Аразра. Ҳажәақәеи ҳусқәеи ирныԥшуа ҟазшьоуп
ҲАРА иаҳгәаԥхоит ауаа ҳара ҳахь аразра анаадырԥшуа, насгьы ианҳаиҷаҳауа. Аразра зныԥшуа ажәақәеи аусқәеи ҳгәы шьҭырхуеит. Убри аҟынтә ицәырҵуеит азҵаара: «Ишԥаҳалшо ҳара уи аҟазшьа егьырҭ рахь аарԥшышьа ҳҵар?»
Иразу ауаҩы гәык-ԥсыкала ауаа дрыхӡыӡаауеит, уи иажәақәеи иусқәеи ирныԥшуеит. Иара баша хаала ицәажәо уаҩӡам, аха ауаа рахь ақьиара ааирԥшуеит, избанзар урҭ бзиа ибоит, насгьы рцәаныррақәа еиликаауеит. Уи инеиҳангьы аразра иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ируакуп (Галаҭаа рахь 5:22, 23). Иегова иҭахуп ҳара уи ааҳарԥшларц. Убри аҟынтә шәааи ҳахәаԥшып Иегова Иԥеи иареи аразра шаадырԥшуа, насгьы урҭ ҳарҿыԥшлар шҳалшо.
ИЕГОВА ЗЕГЬЫ РЗЫ ДРАЗУП
Иегова «иҭабуп ҳәа уазымҳәауа рызгьы, ицәгьақәоу рызгьы дразуп» (Лука 6:35). Иаҳҳәап, иара «ацәгьара ҟазҵоугьы, абзиара зуагьы — имра рхаирԥхоит, иқьиоугьы иқьиамгьы ақәа рзаируеит» (Матфеи 5:45). Зегьзшаз Иегова шиакәу агәра зымго ауаагьы иара иҳаиҭаз аҳамҭақәа рхы иадырхәоит, насгьы аԥсҭазаара иалагәырӷьоит.
Иегова Адами Евеи рзы иҟаиҵаз иаанарԥшуеит иара шаҟа дразу. Урҭ агәнаҳа аныҟарҵа ашьҭахь алаҳабыӷьқәа еидӡахыланы руаҭәақәа ирыкәдыршеит. Аха Иегова идыруан Едемтәи абаҳча анҭыҵ уи шырмыхәоз, избанзар адгьыл ахьшәииз иахҟьаны амаӷқәеи аҳасҟьын бааԥси ықәиаауан. Убри аҟынтә Иегова урҭ зыхьчоз ацәа иалхыз иауз амаҭәа рзыҟаиҵеит, уи ала дара рахь аразра ааирԥшит (Аҟазаара 3:7, 17, 18, 21).
Иегова «ацәгьара ҟазҵоугьы, абзиара зуагьы» рахь дразуп, аха изиашоу имаҵзуҩцәа рахь уи аҟазшьа ҷыдала иааирԥшуеит. Иаҳҳәап, Захариа ԥааимбарс амаҵ аниуаз, амаалықь игәы иалан Израильаа Иерусалим ауахәама аргылара иахьаҟәыҵыз. Иегова уи амаалықь дизыӡырҩит, насгьы игәы зырҭынчуаз, ажәа разқәа иеиҳәеит (Захариа 1:12, 13). Иегова аԥааимбар Илиагьы убас дизныҟәеит. Илиа даараӡа игәы каҳаны дыҟан, насгьы ихы заҵәны ибон аҟынтә дыԥсырц азы Иегова диҳәон. Иегова Илиа ицәаныррақәа шеиликаауа ааирԥшит, насгьы игәы шьҭихырц азы амаалықь дизынаишьҭит. Уи адагьы, иара аԥааимбар Илиа ихала дшаанымхаз агәра ииргеит. Иегова аразра ахьааирԥшыз абзоурала Илиа идыз аҭакԥхықәра анаҩсгьы анагӡаразы амч иоуит (1 Аҳцәа 19:1—18). Аха дарбану Анцәа имаҵзуҩцәа зегь рҟынтә ари аҟазшьа зегь раасҭа еиӷьны иаазырԥшуаз?
ИИСУС ДААРА ДРАЗЫН
Иисус адгьыл аҿы даныҟаз ауаа ирбон иара шаҟа дразыз. Иара ахаан ихжәаны ауаа драцәажәомызт, насгьы ииҭахыз мчыла идирҟаҵомызт. Иара урҭ дреиҷаҳауан аҟынтә иҳәеит: «Шәааи Сара сахь, игәаҟуа, аидара хьанҭа иаҵоу — Сара шәсырраҳаҭуеит» (Матфеи 11:28—30). Иара дахьқьиаз азы дахьцалак ауаа ишьҭан. Иара урҭ рыцҳашьаны акрырҿеиҵон, ихәышәтәуан, насгьы Иаб изку аҵабырг дирҵон (Марк 6:34; Матфеи 14:14; 15:32—38).
Иисус ауаа рцәаныррақәа еиликаауан, насгьы дара рахь аразра ааирԥшуан. Ианизыманшәаламызгьы иара иахь инеиуаз зегь дрыцхраауан (Лука 9:10, 11). Шәазхәыц ашьаҟәаҵра ачымазара иаргәаҟуаз аԥҳәыс лыхҭыс. Лара лҽылхәышәтәырц лҭахын аҟынтә Иисус имаҭәа дахькьысит. Аха Моисеи Изакәан инақәыршәаны лара дыцқьамызт, убри аҟынтә уи аҟаҵара азин лымамызт (Алевит 15:25—28). Иҟаиҵазеи Иисус? Иара уи аԥҳәыс ихжәаз ажәакгьы леимҳәеит. Иисус уи дшәаны дшыҟаз гәеиҭеит, насгьы 12 шықәса дахьгәаҟуаз азы дрыцҳаишьеит. Иара иҳәеит: «Сыԥҳа! ибымоу агәрахаҵара быҿнахит; бца хирла, бчымазара бызҩыдахааит» (Марк 5:25—34). Иисус ииашаҵәҟьаны дразын!
АУАҨЫ РАЗ ЕГЬЫРҬ ДРЫЦХРААУЕИТ
Еилҳаргаз аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит ҳара ҳразызар ауаа ҳашрыцхраало. Уи шаҟа ихадоу ааирԥшырц азы Иисус самариатәи ахаҵа изку ажәамаана еиҭеиҳәеит. Иауриаз хаҵак ддырҳәит, дрыпҟеит, насгьы аԥсра дшаҿыз амҩаҿы даанрыжьит. Самариааи Аиудеиааи аиӷара шрыбжьазгьы, ииасны ицоз самариатәи ахаҵа уи ауаҩы дрыцҳаишьеит. Иара дразын аҟынтә, арыцҳара иақәшәаз дицхраарц иҭаххеит. Иара уи ихәрақәа ҿиӡәӡәааит, насгьы асасааирҭахь дигеит. Асасааирҭаҿы иара уи ахаҵа ихылаԥшларц дрыҳәеит, аԥарагьы рзишәеит. Уи инеиҳангьы иара иҳәеит еиҳаны аԥара нырхыр, даныхынҳәлак уи шырзишәо (Лука 10:29—37).
Ҳара ҳразызар ҳажәақәагьы аилкаара рныԥшлоит, насгьы егьырҭ ргәы шьҭаҳхлоит. Абиблиа иануп: «Агәҭынчымра ауаҩы игәы канажьуеит, аха ажәа ҟәанда игәы ҭнаргәырӷьаауеит» (Ажәамаанақәа 12:25). Ҳара аразреи агәыҳалалреи аарԥшны ауаа ргәы шьҭызхуа ак анраҳҳәо, анасыԥ аиура ҳрыцхраауеитa. (Шәахәаԥш албаага.) Аразра зныԥшуа ҳажәақәа урҭ ҳашреиҷаҳауа аадырԥшуеит, уи инеиҳангьы ауадаҩрақәа рыхгара ирыцхраауеит (Ажәамаанақәа 16:24).
АРАЗРА ШААРԤШЛАТӘУ
Ҳара зегьы иҳалшоит аразра аарԥшра, избанзар Анцәа ауаа зегьы иара иеиԥшны ишеит (Аҟазаара 1:27). Иаҳҳәап, ақалақь Сидон аҿы инхоз Павел ихылаԥшуаз римтәи ар аиҳабы Иули «Павел уаҩрала дизныҟәон, уи ииҭахыз-дзызхьуаз зыгәҭыхаз иҩызцәа рахь ацара, урҭ рыцхыраара аиура дақәиҭитәуан» (Аусқәа 27:3). Уантәи амҩа ианықәла Павели егьырҭ ауааи зықәтәаз аӷба ӡааҟәрылеит, усҟан Мальта инхоз ауаа «асасдкылара ду» аадырԥшит, насгьы урҭ рыҽдырԥхарц азы амца рзеиқәырҵеит (Аусқәа 28:1, 2). Арҭ ауаа абзиара ҟарҵеит. Аха Иегова дҳаргәырӷьаларц азы ҳара аразра зны-зынла акәымкәа, еснагь иааҳарԥшлар ауп.
Иегова иҭахуп аразра ҳхаҭара иахәҭакзарц, насгьы еснагь иааҳарԥшларц. Убри аҟынтә иара уи ҳҽагәылаҳҳәарц ҳаиҳәоит (Кәаласаа рахь 3:12). Аха зны-зынла уи аарԥшра мариам. Избан? Ҳара аразра аарԥшра ҳцәыцәгьазар алшоит ҳаԥхашьаҩызар, ҳхы усҟак ҳақәымгәыӷуазар, мамзаргьы егьырҭ рҭахрақәа ҳара ҳзы уиаҟара ихадамзар. Иара убас ҳара иҽеимкәа иҳазныҟәо рахь уи аарԥшра ҳзымариамзар ауеит. Аха ҳара Иегова иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәозар, насгьы иара ҳаиҿыԥшуазар, иара гәыкала аразра аарԥшра дҳацхраауеит (1 Коринфаа рахь 2:12).
Иҳацхраар алшозеи еиҳаны аразра ахьаарԥшлатәу аилкаара? Ҳара ҳхы ҳазҵаар ауеит: «Сырзыӡырҩуама сара ауаа зҿлымҳарала, насгьы сҽазысшәома урҭ рцәаныррақәа реилкаара? Избома сара аӡәы ацхыраара аниҭаху? Иаасырԥшхьома ааигәа аразра сҭаацәара иахәҭакым, насгьы исызгәакьам аҩыза иахь?» Арҭ азҵаарақәа рҭак аныҟаҳҵалак ашьҭахь ҳара иҳалшоит ҳааигәа иҟоу ауаа еиӷьны ҳрабадырырц азы ахықәкы ықәҳаргылар, еиҳарак аизара иатәу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Уи абзоурала ҳара еилаҳкаауеит урҭ ирымоу ауадаҩрақәа, насгьы иаҳбоит ҳашрыцхрааша. Анаҩс ҳара иҳахәҭоуп ауаа рахь ақьиара аарԥшра, уи азы ҳазхәыцыр ауп ҳара рҭагылазаашьаҿы ҳаҟазҭгьы, иҳазныҟәарц шаҳҭаххоз (Матфеи 7:12). Аҵыхәтәантәи ашьаҿа, ҳара Иегова ацхырааразы ҳиҳәалар ауп, усҟан иара ҳҽазышәарақәа дырзылԥхоит, насгьы аразра аарԥшра дҳацхраауеит (Лука 11:13).
АРАЗРА АУАА ИШЫРНЫРУА
Апостол Павел ажәабжьҳәара ицхраауаз аҟазшьақәа данрылацәажәоз аразра аӡбахә иҳәеит (2 Коринфаа рахь 6:3—6). Ауаа Павел бзиа дырбон, избанзар иара иажәақәеи иусқәеи аразра рныԥшуан, насгьы дышреиҷаҳауаз еилыркаауан (Аусқәа 28:30, 31). Убас еиԥш ҳара аразра ааҳарԥшуазар, ауаа аҵабырг аилкаара рҭаххар ауеит. Ҳара зегь рахь аразра анааҳарԥшуа, иҽеимкәа иҳазныҟәоугьы уахь иналаҵаны, уи дара азнархәыцыр, насгьы ргәазыҟашьа аԥсахыр алшоит (Римаа рахь 12:20). Иҟалап ԥыҭрак ашьҭахь дара Абиблиа иану аилкаара рҭаххаргьы.
Џьанаҭ дгьыл аҿы ауаа зегьы аразра аадырԥшлоит. Зыԥсы ҭаҵахо ауаа рахьгьы уи аҟазшьа ааҳарԥшлоит, иҟалап шьоук рахь уи уаанӡа аӡәгьы иааимырԥшуазҭгьы. Уи, ҳәарада, даргьы аразра аарԥшра ргәазҭанаҵоит. Аразра аарԥшреи егьырҭ рыцхраареи зҭахымхо ауаа Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа анхаразы алшара роуам. Џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа инхало абзиабареи аразреи аазырԥшло рымацара роуп (Аԥсалом 37:9—11). Ааи, уа аҭынчра ҟалоит, насгьы акгьы ҳацәшәалаӡом! Аха уи аамҭа ааиаанӡагьы, ҳара уажәнатә аразра ахәарҭа ду ҳзаанагоит. Ишԥа?
АРАЗРА ИАҲЗААНАГО АХӘАРҬА
Абиблиа иануп: «Абзиабара зныԥшуа ақьиара аазырԥшуа ауаҩы ихы ахәарҭа азааигоит» (Ажәамаанақәа 11:17). Ауаа иргәаԥхоит аразра аазырԥшуа ауаҩы аамҭа ицыхгара, ишаԥу еиԥш иара иахьгьы аразра аадырԥшуеит. Иисус иҳәеит: «Шәара ишырзышәшәауа аиԥш даргьы ишәзыршәалап» (Лука 6:38). Убри аҟынтә аразра аазырԥшуа ауаҩы изымариоуп аҩызцәа бзиақәа рыԥшаара, насгьы урҭ ирӡӡом.
Апостол Павел ефестәи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирабжьеигон: «Аӡәи-аӡәи гәыҭбаарала, гәыбылрала шәеизыҟаз, шәеизыразыз, шәрыцҳаибашьала, ишәыгу-ишәыбзоу шәанеибажьла» (Ефесаа рахь 4:32). Аизараҿы зегьы аразреи агәрыцҳашьареи анаадырԥшуа, уи аизара арӷәӷәоит, насгьы еиднакылоит. Ҳара иаҳҭахӡам аишьцәа акритика рзура, ма уҳәан-сҳәан рызҳәара, мамзаргьы ҳахәмарны акәзаргьы ргәы дзырхьуа ак аҳәара. Ҳара иаҳҭахуп ҳажәақәа рыла еснагь урҭ ргәы шьҭаҳхларц (Ажәамаанақәа 12:18). Уи абзоурала аизараҿы зегьы гәырӷьаҵәа Иегова имаҵ рулоит.
Ишеилаҳкааз еиԥш, аразра ҳажәақәеи ҳусқәеи ирныԥшуа ҟазшьоуп. Уи анааҳарԥшуа ҳара згәы ҭбаау, абзиабара аазырԥшуа Ҳанцәа Иегова ҳаиҿыԥшуеит (Ефесаа рахь 5:1). Уи ҳаизара арӷәӷәоит, насгьы ауаа Иегова имаҵ аура ргәазҭанаҵоит. Убри аҟынтә шәааи иҳалшо зегь ҟаҳҵалап Иегова ишаҳаҭцәа ииашаҵәҟьаны аразра шаадырԥшуа ауаа ирбаларц азы!
a Ҳара иааиуа астатиақәа руак аҿы иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу даҽа ҟазшьак ҳалацәажәоит, уи агәыҳалалра ауп.