Албаага a Иисус ари ахарадҵара иашазу иашамзу иазкны акгьы имҳәаӡеит. Лука 16:1 аҿы «иззашшхьаз» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагозар алшоит ақьаҳиа мцыла ахара шидырҵаз. Иисус иазгәеиҭаз ақьаҳиа аусура дзамырхыз акәӡам, аха уи ихы шимҩаԥигаз ауп.