Албаага
b Ламех иԥа ихьӡиҵеит Нои — иҟалап уи иаа́нагозар «аԥсшьара; агәырҭынчра». Иара убас Ламех иҳәоит аԥааимбаражәа, Нои ихьӡ аҵакы инақәыршәаны, ишәиу адгьыл аҿы аџьабаа хьанҭа иаҵоу ауаатәыҩса аҭынчра шриҭо (Аҟаз. 5:28, 29). Ламех ари аԥааимбаражәа анагӡара дахаанымхеит. Нои иани, иашьцәеи, иаҳәшьцәеи Аӡхыҵраҿы иҭахазар ҟалап.