Албаага
e Ксеркс I згәаанагара еснагь изыԥсахуаз, насгьы игәымбылџьбароу ауаҩы ҳәа деицырдыруан. Абырзен ҭоурыхҭҵааҩ Геродот Ксеркс абырзенцәа данрабашьуаз, иҟалаз хҭысқәак ртәы аниҵеит. Зны аҳ ирыдиҵеит аӡыбжьанда Геллеспонт аҟынтә аӷбақәа рыла апонтонтә цҳа хырҵарц. Афырҭын ацҳа аныԥнаҽы, Ксеркс адҵа ҟаиҵеит уи ацҳа хызҵаз рыхқәа хырҵәарц, насгьы ажәа хәымгақәа ҳәаны аӡы иаасуа Геллеспонт «ахьдырхәырц». Уи аибашьра анцоз, амал змаз аӡәы иԥа уа иҽалаимырхәырц аҳ диҳәо даналага, Ксеркс адҵа ҟаиҵеит уи арԥыс игәҭа дааҩшаны ауаа аршәарц азы зегьы иахьырбо дышьҭарҵарц.