Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwyp астатиа 3
  • Апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас исымоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас исымоуп
  • Аҿар рызҵаарақәа
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абар иҟауҵар улшо:
  • Иҟашәҵар шәылшозеи, шәхатә ҩыза апорнографиа дахәаԥшуазар?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Ишԥаҳалшо Аҩсҭаа ишьацҳәа ҳҽацәаҳахьчар?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Апорнографиа шәарҭарас иаҵоу
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
Аҿар рызҵаарақәа
ijwyp астатиа 3
Аинтернет аҿы апорнографиа иахәаԥшуа ахбыџ

Иҟасҵарызеи апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас ишьҭысхзар?

Абар иҟауҵар улшо:

Уазхәыц апорнографиа закәу. Апорнографиа Иегова ицқьаны, насгьы аҳаҭыр иаԥсаны иишаз аҟьашьуеит. Уи еилукаауазар, ацәгьара уцәымыӷхоит (Аԥсалом 96:10 [97:10, АдҾ]).

Алҵшәақәа урызхәыцла. Апорнографиа иланарҟәуеит уа зыҽҭызхуа ауаа рыпату. Уи адагьы, иахәаԥшуа ауаа бжьнахуеит. Абиблиаҿы баша ианым: «Хара иԥшуа арыцҳара ибоит, насгьы иҽацәихьчоит» (Ажәамаанақәа 22:3).

Аҿаҭахьа шьҭаҵа. «Сыблақәеи сареи ҳабжьара аиқәшаҳаҭра бжьасҵеит. Ишԥасылшо сгәы хыҭ-хыҭуа аҭыԥҳа лыхәаԥшра?» — иҳәеит Анцәа изиашаз Иов (Иов 31:1). Иарбан «еиқәшаҳаҭрақәоу» уара иубжьоуҵар улшо? Абар ҿырԥштәқәак:

  • Схала саныҟоу аинтернет сҭалаӡом.

  • Иаалырҟьаны иаатуа аеротикатә сахьақәа зну асаитқәа иаразнак иасырклоит.

  • Сыҽсызнымкылакәа апорнографиа сахәаԥшыр, доуҳала ишәу сҩыза сиацәажәоит.

Арахәыцқәа зкәыршоу анапқәа

Апорнографиа ҷыдарак амоуп: уахәаԥшцыԥхьаӡа мап ацәкра еиҳа иуадаҩуп

Анцәа уиҳәала. Аԥсаломшәаҳәаҩ Анцәа Иегова диҳәон: «Сыблақәа иаԥсам аҟынтә иаԥырга» (Аԥсалом 118:37 [119:37, АдҾ]). Анцәа уара уаиааирц иҭахуп, убри аҟынтә ацхырааразы уиҳәозар, ииашаны ухы мҩаԥугаларц азы амч уиҭоит! (Филиппаа рахь 4:13).

Аӡәы уиацәажәа. Иумоу ауадаҩра аӡәы иоуҳәарц уӡбар, уи ашьцылара аиааираҿы ихадоу ашьаҿа ҟауҵоит (Ажәамаанақәа 17:17).

Иухоумыршҭын. Апорнографиа ахәаԥшразы иузцәырҵуа агәаҳәара мап анацәукуа, уара аиааира ду угоит. Изеиҭаҳәа Иегова уи аиааира аӡбахә, насгьы иуиҭаз амч азы иҭабуп ҳәа иаҳәа. Апорнаграфиа ахәаԥшра мап анацәукуа, Иегова дургәырӷьоит! (Ажәамаанақәа 27:11).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра