Албаага
a Иона хылҵшьҭрала галилеиатәи ақалақь дахьатәыз ахшыҩзышьҭра аҭахуп, избанзар афарисеицәа Иисус иӡбахә ианалацәажәоз, рыҽхарззаланы ирҳәеит: «Инҭкааны уахәаԥш, нас агәра угап аԥааимбар Галилеиахьтә дшымаауа» (Иоанн 7:52). Афарисеицәа ирҳәон уиаҟара улаԥш иҵамшәо Галилеиантә ԥааимбарк ахаангьы дмааӡац, даарангьы дыҟам ҳәа, аха аӡәырҩы аиҭагаҩцәеи аҭҵааҩцәеи ргәаанагарала, урҭ баша шьаҭа змам ажәақәоуп. Ус акәзар, урҭ аҭоурыхи аԥааимбаражәақәеи ирызхьаԥшуамызт (Ис. 9:1, 2).