Албаага
a Ҳара ҳанхоит амц абыс иамоу Аҩсҭаа дызхагылоу адунеи аҿы. Убри аҟынтә аҵабырг амҩала ацара ус иаҳзымариам. Актәи ашәышықәса анҵәамҭазы инхоз ақьырсианцәагьы уи рзымариамызт. Иегова даргьы дрыцхраарц ҳаргьы дҳацхраарц азы апостол Иоанн х-саламшәҟәык иҩырц игәазҭеиҵеит. Урҭ асаламшәҟәқәа иаҳдырбоит аҵабырг амҩала ацара иаҳԥырхагахар алшо, насгьы иҳаилдыркаауеит урҭ ауадаҩрақәа ҳариааир шҳалшо.