Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwbq астатиа 56
  • Илшома Аҩсҭаа ауаа ииҭаху дырҟаҵара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Илшома Аҩсҭаа ауаа ииҭаху дырҟаҵара?
  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абиблиа иану
  • Иаҳәозеи Абиблиа?
    Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Урҿагыла адоуҳатә мчы цәгьақәа
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
ijwbq астатиа 56

Илшома Аҩсҭаа ауаа ииҭаху дырҟаҵара?

Абиблиа иану

Аҩсҭааи адемонцәеи ауаа анырра ӷәӷәа рырҭоит. Абиблиаҿы иануп: «Адунеи зегь Аҩсҭаа инапаҿы иҟоуп» (1 Иоанн 5:19). Абиблиа иҳаилнаркаауеит Аҩсҭаа ауаа анырра риҭарц азы ихы иаирхәо.

  • Амц. Анцәа Иажәа ауаа ргәазҭанаҵоит «Аџьныш ишьацҳәақәа» ирҿагылаларц (Ефесаа 6:11). Иара ауаа ижьоит имаҵуцәа Анцәа имаҵ руашәа ргәы иаанагаларц. Уи Аџьныш ишьацҳәақәа руак ауп (2 Коринфаа 11:13—15).

  • Аспиритизм. Аҩсҭаа ауаа ижьоит амедиумцәеи, аԥшыҩцәеи, астрологцәеи рыла (Ҩынтәзакәан 18:10—12). Анаркотикқәеи, агипнози, амедитациеи ауаа рыхшыҩ ҭанарцәуеит, нас адемонцәа урҭ анырра рырҭоит (Лука 11:24—26).

  • Амцдинхаҵара. Амцҵарақәа шьаҭас измоу адинқәа ауаа Анцәа изымӡырҩларц ргәазҭарҵоит (1 Коринфаа 10:20). Абиблиа амц шьаҭас измоу аҵарақәа адемонцәа рҵарақәа ҳәа иашьҭоуп (1 Тимофеи 4:1).

  • Адемонцәа ауаа ианырхаԥо. Абиблиаҿы иануп адемонцәа ауаа ианырхаԥоз ахҭысқәа. Адемонцәа зхаԥаны иҟаз шьоукы лашәын, иҿаҳан, рыхгьы иазеицәоу ҟарҵон (Матфеи 12:22; Марк 5:2—5).

Ишԥаҳалшо Аҩсҭаа ишьацҳәақәа рҿамшәара?

Ҳара адемонцәа рнырра ҳацәшәалар ҳахәҭаӡам, избанзар Абиблиа иҳаилнаркаауеит Аҩсҭаа ҳаиҿагылар шҳалшо.

  • Аҩсҭаа ишьацҳәақәа ргәаҭашьа шәҵала, урҭ жәдыруазарц азы (2 Коринфаа 2:11).

  • Абиблиа аҟынтә адыррақәа шәырҳала, нас шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәала. Абиблиатә принципқәа шәхы ианашәырхәо, Аҩсҭаа инырра аҟынтә шәхы шәыхьчоит (Ефесаа 6:11—18).

  • Адемонцәа ирыдҳәалоу зегь наҟ икашәыжь (Аусқәа 19:19). Уахь иаҵанакуеит аспиритизм ӡырызго амузыкеи, ашәҟәқәеи, ажурналқәеи, аплакатқәеи, авидеофильмқәеи.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра