Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwfq астатиа 39
  • Избан Иегова ишаҳаҭцәа амширақәа зазгәарымҭо?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Избан Иегова ишаҳаҭцәа амширақәа зазгәарымҭо?
  • Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәа
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ак рыгрыжьуашәа рбоума Иегова ишаҳаҭцәа рхәыҷқәа, амширақәа ахьазгәарымҭо азы?
  • Анцәа игәамԥхо аныҳәақәа
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
  • Игәаԥхома Анцәа аныҳәақәа зегьы?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Анцәа игәы ишақәшәо еиԥш имаҵ жәула
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәа
ijwfq астатиа 39
Амширазы ирхиоу ачыс хаа

Избан Иегова ишаҳаҭцәа амширақәа зазгәарымҭо?

Иегова ишаҳаҭцәа амширақәа азгәарҭаӡом, избанзар урҭ Анцәа игәаԥхом ҳәа рыԥхьаӡоит. Абиблиа иаартны иаҳәаӡом амширақәа разгәаҭара ҟалом ҳәа. Аха уи аныҳәа иамоу ҷыдарақәак ирзааҭгылоит, насгьы Анцәа ихәаԥшышьа аилкаара иҳацхраауеит. Ҳарзааҭгылап ԥшь-ҷыдарак, насгьы ари азҵаара иадҳәалоу абиблиатә принципқәа.

  1. Амширақәа разгәаҭара амурҭаҭтә хыҵхырҭа амоуп. Усумҭак излаҳәо ала, ари аҵас шьаҭас иамоуп абри аҵара: ауаҩы даниуа амш азы «ицәгьоу адоуҳақәеи амчқәеи ацәгьара изырур ҟалоит», аха «иҩызцәа ахьицу, насгьы абзиарақәа ахьизеиӷьыршьо уи дахьчоит» (Funk & Wagnalls Standard Dictionary of Folklore, Mythology, and Legend). Даҽа хыҵхырҭак ишаҳәо ала, «ажәытәан амширақәа рсиа аҟаҵара еиҳараӡак ихадан, избанзар урҭ рыбзоурала агороскоп шьақәдыргылон». Уи «иԥсабаратәым амчқәа ирыдҳәалоу астрологиатә ҵара» иахәҭакын (The Lore of Birthdays). Уа еиҭах иануп «жәытә-натә аахыс иаауа агәаанагара инақәыршәаны, амширақәа раан иадыркуа ацәашьқәа агәазыҳәарақәа рынагӡаразы амагиатә мчы рымоуп» ҳәа.

    Аха Абиблиа амагиа, аԥшра, аспиритизм, насгьы абарҭ иреиуоу аусқәа зегьы ирықәыӡбоит (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 18:14; Галаҭаа рахь 5:19—21). Анцәа ажәытәтәи ақалақь Вавилон дақәыӡбеит. Уи зыхҟьаз амзызқәа ируаку, уа иқәынхоз ажәлар аԥшра аформақәа иреиуоу — астрологиа — рнапы ахьалакыз ауп (Исаиа [Исаия] 47:11—15). Ҳәарада, Иегова ишаҳаҭцәа инҭырҳәыцааны аҵасқәа зегьы рхыҵхырҭақәа ҭырҵааӡом, аха Аҩыраҿы зҵаарақәак рганахь ала Анцәа ихәаԥшышьа еилыкка ианарбоу, дара рылақәа хырҩаӡом.

  2. Раԥхьатәи ақьырсианцәа амширақәа азгәарҭомызт. «Уорлд бук» захьӡу аенциклопедиа иануп раԥхьатәи ақьырсианцәа «дарбанзаалак ауаҩы имшира азгәаҭара мурҭаҭтә ҵасуп» ҳәа ишырыԥхьаӡоз. Абиблиа иаҳнарбоит апостолцәеи Иисус аҵара зирҵоз егьырҭ ауааи ақьырсианцәа зегьы зықәныҟәалаша аҿырԥшы шырзынрыжьыз (2 Фессалоникаа рахь 3:6).

  3. Ақьырсианцәа иазгәарҭалар рыхәҭоу ныҳәа заҵәык ауп. Уи амшира акәымкәа, Иисус Христос иԥсра амш ауп (Лука 22:17—20). Уи уамашәа ибатәӡам, избанзар Абиблиаҿы иануп «аԥсра амш амшира аасҭа еиӷьуп» ҳәа (Екклезиаст [Экклезиаст] 7:1). Иисус адгьыл аҿы иԥсҭазаара аҵыхәтәахьы ианнеиуаз аамҭазы, Анцәа иҿаԥхьа ахьӡ бзиа ирҳаит. Убри аҟынтә иԥсра амш даниз амш аасҭа еиӷьуп (Ауриацәа рахь 1:4).

  4. Абиблиаҿы ианӡам Анцәа имаҵзуҩцәа иреиуаз аӡәы амшира азгәеиҭон ҳәа. Уи машәыршәа иҟамлеит, избанзар Абиблиаҿы амшира иадҳәалоу ҩ-хҭыск ануп. Урҭ азгәазҭоз Анцәа имаҵ зымуаз ауаа роуп. Урҭ аҩ-хҭыск рҿы уи аныҳәа иҽеимкәа аӡбахә ҳәоуп (Аҟазаара [Бытие] 40:20—22; Марк 6:21—29).

Ак рыгрыжьуашәа рбоума Иегова ишаҳаҭцәа рхәыҷқәа, амширақәа ахьазгәарымҭо азы?

Аиҷаҳара аазырԥшуа аҭаацәа зегь реиԥш, Иегова ишаҳаҭцәа рхәыҷқәа рахь иааиԥмырҟьаӡакәа абзиабара аадырԥшуеит. Иаҳҳәап, дара рхәыҷқәа аҳамҭақәа рырҭоит, иара убас рҩызцәеи дареи ргәы зладырҿыхаша аиқәшәарақәа рзеиҿыркаауеит. Дара Анцәа иҿыԥшуеит. Иара есымша ихәыҷқәа абзиарақәа рзыҟаиҵоит (Матфеи 7:11). Иегова ишаҳаҭцәа рхәыҷқәа ражәақәа излаҳдырбо ала, ак рыгрыжьуашәа рхы рбаӡом:

  • «Аҳамҭа уаназыԥшым иануоуа, еиҳа уаргәырӷьоит» (Темми, 12 шықәса).

  • «Сымшира аҽны сара аҳамҭақәа соуӡом, аха егьырҭ амшқәа рзы сҭаацәа аҳамҭақәа сырҭоит. Уи даара исгәаԥхоит, избанзар угәуҽанӡамкәа аҳамҭақәа анузыҟарҵо бзиа избоит» (Грегори, 11 шықәса).

  • «Шәара жәа-минуҭк иалагӡаны ахаа-мыхаақәа рыфареи ашәаҳәареи ныҳәоуп ҳәа ишәыԥхьаӡома? Шәнеи ҳаҩныҟа, аныҳәаҵәҟьа закәу уа ижәбап!» (Ерик, 6 шықәса).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра