Албаага
a Ажәамаана аҟынтә еилыкка иубарҭоуп «абар, аԥҳәысҳәаҩ даауеит» (ажәеинраала 6) ҳәа абжьы анга инаркны аԥҳәысҳәаҩ дааиаанӡа (ажәеинраала 10) аамҭа шыбжьысыз. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа Христос иаара аҷыдара алыркааит. Дара еилыркааит иара дшааигәоу, насгьы Аҳ иеиԥш напхгара шиуа. Уажәшьҭа урҭ акрычҳара аарԥшны иаара иазыԥшызар ауп.