Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 декабр ад. 3—8
  • «Џьанаҭ дгьыл аҿы ҳаиқәшәараҟынӡа!»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Џьанаҭ дгьыл аҿы ҳаиқәшәараҟынӡа!»
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЏЬАНАҬ ШЫҞАЛО ШЬАҚӘЗЫРӶӘӶӘО
  • «ЏЬАНАҬ УСЫЦҞАЛОИТ»
  • ҲАԤХЬАҞА ИАҲЗЫԤШУ
  • «Уара џьанаҭ усыцҟалоит»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Игәы иҭеикзеи Анцәа адгьыл азы?
    Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 декабр ад. 3—8

«Џьанаҭ дгьыл аҿы ҳаиқәшәараҟынӡа!»

«Џьанаҭ усыцҟалоит» (ЛУКА 23:43).

АШӘАҚӘА: 145, 139

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥашьақәнарӷәӷәо џьанаҭ шыҟало Анцәа Авраам дзықәиргәыӷыз?

  • Иарбан Исаиа ишәҟәы иану ԥааимбаражәақәоу иаҳзырбо џьанаҭ адгьыл аҿы ишыҟало?

  • Избан Иисус ицыкнаҳаз ацәгьаҟаҵаҩи иареи анԥсы ашьҭахь иаразнак џьанаҭ ахь имцаӡеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

1, 2. Иарбан гәаанагарақәоу ауаа џьанаҭ иазкны ирымоу?

ЕИУЕИԤШЫМ атәылақәа рҟынтә аӡәырҩы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Сеул (Кореиа) имҩаԥысуаз аконгресс ахь иааит. Аконгресс анынҵәа ашьҭахь аҭыԥантәи Иегова ишаҳаҭцәа урҭ абзиараз ҳәа рарҳәарц азы ирыкәшеит. Уи угәы зырхыҭ-хыҭуаз хҭысын, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы еиқәҿырҭуан: «Џьанаҭ дгьыл аҿы ҳаиқәшәараҟынӡа!» Шәгәы ишԥаанаго, иарбан џьанаҭу урҭ зыӡбахә рҳәоз?

2 Иахьа ауаа џьанаҭ иазкны еиуеиԥшым агәаанагарақәа рымоуп. Шьоукы ргәы иаанагоит уи ауаа рхы иҭырҳәааз ак ауп ҳәа. Егьырҭ бзиа ирбо аҭыԥ дара рзы џьанаҭуп. Амла иԥсуа ауаҩы чеиџьыкала иҭәу астол дахауртәар, џьанаҭ дыҟоушәа игәы иабар алшоит. Акыршықәса раԥхьа ирацәаны ашәҭқәа ахьеизҳауаз акаршәра ԥшӡа збаз аԥҳәыс, илбаз даара илгәаԥхеит, иагьылҳәеит: «Ари џьанаҭуп!» Уи аҭыԥ иахьагьы Џьанаҭ ҳәа иашьҭоуп, есышықәса уа 15 метра еиҳаны асы шықәнауагьы. Шәара шәгәы ишԥаанаго, изакәызеи џьанаҭ? Агәра жәгома уи шыҟало?

3. Иабаҳәо раԥхьаӡакәны Абиблиаҿы џьанаҭ аӡбахә?

3 Абиблиаҿы иануп ажәытәан иҟаз, насгьы ҳаԥхьаҟа иҟало џьанаҭ аӡбахә. Раԥхьатәи адаҟьақәа инадыркны уи аӡбахә ҳәоуп. Алаҭын бызшәаҟынтә еиҭагоу акатоликцәа ҳаҭыр зқәырҵо «Дуеитәи Абиблиа» аҟны Аҟазаара 2:8 абас еиҭагоуп: «Раԥхьа Иҳақәиҭу Анцәа агәахәара узҭо џьанаҭ ҟаиҵеит, уа иишаз ауаҩы дынирхеит» (ижәпоу ашрифт ҳара иаҳтәуп.— Аред.). Ауриатә текст аҿы «Едемтәи абаҳча» аӡбахә ҳәоуп. Ажәа «Едем» иаанагоит «агәахәара», уи абаҳчаҿы ииашаҵәҟьаны агәахәара уоуан. Уи даараӡа иԥшӡаз, меигӡарахда афатә ахьыҟаз, аԥстәқәеи ауааи ҭынч иахьеицынхоз ҭыԥын (Аҟазаара 1:29—31).

4. Избан Едемтәи абаҳча џьанаҭын ҳәа ҳҳәар залшо?

4 «Абаҳча» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа абырзен бызшәала иаанагоит пара́деисос. Макклинтоки Стронги ренциклопедиаҿы иануп абырзенуаҩ ажәа пара́деисос аниаҳауаз, ихаҿы ишааиуаз ашәарҭадара ахьыҟаз иԥшӡаз абаҳча ду, уа хкы-хкыла ашәыр зҿаз аҵлақәа гылоуп, асаркьа еиԥш икеи-кеиуа аӡиасқәа ииасуеит, ҳаскьынла ихҩоу аҟәараҿы ашьабысҭақәеи ауасақәеи ҳәуеит. (Иаҿшәырԥш Аҟазаара 2:15, 16.)

5, 6. Избан Адами Евеи џьанаҭ аҿы анхара алшара зырцәыӡыз, насгьы иарбан зҵаарақәоу шьоукы ирызцәырҵуа?

5 Иегова Адами Евеи убас еиԥш иссирыз џьанаҭ аҿы инирхеит. Аха дара Анцәа изымӡырҩӡеит, убри аҟынтә џьанаҭ аҿы анхара алшара рцәыӡит, уи алшара ирхылҵуазгьы ирцәыӡит (Аҟазаара 3:23, 24). Уи абаҳчаҿы уаҳа аӡәгьы дышнымхозгьы, уи Нои ихаан иҟалаз аӡхыҵра аҟынӡа иҟазҭгьы ҟаларын.

6 Шьоукы хәыцыр алшоит: «Иҟалома еиҭа џьанаҭ адгьыл аҿы?» Иҳарҳәозеи ашьақәырӷәӷәарақәа? Бзиа ижәбо ауааи шәареи џьанаҭ аҿы шәеицынхалоит ҳәа шәгәыӷуазар, иамоума шәгәыӷра амзызқәа? Ишәылшома аӡәы изеиҭашәҳәар, ҳаԥхьаҟа џьанаҭ хымԥада ишыҟало агәра зыжәго?

ЏЬАНАҬ ШЫҞАЛО ШЬАҚӘЗЫРӶӘӶӘО

7, 8. а) Дзықәиргәыӷзеи Анцәа Авраам? б) Игәы иаанагар алшози Авраам Анцәа дзықәиргәыӷыз аниаҳа?

7 Зегь раасҭа еиӷьуп џьанаҭ иазкны ицәырҵуа азҵаарақәа рҭак Абиблиаҿы иҳаԥшаар, избанзар уи Автор џьанаҭ зшаз Иегова иоуп. Шәазхәыц Анцәа иҩыза Авраам иеиҳәаз. Иара иҳәеит Авраам ихылҵшьҭра «амшын аҟәара иқәыԥсо аԥслымӡ еиԥш» хыԥхьаӡара амамкәа ишыҟаиҵо. Анаҩс иара аҵакы ӷәӷәа змаз акы дақәиргәыӷит: «Иухылҵуа ила адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы азылԥхарақәа роуеит, избанзар уара сара усзыӡырҩит» (Аҟазаара 22:17, 18). Ԥыҭрак ашьҭахь Анцәа ус шыҟаиҵо Авраам иԥагьы имаҭагьы иреиҳәеит. (Шәаԥхьа Аҟазаара 26:4; 28:14.)

8 Абиблиаҿы џьаргьы ианӡам Авраам игәы иаанагон ауаа ҳамҭас аԥсҭазаара ажәҩан аҿы ироуеит ҳәа. Убри аҟынтә Анцәа «адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы» азылԥхарақәа роуеит ҳәа аниҳәоз, еилкаауп Авраам ишеиликаауаз Анцәа зыӡбахә иҳәоз ауаа адгьыл аҿы ироуаз азылԥхарақәа шракәыз. Аха убри заҵәык аума џьанаҭ адгьыл аҿы ишыҟало ҳзырбо?

9, 10. Иарбан қәыргәыӷрақәоу адгьыл аҿы џьанаҭ шыҟало агәра ҳзырго?

9 Анцәа Авраам ихылҵшьҭра иатәыз Давид игәазҭеиҵеит ацәгьаҟаҵаҩцәа уаҳа ианыҟамло аамҭа атәы иҳәарц (Аԥсалом 37:1, 2, 10). Давид иара убас иҳәеит «ауаа ҟәымшәышәқәа адгьыл рҭынхоит, насгьы аҭынчра нагӡа агәахәара рнаҭалоит» ҳәа. Уи иагьациҵеит: «Ииашақәоу адгьыл рҭынхоит, иагьынхалоит уа наӡаӡа» (Аԥсалом 37:11, 29; 2 Самуил 23:2). Шәгәы ишԥаанаго, ишԥарныруаз арҭ ақәыргәыӷрақәа Анцәа игәаԥхара анагӡара зҭахыз ауаа? Дара агәра ганы иҟазар рылшон ҽнак зны ауаа иашақәа рымацара адгьыл аҿы ишынхало, насгьы адгьыл Едемтәи абаҳча еиԥш еиҭа џьанаҭны ишыҟало.

Инаӡаз аԥааимбаражәақәа адгьыл аҿы џьанаҭ шыҟало шьақәдырӷәӷәоит

10 Ажәытәан Иегова имаҵ ҳуеит ҳәа зҳәоз Израильаа аӡәырҩы иара ицәхьаҵит, насгьы ииашоу амҵахырхәара мап ацәыркит. Убри аҟынтә Анцәа ижәлар Вавилонаа рҟынтә имыхьчаӡеит, урҭ Израильаа рыдгьыл ықәырхит, насгьы аӡәырҩы тҟәаны иргеит (2 Ашықәсынҵа 36:15—21; Иеремиа 4:22—27). Аха Анцәа иԥааимбарцәа ирҳәон ижәлар 70 шықәса рышьҭахь рыдгьыл ахь ишыхынҳәуа. Урҭ аԥааимбаражәақәа аҵыхәтәанынӡа инаӡеит, насгьы иаҳдырҵо рацәоуп. Урҭ рҟынтә ԥааимбаражәақәак анеилҳаргало, шәазхәыц урҭ адгьыл аҿы џьанаҭ шыҟало шышьақәдырӷәӷәо.

11. Ишԥанаӡахьеи Исаиа 11:6—9 иану ажәақәа, аха иарбан зҵаароу иҳазцәырҵыр алшо?

11 Шәаԥхьа Исаиа 11:6—9. Анцәа аԥааимбар Исаиа ила заа иҳәеит Израильаа рыдгьыл ахь ианыхынҳәуа, уа аҭынчра шыҟало. Урҭ агыгшәыгқәеи ауаа цәгьақәеи ирыцәшәалаӡом. Хәыҷгьы дугьы ҭынч инхалоит. Ишәгәаланамыршәаӡои ари Едемтәи абаҳча? (Исаиа 51:3). Исаиа иара убас иҳәеит Израильаа рымацара ракәымкәа, адгьыл зегьы Иегова изку адыррақәа шахыҵәо, аӡқәа амшын шдырҭәуа еиԥш. Ианбаҟало уи? Еилкаауп уи ҳаԥхьаҟа ишыҟало.

12. а) Иарбан зылԥхарақәоу Вавилонынтәи ихынҳәыз Израильаа ироуз? б) Иаҳзырбозеи Исаиа 35:5—10 иану ҳаԥхьаҟагьы иҟалараны ишыҟоу?

12 Шәаԥхьа Исаиа 35:5—10. Исаиа еиҭах иаҵшьны иҳәоит Израильаа Вавилонынтә ианыхынҳәуа агыгшәыгқәеи ауааи ирцәымшәалар шрылшо. Иара иҳәеит рыдгьылқәа аҽаҩра бзиа шааргало, избанзар Едемтәи абаҳчаҿы ишыҟаз еиԥш адгьыл иазхаша аӡы аиуеит (Аҟазаара 2:10—14; Иеремиа 31:12). Усҟантәи аамҭазы мацара аума ари аԥааимбаражәа анынаӡа? Иазгәашәҭ аԥааимбаражәаҿы иара убас ишҳәо алашәцәа ирбо ишыҟало, ацыркьцәа шныҟәало, насгьы адагәацәа ишраҳало. Аха Вавилонынтәи ихынҳәыз Израильаа рҿы арҭ ажәақәа намӡеит. Ус анакәха, Анцәа зыӡбахә иҳәоз аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ауп.

13, 14. Ишԥанаӡеи Исаиа 65:21—23 иану ажәақәа Израильаа Вавилонынтәи ианыхынҳә, аха иарбан хәҭоу еиҭа инаӡар акәу? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

13 Шәаԥхьа Исаиа 65:21—23. Аиудеиаа рыԥсадгьыл ахь ианыхынҳә аҩнқәеи, аҽаҩра бзиа аазгоз амхқәеи, аӡахәаҭрақәеи рзыԥшымызт. Аха Анцәа изылԥхара абзоурала ԥыҭрак ашьҭахь рҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Шәхаҿы иаажәг изакәытә гәырӷьароу ауаа ирымаз рнапала идыргылаз аҩнқәа рҿы анхара ианалага. Дара ирылшон рхатә џьабаала иаадрыхуаз аҽаҩра аҭагалара!

14 Иазгәашәҭ ари аԥааимбаражәаҿы ишҳәоу ҳамшқәа аҵла амшқәа иреиԥшхоит ҳәа. Иҟоуп зқьышықәсала инхо аҵлақәа. Ауаа абрысҟаамҭа инхаларц азы ргәабзиара даара иӷәӷәазар ауп. Ауаа Исаиа ишиҳәоз еиԥш, аҭынчра ахьыҟоу, зегь ахьышәҭыкакаҷуа инхозҭгьы — уи гәахәара дуӡӡахон, ииашаҵәҟьаны џьанаҭхон! Ари аԥааимбаражәа хымԥада инаӡоит!

Ишԥанаӡо џьанаҭ иазкны Иисус ииҳәаз ажәақәа? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)

15. Иарбан зылԥхарақәоу Исаиа ишәҟәаҿы зыӡбахә ану?

15 Шәазхәыц еилҳаргаз аԥааимбаражәақәа ҳаԥхьаҟа иҟало џьанаҭ иазкны иҳаилдыркаауа. Адгьыл зегь Анцәа дыззылԥхо ауаа рыла иҭәуеит. Аӡәымзар-аӡәгьы агыгшәыгқәа ма игәымбылџьбароу ауаа дрыцәшәалаӡом. Алашәцәеи, адагәацәеи, ацыркьцәеи уаҳа иҟалом. Ауаа рхатә ҩынқәа дыргылалоит, насгьы аҽаҩра аадрыхлоит. Дара рымшқәа аҵлақәа рымшқәа аасҭа еиҳахоит. Абиблиа агәра ҳнаргоит абри аҩыза џьанаҭ шыҟало. Аха ҳзацәажәо ауаа шьоукы ирҳәар алшоит арҭ аԥааимбаражәақәа џьанаҭ адгьыл аҿы ишыҟало шьақәдырӷәӷәаӡом ҳәа. Ирашәҳәар шәылшозеи урҭ? Иарбан ихадоу мзызу ишәымоу џьанаҭ адгьыл аҿы ишыҟало агәра агаразы? Адгьыл аҿы инхоз зеиԥшыҟамыз ауаҩы, Иисус, амзыз ӷәӷәа ҳаиҭеит.

«ЏЬАНАҬ УСЫЦҞАЛОИТ»

16, 17. Ианбеиҳәеи Иисус џьанаҭ аӡбахә?

16 Иисус акгьы шихарамызгьы ахара идҵан, насгьы ашьаҟаҿы ҩыџьа ацәгьоуцәа рыгәҭа дыкнаҳан. Урҭ ацәгьаҟаҵаҩцәа руаӡәк еиликааит Иисус аҳ шиакәыз, убри аҟынтә иҳәеит: «Сугәаларшәа, Иҳақәиҭу, Уаҳраҿы уаннеилакь!» (Лука 23:39—42). Иисус иҭак Лука 23:43 иануп, иара иажәақәа шәара шәԥеиԥшгьы иадҳәалоуп. Уи аҳәоу шеиҭагатәу иазкны еиуеиԥшым агәаанагарақәа ыҟоуп. Иаҳҳәап, аԥсышәала иҟоу Аҿатә Уасиаҭ аҟны уи абас еиҭагоуп: «Иашала иуасҳәоит, иахьаҵәҟьа џьанаҭ усыцҟалоит». Аха ииҳәарц ииҭахызи Иисус «иахьа» ҳәа аниҳәоз?

17 Иахьатәи абызшәақәа жәпакы рҿы аҿарҵәиқәа рхы иадырхәоит аҳәоу аҵакы аилкаара дырмариарц азы. Аха ҳаамҭақәа рҟынӡа иааз ажәытә бырзен напылаҩырақәа рҿы ааҭгыларатә дыргақәа шамахамзар иуԥылаӡом. Убри аҟынтә ицәырҵуеит азҵаара, Иисус ииҳәарц ииҭахыз «Иашала иуасҳәоит, иахьаҵәҟьа џьанаҭ усыцҟалоит» ҳәа акәу, ма «Иашала иуасҳәоит иахьаҵәҟьа, џьанаҭ усыцҟалоит» ҳәа акәзу? Абиблиа аиҭагаҩцәа аҿарҵәи ахьдыргылаша рхатә еилкаара инақәыршәаны ирыӡбоит, убри аҟынтә еиуеиԥшым аиҭагақәа рҿы ари ажәеинраала еиуеиԥшымкәа еиҭагоуп.

18, 19. Иҳацхраауазеи Иисус иажәақәа реилкаара?

18 Аха шәазхәыц Иисус иԥсра иазкны иҵаҩцәа иреиҳәаз: «Ауаҩытәыҩса Иԥагьы хаха-хымш анышә агәаҿы дҟалоит». Иара убас иациҵеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа ауаа рнапахьы дрыҭахоит, Урҭ дыршьуеит, ахымш рыҽны дгылоит» (Матфеи 12:40; 16:21; 17:22, 23; Марк 10:34). Апостол Пиотр иҳәеит уи убасҵәҟьа ишыҟалаз (Аусқәа 10:39, 40). Ус анакәха Иисус џьанаҭ дымцаӡеит ицыкнаҳаз ацәгьаҟаҵаҩи иареи анԥсы аҽныҵәҟьа. Абиблиаҿы иануп Анцәа Иисус иԥсы ҭеиҵаанӡа хымш раҟара «гадес», мамзаргьы анышәынҭра дшамаз (Аусқәа 2:31, 32, АдҾ)a. (Шәахәаԥш албаага.)

19 Ус анакәха Иисус ацәгьаҟаҵаҩ ажәа ииҭаанӡа, иҳәеит: «Иашала иуасҳәоит иахьаҵәҟьа». Моисеи ихаан ауаа лассы-лассы ажәа иахьа рхы иадырхәон. Зны Моисеи иҳәеит: «Иахьа анагӡаразы иудысҵо ажәақәа угәаҿы иаанхароуп» (Ҩынтәзакәан 6:6; 7:11; 8:1, 19; 30:15).

20. Ишьақәзырӷәӷәозеи Иисус иажәақәа иашаны ишеилаҳкаауа?

20 Мрагылара Ааигәа инхо Абиблиа аиҭагаҩ иҳәоит: «Ари аҳәоу аҿы ажәа „иахьа“ ҷыдала иалкаауп, насгьы абас иаԥхьатәуп: „Иашала иуасҳәоит иахьаҵәҟьа, Џьанаҭ усыцҟалоит.“ Иисус ари ақәыргәыӷра аниҳәа уи аҽны ауп, аха ианынаӡашаз ԥыҭрак ашьҭахь акәын». Уи аиҭагаҩ иара убас иҳәоит мрагылара инхоз ауаа аӡәы ажәа анирҭоз лассы-лассы ажәа «иахьа» рхы ишадырхәоз. Уи ала дара иаҵыршьуан иалкаау ҽнак азы ауаҩы ирҭаз ажәа хымԥада ишынарыгӡо. Сириатәи аиҭагаҿы Иисус иажәақәа абас еиҭагоуп: «Аминь, иахьа сара иуасҳәоит Едемтәи абаҳчаҿы ушсыцҟало». Ари ақәыргәыӷра ҳара зегьы ҳгәы шьҭнахуеит.

21. Иарбан ҳаҭыру ацәгьаҟаҵаҩ иҭамыз, насгьы избан?

21 Иисус ацәгьаҟаҵаҩ џьанаҭ аӡбахә аниеиҳәоз зыӡбахә иҳәоз ажәҩан аҿы иҟоу џьанаҭ акәӡам. Иабантәиҳдыруеи уи ҳара? Актәи, уи ацәгьаҟаҵаҩ зынӡаскгьы издыруамызт Иисус изиашаз апостолцәеи иареи рыбжьара Аҳра иазку аиқәшаҳаҭра шыбжьеиҵаз (Лука 22:29, АдҾ). Аҩбатәи, иара дагьӡаахымызт (Иоанн 3:3—6, 12). Ус анакәха, Иисус ацәгьаҟаҵаҩ дзықәиргәыӷыз адгьыл аҿы иҟало џьанаҭ ауп. Шықәсқәак рышьҭахь апостол Павел дихцәажәеит абараҿы џьанаҭ ахь игаз ауаҩы (2 Коринфаа рахь 12:1—4). Павели егьырҭ апостолцәеи Иисус ажәҩан аҿы напхгара ицҟарҵаларц азы ишалхызгьы, иара дызлацәажәоз ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу џьанаҭ ауп.b (Шәахәаԥш албаага.) Иҟалома уи адгьыл аҿы? Шәҟалома уа шәара?

ҲАԤХЬАҞА ИАҲЗЫԤШУ

22, 23. Шәзықәгәыӷуазеи шәара?

22 Шәазхәыц Давид ауаа иашақәа адгьыл анырҭынхо, насгьы уа наӡаӡа ианынхало аамҭа иазкны ииҳәаз (Аԥсалом 37:29; 2 Пиотр 3:13). Давид далацәажәон адгьыл иқәынхало ауаа зегьы Анцәа ипринципқәа инарықәыршәаны ианынхало аамҭа. Исаиа 65:22 иануп: «Сыжәлар рымшқәа аҵла амшқәа иреиԥшхоит». Арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит адунеи ҿыц аҿы Иегова имаҵ зуло ауаа зқьышықәсала ишынхало. Ишәылшома шәара уи ақәгәыӷра? Ааи, избанзар Аатра 21:1—4 иануп Анцәа ауаатәыҩса дшырзылԥхо, насгьы уаҳа аԥсра шыҟамло.

23 Џьанаҭ иазкны Абиблиа иаҳнарҵо аилкаара цәгьаӡам. Адами Евеи наӡаӡа џьанаҭ аҿы анхаразы алшара рцәыӡит, аха адгьыл еиҭа џьанаҭны иҟалоит. Анцәа ҳшақәиргәыӷыз еиԥш адгьыл аҿы инхало ауаатәыҩса дырзылԥхоит. Давид иҳәеит иҟәымшәышәу, насгьы Анцәа ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо ауаа адгьыл шырҭынхо, наӡаӡагьы ишынхало. Уи адагьы, Исаиа ишәҟәы ҳацхраауеит адгьыл аҿы иҟало зеиԥшыҟам џьанаҭ аҿы аԥсҭазаара ҳаналагәырӷьало аамҭа ҳхы азышьҭра. Ианбаҟало уи? Иисус ацәгьаҟаҵаҩ ииҭаз ақәыргәыӷра анынаӡо. Шәаргьы уа шәҟалар шәылшоит. Усҟан Кореиа аконгресс аҿы иҟаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ражәақәагьы наӡоит: «Џьанаҭ дгьыл аҿы ҳаиқәшәараҟынӡа!»

a Апрофессор Марвин Пеит иажәақәа инарықәыршәаны аҵарауаа аӡәырҩы ирыԥхьаӡоит Иисус ажәа «иахьа» ала ииҳәарц ииҭахыз данԥсуа аҽныҵәҟьа, ма 24 сааҭ рыҩныҵҟа џьанаҭ дышцо ауп ҳәа. Аха уи адагьы иара иҳәеит ари аҩыза агәаанагара агәра агара шыцәгьоу, избанзар уи егьырҭ абиблиатә ҵабыргқәа ирҿагылоит. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иануп Иисус данԥсы ашьҭахь «гадес» дшыҟаз, аха ԥыҭрак ашьҭахь ажәҩан ахь дышцаз (Матфеи 12:40; Аусқәа 2:31; Римаа рахь 10:7).

b Шәахәаԥш урыс бызшәала иҟоу ари аброшиура аҭыжьымҭа аҿы «Вопросы читателей».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра