«Анцәа иеидикылаз» ахә ҳаракны ишәшьала
«Анцәа иеидикылаз — ауаҩы еилыхтәыс изыҟамлааит» (МАРК 10:9).
1, 2. Ҳгәы зызҭанаҵозеи Ауриацәа рахь 13:4?
ҲАРА зегьы Иегова дҳараҳкларц ҳҭахуп. Иара уи даԥсоуп, уи инеиҳангьы, иара ҳаргьы ҳаҭыр шҳақәиҵало ҳақәиргәыӷуеит (1 Самуил 2:30; Ажәамаанақәа 3:9; Аатра 4:11). Иара убас Иегова иҭахуп ҳара егьырҭ ауаа, иаҳҳәап, аиҳабыратә чынуаа пату рықәаҳҵаларц (Римаа рахь 12:10; 13:7). Аха иҟоуп аҳаҭырқәҵара аарԥшра еиҳараӡак иахьхадоу даҽа ганк. Уи аҭаацәалазаараҿы ауп.
2 Апостол Павел иҳәеит: «Аҭаацәаратә ԥсҭазаара, хаҵеи-ԥҳәыси реимазаара ԥшьазароуп, џьара шәытарак амамкәа» (Ауриацәа рахь 13:4). Павел дызлацәажәоз иааизакны аҭаацәалазаарақәа зегь ракәӡам. Иара ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон аҭаацәалазаара пату ақәырҵаларц, мамзаргьы ахә ҳаракны иршьаларц. Шәазыҟоума шәара аҭаацәалазаара убас, еиҳарак шәхатә ҭаацәалазаара?
3. Иарбан ихадоу лабжьароу аҭаацәалазаара иазкны Иисус иҳаиҭаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
3 Шәара аҭаацәара ахә ҳаракны ишәшьозар, аҿырԥш бзиа ҳзаанзыжьыз шәиҿыԥшуеит. Иисус аҭаацәалазаара ахә ҳаракны ишьон. Афарисеицәа аилыҵра аганахь ала зҵаарак анирҭа, иара иргәалаиршәеит Анцәа раԥхьатәи аҭаацәалазаара иазкны ииҳәаз: «Убри аҟнытә ауаҩы иаби иани ныжьны, иԥҳәыс иҽлыдикылоит, рҩыџьагьы цәеижькхоит». Анаҩс Иисус иациҵеит: «Анцәа иеидикылаз — ауаҩы еилыхтәыс изыҟамлааит» (Шәаԥхьа Марк 10:2—12; Аҟазаара 2:24).
4. Иарбан гәҭаку Иегова аҭаацәалазаарақәа рзы имаз?
4 Иисус иҳәеит аҭаацәалазаара аԥызҵаз Анцәа шиакәыз, насгьы уи наунагӡа иҟазарц шиҭахыз. Анцәа Адами Евеи анеидикыла иреимҳәаӡеит ԥыҭрак ашьҭахь еилыҵыр ауеит ҳәа. Уи аҭыԥан иара иҭахын рҩыџьагьы наӡаӡа еицызарц.
ААМҬАЛА АҬААЦӘАЛАЗААРАҾЫ ИҞАЛАЗ АԤСАХРАҚӘА
5. Ишԥаныри аԥсра аҭаацәалазаара?
5 Аха ишыжәдыруа еиԥш, Адам агәнаҳа аныҟаиҵа ирацәаны аԥсахрақәа ҟалеит. Иаҳҳәап, ауаа аԥсра иалагеит, уи аҭаацәалазаара ианырит. Апостол Павел ақьырсианцәа идеилиркааит ахаҵа иԥҳәыс ма аԥҳәыс лхаҵа данԥслак ашьҭахь аибагаратә ҿаҭахьа уаҳа амч шамам, убри аҟынтә зхала иаанхаз ахаҵа ма аԥҳәыс ҿыц аҭаацәара далалар шилшо (Римаа рахь 7:1—3).
Азакәан иҳаилнаркаауеит Анцәа аҭаацәалазаара ахә ҳаракны ишишьо
6. Иҳаилнаркаауазеи Моисеи Изакәан Анцәа аҭаацәалазаара дшахәаԥшуа иазкны?
6 Анцәа Израильаа ириҭаз Азакәан аҿы аҭаацәалазаара иазкны ианыз даара ирацәан. Иаҳҳәап, иауриаз ахаҵа ԥҳәыск лымацара лыдагьы, еиҳаны аҳәса имазар илшон. Израильаа рҿы ус иаԥын Анцәа Азакәан риҭаанӡагьы. Аха Азакәан аҳәсеи ахәыҷқәеи рзинқәа ахьчон. Иаҳҳәап, ахаҵа тәыс имаз ԥҳәысс дигазҭгьы, нас ԥыҭрак ашьҭахь аҩбатәи аԥҳәыс дигазҭгьы, иара уеизгьы раԥхьатәи иԥҳәыс лҭахрақәа дреиҷаҳалар ихәҭан. Анцәа дазыԥшын иара анаҩсгьы уи дихьчалоит, насгьы длыхӡыӡаалоит ҳәа (Ақәҵымҭа 21:9, 10). Иахьа ҳара Моисеи Изакәан ҳақәныҟәаӡом. Аха уи иҳаилнаркаауеит Анцәа аҭаацәалазаара ахә ҳаракны ишишьо. Уи аҭаацәалазаара пату ақәҵара иҳацхраауеит.
7, 8. а) Иаҳәози Азакәан аилыҵра иазкны, Ҩынтәзакәан 24:1 иану инақәыршәаны? б) Дышԥазыҟоу Иегова аилыҵра?
7 Иаҳәози Азакәан аилыҵра иазкны? Иегова иҭахын хаҵеи-ԥҳәыси наӡаӡа еицызарц, аха Азакәан инақәыршәаны израильтәи ахаҵа иԥҳәыс «иакәым ак лыдибалар», длылҵыр илшон. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 24:1.) Азакәан аҿы ианӡамызт иакәым ҳәа иԥхьаӡахар алшоз. Аха иҟалап уи гха хәыҷык акәымкәа, ихьымӡӷыз ма узырԥхашьоз акы иадҳәалазҭгьы (Ҩынтәзакәан 23:14). Илахьеиқәҵагоуп, аха Иисус ихаан ауриацәа аӡәырҩы рыҳәса иаарыварбалак азы ирылҵуан (Матфеи 19:3). Ҳәарада, ҳара уи аҩыза агәазыҟашьа ҳҽацәаҳахьчалар ҳҭахуп.
8 Аԥааимбар Малахиа ихаан ахацәа рыҳәса карыжьуан. Иҟалап уи зыҟарҵоз еиҳа иқәыԥшыз, Иегова имаҵ зымуаз аҳәса ргарц азы акәызҭгьы. Аха Анцәа аилыҵра дшазыҟоу еилыкка иҳәеит: «Сара хаҵеи-ԥҳәыси анеилыҵуа сцәымӷуп» (Малахиа 2:14—16). Анцәа раԥхьатәи аҭаацәалазаара анаԥиҵа инаркны иҳәеит ахаҵа «иԥҳәыс иҽлыдикылоит, нас дара цәеижькны иҟалоит» ҳәа. Уи нахыс иара ихәаԥшышьа имԥсахӡеит (Аҟазаара 2:24). Иисусгьы иааирԥшит аҭаацәалазаара Иаб иеиԥш дшазыҟоу, иара иҳәеит: «Анцәа иеидикылаз — ауаҩы еилыхтәыс изыҟамлааит» (Матфеи 19:6).
АИЛЫҴРАЗЫ ИҞОУ МЗЫЗ ЗАҴӘЫК
9. Ҵакыс ирымоузеи Марк 10:11, 12 иану Иисус иажәақәа?
9 Шьоукы азҵаара рызцәырҵыр алшоит: «Иҟоума ақьырсиан аилыҵра, насгьы ҿыц аҭаацәара алалара изҭо амзыз?» Шәазхәыц Иисус ииҳәаз: «Зыԥҳәыс илылҵны даҽаӡәы даазгауа, лҿаԥхьа агәнаҳа даҵалоит, дкалҭшьҭаныҟәоит. Аԥҳәыс лхаҵа дилҵны даҽаӡәы диццар, убригьы убри аҩыза агәнаҳа даҵалоит, дкалҭшьҭаныҟәоит» (Марк 10:11, 12; Лука 16:18). Ааи, Иисус аҭаацәалазаара ҳаҭыр ақәиҵон, егьырҭгьы убас ҟарҵаларц иҭахын. Ахаҵа изиашаз аԥҳәыс дкажьны даҽаӡәы ԥҳәысс дигозҭгьы, уи дкалҭшьҭаныҟәон. Аԥҳәысгьы илызиашаз лхаҵа убас изылуазҭгьы, убри аҩыза агәнаҳа ҟалҵон. Уи ус ауп, избанзар хаҵеи-ԥҳәыси еилыҵыргьы, Анцәа иҿаԥхьа урҭ ҭаацәараны инхоит, насгьы иара урҭ уеизгьы цәеижькны иԥхьаӡоит. Уи адагьы Иисус иҳәеит ахаҵа акгьы зхарамыз иԥҳәыс дкаижьуазҭгьы, акалҭшьҭаныҟәаразы амзыз шлиҭоз. Избан? Избанзар Иисус ихаан зхала иаанхоз аԥҳәыс лгәы иаанагар алшон аҭаацәара даламлар лхы лызныҟәгом ҳәа. Ари аҩыза аҭаацәалазаара акалҭшьҭаныҟәара иаҩызахон.
10. Иарбан мзызу ақьырсиан имоу аилыҵразы, насгьы ҿыц аҭаацәара алаларазы?
10 Иисус иҳәеит аилыҵразы мзыз заҵәык шыҟоу: «Сара ишәасҳәоит: лкалҭбааԥсра дахырҟьаны акәымкәа, зыԥҳәыс илылҵны даҽаӡә даазгаз, уи дкалҭшьҭаныҟәоуп» (Матфеи 19:9). Ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿгьы Иисус уи далацәажәеит (Матфеи 5:31, 32). Аҩ-ҭагылазаашьак рҿы Иисус зыӡбахә иҳәоз ицқьам ахымҩаԥгашьа ауп. Уахь иаҵанакуеит ахатә ҩыза иԥсахра, акаҳԥра, аҭаацәара иалам рыбжьара цәеижьла аизааигәахара, агомосексуализм, арахә рызнеира. Аҭаацәара иалоу ахаҵа абарҭ агәнаҳақәа руак ҟаиҵазар, иԥҳәыс уи дилҵру дилымҵру лыӡбар лылшоит. Дилҵырц лыӡбар, Анцәа урҭ ҭаацәаракны уаҳа иԥхьаӡалаӡом.
11. Избан ақьырсианцәа шьоукы рхатә ҩыза агәнаҳа ҟаиҵазаргьы еилымҵырц рыӡбар залшо?
11 Иазгәашәҭ, Иисус имҳәаӡеит аҭаацәара иалоу ауаҩы агәнаҳа ҟаиҵазар, акгьы зхарам ахаҵа ма аԥҳәыс хымԥада уи дилҵыр ауп ҳәа. Иаҳҳәап, аԥҳәыс лхаҵа агәнаҳа ҟаиҵазаргьы, дилымҵырц лыӡбар лылшоит. Избан? Иҟалап лара уеизгьы лхаҵа бзиа дылбозар, насгьы реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргыларазы ицхраареи ианажьреи дазхиазар. Уи адагьы, лара лхаҵа дилҵыр, насгьы ҿыц аҭаацәара даламлар, ауадаҩрақәа дрықәшәар ауеит. Иаҳҳәап, илызныҟәгома лара лхы? Иазылуазеи ацәеижьтә еизааигәахаразы илымоу агәаҳәара? Лхы заҵәны илбалома? Ишԥарныруеи аилыҵра ахәыҷқәа? Илцәыцәгьахома урҭ аҵабырг рылааӡара? (1 Коринфаа рахь 7:14). Ишаҳбаз еиԥш, аилыҵра зыӡбаз ақьырсиан ауадаҩра ӷәӷәақәа дрықәшәар алшоит.
12, 13. а) Иҟалазеи Осиа иҭаацәараҿы? б) Избан Осиа Гомерь дызидикылаз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
12 Аԥааимбар Осиа иҿырԥштәы Иегова аҭаацәалазаара дшазыҟоу иазкны иаҳнарҵо рацәоуп. Осиа ԥҳәысс дигеит Гомерь зыхьӡыз, егьырҭ рыцныҟәара иалагаз аԥҳәыс, избанзар Анцәа иҟынтә уи аҩыза адҵа иоуит. Иара убас Иегова иҳәеит лара егьырҭ ахацәа рҟынтә ахәыҷқәа шлоуа. Раԥхьа Гомери Осиеи аԥа дроуит (Осиа 1:2, 3). Ԥыҭрак ашьҭахь Гомерь, еиҭа аԥҳаи аԥеи лоуит. Иҟалап урҭ Осиа итәымызҭгьы. Гомерь зныкымкәа Осиа дшылыԥсахызгьы, иара уи дкаимыжьӡеит. Аҵыхәтәаны лара Осиа дкалыжьит, насгьы тәыс дҟалеит. Ус шакәызгьы, Осиа уи дирхынҳәырц азы аԥара лхишәааит (Осиа 3:1, 2). Осиа иҿырԥштәы ала Иегова иааирԥшит изныкымкәа Израильаа рыгәнаҳақәа шранаижьуаз, урҭ иара дшырҭиуазгьы, насгьы егьырҭ анцәахәқәа ишрымҵахырхәозгьы. Иаҳнарҵар алшозеи ҳара Осиа иҿырԥштәы?
13 Аҭаацәара иалоу ақьырсиан агәнаҳа ҟаиҵазар, уи ихатә ҩыза иҟаиҵаша иӡбар ауп. Иисус иҳәеит акгьы зхарам ақьырсиан аилыҵразы, насгьы ҿыц аҭаацәара алаларазы азин шимоу. Аха ақьырсиан агәнаҳа ҟазҵаз ихатә ҩыза ианаижьырц иӡбазар, уи цәгьарак аҵам. Осиа Гомерь дидикылеит. Анаҩс илеиҳәеит уаҳа егьырҭ ахацәа дрыцымныҟәаларц. Аамҭак аҩныҵҟа Осиа Гомерь цәеижьла дылзааигәахомызт, аха анаҩс иҟалап иара ҿыц иԥҳәыс леиԥш лыцынхара далагазар. Уи иаанарԥшуан Анцәа ижәлар рыдкылара, насгьы реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара дшазхиаз (Осиа 1:11; 3:3—5). Иаҳнарҵозеи уи аҭаацәалазаара иазкны? Акгьы зхарам ахаҵа ма аԥҳәыс агәнаҳа ҟазҵаз ихатә ҩыза ҩаԥхьа цәеижьла дизааигәахар, уи ала иааирԥшуеит уи игәнаҳа шианаижьыз (1 Коринфаа рахь 7:3, 5). Уи ашьҭахь иара аилыҵразы уаҳа амзыз имам. Убри инаркны ахаҵагьы аԥҳәысгьы рҭаацәалазаара Анцәа дшахәаԥшуа еиԥш иахәаԥшларц азы еицхыраалароуп.
АҬААЦӘАЛАЗААРА АХӘ ШӘШЬАЛА АУАДАҨРА ӶӘӶӘАҚӘА ШӘАНРЫҚӘШӘОГЬЫ
14. Иҟалар алшозеи аҭаацәараҿы 1 Коринфаа рахь 7:10, 11 инақәыршәаны?
14 Ақьырсианцәа зегьы, Иеговеи Иисуси реиԥш, аҭаацәалазаара ҳаҭыр ақәырҵалароуп. Аха зны-зынла шьоукы анамӡара иахҟьаны уи аҟаҵара рцәыцәгьоуп (Римаа рахь 7:18—23). Убри аҟынтә ҳара иџьаҳамшьозар ауп актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа шьоукы рҭаацәарақәа рҿы ауадаҩрақәа ахьрымаз. Павел иҩуан аԥҳәыс лхаҵа даанылмыжьыр ауп ҳәа. Аха зны-зынла уи ҟалалон. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 7:10, 11.)
Ишԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәалазаара аиқәырхара? (Шәахәаԥш абзац 15.)
15, 16. а) Хықәкыс ирымазар акәзеи хаҵеи-ԥҳәыси ауадаҩрақәа ианрықәшәо, насгьы избан? б) Иҟаиҵарызеи ақьырсиан иҭаацәараҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа дрықәшәозар, аха ихатә ҩыза Иегова имаҵ имуазар?
15 Павел имҳәаӡеит уи ауадаҩра зыхҟьар алшоз. Аха агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит уи ахатә ҩыза иԥсахра ишадҳәаламыз. Избанзар ус акәызҭгьы, аԥҳәыс лхаҵа илҵразы, насгьы ҿыц аҭаацәара алаларазы азин лоуан. Павел иҳәеит зхаҵа даанзыжьыз аԥҳәыс хаҵа дымцакәа даанхар, мамзаргьы ҩаԥхьа лхаҵа динаалар шлыхәҭаз. Убри аҟынтә Анцәа иҿаԥхьа урҭ уеизгьы хаҵеи-ԥҳәыси ракәын. Павел иҳәеит хаҵеи-ԥҳәыси рыуадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ рыӡбар, насгьы еинышәар шрыхәҭоу, уи ахатә ҩыза иԥсахра иадҳәаламзар. Дара ирылшоит аизара аиҳабацәа ацхырааразы ирыҳәар. Аизара аиҳабацәа аӡәгьы идгылаӡом, уи аҭыԥан, дара хаҵеи-ԥҳәыси Абиблиа аҟынтә алабжьара рырҭоит.
16 Аха иҟаиҵарызеи ақьырсиан Иегова имаҵ зымуа ауаҩы аҭаацәара дицалазар? Ирылшома урҭ хазы анхара, ауадаҩра ӷәӷәақәа рымазар? Хыхь ишҳәаз еиԥш ухатә ҩыза уаниԥсахуа, аилыҵразы азин уоуеит. Аха Абиблиаҿы ианӡам хаҵеи-ԥҳәыси хазы инхалар залшо. Павел иҩуан: «Агәрахаҵара змам ахаҵа иԥҳәысгьы, лареи иареи еицыҟазарц иҭахызар, усҟан аԥҳәыс лхаҵа дилымҵыроуп» (1 Коринфаа рахь 7:12, 13). Ари алабжьара иахьагьы ихархәагоуп.
17, 18. Избан ақьырсианцәа шьоукы рхатә ҩызцәа заанырмыжьыз, ауадаҩра ӷәӷәақәа шрымазгьы?
17 Аха зны-зынла Иегова имаҵ зымуа ахаҵа иԥҳәыс лыцынхара шиҭахым ааирԥшуазар ауеит. Иҟалап иара иԥҳәыс убас ӷәӷәала дипҟозар, лгәабзиара ма лыԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа лыԥхьаӡартә еиԥш. Мамзаргьы иԥҳәыси иҭаацәареи рныҟәгара мап ацәикуазар, ма Иегова изиашаны аанхара, насгьы имаҵ аура дылԥырхагазар. Абарҭ амзызқәа ирыхҟьаны аԥҳәыс илыӡбар ауеит лхаҵа лыцынхара уаҳа иҭахым ҳәа, уи ус шакәу инҭкааны имҳәозаргьы. Убри аҟынтә хазы ацара лыӡбар алшоит. Аха иҟоуп абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы уеизгьы зхатә ҩыза ицынхара зыӡбаз ақьырсианцәа. Дара ахачҳара аадырԥшуан, насгьы реизыҟазаашьақәа еиӷьыртәырц азы аџьабаа рбон. Избан дара ус зырыӡбаз?
18 Хаҵеи-ԥҳәыси абарҭ ауадаҩрақәа ирыхҟьаны хазы анхара рыӡбазаргьы, дара уеизгьы аҭаацәара еицалоу роуп, насгьы хыхь зыӡбахә ҳәаз ауадаҩрақәа ирықәшәар ауеит. Апостол Павел хаҵеи-ԥҳәыси еимазарц зеиӷьу узырбо даҽа мзызк ааигеит: «Агәрахаҵара змам ахаҵа агәрахаҵара змоу аԥҳәыс лыла иҽиԥшьоит, иҽирыцқьоит, агәрахаҵара змам аԥҳәыс агәрахаҵара змоу лхаҵа ила лҽылыԥшьоит, лҽылрыцқьоит; шәыхшара рзыҳәангьы ус еиҳа еиӷьуп, ус анакәымха, урҭ ԥшьамкәа иаанхоит, егьыс ала — урҭгьы цқьахоит, иԥшьахоит» (1 Коринфаа рахь 7:14). Ақьырсианцәа аӡәырҩы Иегова имаҵ зымуаз рхатә ҩызцәа аанырмыжьырц рыӡбеит, рҭагылазаашьа даара ишыцәгьазгьы. Аҵыхәтәаны урҭ Иегова имаҵ аура ианалага дара рхатә ҩызцәа ахьаанырмыжьыз даара еигәырӷьон (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 7:16; 1 Пиотр 3:1, 2).
19. Избан ақьырсиантә еизараҿы насыԥ змоу аҭаацәарақәа зырацәоу?
19 Иисус иҳаиҭеит аилыҵра иадҳәалоу алабжьара, апостол Павел — хазы анхара иадҳәалоу алабжьара. Урҭ рҩыџьагьы ирҭахын Анцәа имаҵзуҩцәа аҭаацәалазаара ахә ҳаракны иршьаларц. Иахьа адунеи ахьынӡанаӡааӡо иҟоу ақьырсиантә еизарақәа рҿы ҳара иҳаԥшаар ҳалшоит насыԥ змоу аҭаацәарақәа рацәаны. Насыԥ змоу аҭаацәарақәа рҿы ахацәа рыҳәса ирызиашоуп, насгьы бзиа ирбоит, аҳәса рхацәа бзиа ирбоит, насгьы ҳаҭыр рықәырҵоит. Иҟалап шәеизараҿгьы ус еиԥш иҟоу аҭаацәарақәа рацәазар. Уи ала дара иаадырԥшуеит аҭаацәалазаара ахә ҳаракны ишшьалатәу. Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит миллионҩыла ахацәеи аҳәсеи абарҭ Анцәа иажәақәа шиашоу ахьаадырԥшуа: «Убри аҟнытә ауаҩы, иани иаби дырԥырҵны иԥҳәыс длыдҷаблоит — аҩыџьагьы цәеижькны иҟалоит» (Ефесаа рахь 5:31, 33).