Албаага
a Иегова зеиԥшыҟам агәыӷра ҳамҭас иҳаиҭеит. Уи ҳаԥсҭазаара гәырӷьарала иарҭәуеит, насгьы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы аԥсҭазаара бзиа шыҟало агәра ҳнаргоит. Агәыӷра амч ҳнаҭоит, аԥышәара ӷәӷәақәа ҳанрықәшәогьы Иегова гәыкала имаҵ ҳауларц азы. Уи адагьы, уи ҳацхраауеит ҳхәыцшьа ԥхасҭазтәыр алшо аҽацәыхьчара. Ари зегьы ихадоу мзызқәоуп, иҳамоу агәыӷра ҳцәымӡырц иҳалшо зегь аҟаҵаразы. Шәааи уи еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәап.