаз, шәгәырӷьала, избан акәзар даараӡа идууп ажәҩан аҿы ишәзыԥшу аҳамҭа: убасҵәҟьа иԥхадырсуан шәара шәаԥхьа иҟаз аԥааимбарцәагьы» (Матфеи 5:11, 12). Апостолцәа анырыпҟа, насгьы уаҳа ажәабжь рымҳәаларц анрарҳәа, дара гәырӷьо Асинедрион идәылҵит. Ҳәарада, урҭ зеигәырӷьоз иахьырыпҟаз акәӡамызт, аха Иисус ихьӡ азы абарҭ агәаҟрақәа иахьрыԥсахаз ауп (Аусқәа 5:41).
19 Иахьагьы Иегова ижәлар Иисус ихьӡ азы ирышьҭашәарыцоит, аха дара уи гәырӷьарала ирхыргоит. (Шәаԥхьа Иаков 1:2—4.) Апостолцәа реиԥш ҳара ҳзеигәырӷьо ҳахьгәаҟуа ма иахьҳашьҭашәарыцо акәӡам. Аха урҭ аԥышәарақәа рҿы Иегова ҳизиашаны ҳаанхозар, рыхгаразы агәымшәара ҳаиҭоит. Шәазхәыц Ҳенрик Дорник иашьеи иареи зықәшәаз. Август, 1944 шықәсазы дара аконцлагер ахь идәықәырҵеит. Раӷацәа ус рҳәеит: «Иушьыргьы ргәаанагара узыԥсахуам. Иахьгәаҟуа агәырӷьара рзаанагоит». Ҳенрик иҳәеит: «Сара сгәаҟлар сҭахӡамызт, аха агәымшәара ахьаасырԥшуаз, насгьы Иегова сизиашан сахьаанхоз агәырӷьара сзаанагон». Иара иациҵеит: «Сӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова саниҳәоз еиҳагьы сизааигәахон, иара ишьақәирӷәӷәеит узықәгәыӷша Ацхырааҩ шиакәу».
20. Избан «насыԥшара змоу Анцәа» имаҵ аура агәырӷьара заҳзаанаго?
20 «Насыԥшара змоу Анцәа» Иегова данаҳзыразу ҳара насыԥ ҳамазар ҳалшоит, иҳашьҭашәарыцозаргьы, ҳҭаацәара аҟынтә аӡәы даҳҿагылозаргьы, ҳачмазаҩхазаргьы, ма ҳақәрахь ҳнеихьазаргьы (1 Тимофеи иахь 1:11). Иара убас ҳара насыԥ ҳамазар ҳалшоит, избанзар «зажәа ԥсахрак ақәым» Ҳанцәа ҳзықәиргәыӷуа рацәоуп (Тит иахь 1:2). Иара иқәыргәыӷрақәа анынаигӡо уажәы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зынӡаск иаҳхашҭуеит. Ииашаҵәҟьаны, ҳара ҳхаҿгьы иаҳзаагом џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо, насгьы шаҟа ҳнасыԥхо! Ааи, уа аҭынчра нагӡа ҳалагәырӷьалоит (Аԥсалом 36:11 [37:11, АдҾ]).