Шәиқәгәыӷла Ҳамҩақәҵаҩ Христос
«Мҩақәҵаҩыс ишәымоугьы аӡә иоуп — Христос» (МАТФЕИ 23:10).
1, 2. Иарбан имариам дҵаз Иисус Навин инаигӡар ихәҭаз Моисеи даныԥсы ашьҭахь?
ИЕГОВА Иисус Навин иеиҳәеит: «Смаҵзуҩы Моисеи дыԥсит. Уажәшьҭа угыл, ажәлар зегь уманы ари аӡиас, Иордан, ур, насгьы урҭ ирысҭо адгьыл ахь уца» (Иисус Навин 1:1, 2). Иара Моисеи цхырааҩыс диман 40 шықәса раҟара, аха уажәшьҭа уи иҭыԥ ааникылар акәын.
2 Иҟалап иара дхәыцуазҭгьы дрыдыркылоума ажәлар аԥхьагылаҩ иеиԥш ҳәа (Ҩынтәзакәан 34:8, 10—12). Иисус Навин 1:1, 2 иазкны абиблиатә хыҵхырҭак аҟны иануп: «Анкьа еиԥш иахьагьы, напхгара ҟазҵо аиҳабыра рҽанырыԥсахуа аҳәынҭқарразы даара ицәгьоу, насгьы аҭынчра ашәарҭара ианҭагылоу аамҭоуп».
3, 4. Дышԥеизылԥхеи Иегова Иисус Навин иара дахьиқәгәыӷыз азы, насгьы иарбан зҵаароу еилҳарго?
3 Иисус Навин агәҭынчымразы амзызқәа иман. Аха уеизгьы иара Иегова диқәгәыӷит, насгьы иоуз анапхгара иаразнак дықәныҟәеит (Иисус Навин 1:9—11). Убри аҟынтә Иегова Иисус Навин дизылԥхеит. Иара убас Израильааи иареи ихьчарц азы амаалықь днаишьҭит. Иҟалап уи амаалықь раԥхьатәи Анцәа иԥа, Ажәа, иакәызҭгьы (Ақәҵымҭа 23:20—23; Иоанн 1:1).
4 Иегова Израильаа дрыцхрааит аԥхьагылаҩ ҿыц дахьроуз иадҳәалаз аԥсахрақәа рыдкылара. Ҳаамҭазгьы имаҷымкәа аԥсахрақәа ҟалалоит. Ҳара иҳазцәырҵыр ҟалоит азҵаара: «Иарбан мзызқәоу иҳамоу Ҳамҩақәҵаҩ Иисус иқәгәыӷразы, иахьа, Анцәа иорганизациа ԥхьаҟа ацара ианаҿу аамҭазы?» (Шәаԥхьа Матфеи 23:10.) Ари азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы шәааи еилҳаргап Иегова ижәлар шымҩақәиҵоз аԥсахра дуқәа раан.
АНЦӘА ИЖӘЛАР ИЗҚӘЫРГӘЫӶЫЗ АДГЬЫЛ АХЬ ИЗГОЗ
5. Иарбан иааџьоушьаша хҭысу Иисус Навин дзықәшәаз Иерихон азааигәара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
5 Израильаа аӡиас Иордан ианыр ашьҭахь дук мырҵыкәа Иисус Навин иааџьоушьаша хҭыск дақәшәеит. Ақалақь Иерихон азааигәара иара аҳәа зкыз хаҵак диқәшәеит. Иара уи ауаҩы диазҵааит: «Узыдгылада уара, ҳара ҳакәу, ҳаӷацәа ракәу?» Иисус Навин даара иџьеишьеит уи ахаҵа Иегова ир еиҳабыс самоуп ҳәа аниҳәа. Уи Анцәа иуаажәлар рыхьчара иазхиаз амаалықь иакәын. (Шәаԥхьа Иисус Навин 5:13—15.) Егьырҭ ацыԥҵәахақәа рҿы Иисус Навин иацәажәоз Иегова иоуп ҳәа шанугьы, Иегова уи дышиацәажәоз амаалықь ила акәын, уи ажәытәан лассы-лассы ишыҟаиҵоз еиԥш (Ақәҵымҭа 3:2—4; Иисус Навин 4:1, 15; 5:2, 9; Аусқәа 7:38; Галаҭаа рахь 3:19).
6—8. а) Избан амаалықь имҩақәҵарақәа аҟәыӷара рыҵам ҳәа угәы иаанагар залшоз? б) Иабантәиҳдыруеи урҭ амҩақәҵарақәа аҟәыӷара шрыҵаз, насгьы ианаамҭаз ишрыҭаз? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)
6 Уи амаалықь Иисус Навин инҭкааны иеиҳәеит Иерихон агаразы иҟаҵатәыз. Азныказы уи анапхгара аҟәыӷара аҵамшәа убар алшон. Иаҳҳәап, амаалықь иҳәеит аибашьцәа зегьы раԥхьатә хырсароуп ҳәа. Ус ҟарҵазҭгьы, мышқәак рыҩныҵҟа дара аибашьра рылшомызт. Иаамҭаҵәҟьазма уажәы ахацәа рзы аԥхьатәхсара? (Аҟазаара 34:24, 25; Иисус Навин 5:2, 8).
7 Иҟалап аибашьцәа хәыцуазҭгьы: «Излаҳахьчозеи ҳҭаацәарақәа ҳаӷацәа ҳакәшар?» Аха анаҩс урҭ зқәымгәыӷуаз ак ҟалеит! Израильаа рыжәлара аҭыԥан, Иерихон инхоз ахацәа ашәаӡыӡара иалагеит. «Иерихон иҵарҟаца иаркын Израиль аԥацәа иахьрыцәшәоз азы: аӡәгьы ақалақь далҵуамызт, насгьы далаломызт» (Иисус Навин 6:1). Ари ахҭыс Израильаа ргәазҭанаҵеит Анцәа инапхгара еиҳагьы агәра агара.
8 Иара убас амаалықь иҳәеит Израильаа Иерихон ақәлара шрыхәҭам. Уи аҭыԥан дара фымш рыҩныҵҟа ҽнак ахь знык Иерихон иакәшалар рыхәҭан, абыжьбатәи амшазы бжьынтә иакәшар акәын. Иҟалап аибашьцәа хәыцуазҭгьы баша ҳаамҭеи ҳамчи наҳхуеит ҳәа. Аха Израильаа Рымҩақәҵаҩ Иегова иҟаиҵоз бзиаҵәҟьаны идыруан! Иегова инапхгара иахьықәныҟәаз абзоурала Израильаа рыгәрахаҵара еиҳагьы иӷәӷәахеит, уи инеиҳангьы, Иерихон аруаа рабашьра рмықәшәаӡеит (Иисус Навин 6:2—5; Ауриацәа рахь 11:30).a (Шәахәаԥш албаага.)
9. Избан Иегова иорганизациа иаҳнаҭо анапхгара зеиԥшразаалакгьы ҳақәныҟәалар зҳахәҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы.
9 Иаҳнарҵар алшозеи ҳара ари ахҭыс? Иегова иорганизациаҿы ԥсахрақәак ҟалалоит, зны-зынла урҭ зыҟало ҳзеилымкаауазаргьы алшоит. Иҟалап ҳгәы иаанагозҭгьы ҳхатә ҭҵаара аан, ажәабжьҳәараҿы ма аизараҿы аелектронтә хархәагақәа рхархәара иаԥсам ҳәа. Аха уажәы ҳара иаҳбоит урҭ даара ишхәарҭоу. Абас еиԥш иҟоу аԥсахрақәа ахәарҭа ду шаҳзаарго анаҳбо, ҳагәрахаҵара еиҳагьы иӷәӷәахоит, иара убас ҳаиашьареи ҳареи ҳаиднакылоит.
ИШԤАРИҬОЗ ХРИСТОС АНАПХГАРА РАԤХЬАТӘИ АҚЬЫРСИАНЦӘА?
10. Напхгара азҭодаз Иерусалим иҟаз анапхгаратә хеилак реиқәшәара, аԥхьатәхсара иадҳәалаз азҵаара анырыӡбоз?
10 Корнили ақьырсианра анидикыла ашьҭахь 13 шықәса шыҵхьазгьы, иауриацәаз ақьырсианцәа шьоукы уажәгьы ирыԥхьаӡон аԥхьатәхсара ахәҭоуп ҳәа (Аусқәа 15:1, 2). Антиох ақалақь аҿы аишьцәа ари азҵаара аганахь ала аимак рыбжьалеит. Убри аҟынтә аизара аиҳабацәа ирыӡбеит уи азҵаара аӡбаразы Павел Иерусалимҟа анапхгаратә хеилак ахь дрышьҭырц. Аха ргәазҭазҵада дара уи аӡбара адкылара? Павел иҳәеит: «Сара убра снеит — убрахь уцароуп ҳәа исзаатыз, исаҳәаз ала». Иубаратәы иҟоуп Христос ари азҵаара иӡбарц азы анапхгаратә хеилак ихы ишаирхәаз (Галаҭаа рахь 2:1—3).
Раԥхьатәи ақьырсианцәа мҩақәызҵоз Христос иакәын (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)
11. а) Ишԥазыҟаз ауриацәа шьоукы аԥхьатәхсара иадҳәалаз азҵаара? б) Ишԥааирԥши Павел Иерусалим иҟаз аизара аиҳабацәа дшырзыӡырҩуаз? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)
11 Христос анапхгаратә хеилак ихы иархәаны зегьы идеилиркааит иауриамыз ақьырсианцәа аԥхьатәхсара шрыхәҭамыз (Аусқәа 15:19, 20). Аха уеизгьы шықәсқәак рышьҭахьгьы иауриацәаз ақьырсианцәа рыҷкәынцәа раԥхьатә хырсон. Иара убасгьы Иерусалим иҟаз аизара аиҳабацәа ираҳаит шьоукы Павел Моисеи изакәан наигӡаӡом ҳәа шырҳәоз. Усҟан аизара аиҳабацәа Павел и́ҳәеит Моисеи изакәан пату шақәиҵоз аазырԥшуа ак ҟаиҵарцb. (Шәахәаԥш албаага.) (Аусқәа 21:20—26). Аизара аиҳабацәа Павел иарҳәеит ауахәамахь ԥшьҩык ахацәа иманы дцарц, насгьы убас ала Моисеи Изакәан шынаигӡо ааирԥшырц. Павел иҳәаргьы ҟалон: «Уи аҟәыӷара аҵам! Избан сара ус ҟасҵар зсыхәҭоу? Ари ауадаҩра зыхҟьаз аԥхьатәхсара иазку азҵаара ззеилымкаауа иауриоу ақьырсианцәа роуп». Аха Павел еиликаауан аизара аиҳабацәа аизараҿы зегьы акзаара рыбжьазарц шырҭахыз, убри аҟынтә иоуз анапхгара дықәныҟәеит. Иҟалап ҳхы ҳазҵаауазар: «Иисус данԥсы ашьҭахь Моисеи Изакәан амч амамызҭгьы, изалиршазеи иара аԥхьатәхсара иадҳәалоу азҵаара абри аҟара аамҭа ауадаҩрақәа цәырнагалартә?» (Кәаласаа рахь 2:13, 14).
12. Избан Христос аԥхьатәхсара иадҳәалаз азҵаара иаразнак изимыӡбаз?
12 Иҿыцу анапхгара адкыларазы аамҭа аҭаххар алшоит. Иауриаз ақьырсианцәа шьоукы уаҳа Моисеи изакәан аҵаҟа ишыҟамыз еилыркаарц азы аамҭа аҭахын (Иоанн 16:12). Дара уажәгьы ргәы иаанагон аԥхьатәхсара Иеговеи дареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа шрыбжьоу аанарԥшуеит ҳәа (Аҟазаара 17:9—12). Даҽа шьоукы ацәшәон егьырҭ аиудеицәа рышьҭашәарыцара иалагар ҳәа (Галаҭаа рахь 6:12). Аха ԥыҭрак ашьҭахь Павел ииҩыз асаламшәҟәқәа рыла Христос урҭ иахәҭаз анапхгара риҭеит (Римаа рахь 2:28, 29; Галаҭаа рахь 3:23–25).
ХРИСТОС ИАХЬАГЬЫ АИЗАРА НАПХГАРА АИҬОИТ
13. Иҳацхраауазеи иахьа Христос инапхгара ақәныҟәара?
13 Христос иахьагьы аизара напхгара аиҭоит. Убри аҟынтә аорганизациаҿы иузеилымкаауа ԥсахрак ҟалазар, уазхәыц Христос ажәытәан Анцәа ижәлар шымҩақәиҵоз. Иисус Навин ихаан еиԥш, актәи ашәышықәсазгьы Христос инапхгара еснагь аҟәыӷара аҵан, уи Анцәа ижәлар ахьчон, рыгәрахаҵара арӷәӷәон, насгьы еиднакылон (Ауриацәа рахь 13:8).
Игәрагоу, иҟәышу атәы иахьа иҳаиҭо анапхгара иаанарԥшуеит Иисус дышҳаиҷаҳауа
14—16. Ишԥаанарԥшуеи игәрагоу, иҟәышу атәы иҳаиҭо анапхгара Христос ҳагәрахаҵара арӷәӷәара дҳацхраарц шиҭаху?
14 Иахьа игәрагоу, иҟәышу атәы ианахәҭоу изаамҭанытәиу анапхара ҳаиҭоит (Матфеи 24:45). Уи анапхгара иаанарԥшуеит Иисус дышҳаиҷаҳауа. Ԥшьҩык ахәыҷқәа змоу Марк иҳәоит: «Аҩсҭаа аизарақәа дырԥырхагахарц азы аҭаацәарақәа дрыжәлоит. Аха уажәшьҭа есымчыбжьа аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгара ҳгәы ахьазҭарҵо абзоурала, аҭаацәара ахадацәа еилыкка ираҳауеит ааԥхьара — шәҭаацәарақәа шәыхьчала!»
15 Христос ҳшымҩақәиҵо анаҳбо, ҳара еилаҳкаауеит иара ҳагәрахаҵара арӷәӷәара дҳацхраарц шиҭаху. Ҿырԥштәыс иааҳгар ҳалшоит аизара аиҳабы Патрик иажәақәа: «Раԥхьаӡа шьоукы ргәы каҳаит аԥсшьарамшқәа раан имҩаԥысуа ажәабжьҳәаразы аиԥыларақәа рҿы агәыԥ хәыҷқәа рыла ҳшеизало анраҳа». Аха иара иҳәоит ари аԥсахра ишаанарԥшуа Иисус аизараҿы зегьы дышреиҷаҳауа. Иаҳҳәап, иԥхашьо, мамзаргьы ирацәаны ажәабжьҳәара злымшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирбеит ахәарҭа ааргалар шрылшо, насгьы рџьабаа ахә шыршьо. Уи рыгәрахаҵара арӷәӷәеит.
16 Уи адагьы Христос ҳгәазҭеиҵоит ҳамчқәа зегь ажәабжьҳәаратә ус азкра, избанзар уи адгьыл аҿы инарыгӡо зегь раасҭа ихадоу усуп. (Шәаԥхьа Марк 13:10.) Ааигәа аизара еиҳабыс иҟалаз Андре еснагь иҽазишәоит иҿыцу анапхгара ақәныҟәара. Иара иҳәоит: «Вефильтәи аҭаацәара иалахәу рхыԥхьаӡара ахьдырмаҷыз иаҳгәаланаршәоит аҵыхәтәа шааигәахаз, насгьы ҳамч ажәабжьҳәаратә ус иазаҳклар шҳахәҭоу».
ИШԤАҲАЛШО ХРИСТОС ИНАПХГАРА АҚӘНЫҞӘАРА?
17, 18. Избан аԥсахрақәа иаҳзааргаз ахәарҭа ҳазхәыцлар зҳахәҭоу?
17 Аҳра зуа Иисус Христос иҟынтә иҳауа анапхгара уажәгьы ҳаԥхьаҟагьы ахәарҭа ҳзаанагалоит. Шәазхәыц ааигәа иҟалаз аԥсахра ахьшәыдышәкылаз хәарҭас ишәзаанагаз. Аҭаацәаратә мҵахырхәараан шәалацәажәар шәылшоит аизарақәа рҿы, мамзаргьы ажәабжьҳәараҿы иҟалаз аԥсахрақәа шәҭаацәара ишрыхәаз.
Урыцхраауама уара уҭаацәеи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Иегова иорганизациаҿы иҟалало аԥсахрақәа рыдкылара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17, 18.)
18 Иегова иорганизациа аҟынтә иҳауа анапхгара ирацәаны азылԥхарақәа шаҳзаанаго ҳхаҳмыршҭуазар, уи ақәныҟәара ҳзымариахоит, насгьы насыԥ ҳзаанагоит. Иаҳҳәап, ирацәаны алитература акьыԥхьра ҳахьаҟәыҵыз абзоурала еиҳа имаҷны аԥара наҳхуеит. Насгьы аелектронтә хархәагақәа рхархәара ҳахьалагаз абзоурала ажәабжь бзиа еиҳа ирацәаҩны ауаа рыларҵәара ҳалшоит. Иҳалшома ҳара аелектронтә публикациақәеи аудио- авидеонҵамҭақәеи еиҳаны рхархәара? Ари Христос ҳшизыӡырҩуа аазырԥшуа азнеишьақәа ируакуп, иара иҭахуп аорганизациа амазара ҟәыӷарала ҳхы иаҳархәаларц.
19. Избан Христос иҳаиҭо анапхгара ҳақәныҟәалар зҳахәҭоу?
19 Христос иҳаиҭо анапхгара ҳанықәныҟәо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыгәрахаҵара ҳарӷәӷәоит, насгьы акзаара ҳахьчоит. Ааигәа адунеи зегь аҿы Вефиль аҭаацәара иаҵанакуаз рхыԥхьаӡара дырмаҷит. Уи аԥсахра иазкны Андре иҳәоит: «Вефиль аҿы уажәшьҭа амаҵ зымуа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иаадырԥшуа агәазыҟашьа бзиа сгәазҭанаҵоит урҭ еиҳагьы пату рықәҵара, насгьы Христос инапхгара еиҳагьы агәра агара. Дара Иегова жәҩантәи иҽыуардын иаццоит, насгьы Иегова иорганизациаҿы ироуа аҭакԥхықәрақәа зегьы иреигәырӷьоит».
ҲАМҨАҚӘҴАҨ ИГӘРА ЖӘГАЛА, НАСГЬЫ ШӘИҚӘГӘЫӶЛА
20, 21. а) Избан Ҳамҩақәҵаҩ Христос игәра ҳгалар зҳалшо? б) Иарбан зҵаароу еилҳарго анаҩстәи астатиаҿы?
20 Иаарласны Ҳамҩақәҵаҩ, Иисус Христос, аиааира игоит, насгьы «уцәа уҭазырӡыӡо аусқәа» ҟаиҵоит (Аатра 6:2; Аԥсалом 45:4). Аха уажәнатә иара адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара ҳазыҟаиҵоит. Уа ҳара зыԥсы ҭаҵахо ауаа аҵабырг дҳарҵалоит, иара убас адгьыл зегь џьанаҭны иҟаҳҵоит.
21 Ҳамҩақәҵаҩ, насгьы Ҳаҳ ҳиқәгәыӷуанаҵы, ҳзықәшәозаалакгьы иара адунеи ҿыц ахь ҳаигалоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 46:1—3.) Аха зны-зынла ҳаззыԥшым аԥсахрақәа ҳрықәшәозар ҟалоит, насгьы урҭ рыҽрықәыршәара ҳцәыцәгьахар ауеит. Ишԥаҳалшо ари аҭагылазаашьаҿы аҩныҵҟатәи аҭынчра, насгьы агәрахаҵара ӷәӷәа ахьчара? Анаҩстәи астатиаҿы уи еилҳаргоит.
a Иерихон аилабгарақәа рҿы археологцәа ирыԥшааит ауаа имаҷымкәа еизыргаз, аха зыфара иахьымӡаз ачарыц. Уи ишьақәнарӷәӷәоит Абиблиа ишану еиԥш Иерихон ирласны ишыргаз, насгьы Иегова Израильаа уа иҟаз ачарыц афара азин шримҭаз. Нас иабантәиааргоз дара афатә? Уи ҽаҩраҭагалара иаамҭан, убри аҟынтә амхқәа рҿы аҽаҩра бзиа ыҟан (Иисус Навин 5:10—12).
b Шәахәаԥш март 15, 2003 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня» аҿы арамка «Павел смиренно принимает испытание», адаҟьа 24.