Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwbq астатиа 64
  • Ҳрымҵахырхәалар аума ҳара асахьақәа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҳрымҵахырхәалар аума ҳара асахьақәа?
  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абиблиа иану
  • Иарбан динхаҵароу Анцәа игәаԥхо?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
ijwbq астатиа 64

Ҳрымҵахырхәалар аума ҳара асахьақәа?

Абиблиа иану

Мап, ҳрымҵахырхәалар акәӡам. Анцәа израильаа ириҭаз азакәанқәа ирызкны «Акатоликатә енциклопедиа ҿыц» иаҳәоит: «Еиуеиԥшым абиблиатә цыԥҵәахақәа иаҳдырбоит Анцәа имаҵзуҩцәа ииашоу амҵахырхәараҿы асахьақәа рхы ишадмырхәоз». Шәааи ҳарзааҭгылап ҵаҟа иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа.

  • «Иҟаумҵан аидолқәа, иҟаумҵан хыхь ажәҩан аҿы, ма ҵаҟа адгьыл аҿы, ма адгьыл аҵаҟа иҟоу аӡқәа рҿы иҟоу акы асахьа, уи уамҵахырхәаларц азы. Урҭ урмеихырхәан, рымаҵгьы умун, избанзар сара Унцәа Иегова соуп, сара заҵәык соуп узызиашаны зымаҵ уулаша» (Ақәҵымҭа 20:4, 5). Анцәа иҭахуп иара заҵәык ҳизиашаны имаҵ ҳауларц. Иара игәы иахәаӡом асахьақәеи, аидолқәеи, аиконақәеи, егьырҭ амаҭәарқәеи анҳараҳкуа ма ҳанрымҵахырхәо.

  • «Сара сыхьӡ-сыԥша... аидолқәа ирысҭаӡом» (Исаиа 42:8). Анцәа игәаԥхаӡом асахьақәа ҳхы иархәаны ҳанимҵахырхәо. Израильаа шьоукы Анцәа имҵахырхәарц азы ахьы иалхны аҳәыс аныҟарҵа, Анцәа уи ажәлар «агәнаҳа ӷәӷәа ҟарҵоит» иҳәеит (Ақәҵымҭа 32:7—9).

  • «Ҳгәы иаанамгароуп Анцәа ауаа ахьы, ма араӡны, ма ахаҳә иалхны, рхы иҭҳәааны иҟарҵо акы деиԥшуп ҳәа» (Аусқәа 17:29). Ҳара амцнцәақәа ирымҵахырхәо ҳреиԥшӡам. Дара рымҵахырхәараҿы еиҳарак ауаа «рхы иҭҳәааны иҟарҵо» асахьақәа рхы иадырхәоит. Ҳара, ақьырсианцәа, ҳакәзар, «иаҳбо ала акәымкәа, хаҵарала ауп» ҳшынхалаша (2 Коринфаа 5:7).

  • «Аидолқәа рымԥан шәықәымлан» (1 Иоанн 5:21). Абиблиа иаартны иаҳәоит Анцәа ауаа асахьақәеи аиконақәеи рыла имҵахырхәаларц иҭахушәа ирылаҵәоу амиф шымцу. Уи ус шакәу ҳдырбоит Анцәа израильаа, анаҩс ақьырсианцәа ириҭаз аԥҟарақәа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра