Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mrt астатиа 19
  • Шәгәабзиара иаалырҟьаны еицәахазар

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәгәабзиара иаалырҟьаны еицәахазар
  • Еиуеиԥшым атемақәа
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ишәыхәо алабжьарақәа
  • Анцәа дҳацхраар илшома?
  • Аԥсра сҭахуп. Исыцхраар алшома Абиблиа, аҽшьразы ахәыцрақәа ансызцәырҵуа?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Иегова шәиҩызахар шәылшоит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Еиуеиԥшым атемақәа
mrt астатиа 19
Аҳақьым арентген иҭнахыз дахәаԥшны, ахаҵа изакә чымазароу имоу иеиҳәоит. Ахаҵа илахь еиқәҵаны дизыӡырҩуеит.

Шәгәабзиара иаалырҟьаны еицәахазар

Иҟалап иаалырҟьаны шәгәабзиара еицәахазар. Ус акәзар, ибзианы ижәдыруеит ачымазара шаҟа умч умнахуа, насгьы шаҟа аԥара аҭаху. Иҟашәҵар шәылшои шәхы шәацхраарц азы? Ичмазаҩхаз шәыуа ма шәҩыза иакәзар? Абиблиа медицинатә шәҟәӡам, аха уа иануп урҭ аамҭа цәгьақәа раан ишәыхәо апринципқәа.

Ишәыхәо алабжьарақәа

  • Аҽыхәышәтәра шәалага

    Абиблиа иану: «Згәы бзиоу ракәӡам аҳақьым дызҭаху, ичмазҩу роуп» (Матфеи 9:12).

    Иаанаго. Иаҭаххар, аҳақьым иахь шәца.

    Иҟашәҵар шәылшо. Иалшәх шәымч зықәхо иреиӷьу ахәышәтәышьа. Зны-зынла даҽа ҳақьымк игәаанагарагьы еилукаар еиӷьуп (Ажәамаанақәа 14:15). Аҳақьым ииҳәаз ииашаны ишеилышәкааз, насгьы ишәыхьуа шшәыхьуа ак агмыжькәа ишизеиҭашәҳәаз агәра ганы шәыҟазароуп (Ажәамаанақәа 15:22). Шәчымазара иазку аинформациа ибзианы иҭышәҵаа. Еилышәкаа уи хәышәтәышьас иамоу аметодқәа зегьы. Иузыԥшу анудыруа, уи аҽазыҟаҵареи ииашоу аӡбарақәа рыдкылареи еиҳа имариоуп.

  • Шәгәабзиара иазеиӷьу ашьцыларақәа еизшәырҳала

    Абиблиа иану: «Абаҩрҵәыра ахәарҭа узаанагоит» (1 Тимофеи 4:8, аурыс).

    Иаанаго. Ашьцылара бзиақәа шәгәабзиара иазеиӷьуп.

    Иҟашәҵар шәылшо. Иааиԥмырҟьаӡакәа абаҩрҵәыра ҟашәҵала, шәгәабзиара иазеиӷьу афатә шәфала, шәызхара шәыцәала. Ҳәарада, шәчымазара шәҽашәырнаалароуп, аха уи мариаӡам. Аҳақьымцәа изларҳәо ала, ашьцылара бзиақәа реизырҳара аамҭеи аџьабааи рықәырӡра иаԥсоуп, уи алҵшәа бзиақәа аанагоит. Аха иҿыцу акы шәалагаанӡа, уи шәгәабзиара ишазеицәамхо, насгьы шәызҿу ахәышәтәра ишаԥырхагамхо агәра жәга.

  • Ишәырҭо ацхыраара мап ацәышәымклан

    Абиблиа иану: «Аҩыза бзиа ианакәзаалакгьы абзиабара ааирԥшуеит, иара арыцҳара аныҟало азы ииз иашьоуп» (Ажәамаанақәа 17:17).

    Иаанаго. Шәҩызцәа аншәыцу, аамҭа цәгьа ахгара еиҳа имариахоит.

    Иҟашәҵар шәылшо. Шәҩыза гәакьа шәхы шыжәбо иашәҳәа. Уи амч шәнаҭар алшоит. Шәҩызцәеи шәыуацәеи шәыцхраар рҭахуп, аха ишшәыцхрааша рзымдыруазар ҟалоит. Убри аҟынтә иаартны ирашәҳәа уажәы ишәҭаху. Дара рҟынтә мыцхәы шәазымԥшын. Ишәзыҟарҵо хәыҷызаргьы идузаргьы, ахә шәшьала. Аха убри аамҭазгьы ишәылшои ишәылымшои дырны, аҳәаақәа шьақәшәыргыл, ацхыраара шәызҭар зҭаху шәҩызцәа рҭаара шәамырааԥсарц азы.

  • Агәырӷьара шәмырӡлан

    Абиблиа иану: «Иҭгәырӷьаауа агәы — хәшәы бзиоуп, агәкаҳара акәзар, амч улнахуеит» (Ажәамаанақәа 17:22).

    Иаанаго. Агәырӷьара мырӡкәа, зегь шыбзиахо агәра жәгалар, ауадаҩрақәа шәыриааиуеит, агәҭынчрагьы шәоуеит.

    Иҟашәҵар шәылшо. Аҭагылазаашьа шәхы аншәырнаал, ишәылымшо акәымкәа, ишәылшо шәазхәыцла. Егьырҭ шәхы рыҿшәмырԥшлан, иара убас иахьатәи шәҭагылазаашьеи уаанӡа ишәымаз агәабзиареи еиҿшәмырԥшлан (Галатаа 6:4). Ишәзынагӡо ахықәкқәа ықәшәыргылала. Уи амч шәнаҭоит, шәхы ззышәкыр шәҭаххо аусқәагьы цәырҵуеит (Ажәамаанақәа 24:10). Излашәылшо ала ауаа ирыхәаша ак ҟашәҵала. Аӡәы уаницхраауа, агәырӷьара уоуеит, иҽеим ахәыцрақәагьы цәырҵӡом (Аусқәа 20:35).

Анцәа дҳацхраар илшома?

Абиблиа иҳаилнаркаауеит Иеговаa ичмазаҩхаз ауаҩы дицхраар шилшо. Ҳәарада, џьашьахәыла схәышәтәхоит ҳәа ахәыцра иаԥсаӡам. Аха Анцәа бзиа дызбо ауаа ицхыраара иақәгәыӷыр рылшоит. Абар уи цхыраарас ириҭо.

Агәҭынчра. Иегова ауаҩы ичымазара мыцхәы хьаас иҟаимҵаларц азы агәҭынчра ииҭар илшоит (Филиппаа 4:6, 7). Анцәа агәҭынчра риҭоит ацхырааразы иҳәо, зхьаақәа зегьы изеиҭазҳәо (1 Пиотр 5:7).

Аҟәышра. Иегова ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылаларц азы аҟәышра ҳаиҭар илшоит (Иаков 1:5) Аҟәышра аиура иҳацхраауеит аамҭа иԥнашәахьоу Абиблиа иану апринципқәа.

Ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку угәы шьҭызхуа агәыӷра. Иегова ҳақәиргәыӷуеит «сара сычмазаҩуп» ҳәа уаҳа аӡәгьы ианимҳәо аамҭа шааиуа (Исаиа 33:24). Ари агәыӷра ӷәӷәала ичмазҩугьы ргәы акамыжьра ирыцхраауеит (Иеремиа 29:11, 12).

a Абиблиа излаҳәо ала, Иегова — Анцәа ихьӡ ауп (Аԥсалом 83:18).

Иуадаҩу аамҭақәа раан ҳҩыза ҳицхраар шҳалшо

Ибзианы шәизыӡырҩла. Ауаҩы шәанизыӡырҩуа, иара изы уи цхыраара дууп. Шәҩыза иааиҳәо зегь ак ахҳәаатәуп ҳәа шәгәы иаанамгалааит. Ус баша аӡырҩра аназхо ыҟоуп. Иҭагылазаашьа аилкаара шәҽазышәшәа, насгьы шәимықәыӡбалан. Шәҩыза ицәаныррақәа еилышәкаауазшәа шәгәы иамбааит, еиҳараӡак уи дшычмазҩу анубарҭам (Ажәамаанақәа 11:2).

Игәы казыжьша шәаламцәажәалан. Ишәҳәаша шәзымдыруазар ҟалоит. Игәы шьҭызхуа жәақәак шәҳәар еиҳа еиӷьуп, зынӡа ҿымҭкәа шәгылазар аасҭа. Ишәҳәо зынӡа ишәҿамшәозар, гәыкала жәақәак шәҳәа, иаҳҳәап : «Иуасҳәара сыздыруам, аха иудыруазар сҭахуп хьаас ушсымоу». Абас шәымҳәалан: «Еиҳа еицәаз ахьумыхьыз ауп», ма «Уара иумоу... акәӡам».

Шәҩыза ичымазара иазкны еиҳаны еилышәкаа. Ачымазаҩ уи игәы шьҭнахуеит, насгьы иара уажәы шаҟа ицәыцәгьоу аилкаара шәахьашьҭоу игәы иахәоит. Ичымазара зеиԥшроу ибзианы еилышәкаазар, ишәҳәо еиҳа амч амазаауеит (Ажәамаанақәа 18:13). Аха иара дышәмыҳәозар, алабжьарақәа ишәымҭалан.

Шәицхраа. Уажәы сызлаицхраарызеи ҳәа ахәыцра аасҭа, иара шәиазҵаа шәахьицхрааша еилышәкаарц азы. Аха ииҭаху шәеимҳәаргьы ҟалоит, аџьабаа шәимырбарц азы. Убри аҟынтә џьара акала ицхраара шәшазхиоу иашәҳәа, иаҳҳәап, адәқьан ахь ацара, аҩны аԥссара, ма даҽа цхыраарак иҭара (Галатаа 6:2).

Шәгәы кашәмыжьын. Зны-зынла шәҩыза ииӡбаз мап анацәикуа, ма шәацәажәара аниҭахымхо ҟаларгьы алшоит. Ишәычҳароуп, деилышәкаароуп. Дкашәмыжьын шәҩыза, ицхраарагьы шәазхиаз (Ажәамаанақәа 18:24).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра