Албаага
c Ари ажәабжь аҿы иаагоуп апатуқәымҵара шаадырԥшыз узырбо аҿырԥштәқәа ҩба. Акы, Азакәан ишьақәнаргылон инаргоз аԥстәы аҟынтә иарбан хәҭақәоу аԥшьаҩы фатәыс ирҭар акәыз (Ҩынтә. 18:3). Аха иԥшьоу ақьалаҿы ицқьамыз аԥшьаҩцәа зынӡа даҽа ԥҟарақәак аларгалеит. Дара акәац ахьыжәуаз амаҵуҩы дрышьҭуан, уи ачқьыԥ ду ачуан иҭаршьшьны, ишьҭнахуаз зегьы игон. Ҩба, ауаҩы инеигоз амҭа ашша амҭанагарҭаҿы абылра ахәҭан, аха ицқьамыз аԥшьаҩцәа амаҵуҩы дрышьҭуан, уи амҭа неигаанӡа диқәмақарны иаӡаз акәац имихуан (Алев. 3:3—5; 1 Сам. 2:13—17).