Thomas Jackson/Stone via Getty Images
ШӘГӘЫШӘҼАНЫЗ!
Ҳзықәгәыӷыр ҳалшои 2024 шықәсазы?
Аӡәырҩы ргәы иаанагоит 2024 шықәса иаанагаз ауадаҩрақәа ӡбашьак рымамкәа иаанхоит ҳәа. Аха ҳгәы шьҭызхуагьы ыҟоуп.
Абиблиа агәыӷра ҳнаҭоит
Абиблиаҿы иануп ҳаԥсҭазаара зырлашьцо ауадаҩрақәа зегьы Анцәа ишиӡбо. Хара имгакәа Анцәа «[ҳа]лаӷырӡқәа ирыцқьоит, уаҳа иҟалаӡом аԥсра, агәырҩа, аҵәыуара, ахьаагьы уаҳа иҟалаӡом, уаанӡа иҟаз ықәӡаа ицеит» (Аатра 21:4).
Уи иазкны еиҳаны еилышәкаар шәылшоит астатиа «Реальная надежда на лучшее завтра» аҟынтә.
Абиблиа шәыцхраар алшоит
Ԥхьаҟатәи ҳаԥсҭазаара аганахьала Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷра иҽеим ацәаныррақәа риааира, насгьы ҳгәы акамыжьра иҳацхраауеит (Римаа 15:13). Абиблиаҿы иану алабжьарақәа шәзықәшәо ауадаҩрақәа риааира ишәыцхраар алшоит, иаҳҳәап, аӷарра, аиашамра, ачымазара.
Шәиабадыр даныхәыҷыз иӷарыз, зыԥсҭазаара цәгьаз, аха нас агәҭынчреи анасыԥи зауз ауаҩы. Шәахәаԥш авидео «Хуан Пабло Серменьо. Иегова сыԥсҭазаара аҵакы аиҭеит».
Еилышәкаа Абиблиа шәыцхраар шалшо шәхы ахара адышәҵозар, шәылахь еиқәызар, шәгәы ҭынчымзар, насгьы ишәзааигәоу ауаҩы дыԥсызар. Шәаԥхьа астатиа «Могут ли мысли из Библии утешить и успокоить меня?».
Еилышәкаа арраҿы дахьыҟаз иахҟьаны «зылахь еиқәыз, насгьы хаарак зҵамыз» ҳәа зхы иазызҳәаз аԥҳәыс Абиблиаҿы агәыӷра шылыԥшааз. Шәахәаԥш авидео «Я сменила винтовку на Библию».
Иахьатәи адунеи уадаҩрала ишҭәугьы, бзиа ижәбо ауааи шәареи насыԥ шәымазар шәылшоит. Абиблиа анасыԥ аиура ишәыцхраауеит. Шәалага хәыда-ԥсада Иегова ишаҳаҭ ишәзымҩаԥиго абиблиатә курс. Уи абзоурала шәара еилышәкаауеит Анцәа аҭынчреи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥши, агәыӷреи шәиҭар шилшо (Иеремиа 29:11).