Албаага
a Ашәҟәы Аатра аҿы асимволтә бызшәала Анцәа иаӷацәа рыӡбахә ҳәоуп. Урҭ асимволқәа ҵакыс ирымоу аилкаара Даниил ишәҟәы ҳацхраауеит. Шәааи урҭ ҩ-шәҟәык ирну аԥааимбаражәақәа еиҿҳарԥшып, насгьы Анцәа иаӷацәа зусҭцәоу еилаҳкаап. Анаҩс урҭ ирзыԥшу ҳалацәажәап.