Албаага
b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Иегова Моисеи ила Израильаа 600 ԥҟара инеиҳаны ириҭеит. Урҭ «Азакәан», «Моисеи изакәан», насгьы «аԥҟарақәа» ҳәа ирышьҭоуп. Иара убас лассы-лассы Абиблиа шьақәзыргыло раԥхьатәи хә-шәҟәык (Аҟазаара инаркны Ҩынтәзакәан аҟынӡа) ирызкынгьы Азакәан ҳәа рҳәоит. Зны-зынла Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩыз Ауриатә Ҩырақәа зегьы рзгьы ус рҳәоит.