Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwyp астатиа 60
  • Издыруазар акәзеи арыжәтә иазкны?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Издыруазар акәзеи арыжәтә иазкны?
  • Аҿар рызҵаарақәа
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Уахьнанаго уазхәыц
  • Иҟауҵаша ӡба
  • Иазыҟазар шԥарыхәҭоу ақьырсианцәа арыжәтә?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Уазыҟоума уара арыжәтә Анцәа дшазыҟоу еиԥш?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Аҿар рызҵаарақәа
ijwyp астатиа 60
Аԥсабараҿы зыԥсы зшьо арԥыс иҩызцәа арыжәтә идыргалоит

АҾАР РЫЗҴААРАҚӘА

Издыруазар акәзеи арыжәтә иазкны?

Абиблиа ианӡам арыжәтә ажәра ҟалаӡом ҳәа, уи азакәан иаҿамгылозар. Аха Абиблиа арыжәтә аҽаршьра иақәыӡбоит (Аԥсалом 104:15; 1 Коринфаа 6:10).

Иҟауҵар улшозеи арыжәтә удырцалозар, аха уара уи ажәра азин умамзар, мамзаргьы уҭаацәа ирымуазар?

  • Уахьнанаго уазхәыц

  • Иҟауҵаша ӡба

  • Уқәлацәа ирҳәо

Уахьнанаго уазхәыц

Иҟалап уқәлацәа арыжәтә ада аамҭа бзианы иузыхгом ҳәа рыԥхьаӡозар. Аха унанагар абалшо арыжәтә ажәра?

  • Абахҭа иҭаку ауаҩы

    Ауадаҩрақәа узцәырҵуеит. Азакәан азин шунамҭогьы арыжәтә ужәуазар, уи ауадаҩрақәа узцәырнагар алшоит. Иаҳҳәап, иҟалоит аштраф уқәырҵар, азакәан еилазгаз иеиԥш ахара удырҵар, амашьына аныҟәцара азин узҭо адокумент умырхыр, ажәлар рзы мчыла уск удырҟаҵар, ма абахҭа уҭаркыр (Римаа 13:3).

  • Аҭел

    Ухьӡ бжьухуеит. Арыжәтә зҽазыршьыз ауаҩы ишакәым ихы мҩаԥиго далагоит. Иара нас дзыхьхәыр алшо ак иҳәар, ма ак ҟаиҵар ҟалоит (Ажәамаанақәа 23:31—33). Асоциалтә каҭақәа адунеи иалаҵәаны ианыҟоу аамҭазы иҽеим хымҩаԥгашьак ала ухьӡ бжьухыр алшоит.

  • Аԥҳәыс ишакәым илызныҟәоит

    Ашәарҭара узгәамҭар ҟалоит. Мыцхәы арыжәтә ужәыр, егьырҭ ишырҭаху иузныҟәар ҟалоит, иаҳҳәап, урыпҟар ма ишакәым иузныҟәар. Ижәны иҟоу ауаҩы иуҭаху ирҟаҵара мариоуп. Убри аҟынтә ишәарҭоу ма азакәан иаҿагыло ак ҟаиҵар ҟалоит.

  • Арыжәтә зҭаз аԥаҭлыка

    Уашьцылоит. Ҭҵаарақәак инарықәыршәаны ауаҩы шаҟа заа арыжәтә ажәра далаго аҟара убри аҟара дашьцылоит. Уара астресс ухугарц, узаҵәра ма ухьаа ухауршҭырц азы арыжәтә ужәуазар, уи уашьцылоит, уи ада ԥсыхәа умамшәагьы убалоит.

  • Ауаҩы ихыбаҩи абаҩқәеи

    Уҭахоит. Ааигәа шықәсык аҩныҵҟа имҩаԥгаз ҭҵаарак инақәыршәаны, арыжәтә ыжәны амашьына ахьныҟәырцо иахҟьаны, Еиду Аштатқәа рҿы ес 52 минуҭ авариақәа рҿы аӡәы дҭахон. Хәышықәса рыҩныҵҟа арыжәтә иахҟьаны авариақәа рҿы 1 500-ҩык инареиҳаны иҭахон. Иҭахоз 21 шықәса иреиҳаӡамызт. Уара ижәны уҟамзаргьы, арыжәтә ыжәны амашьына ныҟәызцо имашьына уақәтәар, ухы ашәарҭара ду иҭаургылоит.

Иҟауҵаша ӡба

Арыжәтә иахҟьаны ухы ашәарҭара иҭаумыргыларц, насгьы уи алҵшәа бааԥсқәа узаанамгарц азы иҟауҵаша заа иуӡбароуп.

Абиблиатә принцип: «Иҟәышу ашәарҭара ибоит, насгьы иҽацәихьчоит» (Ажәамаанақәа 22:3). Аԥсҟы укаанӡа, ма ахшыҩзышьҭра зҭаху даҽа уск уалагаанӡа, арыжәтә ажәра хшыҩдароуп.

Ухазы иӡба: «Арыжәтә ажәра сыӡбаргьы, азин ансоуа, насгьы аҭагылазаашьа ианақәшәо ауп ианызжәло».

Абиблиатә принцип: «Маҵуҩыс шәхы зышәҭо шәшитәхо шәзымдырӡои?» (Римаа 6:16). Уара арыжәтә зужәуа уҩызцәа иахьыржәуа азы акәзар, урҭ ирҭаху удырҟаҵаларц рылуршоит. Угәы ухоуршҭырц ма астресс ухугарц азы акәзар, ауадаҩрақәа рыӡбашьа узҵаӡом.

Ухазы иӡба: «Сҩызцәа ирҳәо сацныҟәаӡом, арыжәтәгьы зжәӡом».

Абиблиатә принцип: «Урыцымлан аҩы зҽазыршьуа» (Ажәамаанақәа 23:20). Иҽеим аҩызцәа иудукылаз аӡбара ақәныҟәара иуԥырхагахар алшоит. Амцхә арыжәтә зҽадызцало ҩызцәас ишьҭухыр, ухы ашәарҭара иҭаургылоит.

Ухазы иӡба: «Амцхә арыжәтә зҽадызцало ҩызцәас ишьҭысхӡом».

Уқәлацәа ирҳәо

Џьордан

«Ашкол аҿы еснагь арыжәтә сыдырцалон. Убри аҟынтә есымша 1 Коринфаа 15:33 иану апринцип сгәаласыршәалар акәын: „Иҽеим аиҿцәажәарақәа ишәымоу ашьцылара бзиақәа бжьырхуеит“» (Џьордан).

Џьенна

«Схы ибзианы издыруеит азы, сзырблаҟьар алшо аҭагылазаашьақәеи иҽеим аҩызцәеи сҽырцәысыхьчоит. Сара ҩызцәас исымоу арыжәтә рҽадырцалаӡом» (Џьенна).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра