АБИОГРАФИА
Иегова исыдыскылаз аӡбара меигӡарахда дазылԥхеит
Ицон 1939-тәи ашықәс. Ҳара ҵхагәҭаны ҳгыланы Миссури (Еиду Аштатқәа) алада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы иҟаз ақалақь хәыҷ Џьоплин ахь амҩа ҳақәлеит, уи сааҭк инеиҳаны ҳцәагеит. Уа ажәабжьҳәаразы иаҳзалхыз аҭыԥ аҿы ҳабжьы мыргаӡакәа аҩнқәа зегьы рҿы абуклетқәа ашә иавҵаҳҵон. Ҳаналга ашьҭахь иаразнак амашьына ҳҭатәан, егьырҭ агәыԥқәеи ҳареи ҳаиқәшәарц ахьеибаҳҳәахьаз аҭыԥ ахь ҳцеит. Уажәшьҭа ашара иалагахьан. Аха избан ажәабжьҳәара амра гылаанӡа ҳазцаз, насгьы абас ирласны уи аҭыԥ ҳзахысыз? Уи нас ишәзеиҭасҳәоит.
САРА сиит 1934 шықәсазы. Саб ихьӡын Фред, сан — Една. Дара Абиблиа аҭҵааҩцәа (Иегова ишаҳаҭцәа) ракәын. Сара сиаанӡа 20 шықәса раԥхьа дара Анцәа имаҵ аура иалагахьан. Сҭаацәа идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәоит Иегова иахь абзиабара ахьсыларааӡаз азы. Ҳара ҳанхон аштат Канзас алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу ақалақь хәыҷ Парсонс аҿы. Ҳаизараҿы абжеиҳараҩык иԥшьоу адоуҳала иалхын. Ҳҭаацәара аизарақәеи ажәабжьҳәареи гәацԥыҳәарала рыҽрыладырхәуан. Сабшала, шьыбжьышьҭахь, ҳара амҩадуқәа рҿы ажәабжь ҳҳәон. Зны-зынла ҳара ҳааԥсон, аха саб еснагь ҳгәы шьҭихуан — ажәабжьҳәара ашьҭахь аҵааршә афара ҳаигон.
Ҳаизара хәыҷын, аха ажәабжьҳәаразы иазалхыз атерриториа даараӡа идуун, уи иаҵанакуан ақалақь хәыҷқәеи ирацәаны афермақәеи. Афермерцәа ҳпубликациақәа рзыҳәан аԥара аҭыԥан иҳарҭон ауҭраҭыхқәеи, акәтаӷьқәеи (аҵарҭа аҟынтәи ишыԥхаз), зыԥсы ҭаз акәытқәагьы анҳарҭоз ыҟан. Саб апубликациақәа заа аԥара рхишәаауан, убри аҟынтә афермерцәа шьоукы иҳарҭоз ала ҳныҟәигалар илшон.
АЖӘАБЖЬҲӘАРАТӘ КАМПАНИАҚӘА
Зны сҭаацәа ажәабжьҳәаразы апатефон аархәеит. Сара уи ахархәаразы схәыҷцәан, аха даара исгәаԥхон сани саби рыцхраара аиашьа Рутерфорд иажәахә анаҿаркуаз, абиблиатә ҵарақәа рҿы, мамзаргьы аинтерес аазырԥшыз ауаа рахь ианнеиуаз.
Сани саби срыцны «ицәажәоз» ҳмашьына аԥхьа
Саб ҳмашьына ахыб арупор ықәиргылеит, уи абзоурала ҳмашьына «ацәажәара иалагеит». Уи ажәабжьҳәаразы алшара бзиа ҳнаҭон. Раԥхьа ауаа аинтерес рызцәыраҳгарц азы амузыка аҿаҳкуан, анаҩс Абиблиа шьаҭас измаз ажәахәқәа рахь ҳаиасуан. Уи ашьҭахь аинтерес аазырԥшуаз ауаа ҳпубликациақәа рыдаҳгалон.
Зны саб арупор зхагылаз имашьына аштат Канзас иҟоу ақалақь хәыҷ Черривеил апарк агәҭаҵәҟьа иргылеит. Уа мҽышала ирацәаҩны ауаа рыԥсы ршьон. Аха аполициа аусзуҩцәа иарҳәеит имашьына апарк анҭыҵ иргыларц. Саб амашьына апарк азааигәара иргылеит, уантәигьы зыԥсы зшьоз ауаа апрограмма ибзианы ираҳауан. Сара даара исгәаԥхон саби сашьа еиҳаб Џьеррии ажәабжьҳәараан сахьрыцыз.
Урҭ ашықәсқәа рзы ҳара ажәабжьҳәаратә ус иахьаҿагылоз аҭыԥқәа рҿы иҷыдоу акампаниақәа еиҿаҳкаауан. Хыхь ишысҳәахьоу еиԥш, ҳара ҵхагәазы ҳгыланы ҳабжьы мыргаӡакәа аҩнашәқәа абуклетқәа рывҵаҳҵон. Анаҩс зегьы ақалақь анҭыҵ ҳаиқәшәар акәын, аполициа аусзуҩцәа аӡәгьы дшырымгаз гәаҳҭарц азы.
Ҳара еиҭа иссирыз даҽа маҵзура хкык ҳҽалаҳархәуан, уи аинформациатә маршқәа ракәын. Аплакат дуқәа ҳамӷаҵаны ақалақь ҳалсуан. Сара исгәалашәоит аишьцәа аплакатқәа рымӷаҵаны ҳахьынхоз ақалақь ианалсуаз. Урҭ аплакатқәа ирнын: «Адинхаҵара ауаа зжьо шьацҳәоуп». Дара ҳаҩнынтәи идәықәлан километраки бжаки раҟара ирхысит, анаҩс шьҭахьҟа ихынҳәит. Уи аҽны ҳашьцәа аӡәгьы иаанимкылеит, уи инеиҳангьы, имаҷҩымкәа ауаа аинтерес аадырԥшит.
РАԤХЬАТӘИ СКОНГРЕССҚӘА
Аконгрессқәа ҳарҭаарц азы ҳара лассы-лассы ҭаацәаныла Техас ҳцон. Саб аихамҩаҿы аус иуан, убри аҟынтә аконгрессқәа ҳарҭаарц, мамзаргьы ҳауацәа ҳбарц азы дәыӷбала хәыда-ԥсада ацара ҳалшон. Сан лашьеиҳаб Фред Уисмар иԥҳәыс Иулеили иареи Темпл (аштат Техас) инхон. Саншьа Фред 1900-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы аҵабырг еиликааит, усҟан иара дқәыԥшын. Иара аӡы иҽӡааихит, насгьы еиликааз иаҳәшьеиҵбацәа рзеиҭаҳәара далагеит, сангьы уахь дналаҵаны. Агәҭанытәи Техас инхоз аишьцәа Фред ибзианы дырдыруан, избанзар уаанӡа иара азоналтә хылаԥшҩы иакәын (уажәы урҭ араионтә хылаԥшыҩцәа ҳәа ирышьҭоуп). Иара насыԥ змаз, иқьиаз, насгьы амаҵзураҿы агәацԥыҳәара аазырԥшуаз уаҩын, убри аҟынтә сара сзы даараӡа дҿырԥшыган.
1941 шықәсазы ҳара дәыӷбала Сент-Луисҟа (аштат Миссури) ҳцеит, уа аконгресс ду мҩаԥысуан. Ахәыҷқәа зегьы аиашьа Рутерфорд иажәахә иазыӡырҩырц азы асцена аԥхьа итәарц ирыҳәеит. Ажәахә иахьӡын: «Аҳ ихәыҷқәа». Ажәахә ашьҭахь 15 000-ҩык ахәыҷқәа иҷыдаз аҳамҭа роуит. Аиашьа Рутерфорд ицхраауази иареи ҳара зегьы ашәҟә ҿыцқәа ҳарҭеит. Уи иахьӡын «Ахәыҷқәа».
Апрель 1943 шықәсазы Коффивилл (аштат Канзас) имҩаԥысуаз аконгресс ҳаҭааит. Уи хьӡыс иаман: «Аусқәа рыҟаҵаразы аамҭа ааит». Уа ҳара иҳаларҳәеит аизарақәа зегьы рҿы ашкол ҿыц шымҩаԥысло — «Атеократиатә маҵзура ашкол». Иара убас иҳарҭеит уи ашкол аҿы ҳхы иаҳархәалашаз 52 урок зныз аброшиура. Ԥыҭрак ашьҭахь, уи ашықәсазы раԥхьаӡакәны аизараҿы адҵа сыманы сықәгылеит. Уи аконгресс сара сзы иҷыдаз хҭысын, избанзар уа зыҽӡаазхыз сыруаӡәкын. Ҳара ҳаҽӡааҳхит аконгресс иазааигәаз афермаҿы иҟаз ихьшәашәаз аӡҭач хәыҷ аҿы.
ВЕФИЛЬ АҾЫ АМАҴ ЗУЛАР СҬАХЫН
1951-тәи ашықәс азы сара ашкол салгеит, убри аҟынтә сыԥсҭазаара ззыскша сыӡбон. Сашьа Џьерри Вефиль аҿы амаҵ иуан. Саргьы даара исҭахын уа амаҵ аура, убри аҟынтә арзаҳал хасырҭәааит. Дук мырҵыкәа ааԥхьара соуит, насгьы март 10, 1952 шықәсазы смазҵура салагеит. Уи даараӡа иҟәыӷаз ӡбаран, избанзар уи абзоурала сымчқәа зегь Иегова имаҵ аура иазысклар сылшон.
Сара исҭахын атипографиаҿы амаҵ зулар, ҳжурналқәеи егьырҭ апубликациақәеи ркьыԥхьра срыцхрааларц азы. Аха уа ахаан амаҵ зуамызт. Раԥхьа сара исыдырҵеит афатә ашара, анаҩс ахәыҟаҵарҭахь срышьҭит. Сара уи аус агәырӷьара ду сзаанагон, иара убас иснарҵаз даараӡа ирацәоуп. Ҳара ҳҽеиҭныԥсахло аус ҳуан, убри аҟынтә амш аҩныҵҟа схы санақәиҭыз ыҟан. Сара лассы-лассы вефильтәи абиблиотекахь сцон, насгьы схатә ҭҵаара мҩаԥызгон. Уи абзоурала Иеговеи сареи ҳаиҩызареи сыгәрахаҵареи еиҳа иӷәӷәахеит. Сара уаанӡагьы исҭахын иахьынӡасылшо Вефиль аҿы амаҵ аура, аха схатә ҭҵаара абзоурала уи агәаҳәара еиҳагьы иӷәӷәахеит. 1949 шықәсазы Џьерри Вефиль аҿы амаҵ аура даҟәыҵит, насгьы Патришиеи иареи аҭаацәара еицалалеит. Дара Бруклин азааигәара инхон. Смаҵзура раԥхьатәи ашықәсқәа рзы урҭ даара исыцхраауан, насгьы сгәы шьҭырхуан.
Вефиль аҿы амаҵ аура саналага ашьҭахь дук мырҵыкәа, Вефиль аҿы амаҵ зуаз ибзианы ажәахә зҳәоз аишьцәа рсиа шьақәдыргыло иалагеит. Уи асиа ианыз аишьцәа ажәахәқәа рыманы аизарақәа ирҭаалар акәын. Бруклин аҟынтәи урҭ аизарақәа рҟынӡа 320 километра бжьан. Ажәахәқәа рҳәара адагьы, урҭ аишьцәа ажәабжьҳәараҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амаҵ рыцрулар акәын. Саргьы урҭ аишьцәа сыруаӡәкын. Раԥхьатәи ажәахә сыманы санықәгылоз, сара даараӡа сгәы хыҭ-хыҭуан. Усҟан иаарту ажәахәқәа сааҭк аҟара ицон. Еиҳарак урҭ аизарақәа рахь сызлацоз дәыӷбала акәын. Исгәалашәоит аӡын 1954 шықәсазы, мҽышак азы сзықәшәаз. Шьыбжьышьҭахь сара Ниу-Иоркҟа ицоз адәыӷба сақәтәеит, сгәы иаанагон ахәылбыҽха Вефиль сҟалоит ҳәа. Аха амҩан аԥша цәгьа шьҭыҵит, насгьы иӷәӷәаны асоура иалагеит. Уи иахҟьаны адәыӷба бжьысит, убри аҟынтә ашәахьа, ашьыжь асааҭ 5 рҟынӡа Ниу-Иоркҟа сзымнеит. Адәыӷба санҭыҵ, иаразнак аметро сҭаланы Вефильҟа сцеит, анаҩс иаразнак аусура салагеит. Аусура маҷк сагхеит, насгьы даараӡа сааԥсаны сыҟан, избанзар аухантәарак смыцәаӡеит. Аха аизараҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амаҵ ахьрыцызуз, насгьы иҿыцу сахьрабадырыз исзаанагаз агәырӷьара уи иаԥсан.
Ҳрадиостанциа WBBR азы апрограмма ҳархиоит
Вефиль аҿы амаҵ аура саналага раԥхьатәи ашықәсқәа рзы сара иара убас ҳрадиостанциа WBBR ала есымчыбжьа ицоз Абиблиа аҭҵаара апрограмма сҽаласырхәуа салагеит. Аудиостудиа ҳаман Колумбиа-Ҳаитс, 124, аҩбатәи аихагылаҿы. Урҭ апрограммақәа лассы-лассы иҽрылаирхәуан акыршықәса Вефиль аҿы амаҵ зуаз аиашьа Макмиллан. Ҳара уи Мак ҳәа иаҳҳәон. Иара иқәыԥшыз аишьцәа ҳзы даараӡа дҿырԥш бзиан, избанзар ирацәаны ауадаҩрақәа шимазгьы, еснагь Анцәа дизиашан.
Ауаа WBBR иазхьаҳарԥшырц азы абарҭ абӷьыцқәа рылаҳарҵәон
1958 шықәсазы сҭакԥхықәра аҽаԥсахит. Сара Галаад аушьҭымҭацәа срыцхраауа салагеит. Агәацԥыҳәара злаз урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ахьдәықәырҵоз атәылақәа рахь ицарц, насгьы авиза роурц азы срыцхраалар акәын. Усҟан ҳаирпланла аԥырра ахә даара ицәгьан, убри аҟынтә аушьҭымҭацәа реиҳараҩык Африкаҟа, насгьы Азиаҟа аидара ныҟәызго аӷбақәа рыла ицон. Аамҭақәак рышьҭахь ҳаирпланла аԥырра ахә анымариаха, аушьҭымҭацәа ҳаирпланла иԥыруа иалагеит.
Галаад аушьҭымҭацәа рзы адипломқәа сырхиоит
АКОНГРЕССҚӘА РҬААРА
1960 шықәсазы сара исыҳәеит Еиду Аштатқәа рҟынтәи Европаҟа ареисқәа еиҿыскаарц, 1961 шықәсазы имҩаԥысраны иҟаз жәларбжьаратәи аконгрессқәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҭаарц азы. Сара саҭааит Гамбург (Германиа) имҩаԥысуаз аконгресс. Аконгресс ашьҭахь Вефиль аҟынтәи хҩык аишьцәеи сареи қьырала амашьына ганы Германиантәи Италиаҟа ҳцеит, Рим иҟаз афилиал ҳаҭаарц азы. Уантәи ҳара Пиренеитәи ашьхақәа ҳархысны Франциаҟа ҳцеит, уантәи Испаниа ҳнеит. Уа ажәабжьҳәаратә ус мап ацәкын. Ҳара иҳалшеит Барселона инхоз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳпубликациақәа рызнагара, избанзар урҭ аҳамҭақәа зларҳәо ацәа илаҳәан иаҳгеит. Урҭ рбара даара ҳгәы шьҭнахит! Уантәи ҳара Амстердамҟа ҳцеит, анаҩс Ниу-Иоркҟа ҳаԥрит.
1962-тәи ашықәс азы сара 583-ҩык аишьцәеи аиаҳәшьцәеи срыцхраар акәын адунеи ахьынӡа-наӡааӡо имҩаԥысуаз иҷыдоу аконгрессқәа рҭаара. Аконгресс «Наӡаӡатәи ажәабжь бзиа» мҩаԥысраны иҟан 1963 шықәсазы Европа, Азиа, Аокеаниа аладатәи ахәҭаҿы, Гонолулу (аштат Гаваи), насгьы Пасадина (аштат Калифорниа). Иара убас урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Ливанҟа, насгьы Иорданиаҟа ицар акәын, Абиблиаҿы зыӡбахә ану аҭыԥқәа ирыхәаԥшырц азы. Амаҵ ахьызуаз аҟәша урҭ аишьцәа ирыцхраауан абилеҭқәа раахәареи, асасааирҭақәа рҿы ауада аанкылареи, авиза аиуреи иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара.
СҨЫЗА ҾЫЦ
1963-тәи ашықәс сара сзы изхадаз даҽа мзызкгьы ыҟан. Уи ашықәс азы ииун 29 рзы аҭаацәара салалеит. Сыԥшәмаԥҳәыс Лаила Роџьерс аштат Миссури датәын, лара 1960-тәи ашықәс инаркны Вефиль аҿы амаҵ луан. Ҳанеибага ашьҭахь мчыбжьык анҵы, Лаилеи сареи хыхь зыӡбахә сҳәахьоу жәларбжьаратәи аконгресс иаҭаауаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳаҽрыдаҳкылеит. Дареи ҳареи ҳарҭааит Бырзентәылеи, Мысреи, Ливани. Уантәи ҳара Иорданиаҟа ҳаԥрит. Уа ажәабжьҳәаратә ус мап ацәкын аҟынтә Иегова ишаҳаҭцәа авиза рырҭомызт. Убри аҟынтә уа ҳаннеилак иҟало ҳаздыруамызт. Шәхаҿы иаажәг, шаҟа ҳаигәырӷьаз, насгьы иџьаҳшьаз аеропорт аҿы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аплакат ду кны ианаҳԥыла, уи ианын: «Бзиала шәаабеит, Иегова ишаҳаҭцәа!». Шаҟа ҳгәы иахәазеи Абиблиаҿы зыӡбахә ану аҭыԥқәа ахьаҳбаз. Ҳара ҳаҟан Авраами, Исааки, Иакови ахьынхоз, Иисус иапостолцәеи иареи ажәабжь ахьырҳәоз, насгьы адгьыл иахыҵәаз ақьырсианра раԥхьаӡакәны адацқәа ахьашьҭыз адгьылқәа рҿы (Аусқәа 13:47).
55 шықәса рыҩныҵҟа Лаила азиашара аарԥшны исымаз адҵақәа зегь рынагӡара дсыцхраауеит. Ҳара Испаниеи Португалиеи зныкымкәа-ҩынтәымкәа ҳарҭаахьан, усҟан урҭ атәылақәа рҿы ажәабжьҳәаратә ус мап ацәкын. Ҳара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхуан, иара убас ҳпубликациақәеи ирҭахыз амаҭәарқәеи рызнаҳгон. Уи инеиҳангьы, ҳара иҳалшеит Кадис (Испаниа) иҭакыз ҳашьцәа шьоукы рбара. Сара даараӡа сеигәырӷьон урҭ ргәы шьҭызхша ажәахә аҳәара ахьсылшаз.
Молоҳен Патришиеи Џьеррии ҳареи аконгресс «Адгьыл аҿы аҭынчра» ахь ҳанцоз, 1969 шықәсазы
1963-тәи ашықәс инаркны сара срыцхраауан жәларбжьаратәи аконгрессқәа ирҭаараны иҟаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Урҭ мҩаԥысыр акәын Африка, Австралиа, Агәҭанытәи Америка, Аладатәи Америка, Европа, Мрагылара Наскьа, Гаваи, Зеландиа Ҿыц, Пуерто-Рико. Лаилеи сареи ахаан иаҳхамышҭуа аконгрессқәа даараӡа ирацәоуп. Урҭ ируакуп 1989 шықәсазы Варшава (Польша) имҩаԥысуаз аконгресс. Уа даара ирацәан Урыстәылантәи иааз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Дара раԥхьаӡа акәны иаҭааит ас еиԥш идууз аконгресс! Ҳара ҳрабадырит Асовет Еидгыла аан абахҭа иҭакыз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи.
Иара убас сара даараӡа исгәаԥхон адунеи ахьынӡа-наӡааӡо иҟаз вефильтәи аҭаацәарақәеи амиссионерцәеи рҭаареи ргәы ашьҭыхреи. Аҵыхәтәаны ҳазҭааз атәыла Аладатәи Кореиа акәын. Уа ҳара иҳалшеит ақалақь Сувон аҿы абахҭа иҭакыз 50-ҩык аишьцәа рбара. Дара зегьы ргәазыҟашьа даара ибзиан, насгьы ԥырхагада Иегова имаҵ аныруло аамҭа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшын. Ҳәашьа сзаҭом урҭ рбара шаҟа ҳгәы шьҭнахыз! (Римаа рахь 1:11, 12).
АГӘЫРӶЬАРА УЗААЗГО АИЗҲАРА
Ашықәсқәа рыҩныҵҟа сара избон Иегова ижәлар дшырзылԥхоз. 1943 шықәсазы аӡы сҽанӡаасхыз, Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара 100 000-ҩык рҟынӡа инеиуан. Иахьа 240 тәыла рҿы 8 000 000-ҩык инареиҳаны Иегова имаҵ руеит. Галаад аушьҭымҭацәа рџьабаа уи аизҳара даараӡа иацхраауеит. Сара агәырӷьара ду сзаанагоит амиссионерцәа аӡәырҩы ахьырышьҭуаз атәылақәа рахь ацара сахьрыцхраауаз, убас ала аус ахьрыцызуаз.
Сара даараӡа сеигәырӷьоит санқәыԥшыз Иегова имаҵ аура ахьысыӡбаз, насгьы Вефиль аҿы амаҵ аура сахьалагаз. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иегова меигӡарахда дысзылԥхон. Вефильтәи амаҵзура иаҳзаанаго агәырӷьара адагьы, Лаилеи сареи даараӡа ҳаигәырӷьоит 50 шықәса рыҩныҵҟа Бруклин иҟаз аизарақәа амаҵ ахьрыцаҳуаз, уа ҳара ирацәаны аҩызцәа ҳарҳаит.
Сара иахьа уажәраанӡагьы Вефиль аҿы амаҵ зуеит, уи аҿы Лаила есыҽны дсыцхраауеит. Сара даараӡа сеигәырӷьоит 84 шықәса шысхыҵхьоугьы, аинтерес зҵоу адҵа анагӡара ахьсылшо. Сара афилиал акорреспонденциа сацхраауеит.
Лаилеи сареи иахьа
Изакәытә гәырӷьара дуузеи зеиԥшыҟам Иегова иорганизациаҿы аҟазаара, насгьы Малахиа 3:18 иану ажәақәа шаҟа ииашоу абара: «Шәара еиҭах ижәбоит ииашоу ауаҩы ицәгьоу дызлаиеиԥшым, Анцәа имаҵ зуеи изымуеи злеиԥшым». Есыҽны ҳара иаҳбоит Аҩсҭаа идунеи еиҳа-еиҳа ишеицәахо, насгьы ауаа агәыӷреи агәырӷьареи шырцәыӡуа. Аха Иегова бзиа дызбо, насгьы имаҵ зуа агәырӷьареи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы ашьаҭа змоу агәыӷреи рымоуп. Ииашаҵәҟьаны, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара алшара ҳаҭыр дууп! (Матфеи 24:14). Иаарласны Анцәа Иаҳра ицәгьоу ари адунеи ықәнагоит, насгьы Џьанаҭ шьақәнаргылоит. Ишԥаҳҭаху уи амш ааирц! Уа ҳара зегьы агәабзиареи анасыԥи ҳамазаауеит, насгьы наӡаӡа ҳанхалоит.